Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • wp16 № 2 ад. 11—13
  • Ари агәҽанҵара шәыԥсҭазаара еиқәнархоит!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ари агәҽанҵара шәыԥсҭазаара еиқәнархоит!
  • Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АԤСАХРАҚӘА ШӘРЫЗҾЛЫМҲАЗ
  • АНЦӘА ИБЗИАБАРА ШААИРԤШУА
  • ИШӘАРҬАДАРОУ АҬЫԤ АХЬ ШӘЫҨ!
  • Иааигәоума адунеи аҵыхәтәа?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Иааигәоума аҵыхәтәа?
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Ҳанхома ҳара «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан?
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Излаадыруазеи ҳара, «аҵыхәтәантәи амшқәа» рҿы ҳшынхо
    Даҳхылаԥшҵәҟьома ҳара Анцәа?
Ахьчаратә бааш (аларҵәаразы аҭыжьымҭа) 2016
wp16 № 2 ад. 11—13

Ари агәҽанҵара шәыԥсҭазаара еиқәнархоит!

Декабр 26, 2004 шықәсазы аҩада-мраҭашәара Суматра (Индонезиа) амшынҿықә ааигәара иҟоу адгьылбжьаха Симиолуе азааигәара иҟалеит адгьылҵысра 9,1 амагнитуда змаз. Аԥшаҳәаҿы иҟаз ауаа зегь амшын ахь иԥшуан. Аӡы ага аҟынтә ирласны анаскьара иаҿын. Ауаа зегь аҳаракырахь иҩит «Смонг! Смонг!» ҳәа иҳәҳәо́, дара рбызшәала уи ажәа «ацунами» аа́нагоит. Сааҭбжак ашьҭахь ацәқәырԥа дуӡӡақәа ари адгьылбжьахаҿы иҟаз аҩнқәа рыбжеиҳарак ԥыххааса иагеит.

Зегь раԥхьаӡа ацунами аҟынтә ааха зауз Симиолуе ауп. Уаҟа инхоз 78 000-ҩык ауаа рҟынтә 7-ҩык роуп иҭахазa. Изыбзоурахазеи еиҳараҩык ауаа реиқәхара? Адгьылбжьахаҿы зегьы ибзианы ирдыруеит: адгьыл ӷәӷәала ихыџ-хыџзар, амшынгьы иаалырҟьаны ага аҟынтә инаскьазар, аҳаракырахь иҩтәуп, избанзар уи иаарласны аԥшаҳәахьы игьежьуеит. Симиолуе анхацәа уаанӡа ироухьаз аԥышәа иднарҵахьан, аӡы ирласны анаскьара иалагазар — уи ацунами ааигәахара иадыргоуп. Ауаа агәҽанызаара рыдыркылеит, убри аҟынтә еиқәхеит.

Абиблиаҿы иануп «аԥсабара аханатә уажәраанӡа иазымдыруа, иадыррангьы иҟам агәырҩа ду» ааигәахара ишаҿу (Матфеи 24:21). Араҟа зыӡбахә ану ауаҩы ихҟьаны адунеи ақәӡаареи аԥсабаратә рыцҳареи ракәӡам, избанзар Анцәа игәҭакала адгьыл наӡаӡа иҟалоит (Аԥсалом 103:5 [104:5, АдҾ]). Иааираны иҟоу арыцҳара Анцәа иоуп ихацзыркуа, избанзар иара «адгьыл иаӷацәоу — иазыӷьашку» ауаа зегьы рықәхра игәы иҭоуп (Аатра 11:18; Аԥсалом 36:38 [37:38, АдҾ]). Уи ауаатәыҩса зегьы агәырӷьара рзаанагоит.

Уи адагьы иааираны иҟоу арыцҳара акгьы зхарам ауаа ықәнахӡом, ацунами, адгьылҵысрақәа, адгьылԥжәарақәа раан ишыҟалало еиԥш. «Анцәа — дыбзиабароуп»,— аҳәоит Абиблиа, насгьы Иегова зыхьӡу абзиабара злоу уи Анцәа ҳақәиргәыӷуеит «ауаа цқьақәа адгьыл рзынхоит, наунагӡагь уаҟа аԥсҭазаара рымазаауеит» ҳәа (1 Иоанн 4:8; Аԥсалом 36:29 [37:29, АдҾ]). Ишԥашәылшо шәара уи арыцҳара ду ахгара, насгьы ҳазқәыргәыӷу азылԥхарақәа риура? Уи азы знеишьак ауп иҟоу — агәҽанҵара иазыӡырҩтәуп!

АԤСАХРАҚӘА ШӘРЫЗҾЛЫМҲАЗ

Ҳара иҳаздырӡом уи арыцҳара аныҟало, избанзар Иисус иҳәеит: «Уи амши асааҭи ртәы аӡәгьы издырам, жәҩан Амаалықьцәа ракәзаргьы, уи здыруа Сара Саб заҵәык иоуп». Ус шакәугьы Иисус ҳгәазҭеиҵеит ҳлахҿыхзарц, насгьы еснагь ҳахиазарц (Матфеи 24:36; 25:13). Абиблиа иҳаилнаркаауеит адунеи аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшрахо, Анцәа ацәгьара аҵыхәтәа анԥиҵәо аламҭалазы. Адгьылбжьаха Семиолуе анхацәа, иаалырҟьаны аӡы ага аҟынтә анаскьара ацунами шааигәахо шреилнаркааз еиԥш, адунеи аҿы иҟало шьаҭанкылатәи аԥсахрақәа, ҳара ҳзы идыргахоит аҵыхәтәа шааигәахо ала. Ус еиԥш иҟоу ԥсахрақәак рыӡбахә шәаԥхьар шәылшоит ари астатиаҿы иаагоу арамкаҿы.

Ҳәарада, урҭ реиԥш иҟоу ахҭысқәеи аҭагылазаашьақәеи хаз-хазы уаанӡагьы иҟалалон. Аха Иисус иҳәеит «абарҭқәа зегьы аныжәбалакь» ҳәа. Ус анакәха, аҵыхәтәа ааигәахара иадыргахоит абарҭ ахҭысқәеи аҭагылазаашьақәеи зегь ааидкыланы (Матфеи 24:33). Шәазхәыц, иҟалахьазма зныкыр абарҭ еиқәыԥхьаӡаз ахҭысқәа зегь ааидкыланы: 1) адунеи иахыҵәо аҟынӡа, 2) аамҭак иалагӡаны, 3) еиҳа-еиҳа еицәахо? Еилкаауп, иахьа аҵыхәтәа зынӡа ишааигәоу.

АНЦӘА ИБЗИАБАРА ШААИРԤШУА

«Заа угәуҽанызҵо асистемақәа... уԥсҭазаара еиқәдырхоит»,— иҳәеит Еиду Америкатәи Аштатқәа анкьатәи рыпрезидент. 2004 шықәсазы иҟалаз ацунами ашьҭахь ааха зауз аҭыԥ аҿы идыргылеит угәуҽанызҵо асистема, убас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан ауаа ҭамхарц азы. Анцәагьы иҽазишәеит аҵыхәтәа шааигәахо ала ауаа ргәырҽанҵара. Абиблиаҿы заа иҳәан: «Ари Аԥсҳаратә Евангелие аӡбахә аԥсабара зегьы уазны [жәабжь бзианы, АдҾ] иахьыгӡахоит, ажәларқәа зегьы азышаҳаҭхаразы; убасҟан иԥҵәоит зегьы рҵыхәтәа» (Матфеи 24:14).

Ҵыԥх Иегова ишаҳаҭцәа Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара 2 миллиард сааҭ азыркит, 240 тәылеи территориеи рҟны 700 бызшәа инареиҳаны рыла! Ари аус акы еиԥшымкәа ишьақәнарӷәӷәоит аҵыхәтәа шааигәоу. Иегова ишаҳаҭцәа бзиабарала, рымч иамеигӡакәа, ирласны ааигәахара иаҿу Анцәа иӡбара амш иазкны ауаа ргәырҽанырҵоит (Матфеи 22:39). Шәара уи агәҽанҵара аӡбахә ахьеилышәкааз иаанарԥшуеит Анцәа бзиа шәшибо. Анцәа «ҳара ҳахьтә аӡәгьы дҭамхандаз ҳәа дыԥшуп, дазыԥшуп зегьы аҭамзаара ианаҳәаша аамҭа» (2 Пиотр 3:9). Иақәҿышәҭуама шәара Анцәа ибзиабара, насгьы шәазыӡырҩуама уи игәҽанҵара?

ИШӘАРҬАДАРОУ АҬЫԤ АХЬ ШӘЫҨ!

Ишәгәалашәыршәа адгьылбжьаха Симиолуе анхацәа аӡы ирласны ага аҟынтә анаскьара ишалагоз анырба, аҳаракырахь ишыҩыз; дара аӡы аныхынҳәуа ҳәа аԥшра иаламгаӡеит. Урҭ аамҭа рымгеит аҟынтә еиқәхеит. Иааигәахо арыцҳара шәхыжәгарц азы, аамҭа ыҟанаҵ шәаргьы «аҳаракырахь шәыҩыр ауп». Ишԥаҟаҵатәу уи? Абар аԥааимбар Исаиа иажәақәа рыла «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы, даҽакала иуҳәозар ҳара ҳаамҭазы, иҟало ааԥхьара: «Шәааи, Иегова ишьхахь ҳхалап.... Иара имҩақәа ҳирҵоит, нас ҳара имҩақәҵарала ҳныҟәалоит» (Исаиа [Исаия] 2:2, 3).

Ашьхахь уанхалалак, иааукәыршаны иҟоу аҭагылазаашьа бзианы иубоит, насгьы ишәарҭадароу аҭыԥ уԥшаар улшоит. Убас еиԥш адунеи ахьынӡа-наӡааӡо иқәынхо миллионҩыла ауаа Абиблиа ацхыраарала Анцәа имҩа анеилыркаалак, дара рыԥсҭазаара рыԥсахуеит (2 Тимофеи иахь 3:16, 17). Дара Анцәа «имҩақәҵарала» аныҟәара иалагоит, насгьы иара иҟынтә ахьчареи аразреи роуеит.

Иақәҿышәҭуама шәара уи ааԥхьара, насгьы шәхы иашәырхәома иахьатәи иуадаҩу аамҭақәа раан Анцәа иҳадигало ацхыраара? Ҳшәыҳәоит, игәцаракны иҭышәҵаа арамкаҿы иаагоу «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан ҳшынхо узырбо, абиблиатә шьақәырӷәӷәарақәа. Шәахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу Иегова ишаҳаҭцәа гәахәарыла ишәыцхраауеит уаҟа иаагоу абиблиатә жәеинраалақәа шәеилыркаара, насгьы уи шәыԥсҭазаара ишадҳәалоу шәырбара. Иара убас шәара шәызҵаарақәа рҭак шәыԥшаар шәылшоит ҳофициалтә саит аҿы.

a Уаҟа иҟалаз ацунами 220 000-ҩык ауаа ҭанархеит, насгьы уи аҭоурых аҿы зегь реиҳа ааха аазгаз акәхеит.

АҴЫХӘТӘА ШААИГӘОУ ААЗЫРԤШУА АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АХҬЫСҚӘА

АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АИБАШЬРАҚӘЕИ ХЫԤХЬАӠАРАЛА ЕИЗҲАУА АИЛАҨЫНТРАҚӘЕИ

«Ишәаҳалашт иара убас аибашьрақәеи аибашьра аӡбахәқәеи. Убарҭқәа рзы шәымшәаӡыӡан; урҭ зегьы ҟалараны иҟоуп. Аха ари макьана иҵыхәтәантәихом: Избан акәзар ажәлари ажәлари, аԥсҳареи аԥсҳареи еиҿагылашт... Абарҭқәа зегьы ачымазарақәа ирылагамҭоуп» (Матфеи 24:6—8).

АДУНЕИ ИАХЫҴӘАЗ АМЛАКРЕИ АЧЫМАЗАРЕИ

«Амлашьреи ачымазарақәеи... ҟалашт» (Лука 21:11).

ЗЕХЬЫНЏЬАРА ИҞОУ АЗАКӘАНДАРА, НАСГЬЫ АДИНТӘ МЦҲӘАРА

«Шьардаҩ амц-ԥааимбарцәа гылашт, шьардаҩгьы хырхышт; иҟало азакәандара иахҟьаны шьардаҩы рыбзиабара хьшәашәашт» (Матфеи 24:11, 12).

АГӘАԤХАШӘАТӘ ХЫМҨАԤГАШЬЕИ АУААТӘЫҨСАТӘ ҴАСҚӘЕИ РЫЛАҞӘРА

«Иудыруазааит, аҵыхәтәантәи амшқәа ихьанҭоу аамҭақәахоит, Ауаа рхы-рыԥсы иашьҭалоит, есааира акы абаҳарҳари ҳәа идәықәлоит... ԥсыцқьала аҟазаара мап ацәыркуеит, аӡәы иҩызахара-изааигәахара иашьҭалом, Нышәара зқәым ракәхоит, имыцҳәацәахоит, аҽынкылара рцәыӡуеит, игәымбылџьбарахоит, аус хир, аус бзиа аҟаҵара иацәыхарахоит,— Ичарҳәацәахоит, ԥхашьара злам ракәхоит, рых беиа ирбауеит» (2 Тимофеи иахь 3:1—4).

АНЦӘА ИАҲРА ИАЗКУ АЖӘАБЖЬ БЗИА АДУНЕИ АХЬЫНӠА-НАӠААӠО АУАА РЫЛАРҴӘАРА

«Ари Аԥсҳаратә Евангелие аӡбахә аԥсабара зегьы уазны [жәабжь бзианы, АдҾ] иахьыгӡахоит, ажәларқәа зегьы азышаҳаҭхаразы; убасҟан иԥҵәоит зегьы рҵыхәтәа» (Матфеи 24:14).

АУАА АҴЫХӘТӘА ШААИГӘОУ МАП АЦӘЫРКУЕИТ

«Ижәдыруазароуп аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ламыс-ԥхашьараҳәа змам... ауаа цәырҵуа ишалагауа — Урҭ абас аиԥшгьы цәырыргоит: «ианбаҟалои мшәан ҳзықәдыргәыӷыз Уи иаара? Зны адунеи иахыз ҳабацәа цеит, иқәҵит, иара адунеи ахаҭа ршазаахыс ишыҟац иҟоуп» (2 Пиотр 3:3, 4).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра