АԤХЬАҨЦӘА РЫЗҴААРАҚӘА
«Шасыс» иоуазеи доуҳала иалху ақьырсиан Анцәа иҟынтә, насгьы иарбан «мҳәыру» иаархахо? (2 Кор. 1:21, 22).
Ажәытәан адокумент арҵабыргразы ацәаҿы ма анышәаԥшь аҿы амҳәыр змаз амацәаз ала ашьҭа анырҵон
Ашасы. Еилыркаагак ишаҳәо ала, 2 Коринфаа рахь 1:22 аҿы «ашасы» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа «азиндырратә, насгьы акоммерциатә термин» ауп. Уи иаанагон алагала, ашасы, раԥхьатәи ашәатәы, даҽакала иуҳәозар, заа иршәоз акы. Уи маҭәарк азы азин унаҭон, мамзаргьы аиқәшаҳаҭра амч анаҭон. Анцәа идоуҳала иалху ирызкны 2 Коринфаа рахь 5:1—5 аҿы ихарҭәаау ашәатәы, мамзаргьы аҳамҭа, аӡбахә ахьану иҳәоуп баара-еицакра зқәым ацәеижь роуеит ҳәа. Иара убас доуҳала иалху ԥсра зқәым аԥсҭазаара раҭәашьахоит (1 Кор. 15:48—54).
Ҳаамҭазтәи абырзен бызшәаҿы уи иазааигәоу ажәа рхы иадырхәоит аимдахьатә мацәаз аарԥшразы. Ари иаанарԥшуеит ажәа «ашасы» инықәырԥшны иуҳәозар Христос иԥҳәыс илыҵанакуа рганахь ала ахархәара шаҟа ииашоу (2 Кор. 11:2; Аат. 21:2, 9).
Амҳәыр. Ажәытәан амҳәыр анапаҵаҩра еиԥш рхы иадырхәон амазара закәанла азин шумоу, мамзаргьы ак шиашоу ашьақәырӷәӷәаразы, насгьы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵаразы. Инықәырԥшны иуҳәозар, Анцәа идоуҳала иалху иԥшьоу адоуҳа амҳәыр раархахоит, уи дара Анцәа имазара шракәу иадыргахоит (Еф. 1:13, 14). Аха уи амҳәыр аҵыхәтәантәи акәхаӡом. Азиашара аазырԥшуа Анцәа идоуҳала иалху аҵыхәтәантәи амҳәыр раархахоит рыԥсра аҿаԥхьа, мамзаргьы агәырҩа ду алагаанӡа маҷк шагу (Еф. 4:30; Аат. 7:2—4).