Акзаара ахьыҟам ари адунеи аҿы шәқьырсиантә неитралитет шәыхьчала
«Анцәа иитәу — Анцәа [ишәҭала]» (МАТФ. 22:21).
1. Ишԥаҳалшо ҳара Анцәагьы ауаатәыҩсатә еиҳабырақәагьы рзыӡырҩра?
АНЦӘА ИАЖӘА ҳаанаԥхьоит ауаатәыҩсатә еиҳабырақәа ҳарзыӡырҩларц, аха уи иара убас ауаа ракәымкәа Анцәа иахь азыӡырҩра аарԥшра ҳнарҵоит (Аус. 5:29; Тит 3:1). Иҟоума ара аиқәымшәара? Мап! Иисус арҭ адҵақәа рықәныҟәара шҳалшо аилкаара иҳацхраауа апринцип ааигеит: «Акьесар иитәу — акьесар ишәҭала, Анцәа иитәу — Анцәа» (Матф. 22:21)1. Ишԥаҳалшо Иисус идҵа ақәныҟәара? Ҳара «акьесар иитәу» акьесар иаҳҭоит ҳахьынхо аҳәынҭқарра азакәанқәа ҳанрықәныҟәо, ашәахтә анаҳшәо, насгьы аиҳабыра пату анрықәаҳҵо (Рим. 13:7). Аха аиҳабыра Анцәа изакәан аилагара ҳгәазҭарҵозар, уи аҟаҵара ҳақәшаҳаҭхаӡом, аха уи аамҭазгьы ҳгәаанагара ҳаҭырбарала иаҳҳәоит.
2. Ишԥааҳарԥшуеи ҳара ари адунеи аполитикатә усқәа ҳхы шрылаҳмырхәуа?
2 Анцәа закәанла иитәу иҭара ҳара ҳзы иара убас иаанагоит ари адунеи аполитикатә усқәа рыҽрыламырхәра (Ис. [Ис.] 2:4). Ҳара Иегова макьана иаҩижьуа ауаатәыҩсатә еиҳабыра ҳаҿагылаӡом, аха апатриотизм иадҳәалоу, насгьы амилаҭтә еиҿкаарақәа ҳаҽрылаҳархәӡом (Рим. 13:1, 2). Ҳара амитингқәа еиҿаҳкааӡом, алхрақәа рҿы ҳабжьы ҳҭиӡом, аиҳабырахь ҳалырхырц азы ҳхы ықәҳаргылаӡом, насгьы аиҳабыра рыԥсахырц ҳҽазаҳшәаӡом.
3. Избан ҳара анеитралитет ҳахьчалар зҳахәҭоу?
3 Абиблиаҿы иаагоуп Анцәа анеитралитет ҳахьчаларц зиҭаху ҳзырбо амзызқәа. Актәи амзыз, Иисус иеиԥш ҳаргьы ҳҽазаҳшәоит «ари адунеи иатәым» ҳакәны ҳаҟазарц, насгьы аполитикеи аибашьрақәеи ҳхы рылаҳархәӡом (Иоанн 6:15; 17:16, АдҾ). Аҩбатәи амзыз, ҳара анеитралитет ҳахьчалароуп, азиашара аарԥшуа Анцәа Иаҳра ҳадгылазарц азы. Мамзар ҳара ауадаҩрақәа зегь зыӡбо Анцәа Иаҳра заҵәык шакәу ажәабжь ҳаламыс цқьаны ауаа иҳазрылаҳәомызт. Амц динхаҵареи аполитикеи еимадоуп, уи адинхаҵаҩцәа рыбжьара аилибамкаареи аҭыӡшәеи арҿиоит. Аха ҳара, ииашоу Анцәа имаҵзуҩцәа, адунеи зегь аҿы инхо ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшои ҳареи ҳабжьара акзаара ҳахьчоит, избанзар ҳқьырсиантә неитралитет ҳадгылоуп (1 Пиотр 2:17).
4. а) Иабантәиаадыруеи ҳаԥхьаҟа ҳнеитралитет ахьчара шыцәгьахо? б) Избан иахьа уажәнатә ҳнеитралитет ахьчара ҳҽазыҟаҳҵалар зҳахәҭоу?
4 Иҟалап ҳтәылаҿы уажәы аполитикатә ҭагылазаашьа бзиазар, ауаагьы ҳагәрахаҵара ицәгьамкәа иазыҟазар. Аха Аҩсҭаа исистема аҵыхәтәа ааигәоуп аҟынтә, иаалырҟьаны ицәырҵыр рылшоит ҳнеитралитет ахьчара анаҭаххо аҭагылазаашьақәа. Иахьа адунеи аҿы ирацәоуп «нышәара зқәым», «ԥхашьара злам» ауаа, убри аҟынтә аамҭа цацыԥхьаӡа адунеи еиҳагьы еиҩшахоит (2 Тим. 3:3, 4). Тәылақәак рҿы аполитикатә ҭагылазаашьа иаалырҟьаны аҽаԥсахит, уи иахҟьаны уа инхоз аишьцәа рқьырсиантә неитралитет рыхьчар акәхеит. Ҳаргьы иахьа уажәнатә ӷәӷәала иӡбаны иҳамазар ҳахәҭоуп ҳзықәшәо аҭагылазаашьа зеиԥшрахозаалакгьы, ҳнеитралитет ахьчара. Мамзар иуадаҩу аҭагылазаашьа ҳанақәшәалак, ҳагәрахаҵара ҳацәхьаҵыр ауеит. Аха иҳацхраауазеи акзаара ахьыҟам ари адунеи аҿы ҳқьырсиантә неитралитет ахьчара аҽазыҟаҵара? Шәааи ԥшь-лабжьарак еилҳаргап.
АИҲАБЫРА ИЕГОВА ИЕИԤШ ШӘЫРЗЫҞАЗ
5. Дышԥарзыҟоу Иегова ауаатәыҩсатә еиҳабырақәа?
5 Актәи, ҳара ҳнеитралитет ахьчара ҳалшоит ауаатәыҩсатә еиҳабыра Иегова иеиԥш ҳарзыҟазар. Ҳәынҭқаррақәак рҿы аиҳабыра рнапхгара иашоушәа убар алшоит, аха Анцәа ауаа анишоз, игәы иҭаӡамызт дара-дара напхгара рзыруларц (Иер. [Иер.] 10:23). Иегова ауаатәыҩса ҭаацәарак еиԥш дырзыҟоуп. Аха ауаа ишьақәдыргыло анапхгара анационализм арҿиоит, уи иахҟьаны ауаа рыбжьара акзаара ыӡуеит. Зегь иреиӷьу ауаатәыҩсатә напхгаҩцәагьы ауадаҩрақәа зегьы рзыӡбаӡом. Уи адагьы, 1914 шықәса инаркны ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа Анцәа Иаҳра иаҿагылоуп. Иаарласны уи Аҳра аиҳабырақәа зегьы ықәнагоит. (Уаԥхьа Аԥсалом 2:2, 7—9 [2:2, 7—9, АдҾ].)
6. Ҳашԥарзыҟазар ҳахәҭоу ҳара ауаатәыҩсатә еиҳабырақәа?
6 Анцәа ауаатәыҩсатә еиҳабырақәа ыҟазарц иаҩижьуеит, избанзар урҭ маҷк иадамзаргьы аҭынчра рыхьчоит, насгьы азакәан аиламгара иацклаԥшуеит, уи абзоурала ҳара Аҳра иазку ажәабжь ауаа рылаҳәара алшара ҳамоуп (Рим. 13:3, 4). Иегова амчра змоу ауаа рзгьы иара ҳиҳәаларц ҳадиҵоит, еиҳарак урҭ рыӡбарақәа ҳмаҵзура ианыруазар (1 Тим. 2:1, 2). Ҳаргьы, апостол Павел иеиԥш, ҳзинқәа рыхьчаразы, аиҳабыра ацхырааразы ҳрыҳәоит (Аус. 25:11). Абиблиаҿы иануп Анцәа иаӷа Аҩсҭаа ауаатәыҩсатә еиҳабырақәа инапаҵаҟа иҟоуп ҳәа. Аха уа ианӡам иара хаҭа-хаҭала аполитикцәа ма ачынуаа напхгара рзиуеит ҳәа (Лука 4:5, 6). Убри аҟынтә ауаатәыҩсатә еиҳабырақәа рҿы иҟоу иалкаау чынуаҩык анырра изҭо Аџьныш иоуп ҳәа ахәыцра иашахомызт. Ҳара аӡәгьы, иара убас «аиҳабыреи иаԥу егьырҭ амчрақәеи» уахь иналаҵаны, ицәгьаны ҳрыхцәажәаӡом, аҵәы рылҳхӡом (Тит 3:1, 2).
7. Иарбан гәазыҟашьоу ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу?
7 Ҳара Анцәа иахь азыӡырҩра ааҳарԥшуеит, чынуаҩык еиҳа деиӷьаҳамшьозар, ма политикатә партиак ҳадымгылозар, урҭ иҟарҵарц ирҭаху ҳара ахәарҭа ҳзаанагоит ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы. Ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы ҳнеитралитет ахьчара мариамхар ауеит. Иаҳҳәап, ҳәынҭқаррак аҿы ажәлар рҽааизакны агәымбылџьбарара аазырԥшуа аиҳабыра хдырбгаларц рҭахуп. Уи аиҳабыра иара убас Анцәа ижәларгьы имаҷымкәа агәаҟрақәа рзаанагоит. Ҳәарада, ҳара ажәлар ахьеизо амитинг ахь ҳцаӡом, аха ҳрыдгылома ҳара урҭ ҳгәаҿы? (Еф. 2:2). Ҳқьырсиантә неитралитет ҳажәақәеи ҳусқәеи рымацара ракәӡам изыдҳәалоу, аха ҳцәаныррақәагьы ирныруеит.
ШӘҞӘЫШЫЗ, УБРИ ААМҬАЗГЬЫ ГЫЗМАЛРА ШӘЫЛАМЫЗ
8. Ишԥаҳалшо анеитралитет ахьчара анымариам аҭагылазаашьақәа рҿы аҟәышра аарԥшра, убри аамҭазгьы гызмалра ҳаламзарц?
8 Аҩбатәи, анеитралитет ахьчара иҳацхраауеит абри алабжьара: «Шәҟәышзааит, амаҭқәа шҟәышу, шәҳалалыз, аҳәыҳәқәа шыҳалалу [«аҳәыҳәқәа реиԥш гызмалра шәыламыз», АдҾ]». (Уаԥхьа Матфеи 10:16, 17.) Ҳара аҟәышра ааҳарԥшуеит, ишәарҭоу аҭагылазаашьа заа иаҳбозар. Убри аамҭазгьы гызмалра шҳалам ааҳарԥшуеит, урҭ аҭагылазаашьақәа рҿы ҳнеитралитет ҳахьчозар. Ҳрыхәаԥшып ҳара ҳзы ишәарҭазар алшо ҭагылазаашьақәак, насгьы ҳнеитралитет шаҳахьчаша еилҳаргап.
9. Иаҳгәалашәалар ҳахәҭоузеи амаҵзураҿы ауаа ҳанрацәажәо?
9 Ацәажәарақәа. Ҳара аҟәышра ааҳарԥшлар ауп, ауаа ҳанрацәажәо аполитика иадҳәалоу атема цәырҵуазар. Иаҳҳәап, Аҳра ажәабжь анрылаҳҳәо, чынуаҩык, ма политикатә партиак арҳаракра, ма аларҟәра ахәҭам. Шәҽазышәшәа шәзацәажәои шәареи еицышәзеиԥшу темак аԥшаара. Уи аамҭазы апроблема ахаҭа шәалацәажәала, амчра змоу аӡәы уи ӡбашьас иаиҭо акәымкәа. Анаҩс Абиблиа шәхы иархәаны ишәырба Анцәа Иаҳра уи апроблема аҵыхәтәанынӡа ишаӡбо. Ахаҵеи ахаҵеи ма аԥҳәыси аԥҳәыси реибагара, насгьы аҽԥыргара реиԥш иҟоу атемақәа анцәырҵуа, Анцәа игәаԥхашәоу инормақәа шәрыдгылала, насгьы урҭ рықәныҟәара злашәылшо рзеиҭашәҳәала. Аполитика аганахь ала анеитралитет ахьчара шәацклаԥшла. Ҳара аӡәгьы иган аанаҳкылаӡом закәанк шьақәырӷәӷәатәуп, иаԥыхтәуп, ма иԥсахтәуп ҳәа анырҳәо, насгьы егьырҭ ҳгәаанагара иақәшаҳаҭхарц рыдаҳцалаӡом.
10. Агәра ҳгар шԥаҳалшо амассатә информациа ахархәагақәа рыла аинформациа анҳауа, аполитика аганахь ала анеитралитет шыҳахьчо?
10 Амассатә информациа ахархәагақәа. Амассатә информациа ахархәагақәа рыла иҳаҳауа ажәабжьқәа рҿы лассы-лассы иалкаау ганк ааныркылоит. Зны-зынла амассатә информациа ахархәагақәа аполитикцәа мыругас ирымоуп. Урҭ ахархәагақәа аиҳабыра рнапаҵаҟа иахьыҟоу аҳәынҭқаррақәа рҿы ажәабжьқәа дара ирҭаху агәаанагара ауп ирныԥшуа. Убри аҟынтә ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа ҳәа зыхьӡу рҿы инхо ақьырсианцәа ргәырҽанызар ауп адырраҭарақәа мҩаԥызго ргәаанагара рыдрымкыларц азы. Шәхы шәазҵаа: «Ари амҩаԥгаҩ изыӡырҩра зысгәаԥхо аполитика аганахь ала игәаанагара сахьақәшаҳаҭу аума?» Аҭак ааи акәзар, иҟалап еиҳа узықәгәыӷыртә иҟоу аинформациа аԥшаара шәыхәҭазар. Ишыҟазаалакгьы, иҟәыӷарахоит аполитикатә зҵаарақәа иахьрылацәажәо ажәабжьқәа рыԥхьара ма рзыӡырҩра уиаҟара аамҭа ақәшәмырӡлар, насгьы ишәаҳауа Абиблиа иану «ажәа ҟәышқәа рҿырԥшы» ирықәшәоу-ирықәымшәоу гәашәҭалар (2 Тим. 1:13, АдҾ).
11. Ишԥалшо аматериализм ҳнеитралитет ахьчара иаԥырхагахар?
11 Аматериализм. Ҳмазара мыцхәы ҳахӡыӡаауазар, аԥышәарақәа раан ҳагәрахаҵара ҳацәхьаҵыр ҳалшоит. Малави инхо Рут зыхьӡу аиаҳәшьа 1970-тәи ашықәсқәа рзы ашьҭашәарыцарақәа аныҟаз Иегова ишаҳаҭцәа шьоукы уи аҩыза шрыхьыз лхаҭа илбеит. Лара илгәалашәоит: «Урҭ ирзыманшәалаз аԥсҭазаара ааныжьра рцәыцәгьан. Ҳара зегьы ҳтәыла ааныжьра шҳақәшәазгьы, џьоукы аполитикатә партиа иалалан рыҩныҟа ихынҳәит, избанзар ахҵәацәа рлагер аҿы иҟаз аԥсҭазаара иадҳәалаз ауадаҩрақәа рыхгара рҭахымхеит». Аха уеизгьы, Анцәа имаҵзуҩцәа реиҳараҩык аекономикатә уадаҩрақәа шрымазгьы, мамзаргьы ирымаз зегь шырцәыӡызгьы, рнеитралитет рыхьчеит (Аур. 10:34).
12, 13. а) Дышԥарыхәаԥшуеи Иегова ауаа зегьы? б) Ишԥаҳалшо ҳтәылазы иахәҭам аԥагьара ааҳарԥшуоу-иааҳмырԥшуоу аилкаара?
12 Иахәҭам аԥагьара. Иахьа ауаа рраса, рыжәлар, ркультура, рықалақь, ма рмилаҭ ҳараркуеит. Аха ҳара иаҳдыруеит Иегова абас еиԥш иҟоу иахәҭам аԥагьара дшахәаԥшуа. Иара милаҭк еиҳа еиӷьуп даҽа милаҭк аасҭа ҳәа иԥхьаӡаӡом. Ҳәарада, Анцәа ҳхылҵшьҭра мап ацәаҳкырц иҭахӡам. Иегова аӡәи-аӡәи ҳаиԥшны ҳимшаӡеит. Уи аиԥшымра ҳара агәахәара ҳзаанагоит. Аха иаҳгәалашәозар ауп Анцәа изы ауаа зегьы шеиҟароу (Рим. 10:12).
13 Анационализм шьаҭас иамоуп ҳхылҵшьҭразы иааҳарԥшуа иахәҭам аԥагьара. Уи ҳаламыс иҳаҵанаҳәо мап ацәкра ҳгәазҭанаҵар алшоит. Уи аҩыза аԥагьара ақьырсианцәа рзгьы даара ишәарҭоуп. Иаҳҳәап, актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа шьоукы даҽа милаҭк иатәыз рыгәрахаҵара рыцеиҩызшоз рашьцәа ииашамкәа ирзыҟан (Аус. 6:1). Ишԥеилкаатәу уи аҩыза аԥагьара шҳалоу? Иаҳҳәап, даҽа тәылак аҟынтәи шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо аӡәы алабжьара бзиа шәиҭеит. Мап ацәышәкуазма уи иаразнак, насгьы шәгәы иаанагарызма: «Уи аганахь ала иҟаҵатәу ҳара еиҳа еиӷьны иаҳдыруеит»? Ҳара Филиппаа рахь 2:3 иану Анцәа идоуҳа зҵоу алабжьара ҳақәныҟәалар ауп: «Ахӡырымгара шәашьҭаз, шәызлоу ауааԥсыра раҵкыс еиҳаны шәгылоушәа шәгәы иаанашәмырган».
ИЕГОВА ИЦХЫРААРА ШӘАШЬҬАЗ
14. Ишԥаҳацхраауеи анцәаиҳәара? Иаажәга Абиблиа аҟынтәи аҿырԥштәы.
14 Ахԥатәи, ҳнеитралитет ҳахьчар ҳалшоит, Иегова ицхыраара ҳашьҭазар. Шәиҳәала ачҳареи аҽынкылареи раарԥшразы иԥшьоу адоуҳа шәиҭарц. Арҭ аҟазшьақәа раарԥшра хадоуп аиҳабыра ишахәҭоу еиԥш ҳарзыҟазарц азы, еиҳарак урҭ аҵарҭыша агара иашьцылахьазар, насгьы аиашамра аадырԥшуазар. Иара убас Иегова аҟәыӷара шәиҭарц шәиҳәала. Уи шәнеитралитет ахьчара аншәцәыцәгьахо аҭагылазаашьақәа заа рбара ишәыцхраауеит, насгьы иҟаҵатәу шәыҵанаҳәоит (Иак. 1:5). Иҟалап шәара абахҭа шәҭакызар, мамзаргьы Иегова шәахьизиашоу азы даҽакала гәаҟрак шәхыжәгозар. Шәиҳәала Иегова гәымшәарыла шәыгәрахаҵара ахьчареи хачҳарала аԥышәарақәа риааиреи рзы амч шәиҭаларц. (Уаԥхьа Аусқәа 4:27—31.)
15. Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа ҳнеитралитет ахьчара? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Анцәа Иажәа урҭ анеитралитет ахьчара ирыцхрааит».)
15 Иегова Иажәа Абиблиа ала ҳирӷәӷәар илшоит. Аԥышәарақәа раан шәнеитралитет ахьчара ишәыцхраауа абиблиатә жәеинраалақәа шәрызхәыцла. Уажәнатә урҭ ҿырҳәала рҵара шәҽазышәшәала, уи Абиблиа аншәмоуа аҭагылазаашьа шәақәшәаргьы, шәыгәрахаҵара арӷәӷәара ишәыцхраауеит. Иара убас Анцәа Иажәа ҳаԥхьаҟа Аҳра иҟанаҵо аганахь ала шәгәыӷра арӷәӷәар алшоит. Уи агәыӷра ада аԥышәарақәа ҳзыриааиӡом (Рим. 8:25). Иалшәх еиҳарак шәгәы хыҭ-хыҭуа шәыззыԥшу ахьаҳәо ацыԥҵәахақәа. Анаҩс шәхаҿы иаажәг уи зегьы џьанаҭ дгьыл аҿы ишынаӡо.
АЗИАШАРА ЗЫХЬЧАЗ ШӘЫРҾЫԤШЛА
16, 17. Хәарҭас иаҳзааргозеи ӷәӷәала анеитралитет зыхьчоз Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
16 Аԥшьбатәи, ҳнеитралитет ахьчара ҳалшоит, Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа ҳарҿыԥшуазар. Уи ахачҳара аарԥшразы амчи аҟәыӷареи ҳнаҭоит. Иаҳҳәап, Седрах, Мисах, Авденаго Вавилонтәи аҳәынҭқарра символс иамаз абаҟа амҵахырхәара мап ацәыркит. (Уаԥхьа Даниил [Даниил] 3:16—18.) Арҭ арԥарцәа ирызкны Абиблиаҿы иану ахҭыс аӡәырҩы агәымшәара аарԥшреи аҳәынҭқарратә бираҟ арҳаракра мап ацәкреи ирыцхрааит. Иисусгьы аполитикатә, насгьы асоциалтә еимак-еиҿакқәа ихы рылаирхәӡомызт. Иара идыруан иҿырԥшы егьырҭгьы ргәы шышьҭнахуа. Иисус иҳәеит: «Шәыҽшәырхаҵа: Сара аԥсабара саиааит» (Иоанн 16:33).
17 Иахьагьы Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы ӷәӷәала рнеитралитет рыхьчоит. Џьоукы гәымбылџьбарала ирызныҟәоит, мамзаргьы абахҭа иҭакуп. Иҟоуп зыгәрахаҵара азы иԥсызгьы. Урҭ рҿырԥшы шәаргьы шәарӷәӷәар алшоит. Ҭырқәтәыла инхо Бареш зыхьӡу аиашьа еиҭеиҳәоит: «Иқәыԥшыз аиашьа Франц Раитер Гитлер ирраҿы амаҵзура мап ахьацәикыз дыкнаҳаны дыршьит. Иԥсра уахык шагыз иан илзиҩыз асаламшәҟәы игәрахаҵара ӷәӷәеи даараӡа Иегова игәра шигози аанарԥшуеит. Саргьы уи аҩыза аԥышәара сақәшәар, иара сиҿыԥшыр сҭахуп»2.
18, 19. а) Ишԥарылшо ҳаизара аҟынтәи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи анеитралитет ахьчара иҳацхраар? б) Ҳзызхиазар акәзеи ҳара уажәнатә?
18 Иара убас ҳаизараҿы иҟоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳгәы шьҭырхлар рылшоит. Шәзықәшәо аԥышәарақәа ртәы аизара аиҳабацәа ирзеиҭашәҳәала, насгьы Абиблиа шьаҭас измоу алабжьара шәырҭарц шәрыҳәала. Шәеизараҿы иҟоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шәдырӷәӷәар рылшоит, ишәхыжәго ауадаҩрақәа рдыруазар. Шәрыҳәала шәара шәзы Анцәа иҳәаларц. Ҳәарада, аишьцәа шәыцхрааларц, насгьы Анцәа иҳәаларц шәҭахызар, шәаргьы убасҵәҟьа ҟашәҵалароуп (Матф. 7:12). Ҳофициалтә саит аҿы иҟоу астатиа «Страны, где Свидетели Иеговы находятся в заключении за веру» еиҳа хықәкыла Анцәа иҳәара ишәыцхраауеит. Уа ишәыԥшаар шәылшоит рыгәрахаҵаразы абахҭа иҭаку Иегова ишаҳаҭцәа рсиахь азхьарԥшқәа. Хьыӡқәак алхны Иегова шәиҳәа урҭ аишьцәа азиашара аарԥшразы амчи агәымшәареи риҭарц (Еф. 6:19, 20).
19 Ауаатәыҩсатә еиҳабырақәа иаарласны рҵыхәтәа ааиуеит аҟынтә, ҳара иџьаҳшьаӡом урҭ Иегова Иаҳреи иареи ҳахьрызиашоу азы еиҳа-еиҳа иахьҳақәыӷәӷәало. Убри аҟынтә акзаара ахьыҟам ари адунеи аҿы ҳнеитралитет ахьчара уажәнатә ӷәӷәала ҳазхиазааит!
^ 1 Абзац 1. Акьесар ма ацезарь — ари Иисус адгьыл аҿы данынхоз аҭыԥ ду аанызкылоз напхгаҩын. Иисус уи иӡбахә аниҳәоз, атәыла аиҳабыра, мамзаргьы аҳәынҭқарра, акәын дызлацәажәоз.
^ 2 Абзац 17. Шәахәаԥш ашәҟәы «Свидетели Иеговы — возвещатели Царства Бога», адаҟьа 662, иара убас ашәҟәы «Царство Бога правит!», ахы 14, арамка «Он умер, прославляя Бога».