Шәҳамҭа шәцәыӡыртә алшәмыршан
«Сцоит схықәкахьы... иҳаҭәашьахо иреиҳау ахьӡ-аԥшахьы» (ФЛП. 3:14).
1, 2. а) Иарбан ҳамҭоу Анцәа имаҵзуҩцәа ззыԥшу? б) Иҳацхраауазеи ҳҳамҭа ахамышҭра? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
АНЦӘА идоуҳала иалху ақьырсианцәа ирымоуп зеиԥшыҟам агәыӷра, апостол Павел уи Анцәа илыԥхала иҳаҭәашьахо ахьӡ-аԥша ҳәа азиҳәеит (Флп. 3:14). Урҭ ақьырсианцәа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшуп аамҭа, жәҩантәи Аҳраҿы Иисус Христос ивагыланы ауаа наӡахарц ианрыцхраало (Аат. 20:6). Изакәытә ҳамҭоузеи уи! Егьырҭ ауасақәагьы иссиру агәыӷра рымоуп. Иегова урҭ адгьыл аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара шриҭо иақәиргәыӷит (2 Пиотр 3:13).
2 Павел доуҳала иалхыз ақьырсианцәа Анцәа изиашаны аанхара дрыцхраарц азы иааиԥхьон: «Шәхәыцрақәа... ижәҩантәу ирызкыз» (Кәал. 3:2). Дара жәҩантәи ааԥхьара шрымоу ргәалашәалар рыхәҭан (Кәал. 1:4, 5). Иҳамоу аҳамҭа зеиԥшразаалакгьы, Иегова ҳзықәиргәыӷыз ҳаназхәыцуа, акгьы иалҳаршаӡом аҳамҭа ҳамнахыртә (1 Кор. 9:24).
3. Иарбан шәарҭарақәоу Павел зыӡбахә иҳәоз?
3 Иара убас Павел ақьырсианцәа ргәырҽаниҵон ирымоу аҳамҭа шырцәыӡыр ауа, насгьы уи зыхҟьар алшо иҳәон. Убас кәаласаа рахь ирхаз асаламшәҟәаҿы Павел амцқьырсианцәа рыӡбахә иҩуан, дара ирыԥхьаӡон Анцәа изааигәахара иуцхраауа Христос иахь агәрахаҵара акәымкәа, Моисеи изакәан ақәныҟәара ауп ҳәа (Кәал. 2:16—18). Уи адагьы, Павел иахьа ҳзықәшәар алшо ашәарҭарақәагьы рыӡбахә иҳәеит. Иара иҳәон игәаԥхашәадоу агәаҳәарақәа ҳарҿагылар шҳалшо, ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшои ҳареи ҳаилибамкаарақәа шыӡбалатәу, насгьы аҭаацәараҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа ишыриааилатәу. Шәааи еилҳаргап Павел кәаласаа рахь иишьҭыз асаламшәҟәаҿы зыӡбахә иҳәоз шәарҭарақәак.
«ИШӘШЬЫ» ИГӘАԤХАШӘАДОУ ШӘХӘЫЦРАҚӘА
4. Избан игәаԥхашәадоу агәаҳәарақәа ирыхҟьаны аҳамҭа ҳцәыӡыр залшо?
4 Павел ақьырсианцәа зеиԥшыҟам ргәыӷра атәы ргәаларшәаны иҩит: «Иҭашәырха, ишәшьы шәыдгьылтә цәаҩақәа: акалҭбааԥсра, агәымхарақәа, ухы ухаршҭны уцәанырра уҽаҭара, агәнаҳара бааԥсқәа, агәыҳәра» (Кәал. 3:5). Игәаԥхашәадоу агәазыҳәарақәа даара амч рымоуп, урҭ ирыхҟьаны ҳҳамҭа ҳцәыӡыр ҳалшоит. Абар уи ашьацҳәа иаҿашәаз аизара аанзыжьыз, аха нас ихынҳәыз иашьак ииҳәаз: «Даара иӷәӷәаз амч анырра цәгьа снаҭон, убри аҟынтә иҟасҵаз анеилыскааз, аамҭа цахьан».
5. Ҳхы ҳахьчар шԥаҳалшо ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа рҿы?
5 Ҭагылазаашьақәак рҿы Иегова ииашоу инормақәа еилаҳамгарц азы еиҳаны агәҽанызаара аарԥшлатәуп. Иаҳҳәап, аҭаацәара алалара згәы иҭоу ақьырсианцәа реибадырра аамҭазы, иаразнак ирылацәажәароуп аибагәӡреи акьысреи рганахь ала ишьақәдыргыло аҳәаақәа, насгьы иахьахәҭам аҭыԥқәа рҿы рхала иаанымхаларц азы иҟарҵалаша (Ажәам. 22:3). Ақьырсиан ашәарҭара дақәшәар ауеит иусура иахҟьаны џьара цатәыс ианиқәшәо, мамзаргьы ҳаҳәшьа ахаҵа аус ицылуазар, ма ҳашьа аԥҳәыс аус лыциуазар (Ажәам. 2:10—12, 16). Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа шәақәшәазар, Иегова ишаҳаҭ шшәакәу иаразнак ишәҳәа. Ишахәҭоу еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала, насгьы ишәхашәмыршҭлан афлирт алҵшәа бааԥсқәа шаанаго. Иара убас ишәарҭоуп ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу, мамзаргьы ҳхы заҵәны ианаҳбо. Уи аамҭазы ауаҩы иҭахуп пату иқәызҵо, бзиа дызбо аӡәы иааигәара дыҟазарц. Убас ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу дарбанзаалак аӡәы ҳхихыр илшоит. Знымзар-зны убри аҩыза ацәанырра шәызцәырҵыр, Иеговеи шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшои рҿы ацхыраара шәыԥшаала. Уи шәҳамҭа шәцәымӡырц ишәыцхраауеит. (Урыԥхьа Аԥсалом 33:19 [34:18, АдҾ]; Ажәамаанақәа 13:20.)
6. Иаҳгәалашәалар акәзеи агәырҿыхагақәа аналаҳхуа?
6 Ҳара игәаԥхашәадоу агәаҳәарақәа рышьразы иҽеим агәырҿыхагақәа ҳҽырцәаҳахьчалароуп. Иахьа иҟоу агәырҿыхагақәа реиҳарак Содоми Гоморреи иҟаз аҭагылазаашьа ҳгәаланаршәоит (Иуда 7). Еиуеиԥшым ашәҟәқәеи, афильмқәеи ателедырраҭарақәеи агәаԥхашәадара цәгьарак аҵамшәа иаадырԥшуеит, насгьы уи иаанаго алҵшәа атәы рҳәом. Еилых ҟамҵакәа зегьы ҳаԥхьалар, ма ҳазыӡырҩлар, игәаԥхашәадоу агәазыҳәарақәа риааира ҳалшом. Убри аҟынтә аҳамҭа ҳцәыӡыр алзмыршо агәырҿыхагақәа алҳхлароуп (Ажәам. 4:23).
АБЗИАБАРЕИ АҚЬИАРЕИ ШӘҼЫРГӘЫЛАШӘҲӘА
7. Иарбан уадаҩрақәоу зны-зынла ақьырсиантә еизараҿы ицәырҵуа?
7 Ақьырсиантә еизара ҳара ҳзы зылԥхара дууп. Ҳаизарақәа рҿы ҳара Анцәа Иажәа ҭаҳҵаауеит, насгьы ҳгәы шьҭибахуеит. Уи ҳзықәгәыӷуа аҳамҭа ҳхамышҭларц иҳацхраауеит. Ус шакәугьы, аизараҿы ақьырсианцәа рыбжьара зны-зынла аилибамкаарақәа цәырҵлар алшоит. Урҭ ҳмыӡбалар, ҳгәаҿы агәынхарақәа аанхалар ауеит. (Уаԥхьа 1 Пиотр 3:8, 9.)
8, 9. а) Иарбан ҟазшьақәоу аҳамҭа аиура иҳацхраауа? б) Иҟаҳҵар ҳалшозеи аҭынчра ахьчаразы, ақьырсианцәа рҟынтә аӡәы ҳиргәаазар?
8 Ишԥаҳалшо агәаара аҳамҭа ҳамнахыртә алҳмыршар? Павел кәаласаа ааиԥхьон: «Анцәа иаликааз ацқьацәа, бзиа иибаз шьоук раҳасабала агәыҳалалра, аҟәыӷара, ахыларҟәра, ахачҳара шәыҽреиуашәтә, убарҭ рыла шәҽеилашәҳәа. Аӡәи-аӡәи шәеибашаҭа, шәгәеизынхарақәа, шәгәалақәа шәыбжьышәх, ишәанеибажь, Христос [«Иегова», АдҾ] ишшәанаижьыз аиԥш. Зегьы раҵкыс иеиӷьуп абзиабара аҽагәылаҳәара, уи акы згымкәа иҟоу ирыҩаӡароуп» (Кәал. 3:12—14).
9 Абзиабареи ақьиареи ҳгәалақәа ҳанеибажьларц иҳацхраауеит. Иҟаҵатәузеи шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо аӡәы шәиргәаазар? Ишәгәалашәыршәа шәара шәхаҭа жәала ма усла аизараҿы аӡәы игәы анишәырхь ишшәанаижьыз. Шәмеигәырӷьаӡеи шәара шәахь абзиабареи ақьиареи ахьаадырԥшыз? (Уаԥхьа Екклезиаст 7:21, 22.) Аха еиҳараӡак аџьшьара ааҳарԥшуеит Иисус Христос Анцәа ииашоу имаҵзуҩцәа анеидикыла иааирԥшыз ақьиаразы (Кәал. 3:15). Ҳара зегьы Нцәак бзиа даҳбоит, жәабжьк еицаҳҳәоит, ҳзықәшәо аԥышәарақәагьы еиԥшуп. Абзиабареи ақьиареи аарԥшны ианҳанеибажьуа ҳара ақьырсиантә акзаара ҳарӷәӷәоит, насгьы аҳамҭа аиура ҳҽазаҳшәоит.
10, 11. а) Излашәарҭоузеи ашьыцра? б) Ишԥаҳалшо ашьыцра аҳамҭа аиура иаҳԥырхагахартә алҳмыршар?
10 Ашьыцрагьы аҳамҭа аиура иаҳԥырхагахар алшоит. Абиблиаҿы иануп уи ацәанырра шаҟа ишәарҭоу ҳзырбо угәуҽанызҵо аҿырԥштәқәа. Каин иашьа Авель иҵашьыцра далагеит, убри аҟынтә дишьит. Кореии, Дафани, Авирони Моисеи иҵашьыцын иҿагылеит. Аҳ Саул Давид дишьырц иҭахын избанзар уи иҟаиҵоз ақәҿиарақәа дрыҵашьыцуан. Убри аҟынтә иџьашьатәӡам Анцәа Иажәаҿы иахьану: «Ашьыцреи аҭыӡшәеи иахьыртәу — енагь еиқәымшәароуп, ҽеирак ыҟам» (Иак. 3:16).
11 Абзиабареи ақьиареи ҳалазарц азы ҳхы аус адаҳулозар, ашьыцра ааҳарԥшлаӡом. Анцәа Иажәаҿы иануп: «Абзиабара — ахачҳара амоуп, гәыбылрала ихыш-хыҵәоит, уи шьыцра аздырам» (1 Кор. 13:4). Ашьыцра ҳгәаҿы адац аунамыжьырц азы, зегьы Анцәа ихәаԥшышьала ҳахәаԥшлароуп. Иара убас ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо аизара зҿырԥшу цәеижьк иахәҭакны иҳаԥхьаӡалароуп. Уи егьырҭ рзы ҳгәырӷьаларц иҳацхраауеит, избанзар Абиблиаҿы иануп цәеижьхәҭак «еиҳа хьыӡла-ԥшала ианалкаахо — егьырҭ ирызгәырӷьароуп» ҳәа (1 Кор. 12:16—18, 26). Шәааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыҵамшьыцлакәа, рықәҿиарақәа ҳреигәырӷьалап. Уи аҿы аҿырԥштә бзиа ҳаиҭеит Саул иԥа Ионафан. Анцәа аҳас Давид даналих, иара ашьыцра даламгаӡеит. Уи аҭыԥан Ионафан зегь рыла Давид дицхраауан (1 Сам. 23:16—18). Иҳалшома ҳара Ионафан иеиԥш абзиабареи ақьиареи раарԥшра?
ҬААЦӘАНЫЛА АҲАМҬА ШӘОУААИТ
12. Иарбан библиатә лабжьароу аҭаацәарақәа аҳамҭа аиура ирыцхраауа?
12 Аҭаацәараҿы аҭынчреи анасыԥи ыҟазарц азы Абиблиатә принципқәа рықәныҟәара хадоуп. Убасҟан аҭаацәараҿы зегьы аҳамҭа роуеит. Кәаласаа ирзышьҭыз асаламшәҟаҿы Павел ақьырсиантә ҭаацәарақәа алабжьара бзиа риҭеит: «Аҳәса, ианакәзаалакь шәхацәа ражәа шәацныҟәала, Иҳақәиҭу ила иахәҭаны ишыԥхьаӡоу аиԥш. Ахацәа, шәыҳәса бзиа ижәбала, урҭ рышҟа шәымҽыӷымхан. Ахшара, еснагь, зегьы рҿы, шәызхылҵыз рҳәатәы шәазыӡырҩла, уи Иҳақәиҭу изыҳәан игәахәоуп. Абацәа, шәыхшара ргәы иашәмырган, гәырҩа рмоуразы» (Кәал. 3:18—21). Хәарҭас ирзаанагозеи арҭ ажәақәа шәҭаацәара?
13. Иҟарҵалар акәзеи ақьырсиан ҳәсақәа рхацәа «агәрахаҵара роуразы»?
13 Иҟалҵалар лылшозеи ақьырсиан ԥҳәыс, лхаҵа Иегова имаҵ имуазар, аха еиӷьны длызныҟәалароуп ҳәа лгәы иаанагозар? Илылшома лара ауадаҩра аӡбара еснагь уи дицәгәаалар, насгьы ажәа ималклар? Лхаҵа илҭаху илырҟаҵаргьы, изцәырнагома уи ацабырг ахь аинтерес? Мап. Аха ақьырсиан ԥҳәыс лхаҵа аҭаацәара ахада еиԥш дизыҟазар, аҭаацәараҿы аҭынчра ыҟазаауеит. Лхымҩаԥгашьала лара Иегова дҳаралклоит, иҟалап лхаҵагьы аҵабырг ахь аинтерес иоуртә дицхраар, уи иабзоураны дара еидгыланы Иегова имаҵ уа, аҳамҭа аиура рылшоит. (Уаԥхьа 1 Пиотр 3:1, 2.)
14. Иҟаиҵалар акәзеи ақьырсиан, иԥҳәыс игәрахаҵара ицеиҩылымшозар, насгьы ишахәҭоу еиԥш пату иқәылҵом ҳәа игәы иаанагозар?
14 Иҟаиҵалар акәзеи ақьырсиан, иԥҳәыс игәрахаҵара ицеиҩылымшозар, насгьы ишахәҭоу еиԥш пату иқәылҵом ҳәа игәы иаанагозар? Пату иқәылҵалома аԥҳәыс лхаҵа, иара аҭаацәараҿы ахада дызусҭоу лирбарц азы длықәыҳәҳәозар? Ҳәарада, мап! Анцәа иҭахуп аҭаацәара ахадацәа Иисус иҿыԥшны, рыҳәсақәа бзиа ирбаларц (Еф. 5:23). Аизараҿы напхгара ҟаҵо, Иисус ачҳареи абзиабареи ааирԥшуеит (Лука 9:46—48). Ахаҵа Иисус иеиԥш ихы мҩаԥигалар, иҟалап иԥҳәысгьы аҵабырг ахь аинтерес лоурц длыцхраар, уи иабзоураны дара еидгыланы Иегова имаҵ аура иалагоит.
15. Ишԥаилшо ақьырсиан иԥҳәыс бзиа дшибо шьақәирӷәӷәар?
15 Абиблиаҿы иануп: «Ахацәа, шәыҳәса бзиа ижәбала, урҭ рышҟа шәымҽыӷымхан» (Кәал. 3:19). Ахаҵа иԥҳәыс бзиа дибозар, илҳәо дазыӡырҩлоит, насгьы лгәаанагара пату шақәиҵо агәра лиргоит (1 Пиотр 3:7). Ҳәарада, ахаҵа иԥҳәыс иаалҭаху зегь ҟаиҵалаӡом, аха уеизгьы лара илҭо алабжьарақәа иҭышәынтәалоу аӡбара адкылара ицхраауеит (Ажәам. 15:22). Абзиабара аазырԥшуа ахаҵа иԥҳәыс пату иқәылҵаларц лыдицалаӡом, аха уи даԥсахартә иҽазишәоит. Аҭаацәара ахада иԥҳәыси ихәыҷқәеи бзиа анибо, уи лассы-лассы аҭаацәара зегьы Иегова имаҵ ауреи аҳамҭа аиуреи ирыцхраауеит.
Иҟаҳҵар ҳалшозеи, аҭаацәаратә уадаҩрақәа ҳҳамҭа ҳамрымхырц азы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13—15.)
АРԤАРЦӘЕИ АҬЫԤҲАЦӘЕИ, АҲАМҬА ШӘЫМНАХЫРТӘ АКГЬЫ ИАЛШӘМЫРШАН
16, 17. Ирыцхраауазеи арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рҭаацәа ирцәымгәааларц?
16 Иаҳҳәар ҳалшозеи аҿар рзы? Шәанхбыџу шәгәы иаанагозар ҟалоит иқьырсиану шәҭаацәа шәеилыркааӡом, насгьы мыцхәы иџьбарацәоуп ҳәа. Иара убас Иегова имаҵ ауразы шәыԥсҭазаара изышәкру изышәымкру аганахь ала алакҩакра шәалагар алшоит. Аха Иегова дааншәыжьыр, иаарласны еилышәкаауеит шәҭаацәеи иқьырсиану шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи раасҭа бзиа шәызбо аӡәгьы дшыҟам.
17 Шәазхәыц шәҭаацәа ахаан шәахьыдмырхәуазҭгьы. Усҟан шәгәы иаанагар ҟалон урҭ хьаас шәрымам ҳәа (Аур. 12:8). Аха иҟалап шәҭаацәа шәшырааӡо шәгәамԥхозар. Шәгәы кашәмыжьлан, уи аҭыԥан ус зыҟарҵо аилкаара шәҽазышәшәа. Аҭынчра шәыхьчала, насгьы акритика шәацәымгәаалан. Анцәа Иажәаҿы иануп: «Зыбз аанызкыло ауаҩы адырра имоуп, агәеилых бзиа змоу аҭынчра ааирԥшуеит» (Ажәам. 17:27). Хықәкыс ишәымаз доуҳала ишәу уаҩны аҟалара, усҟан алабжьара шыҟаҵаз шәамыхәаԥшӡакәа уи шәыдышәкылалоит (Ажәам. 1:8). Иегова бзиа дызбо аҭаацәа — ари зылԥхара дууп! Урҭ даара ирҭахуп ишәанашьоу аҳамҭа шәоурц.
18. Избан ҳалаԥш аҳамҭа иахызарц захәҭоу?
18 Ҳара даара иаҳгәаԥхоит иаҳзыԥшу аҳамҭа азхәыцра — ажәҩан аҿы ԥсра зқәым аԥсҭазаара, мамзаргьы џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара. Уи ус баша гәыхәтәӡам, уи Ҳазшаз иқәыргәыӷра шьаҭас измоу гәыӷроуп. Абиблиаҿы иануп џьанаҭ дгьыл «Иегова изкны адырра ахыҵәоит» ҳәа (Ис. 11:9). Уа инхало ауаа Анцәа ихаҭа зегьы дирҵоит. Уи аҩыза аҳамҭазы аџьабаа абара иаԥсоуп. Шәааи Иегова иқәыргәыӷра еснагь иаҳгәалашәалап, насгьы ҳҳамҭа ҳамнахыртә акгьы иалҳмыршалап!