Аиашьа Рутерфорд Седар-Поинт (аштат Огаио) имҩаԥысуаз аконгресс аҿы ажәахә иманы дықәгылоит, 1919
1919. Шәышықәса раԥхьа
1919 шықәсазы еилгеит ԥшьышықәса инеиҳаны ицоз Аибашьра Дуӡӡа (анаҩс уи Актәи адунеизегьтәи аибашьра ахьӡырҵеит). 1918 шықәсазы ажәларқәа аибашьра иаҟәыҵхьан, анаҩс ианвар 18, 1919 шықәсазы Парижтәи аҭынчратә еилацәажәарақәа ирылагеит. Уи аилацәажәара аан еидгылаз еиуеиԥшым атәылақәеи Германиеи рыбжьара Версальтәи аиқәшаҳаҭра бжьаҵан. Уи рнапы аҵарҩит ииун 28, 1919 шықәсазы. Аиқәшаҳаҭра ишьақәнарӷәӷәон Актәи адунеизегьтәи аибашьра шеилгаз.
Уи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны иара убас еиҿкаан «Лига Наций» захьӡыз аорганизациа. Уи хықәкы хадас иамаз ажәларқәа реидкылареи рыбжьара аҭынчреи ашәарҭадареи рышьақәыргылареи акәын. Ақьырсиантә уахәамақәа жәпакы уи иадгылеит. Америкатәи Христос иуахәамақәа реидгыла ахеилакгьы уи иадгылеит. Дара изларҳәаз ала, «Лига Наций» адгьыл аҿы Анцәа Иаҳра аазырԥшуа аполитикатә организациа акәын. «Лига Наций» ишадгылаз аадырԥшырц азы дара Парижтәи аилацәажәарахь рхаҭарнакцәа рышьҭит. Ахаҭарнакцәа руаӡәк иҳәеит уи аилацәажәара абзоурала ауаа рҭоурых аҿы аамҭа ҿыц алагеит ҳәа.
Аамҭа ҿыц алагаҵәҟьеит, аха уи хацзыркыз Парижтәи аилацәажәара иалахәыз ауаа ракәмызт. 1919 шықәсазы Иегова ижәлар ргәазҭеиҵеит ажәабжьҳәаратә ус ҷыдала рҽаладырхәырц, убас ала аамҭа ҿыц алагеит. Аха Абиблиа аҭҵааҩцәа рхаҿы ирзаамгоз аԥсахрақәа рзыԥшын.
ИМАРИАМЫЗ АӠБАРА
Џьозеф Рутерфорд
Амҽыша, ианвар 4, 1919 шықәсазы имҩаԥысраны иҟан Ахьчаратә бааши, Абиблиақәеи, атрактатқәеи реилазаара апрезидент иалхра. Уи есышықәса имҩаԥысуан. Уи аамҭазы Иегова ижәлар рыбжьара напхгара ҟазҵоз аиашьа Рутерфорд быжьҩык аишьцәеи иареи Атланта (аштат Џьорџьиа) иҭакын. Дара мыцла ахара рыдҵаны абахҭа иҭаркит. Убри аҟынтә аишьцәа иҟарҵара рыздыруамызт, иҭакыз аишьцәа рҭыԥан даҽа шьоукы алырхрызу, мамзаргьы еиҭах дара алырхрызу.
Евандер Кауард
Аиашьа Рутерфорд абахҭа дышҭакызгьы, Иегова ижәлар ирԥеиԥшу дазхәыцуан. Иара идыруан шьоукы ишырыԥхьаӡоз иара иҭыԥан президентс даҽаӡәы далхтәуп ҳәа. Убри аҟынтә иара асаламшәҟәы ҩны ишьҭит. Уи асаламшәҟәаҿы иара иҭыԥан аиашьа Евандер Кауард далырхырц шиҭахыз иҳәеит. Рутерфорд иҳәеит Евандер иҭынчу, аҟәыӷара злоу, насгьы Иҳақәиҭу изиашоу уаҩуп ҳәа. Аха даҽа гәаанагарак змаз аишьцәа рацәаҩын. Дара ирҭахын алхрақәа шықәсыбжак ашьҭахь имҩаԥыргарц. Иҭакыз ҳашьцәа ирыцхраауаз аишьцәа уи иақәшаҳаҭын. Уи азҵаара иалацәажәонаҵы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа аҽарцәгьон.
Ричард Барбер
Ричард Барбер излеиҳәаз ала, анаҩс аишьцәа руаӡәк иааз зегьы ргәы ахәша ахьишьит. Иара дҩагылан ус иҳәеит: «Сара сзакәандырҩым, аха уи ҳаналацәажәах, азиашара аазырԥшуа рзакәан иазку ак здыруеит. Азиашара — абри ауп Анцәа ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу. Анцәа ҳашизиашоу аарԥшразы иреиӷьу алшара — аиашьа Рутерфорд еиҭах президентс иалхра ауп» (Аԥсал. 18:25).
Александр Макмиллан
Рутерфорди егьырҭ аишьцәеи ирыцҭакыз аиашьа Макмиллан еиҭеиҳәон адырҩаҽны Рутерфорд аҭӡамц дасны ишиеиҳәаз: «Унапы кылырҳәҳәа». Иара Макмиллан бӷьыцк ииркит. Макмиллан иаразнак еиликааит уи абӷьыц ианыз. Уа ианын: «РУТЕРФОРД УАИЗ ВАН БАРБЕР АНДЕРСОН БУЛЛИ НАСГЬЫ СПИЛЛ АПРЕЗИДЕНТ РАԤХЬАТӘИ ХҨЫК НАПХГАРА ҞАЗҴО ЗЕГЬ БЗИА ИАҲБОИТ». Уи иаанагон Ахьчаратә бааши, Абиблиақәеи, атрактатқәеи реилазаара президентцәас иамаз ҿыц ишалырхыз, насгьы Џьозеф Рутерфорди, Уилиам ван Амбурги анаҩсгьы напхгара шыҟарҵалоз. Убас ала аиашьа Рутерфорд анаҩсгьы президентс дҟалон.
АХАҚӘИҬРА!
Ааҩык аишьцәа абахҭа ианҭакыз аамҭазы Абиблиа аҭҵааҩцәа ирыԥшаауан урҭ аишьцәа аушьҭтәуп ҳәа ахьаҳәоз абӷьыц знапы аҵазҩырц зҭахыз ауаа. Агәымшәара аазырԥшуаз урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыбзоурала знапы аҵазҩыз рхыԥхьаӡара 700 000-ҩык иреиҳахеит. Аха урҭ абӷьыцқәа аларҵаанӡа ахаша, март 26, 1919 шықәсазы аиашьа Рутерфорди иҭакыз егьырҭ аишьцәеи аурышьҭит.
Рутерфорд изыԥшыз рҿаԥхьа ажәахә иманы данықәгылаз иҳәеит: «Сара агәра ганы сыҟоуп иаҳхаҳгаз зегьы иаҳзыԥшу аԥышәарақәа рыхгара ишҳацхраауа. [...] Шәара аџьабаа зыжәбаз шәашьцәа абахҭа иҭыжәгарц азы акәӡам. Уи акәӡам зегь раасҭа ихадаз. [...] Хықәкы хадас ишәымаз Иегова ирҳаракра ауп, уи аус зҽалазырхәыз зегьы зеиԥшыҟам азылԥхарақәа роуит».
Аишьцәа аусӡбарҭаҿы изықәшәаз аҭагылазаашьа иаанарԥшит Иегова ауадаҩрақәа рыӡбашьа шидыруа. Маи 14, 1919 шықәсазы аусӡбарҭаҿы аҩынтәраан аишьцәа рус анеилдыргоз аӡбаҩ иҳәеит: «Ахара зыдҵоу ... ззин рымаз аиашаӡбаратә усеилыргара рмоуӡеит, убри аҟынтә ирықәҵаз ахара рхыхуп». Аишьцәа ирхараҵаз ацәгьоурақәа даара иӷәӷәан, убри аҟынтә урҭ баша абахҭа иҭрыжьызҭгьы, мамзаргьы ирықәырҵаз ашьауӷа маҷк иаадыртатазҭгьы, рдокументқәа рҿы ишрықәыӡбахьаз арбахон. Аха дара акгьы рхарарымҵеит. Уи абзоурала Аӡбаҩ Рутерфорд имаз аҵара анаҩсгьы ихы иаирхәалар илшон Америкатәи иреиҳау аусӡбарҭаҿы Иегова ижәлар рзинқәа ихьчаларц азы.
АЖӘАБЖЬҲӘАРА ИАЗХИОУП
Аиашьа Макмиллан иҳәеит: «Ҳара ҳшьапқәа еиқәыршәны Иҳақәиҭу ажәҩан ахь ҳаигаанӡа азыԥшра ҳгәы иҭаӡамызт. Ҳара еилаҳкааит Иҳақәиҭу ииҭаху еилаҳкаарц азы аџьабаа шбатәыз».
Аишьцәа ирылшомызт ихадоу аусбарҭаҿы инарыгӡоз аус ацҵара. Избан? Избанзар аишьцәа абахҭа ианҭакыз аҵабырг аӷацәа ҳашьцәа апубликациақәа зларкьыԥхьуаз зегь ықәырхит. Уи угәы унамырхьыр залшомызт. Аишьцәа шьоукы ажәабжьҳәаратә ус хыркәшахеит ҳәа ихәыцуагьы иалагеит.
Иҟазма Абиблиа аҭҵааҩцәа ирҳәоз Аҳра иазкыз ажәабжь заҳар зҭахыз ауаа? Уи еиликаарц азы аиашьа Рутерфорд ажәахә иманы дықәгыларц иӡбеит. Уи ажәахә ахь ааԥхьара зегьы ирырҭон. «Аӡәгьы дмаар, ажәабжьҳәаратә ус шхыркәшоу еилаҳкаауеит»,— иҳәеит аиашьа Макмиллан.
Аиашьа Рутерфорд Лос-Анџьелес (аштат Калифорниа) ииҳәараны иҟаз «Згәы каҳаны иҟоу рзы агәыӷра» захьӡыз ажәахә иазку аӡыргара агазеҭ аҿы, 1919
Амҽыша, маи 4, 1919 шықәсазы Рутерфорд ичымазара ӷәӷәа дамыхәаԥшӡакәа, Лос-Анџьелес (аштат Калифорниа) ажәахә иманы дықәгылеит. Ажәахә иахьӡын «Згәы каҳаны иҟоу рзы агәыӷра». Уи иазыӡырҩырц иааит 3 500-ҩык раҟара ауаа, аҭыԥ змаузгьы рацәаҩхеит. Адырҩаҽны даҽа 1 500-ҩык еизеит. Убасала аишьцәа рызҵаара аҭак роуит — аҵабырг аилкаара зҭахыз ыҟан!
Аишьцәа анаҩс иҟарҵаз ажәабжьҳәаратә ус иахьа уажәраанӡагьы ианыруеит.
АИЗҲАЗЫӶЬАРА ИАЗХИАН
Август 1, 1919 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы ианын сентиабр алагамҭазы Седар-Поинт (аштат Огаио) зегьы рзы аконгресс шымҩаԥысуа. «Зегьы еилыркаауан уахь инеир шрыхәҭаз»,— иҳәеит Кларенс Бити зыхьӡыз Миссури инхоз иқәыԥшыз Абиблиа аҭҵааҩы. Еизеит 6 000-ҩык инареиҳаны аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Уи аҩыза аӡәгьы дагьақәгәыӷуамызт. Уи адагьы, ааигәа иҟаз аӡиа Ери аҿы аӡы зыҽӡаазхыз 200-ҩык инареиҳан.
Октиабр 1, 1919 шықәсазы раԥхьаӡакәны иҭыҵыз «Золотой век»
Аконгресс 5-тәи амш азы, сентиабр 5, 1919 шықәсазы аиашьа Рутерфорд «Аус ҳацызуа рахь ажәа» захьӡыз ажәахә иманы данықәгылоз аӡырҩцәа ирылеиҳәеит «Золотой век»a захьӡу ажурнал аҭыжьра ишалагаз. Уи аҟынтә ауаа еилыркаар рылшон адунеи аҿы имҩаԥысуаз ахҭысқәа, насгьы Абиблиа инақәыршәаны урҭ ҵакыс ирымаз.
Ажәабжьҳәаҩцәа ргәазҭарҵон уи ажурнал ҿыц амаҵзураҿы гәымшәарала рхы иадырхәаларц. Уи аус шеиҿкаахо зҳәоз асаламшәҟәаҿы ианын: «Анцәа зҽизызкхьоу [зыҽӡаазххьоу] амаҵзуҩцәа зегьы ирхадмыршҭлароуп ажәабжь аҳәара шҳаҭыр дуу. Уи аус абыржәы ҳнапы алаҳкыроуп, убасала адунеи зегь шаҳаҭра аҭаразы имҩаԥысуа аус ҳахәҭа алаҳҵароуп». Ажәабжьҳәаҩцәа ари ааԥхьара ишақәҿырҭыз даара иџьашьахәын! Декабр мза алагамҭазы гәацԥыҳәарала ажәабжь зҳәоз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ажурнал ҿыцқәа заурц зҭахыз 50 000-ҩык ауаа рыԥшаахьан.
Аишьцәа Бруклин (Ниу-Иорк) ажурналқәа «Золотой век» зқәу амашьына иадгылоуп
1919 шықәса анҵәамҭазы Иегова ижәлар реиҿкаараҿы аԥсахрақәа ҟалеит. Уи дара амч ҿыцқәа рнаҭеит. Уи адагьы, аҵыхәтәантәи амшқәа ирызкыз ихадоу ԥааимбаражәақәак наӡеит. Малахиа 3:1—4 ишану еиԥш, Анцәа ижәлар ԥышәан, иагьрыцқьан. Иегова ижәлар «Вавилон Ду» атҟәара иалган, иара убас уи ашықәсазы Иисус Анцәа ижәлар игәрагоу, иҟәышу атәы дырхаиргылеитb (Аат. 18:2, 4; Матф. 24:45). Уажәшьҭа Абиблиа аҭҵааҩцәа Анцәа рнапы ианиҵаз аус анагӡара иазхиан.
a 1937 шықәсазы ажурнал «Золотой век» иахьӡҵан «Утешение», 1946 шықәсазы — «Пробудитесь!».