Иулшома уара ацхыраара?
Аизарақәа рҿы иҟоуп ажәабжьҳәаҩцәа ирацәаны амаҵ ззымуа, избанзар рықәрахь инеихьеит, ма ргәабзиара ҽеим (2 Кор. 4:16). Иулшома уара ари аҩыза ажәабжьҳәаҩ Абиблиа аҵарахьы иааԥхьара? Ажәабжьҳәаҩ аҩны ддәылымҵуазар, иулшарызма уара иара иҩны Абиблиа аҵара амҩаԥгара? Иулшарызма уара зны-зынла згәабзиара ԥсыҽу ажәабжьҳәаҩ хәыҷӡак иадамзаргьы ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара иццара, ма аиҭанеирақәа рыҟаҵара? Зықәрахь инеихьоу ажәабжьҳәаҩцәа рҟынтә реиҳараҩык ажәабжьҳәараҿ аԥышәа рымоуп. Уара уҽазышәарақәа шәҩыџьагьы агәышьҭыхра шәзааргоит (Рим. 1:12). Уи адагьы, уара уҽазышәарақәа абри аҩыза абзиабара аарԥшраҿы Иегова рыхә ишьоит (Ажәам. 19:17; 1 Иоан. 3:17, 18).