Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Амаҵзураҿы ҩыза бзианы ишыҟалатәу
Уи зхадоу. Иисус еиликаауан ажәабжьҳәараҿы аҩыза дуцзар еиҳа ишеиӷьу. Убри азоуп 70-ҩык иҵаҩцәа ажәабжьҳәара иандәықәиҵоз ҩыџьа-ҩыџьала изеициҵаз (Лука 10:1). Ажәабжьҳәаҩ иуадаҩу ҭагылазаашьак дақәшәар, ма ауаҩы иацәажәараан ииҳәо иҿамшәо даанхар, аҩыза ацхыраара ииҭоит (Еккл. 4:9, 10). Иара имоу аԥышәеи апрактикеи изеиҭеиҳәар илшоит ажәабжьҳәараҿы ицу иҩыза, уи еиҳа ақәҿиара имазарц (Ажәам. 27:17). Иара убри адагьы, аҩыза ажәабжьҳәараҿы доуҳала узырлахҿыхша акы далацәажәар ҟалоит (Флп. 4:8).
Ухы иархәа амза аҩныҵҟа абри алабжьара:
Ажәабжьҳәара шәаналгалак ашьҭахь, ажәабжьҳәаҩ ҩыза бзианы дызлоузыҟаз иаҳәа.