Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • km 1/14 ад. 2
  • Урыцхраала амаҵзураҿы иуцу

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Урыцхраала амаҵзураҿы иуцу
  • Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ажәабжьҳәараҿы агәацԥыҳәара аашәырԥшла
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Амаҵзураҿы ҩыза бзианы ишыҟалатәу
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
  • Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Аҿыцқәа рырҵара шахәҭоу
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2015
  • Иегова еснагь имаҵ руларц ргәазҭаҵала
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
Шәахәаԥш еиҳаны
Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
km 1/14 ад. 2

Урыцхраала амаҵзураҿы иуцу

1. Ишԥаҳалшо ҳара апостол Павел иҿыԥшра, егьырҭ ажәабжьҳәаҩцәа ҳанрыцу?

1 Апостол Павел игәрахаҵара ицеиҩызшози иареи аамҭа ахьеицырхыргоз гәышьҭибахроуп ҳәа иԥхьаӡон (Рим. 1:12). Ухы иаурхәома уара ажәабжьҳәаҩ уицны амаҵзураҿы уаныҟоу аамҭа игәы ашьҭыхреи ицхраареи азы? Изеиҭоуҳәома уара иуцу уҩыза амаҵзураҿы ақәҿиара узаазго атәы?

2. Ишԥаҳалшо ажәабжьҳәараҿы иҳацу игәы арӷәӷәара, насгьы избан уи зхадоу?

2 Рыгәқәа шәырӷәӷәала. Ажәабжьҳәаҩцәа аӡәырҩы зны-зынла ишәоит, уи убарҭоуп рхаҿсахьала, ма рыбжьала. Ҳара ргәы ҳарӷәӷәар ҳалшоит, урҭ гәык-ԥсык ала иҳарҽхәозар. Иҟоума даҽа знеишьақәак? Аизара иаҭаауа хылаԥшҩык гәаартыла ажәабжьҳәара ицу изеиҭеиҳәоит зны-зынла дышшәо, насгьы лассы-лассы Анцәа дышиҳәо урҭ ишәарақәа дыриааирц. Абар даҽа иашьак дымшәаларц азы ицхраауа: «Ԥышәырччарала ауп ишалагатәу. Ари зегь реиҳа имариоу усуп, аха зны-зынла уи азы Анцәа сиҳәоит». Изырӷәӷәозеи уара угәы ажәабжьҳәараан умшәаларц? Ажәабжьҳәараҿы иуцу убри изеиҭаҳәа.

3. Ишԥаҳалшо иҳацу ажәабжьҳәаҩ амаҵзураҿы алҵшәа иманы дҟаларц ицхраара?

3 Уԥышәа рыцеиҩшала. Игәоуҭахьоума уара ауаа рацәажәара шымариоу икьаҿу лагамҭак аныҟауҵо, ма аҭыԥантәи уадаҩрак иазкны зҵаарак анышьҭухуа? Мамзаргьы «Ҳаҳратә маҵзура» аҟынтәи ухы иаурхәаз адгалара алҵшәа амазҭгьы? Изеиҭаҳәа уҩыза (Ажәам. 27:17). Ҩынтә аҭаарахь шәанцо, изеиҭаҳәа иуцу хықәкыс иумоу, насгьы уи наугӡарц шуҭаху. Абиблиа аҵара ашьҭахь, изеиҭоуҳәар улшоит темак еиҳа инарҭбааны узалацәажәаз, жәеинраалақәак еиҳа изеилургаз, ма убри аҩыза арҵаратә метод ухы изаурхәаз.

4. Избан ажәабжьҳәара иҳацу рыцхраара зхадоу?

4 Ажәабжьҳәаҩцәа актәи ашәышықәсазы дара рхаҵара рыцеиҩызымшоз мацара ракәӡамызт изыцхыраауаз. Урҭ еилыркаауан дара-дара ргәалаҟазаара ашьҭибахра шаҟа ихадоу (Аус. 11:23; 15:32). Апостол Павел иқәыԥшыз Тимофеи аҵара иирҵон, иоуз адыррақәагьы егьырҭ ирзеиҭеиҳәаларц игәазҭеиҵон (2 Тим. 2:2). Ажәабжьҳәараан ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо рахь агәыҳалалра аарԥшра ҳхаҳмыршҭуазар, урҭ ргәырӷьара ацҵара адагьы, еиҳа еиӷьны ажәабжь зҳәо, насгьы Абиблиа дзырҵо ракәны иҟаларц ҳрыцхраауеит, иара убасгьы жәҩантәи Ҳаб дҳаргәырӷьоит (Аур. 13:15, 16).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра