Ухы иаурхәома уара алшара?
Ҳаԥхьа ишьҭоу агәаларшәара Ахәылԥаз аџьшьара аарԥшразы алшара ҳнаҭоит
1. Иарбан иҷыдоу лшароу иаҳнаҭо ҳара агәаларшәара Ахәылԥаз?
1 Апрель 14 рзы имҩаԥысуа агәаларшәара Ахәылԥаз иаҳнаҭоит иҷыдоу алшара Иегова иқьиаразы аџьшьара аизырҳареи аарԥшреи. Лука 17:11—18 рҟынтә иаабоит Иеговеи Иисуси аџьшьара ишазыҟоу. Уамашәа иубаша, ацәеилабаара аҟынтәи иихәышәтәыз жәаҩык рахьтә аџьшьара аарԥшразы аӡә иоуп ихынҳәыз. Ҳаԥхьаҟа аҿыхра иабзоураны ауаа зегьы рчымазарақәа рҟынтә ихәышәтәхоит, иара убас наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит. Ҳәара аҭахума, ҳара есҽны Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәалоит абри аҩыза азылԥхарақәа рзы. Аха ишԥаҳалшо ҳара аџьшьара аарԥшра иааираны иҟоу амчыбжьқәа рыҩныҵҟа?
2. Ишԥеизырҳатәу аҿыхразы аџьшьара?
2 Аџьшьара еизырҳала. Аџьшьара аизырҳаразы ихадоуп азхәыцра. Иисус ихы ахьҳахҭниҵаз азы аџьшьара еизҳарҳаларц, иҳадгалан агәаларшәара Ахәылԥаз анымҩаԥысуа апериод иазалху Абиблиа аԥхьаразы аамҭеихшара. Уи ҳаԥшаар ҳалшоит ҳсаит аҿы. Иҳалшома ҳара ҭаацәашәала арҭ ацыԥҵәахақәа рыԥхьара? Иеговеи Иисуси ҳара ҳзы иҟарҵаз ҳаналацәажәо, ҳаназхәыцуа аҿыхразы аџьшьара еизҳарҳауеит. Уи аҵыхәтәаны ҳара ҳусқәа ирныԥшуеит (2 Кор. 5:14, 15; 1 Иоан. 4:11).
3. Ишԥаҳалшо ҳара аџьшьара аарԥшара?
3 Аџьшьара аарԥшла. Аџьшьара аус аҿы иааԥшуеит (Кәал. 3:15). Ацәеилабаара змаз ауаҩы аџьабаа ибеит Иисус дыԥшааны иҭабуп ҳәа иеиҳәарц азы. Ҳәарада, уи дгәырӷьаҵәа егьырҭ ирзеиҭеиҳәон Иисус иара изы иҟаиҵаз (Лука 6:45). Ҳгәазҭанаҵома ҳара аҿыхразы иааҳарԥшуа аџьшьара Ахәылԥаз ахь ааԥхьаразы акампаниа гәацԥыҳәарала аҽалархәра? Даҽа лшарак Ахәылԥаз апериод аан аџьшьара аарԥшра — уи амаҵзура еиҳа ирацәаны аҽалархәра ауп, иаҳҳәап ицхырааҩу пионерс аҟалара. Ахәылԥаз аан ҳара Иисус иахь иааҳарԥшуа аџьшьара ҳгәазҭанаҵоит асасцәа гәаартыла рԥылареи рызҵаарақәа аҭак аҟаҵареи азхиара.
4. Иҟаҵатәузеи Ахәылԥаз иаҳнаҭо алшара бжьаҳмыжьырц?
4 Иҵыхәтәантәихома ари Ахәылԥаз? (1 Кор. 11:26). Уи ҳара иҳаздырӡом. Аха ҳара агәра ганы ҳаҟоуп уи аниаслак аџьшьара аарԥшразы иҷыдоу алшарагьы шыҟамло. Ухы иаурхәома уара ари алшара? Изааргалааит агәахәара аҳамҭа ду, аҿыхра, ҳзыҟазҵаз Иегова аџьшьара зныԥшуа ҳажәақәеи ҳгәы иҭоу ахәыцрақәеи (Ԥс. 19:14).