АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АЖӘАМААНАҚӘА (ПРИТЧИ) 22—26
«Амҩа иаша дықәҵа аҷкәын»
Ажәамаанақәа (Притчи) аҿы аҭаацәа рзы алабжьара бзиа ануп. Аиҭаҳатә ҿоуҳәар, аҵла ииашаны еизҳауеит. Убас еиԥш, аҭаацәа ахәыҷқәа рааӡозар, урҭ андухалакгьы, Иегова имаҵ анаҩсгьы ирулар алшоит.
22:6
Ахәыҷы ииашаны иааӡаразы ирацәаны аамҭеи аџьабааи аҭахуп
Аҭаацәа рхәыҷқәа аҿырԥш бзиа ддырбалар ауп, насгьы бзиабарала имҩақәырҵалар, ргәырҽанырҵалар, ргәазҭарҵалар, насгьы иахьдырхәлар рыхәҭоуп
22:15
Ахьырхәра — ари абзиабара зныԥшуа, ахшыҩи агәи зыриашоу знеишьоуп
Еиуеиԥшым ахәыҷқәа еиуеиԥшым ааӡаратә методқәа рҭахуп