Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb17 ииун ад. 8
  • Ажәабжь бзиа аиҭаҳәараҿы агәырӷьара ԥшаала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ажәабжь бзиа аиҭаҳәараҿы агәырӷьара ԥшаала
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ирылазҳәода ауаа ажәабжь бзиа адунеи ахьынӡанаӡааӡо?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Агәырӷьара Анцәа иҟынтә ҳамҭоуп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • «Шәцаны ажәларқәа зегьы рыҩнуҵҟа аҵаҩцәа азыҟашәҵала»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Избан ҳара ирацәаны абзиара аҟаҵара, мамзаргьы аҽаҩра аагара, ҳзаҟәымҵуа?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
Шәахәаԥш еиҳаны
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
mwb17 ииун ад. 8

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ажәабжь бзиа аиҭаҳәараҿы агәырӷьара ԥшаала

Иузымариоума уара ажәабжь бзиа аҳәара? Аӡәырҩы уи рзымариам. Избан? Иҟалап ҳахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа ажәабжь бзиа иақәҿырымҭуазар, ма гәаӷшақә иазыҟазар. Мамзаргьы иаҳзымдыруа ауаа рацәажәара ҳцәыцәгьазар алшоит. Ааи, ари зегь ҳгәы канажьлар алшоит. Аха ҳара насыԥ змоу Анцәа имаҵ ҳуеит, иара иҭахуп уи гәырӷьарала иҟаҳҵаларц (Аԥсал. 99:2 [100:2, АдҾ]; 1 Тим. 1:11). Ажәабжьҳәараҿы агәырӷьара аарԥшразы х-мзызк ҳамоуп. Иарбанқәоу урҭ?

Актәи, ҳара ауаа агәыӷра жәабжь рылаҳҳәоит. Аӡәырҩы ауаа иахьа гәыӷрада инхоит, аха «еиӷьу иазку ажәабжь бзиа» рзеиҭаҳәо, агәыӷра раҳҭар ҳалшоит (Ис. 52:7). Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ҳаргьы агәырӷьара ҳнаҭоит. Ажәабжьҳәара уцарц азы уҽанеизуго, уазхәыц Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа аԥсҭазаара зеиԥшрахо!

Аҩбатәи, ауаа ирызнаҳго абиблиатә жәабжь рыԥсҭазаара аԥсахыр алшоит. Абиблиа аҟынтә ироуа адыррақәа иҽеим ашьцыларақәа рааныжьра ирыцхраауеит, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷра рнаҭоит (Ис. 48:17, 18; Рим. 1:16). Ухаҿы иаагала аиқәырхаратә ус уалахәушәа. Иҟалап шьоукы аиқәхара рҭахымзар. Ус акәзар, аиқәхара зҭаху урышьҭаз (Матф. 10:11—14).

Ахԥатәи, насгьы зегь раасҭа ихадоу, инаҳагӡо ажәабжьҳәаратә ус Иегова дҳаранакуеит. Иара даараӡа ахә ҳаракны ишьоит ишаҳаҭцәа ахьҳакәу (Ис. 43:10; Аур. 6:10). Иара убасгьы, Иегова иӡбахә аҳәара ҳалшарц азы, меигӡарахда иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭоит. Убри аҟынтә уиҳәала Иегова агәырӷьара уиҭарц азы, уи иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа ируакуп (Гал. 5:22). Иегова иҳамоу ашәара аиааиреи гәымшарыла ажәабжь аҳәареи дҳацхраауеит (Аус. 4:31). Усҟан, иаҳҳәо ажәабжь иақәҿырымҭуазаргьы, амаҵзура агәырӷьара ҳзаанагалоит (Иез. 3:3).

Иарбан гәазыҟашьоу иааурԥшлар иуҭаху, ажәабжь ануҳәо? Ишԥаулшо уара агәырӷьара аарԥшра?

АВИДЕОНҴАМҬА «АҬҴААРЕИ АЗХӘЫЦРЕИ РЫБЗОУРАЛА ҨАԤХЬА АГӘЫРӶЬАРА ԤШАА» УАНАХӘАԤШЛАК АШЬҬАХЬ, АНАҨСТӘИ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:

  • Избан иааиԥмырҟьаӡакәа адоуҳатә фатә адкылара зҳахәҭоу, ирацәаны ажәабжь ҳҳәозаргьы?

  • Ишԥаулшо Иисус иан, Мариа, лҿыԥшра?

  • Ианбалухуеи уара аамҭа Анцәа Иажәа азхәыцразы?

  • Иузаазгозеи уара еиҳарак агәырӷьара, ажәабжьҳәаратә маҵзураҿы?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра