АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Христос имҩала ацара иазыҟашәҵа
Ақьырсиантә ҭаацәа даара еигәырӷьоит рхәыҷқәа рхы мап ацәкны ргәаҟратә шьаҟа шьҭыхны, Иисус имҩала ишцо анырбо (Марк 8:34; 3 Иоанн 4). Иҟарҵар рылшозеи аҭаацәа рхәыҷқәа Иисус имҩала ацара, рыԥсҭазаара Иегова изкра, насгьы аҽӡаахра иазыҟарҵарц азы? Ишԥеилкаатәу ахәыҷы ари ихадоу ашьаҿа, аҽӡаахра, дшазхиоу?
Уаԥхьа ашәҟәы «Организованы, чтобы исполнять волю Иеговы» аҟны «Обращение к родителям-христианам» (ад. 165—166), анаҩс урызхәыц абарҭ азҵаарақәа:
Дызусҭада аҵаҩы?
Иддырҵалар акәзеи аҭаацәа рхәыҷқәа?
Ишԥаҳацхраауеи арҭ ажәеинраалақәа ахәыҷы аҽӡаахра дшазхиоу аилкаара?
Аԥсал. 121:1 (122:1, АдҾ).