АҴАРАЗЫ АСТАТИА 23
«Иԥшьахааит иԥшьоу Уара ухьӡ»
«О, Иегова, уара ухьӡ наунагӡа иҟазаауеит» (АԤСАЛ. 135:13).
АШӘА 10 Дшәырҽхәала Ҳанцәа Иегова!
АХҲӘААa
1, 2. Иарбан зҵаарақәоу Иегова ишаҳаҭцәа рзы ихадоу?
АУАА зегьы ирдыруазар ауп напхгара аура азин змоу Анцәа Иегова заҵәык шиакәу. Ҳара зегьы ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп идырцәгьаз Иегова ихьӡ анрыцқьахо аамҭа. Ҳара иаҳгәаԥхоит ари азҵаара алацәажәара.
2 Ҳара еилаҳкаауеит Анцәа ихьӡ ахьымӡӷ ахыхзар шахәҭоу. Иара убас еилаҳкаауеит шаҟа ихадоу Иегова инапхгара зегь раасҭа ишеиӷьу ауаа зегьы ирдыруазарц. Арҭ аҩ-зҵаарак даараӡа ихадоуп. Аха иаҳҳәар ҳалшома урҭ еидҳәалам ҳәа? Мап.
3. Иаҵанакуазеи Иегова ихьӡ?
3 Иегова ихьӡ иаҵанакуа рацәоуп, уи иаҵанакуеит иара идҳәалоу зегьы, инапхгарагьы уахь иналаҵаны. Убри аҟынтә Иегова ихьӡ ахьымӡӷ ахыхреи иара инапхгара зегьы ишреиӷьу ашьақәырӷәӷәареи еидҳәалоуп. (Шәахәаԥш арамка «Ихадоу азҵаара аганқәа».)
4. Иаҳәозеи Аԥсалом 135:13 Анцәа ихьӡ иазкны? Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?
4 Иегова ихьӡ акы иузадкылом. (Шәаԥхьа Аԥсалом 135:13.) Избан Анцәа ихьӡ убас изхадоу? Ишԥадырцәгьеи уи раԥхьаӡа акәны? Иҟаиҵозеи иара уи ахьымӡӷ ахихырц азы? Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳаргьы Анцәа ихьӡ ҭаҳгаларц азы? Шәааи арҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәап.
АНЦӘА ИХЬӠ ЗХАДОУ
5. Иарбан зҵаароу ауаа ирызцәырҵыр алшо, Анцәа ихьӡ ԥшьазар ауп ҳәа анраҳауа?
5 Иисус иҵаҩцәа Анцәа иҳәашьа андирҵоз иҳәеит зегь раԥхьаӡа иргыланы Анцәа ҳзызиҳәалар ҳахәҭоу. Абар иара иажәақәа: «Шәныҳәала абас: „Жәҩан иҟоу Ҳаб! Хьӡи-ԥшеи амазааит [«иԥшьахааит», АдҾ] иԥшьоу Уара ухьӡ“» (Матф. 6:9). Ииҳәарц ииҭахызи Иисус уи ала? Ак аԥшьара иаанагоит арыцқьара. Аха изаҭахузеи иԥшьоу ахьӡ арыцқьара? Аҭак еилаҳкаарц азы, ахьӡ иаҵанакуа ҳазхәыцыр ауп.
6. Избан ахьӡ убас изхадоу?
6 Ахьӡ иаҵанакуа абӷьыц ианырҵо, мамзаргьы ирҳәо ажәа мацара акәӡам. Абар Абиблиа иану: «Ахьӡ бзиа амал ду аасҭа еиӷьуп» (Ажәам. 22:1; Еккл. 7:1). Избан ахьӡ убас изхадоу? Избанзар ауаа аӡә ихьӡ анраҳауа, рхаҿы иааиуа уи дзеиԥш уаҩу ауп. Убри аҟынтә зегь реиҳа ихадоу ҳахьӡ ԥшӡоу-иԥшӡаму акәӡам, аха ҳахьӡ ауаа ианраҳауа ирызцәырҵуа ахәыцрақәа роуп.
7. Ишԥадырцәгьо ауаа Анцәа ихьӡ?
7 Ауаа Иегова изкны амц анырҳәо, ихьӡ бжьырхуеит. Иаҳҳәап, дара ирҳәоит агәаҟрақәеи ацәгьарақәеи зхароу иара иоуп ҳәа. Убас дара ихьӡ ладырҟәуеит. Раԥхьаӡакәны Анцәа ихьӡ дырцәгьеит ауаҩытәыҩсатә ҭоурых алагамҭазы. Ҳазхәыцып уи иаҳнарҵар алшо.
РАԤХЬАӠАКӘНЫ АНЦӘА ИХЬӠ ШДЫРЦӘГЬАЗ
8. Ирдыруази Адами Евеи, насгьы иарбан зҵаарақәоу ицәырҵуа уи инадҳәаланы?
8 Адами Евеи ирдыруан Анцәа Иегова шихьӡыз, иара изкны ирдыруазгьы маҷӡамызт. Иаҳҳәап, дара ирдыруан Иегова шиакәыз зегь зшаз, аԥсҭазаара рызҭаз, иссиру џьанаҭ аҿы инзырхаз, инаӡаз аҩыза дрызҭаз (Аҟаз. 1:26—28; 2:18). Аха пату рзақәызма Иегова ирзыҟаиҵаз? Бзиа дырбаҵәҟьозма дара Анцәа, насгьы иаадырԥшуазма аџьшьара? Анцәа иаӷа урҭ анԥишәа, уи еилкаахеит.
9. Иреиҳәазеи Иегова раԥхьатәи хаҵеи-ԥҳәыси Аҟазаара 2:16, 17, насгьы 3:1—5 иану инақәыршәаны? Ишԥааирҳәи Аҩсҭаа Иегова иажәақәа?
9 Шәаԥхьа Аҟазаара 2:16, 17, насгьы 3:1—5. Амаҭ ихы иархәаны Аҩсҭаа Ева длазҵааит: «Ииашаҵәҟьаны иҳәама Анцәа абаҳчаҿы иҟоу аҵлақәа зегь рҟынтә ашәыр шәфар ҟалом ҳәа?» Уи азҵаара иумбо ашҳам иаҩызаз амц алан. Анцәа ииҳәаз Адами Евеи ҵла заҵәык ада егьырҭ зегь рҟынтә ашәыр рфалар шрылшоз акәын. Едемтәи абаҳчаҿы хкы рацәала аҵлақәа гылан (Аҟаз. 2:9). Иегова Адами Евеи акгьы рыгимыжьӡеит. Дара зшәыр рфар ҟамлоз ҵла заҵәык акәын. Еилкаауп Аҩсҭаа иқәиргылаз азҵаара амц шалаз. Аҩсҭаа Анцәа дкаџьбеизшәа иҳәеит. Иҟалап Ева Анцәа ибзиоу ак лцәиҵәахит ҳәа ахәыцра далагазар.
10. Ишԥаирцәгьеи Аҩсҭаа Анцәа ихьӡ, насгьы иалҵшәахазеи уи?
10 Аҩсҭаа Ева азҵаара анлиҭа, лара Иегова иажәа дахымԥаӡацызт. Аҩсҭаа аҭак анилҭоз, лара Иегова ирыдиҵаз еилыкка илҳәеит. Ева илҳәеит уи аҵла алакьысрагьы азин шрымамыз. Лара илдыруан Анцәа иҳәатәы иахыԥазҭгьы, ишыԥсуаз. Аха Аҩсҭаа иҳәеит: «Мап, шәыԥсӡом» (Аҟаз. 3:2—4). Уажәшьҭа иара иҽыргызмалны акәымкәа, иаартны иҳәеит Иегова шәижьоит ҳәа, убас ала Анцәа ихьӡ ирцәгьеит. Убри инаркны Аҩсҭаа дыџьнышхеит, мамзаргьы дыцәгьаҳәаҩхеит. Ева Аҩсҭаа иааиҳәаз зегь халҵеит (1 Тим. 2:14). Иегова иаасҭа лара уи игәра лгеит. Убри иахҟьангьы зегь иреицәаз аӡбара лыдылкылеит — Иегова иҳәатәы дахыԥарц лыӡбеит. Лара Иегова ззин лимҭаз ашәыр афара далагеит. Нас Адамгьы уи ифарц илҭеит (Аҟаз. 3:6).
11. Иҟарҵар рылшози Адами Евеи, аха иҟарымҵазеи?
11 Шәааи ҳазхәыцып Ева Аҩсҭаа иалҳәар лылшоз. Шәхаҿы иаажәг Ева уи абас иалҳәазшәа: «Сара уара уазусҭоу сыздырӡом, аха Саб Иегова дыздыруеит. Сара Саб бзиа дызбоит, игәрагьы згоит. Адами сареи иааҳамоу зегь иара иоуп иҳазҭаз. Ишԥаизуҳәо Саб абри аҩыза? Усԥырҵны уца!» Игәы ишԥахәарыз Иегова изиашоу иԥҳа лажәақәа! (Ажәам. 27:11). Аха Ева Иегова иахь уи аҩыза абзиабара ӷәӷәа лымамызт, имамызт уи Адамгьы. Уи иахҟьаны дара ацәгьаҳәаҩ иҿаԥхьа Раб ихьӡ рзымыхьчеит.
12. Ишԥалызцәыригеи Аҩсҭаа Ева алакҩакра? Иҟарымҵазеи Адами Евеи?
12 Ишаҳбаз ала, раԥхьа Аҩсҭаа Ева Иегова дыбзиоу-дыбзиаму ҳәа алакҩакра далагартә еиԥш иҟаиҵеит. Аҩсҭаа ииҳәаз иахҟьаны лара уаҳа Лаб игәра лгомызт. Адами Евеи Аҩсҭаа иҿаԥхьа Иегова ихьӡ рзымыхьчаӡеит. Дара Аҩсҭаа ииҳәаз иазыӡырҩны Раб иҿагылеит. Аҩсҭаа ихы иаирхәо ашьацҳәақәа имԥсахӡеит. Иахьагьы иара Иегова ацәгьа изиҳәоит, убас алагьы ихьӡ ирцәгьоит. Ауаа Аҩсҭаа имц агәра ахьырго иахҟьаны Иегова инапхгара иаҿагылоит.
ИЕГОВА ИХЬӠ ИРЫЦҚЬОИТ
13. Ишԥаанарԥшуеи Иезекииль 36:23 иану Абиблиа тема хадас иамоу?
13 Иҟаиҵазеи Иегова Аҩсҭаа ари аҩыза амц анизиҳәа? Ҿымҭӡакәа идикылама уи? Ҳәарада, мап! Абиблиаҿы, ахы инаркны аҵыхәанӡа, зыӡбахә ҳәоу Иегова Едемтәи абаҳчаҿы идырцәгьаз ихьӡ ирыцқьарц азы иҟаиҵо ауп (Аҟаз. 3:15). Абиблиа тема хадас иамоу Иегова Иԥа аҳас дызхаиргылаз Аҳра абзоурала ихьӡ ширыцқьо, насгьы адгьыл аҿы аиашареи аҭынчреи шеиҭашьақәиргыло ауп. Абиблиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова ихьӡ ирыцқьарц азы иахьа иҟаиҵо. (Шәаԥхьа Иезекииль 36:23.)
14. Ишԥақәҿиҭи Иегова аҿагылара, насгьы ишԥарыцқьо уи иара ихьӡ?
14 Аҩсҭаа илшо зегь ҟаиҵоит Иегова игәҭакы анагӡара даԥырхагахарц азы, аха Иегова аӡәгьы дзиԥырхагахом. Абиблиаҿы ҳзыԥхьо Иегова иусқәа иаҳдырбоит иара абзиабара шилоу, насгьы зегь иреиӷьу Анапхгаҩы шиакәу. Ҳәарада, Аҩсҭаа, насгьы уи иган аанызкылаз зегьы Иегова даараӡа игәы идырхьит (Аԥсал. 78:40). Аха Иегова уи азҵаара аӡбаразы зеиԥшыҟам аҟәыӷареи, ачҳареи, аиашареи ааирԥшуеит. Уи адагьы, иара амч ӷәӷәа шимоу акырынтә иааирԥшхьеит. Аха зегь раасҭа ихадоу, иусқәа зегьы абзиабара рныԥшуеит (1 Иоанн 4:8). Иегова ихьӡ ирыцқьарц азы дааҟәымҵӡакәа аџьабаа ибоит.
Аҩсҭаа Ева данлацәажәоз Иегова ацәгьа изиҳәеит, иахьа уажәраанӡагьы иара уи даҿуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9, 10, 15.)b
15. Ишԥаирцәгьо иахьа Аҩсҭаа Анцәа ихьӡ, насгьы лҵшәақәас иаанагозеи уи?
15 Аҩсҭаа иахьагьы Анцәа ихьӡ арцәгьара даҿуп. Уи имц иахҟьаны ауаа агәра ргаӡом Анцәа амчи, аиашареи, аҟәыӷареи, абзиабареи шилоу. Иаҳҳәап, иара ауаа агәра диргарц иҭахуп зегь зшаз Анцәа иакәӡам ҳәа. Анцәа дшыҟоу хазҵо ракәзар, иара урҭ Анцәа инормақәа ахақәиҭра умырхуашәа, насгьы ииашамшәа дирбоит. Уи адагьы, иара иҳәоит Иегова ауаа џьаҳаным амцеилашыраҿы изыргәаҟуа, арыцҳашьара злам, игәымбылџьбароу Анцәа иоуп ҳәа. Ауаа ари амц агәра ргар, анаҩс еиҳагьы еицәоу ҟарҵар ауеит — Иегова инапхгара иаҿагылоит. Иегова Аҩсҭаа дықәигаанӡа уи Анцәа ацәгьа изҳәара даҟәыҵӡом. Аҩсҭаа шәаргьы Иегова шәиҿаиргыларц иҽазишәоит. Аха иоуама ақәҿиара?
ШӘАРА ШӘРОЛЬ ЗЕГЬ РЕИҲА ИХАДОУ АЗҴААРАҾЫ
16. Иҟарымҵазеи Адами Евеи, аха иҟашәҵар шәылшозеи шәара?
16 Иегова инаӡам ауаа аҳаҭыр ду раҭәеишьеит — ихьӡ ахьымӡӷ ахыхра рҽаладырхәырц рылиршеит. Шәара Адами Евеи иҟарымҵаз ҟашәҵар шәылшоит. Иегова ихьӡ зырцәгьо, насгьы илазырҟәуа ауаа рыла иҭәу адунеи аҿы ҳшынхогьы, шәара ишәылшоит Иегова ихьӡ ҭыжәгалар, насгьы ауаа ирашәҳәалар уи дшыԥшьоу, дышиашоу, дышқьиоу, насгьы абзиабара шааирԥшуа (Ис. 29:23). Шәара иаашәырԥшлар шәылшоит Анцәа Напхгаҩыс дшәымазарц шышәҭаху. Шәара ауаа ирзеиҭашәҳәалар шәылшоит ашамҭақәа зегьы аҭынчреи анасыԥи рзаазго Анцәа инапхгара заҵәык шакәу (Аԥсал. 37:9, 37; 146:5, 6, 10).
17. Иҟаиҵози Иисус Иаб ихьӡ ауаа ирдырырц азы?
17 Иегова ихьӡ анҭаҳго, ҳара Иисус Христос ҳаиҿыԥшуеит (Иоанн 17:26). Иара Иаб ихьӡ аҭгаразы иҟаиҵоз рацәан. Иисус ауаа Анцәа ихьӡу раҳәара адагьы, уи дзеиԥшроу аилкаара дрыцхраауан. Афарисеицәа Иегова дыџьбаразжәа, игәы аҟаҵара цәгьазшәа, ауаа хьаас имамшәа, ирыцҳаимшьошәа даадырԥшуан. Иисус иакәзар, ауаа ирзеиҭеиҳәон Иаб ауаа шеиликаауа, рыгхақәа шранаижьуа, ачҳареи абзиабареи шааирԥшуа. Уи адагьы, иара есыҽны Иаб иеиԥш аҟазшьа бзиақәа ааирԥшуан, убри ала ауаа Иаб дзеиԥшраз дирбон (Иоанн 14:9).
18. Иҟаҳҵар ҳалшозеи Иегова изкны ирҳәо шымцу шьақәҳарӷәӷәаларц азы?
18 Иисус иеиԥш ҳаргьы Иегова изкны иаҳдыруа ауаа ирзеиҭаҳҳәалар ҳалшоит, иаҳҳәап, шаҟа абзиабареи ақьиареи илоу. Убас ала Иегова изкны ирҳәо шымцу шьақәҳарӷәӷәалоит, ауаагьы Анцәа ихьӡ ҳаҭыр ақәҵара иалагоит. Иара убас ҳара ҳшынаӡамгьы Иегова ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит (Еф. 5:1, 2). Ҳцәажәашьеи ҳусқәеи рыла Иегова дзеиԥшроу ауаа иандҳарбо, ихьӡ аҭгара ҳҽалаҳархәуеит. Иара убас уи ҟаҳҵоит Анцәа изку аҵабырг ауаа ианырзеиҭаҳҳәо. Уи адагьы, ҳара Анцәа ихьӡ ҭаҳгоит ҳшынаӡамгьы ҳизиашаны ҳанаанхо (Иов 27:5).
Ҳара иаҳҭахуп Абиблиа зҳарҵо еилыркаарц Иегова дышқьиоу, ауаагьы бзиа ишибо. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 18, 19.)c
19. Хықәкы хадас иҳамазар ҳахәҭоузеи ауаа аҵабырг андҳарҵо, Исаиа 63:7 иану инақәыршәаны?
19 Ҳазхәыцып Иегова ихьӡ аҭгаразы еиҭа иҟаҳҵар ҳалшо. Ауаа Абиблиа иану аҵабырг андҳарҵо, ҳара лассы-лассы ҳалацәажәоит Иегова заҵәык шиакәу адунеи аҿы напхгара аҟаҵаразы азин змоу. Ҳәарада, ауаа Анцәа изакәанқәа деилыркаара хадоуп, аха иара убас ҳара ауаа ҳрыцхраалароуп жәҩантәи Ҳаб Иегова бзиа ибара, насгьы иара иахь азиашара аарԥшра. Уи еиҳагьы ихадоуп. Ауаа Иегова иҟазшьа бзиақәа рзааҳартлароуп, убас ала дзеиԥш Нцәоу аилкаара ҳрыцхраалароуп. (Шәаԥхьа Исаиа 63:7.) Ус ҟаҳҵалар, ауаа Иегова бзиа ибареи изыӡырҩреи ҳрыцхраауеит.
20. Ҳазлацәажәозеи анаҩстәи астатиаҿы?
20 Ҳара иаҳҭахуп ҳхымҩаԥгашьала, насгьы ауаа аҵабырг шыдҳарҵо ала Иегова дҳараҳкларц, бзиа ибарагьы ҳрыцхраарц. Аха ишԥеилкаатәу уи ҳзалҵуоу-иаҳзалымҵуоу? Анаҩстәи астатиаҿы уи ҳалацәажәоит.
АШӘА 2 Уара иухьӡуп Иегова
a Иарбан ихадоу зҵаароу амаалықьцәеи ауааи рҿаԥхьа иқәгылоу? Избан уи азҵаара убас изхадоу, насгьы ишԥаҳаҵанакуеи уи ҳара? Арҭ азҵаарақәа рҭак Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иҳацхраауеит.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Аџьныш Ева Анцәа бижьоит ҳәа леиҳәеит, убас ала Анцәа ихьӡ ирцәгьеит. Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа иара Анцәа ацәгьа изҳәара даҿуп, иаҳҳәап, иара иҳәоит Анцәа дгәымбылџьбароуп ҳәа, насгьы ауаа зшаз иара иакәӡам ҳәа.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: абиблиатә ҵара мҩаԥызго аиашьа Анцәа иҟазшьақәа ҷыдала дырзааҭгылоит.