АБИБЛИА АҞЫНТӘ АЖӘАҚӘА
Ишәымоума шәара ахаҵара?
Иегова дҳаргәырӷьаларц азы ҳара ахаҵара ҳҭахуп. Аха Абиблиаҿы иануп: «Ахаҵара змамгьы ыҟоуп» (2 Фес. 3:2). Апостол Павел уи ишьҭашәарыцоз «ишәарҭоу ауаа цәгьақәа» рзоуп изиҳәаз. Аха иажәақәа ззукыр алшо урҭ рымацара ракәӡам. Иаҳҳәап, иахьа шьоукы зегь зшаз Анцәа шиакәу ахаҵара рҭахӡам (Рим. 1:20). Даҽа шьоукы мчы ӷәӷәак шыҟоу ауп ихарҵо. Аха уи аҩыза ахаҵара акәӡам Иегова дзыргәырӷьо.
Ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп Иегова дшыҟоу, насгьы ахаҵара ӷәӷәа змоу дшырзылԥхо (Аур. 11:6). Ахаҵара — иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа ҟазшьоуп. Уи адоуҳа ҳамазарц азы Иегова иҳаиҭарц ҳиҳәалароуп (Лука 11:9, 10, 13). Уи адагьы, адоуҳа ҳаурц азы Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩу Иажәа, Абиблиа, ҳаԥхьалароуп. Анаҩс ҳзыԥхьаз ҳазхәыцлароуп, еилаҳкааз инақәыршәаны ҳанхалароуп. Убасҟан Иегова идоуҳа ҳаԥсҭазаара анырра анаҭалоит, насгьы Анцәа дзыргәырӷьо ахаҵара аизырҳара иҳацхраалоит.