Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 94
  • Уи ахәыҷқәа бзиа ибоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Уи ахәыҷқәа бзиа ибоит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус аҵыхәтәантәи иуаххьа
    Учимся на примерах из Библии
  • «Аҵыхәтәанынӡа бзиа ибон»
    «Усышьҭаланы уаала»
  • Иисус зықьҩыла ауаа акрырҿеиҵоит
    Учимся на примерах из Библии
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 94

АЖӘАБЖЬ 94

Уи ахәыҷқәа бзиа ибоит

УАХӘАԤШИ, Иисус ари аҷкәын хәыҷы дышгәыдикылаз. Ишаабо ала, Иисус ииашаҵәҟьаны ахәыҷқәа дреиҷаҳауеит. Уи гәазҭо ахацәа Иисус иапостолцәа роуп. Иисус урҭ иреиҳәозеи уажәы? Уааи, еилаҳкаап.

Иисус иапостолцәеи иареи уажәоуп краамҭатәи рныҟәара аҟынтә ианыхынҳәыз. Амҩахь апостолцәа рыбжьара аимак роуит. Убри аҟнытә, дара анааи, Иисус дразҵаауеит: ‘Амҩан еимашәкуаз арбан?’ Иисус, аиашазы, идыруеит урҭ иеимаркуаз. Аха уи аиаша иарҳәозар ибоит ҳәа ауп урҭ дызразҵаауа.

Апостолцәа аҭакс акгьы рҳәом, избанзар амҩахь урҭ рахьынтә иеиҳау дызусҭоу атәы акәын еимактәыс ирымаз. Апостолцәа џьоукы егьырҭ иреиҳазарц рҭахыуп. Иисус урҭ ишԥадеилиркааришь, егьырҭ реиҳабыс аҟалара агәаҳәара шиашам?

Иара аҷкәын хәыҷы дааиԥхьаны, апостолцәа рҿаԥхьа диргылоит. Нас урҭ рахь ихы наирхоит: ‘Цқьа еилышәкаарц сҭахыуп: шәҽыриашаны, ахәыҷқәа реиԥш шәҟамлар, амалахазгьы Анцәа иаҳрахь шәызнеиум. Абри ахәыҷы иеиԥшхаз иоуп Анцәа иаҳраҿы иеиҳахо’. Иудыруама, Иисус убас зиҳәаз?

Ишаԥу еиԥш, ахәыҷқәа хьаас ирымам: егьырҭ реиҳа иуаҩ дуқәоума ма егьырҭ иреиӷьума. Убри аҟнытә апостолцәа ахәыҷқәа рҟны ирҵар акәын, ҳауа иеиҳау ма иреиӷьу ҳәа аимакра шахәҭам.

Иисус еиҭах изныкымкәа иааирԥшуеит, гәыкала ахәыҷқәа дышрызҿлымҳау. Мызқәак рышьҭахь џьоукы рхәыҷқәа Иисус иахь иааргоит. Апостолцәа урҭ Иисус иахь инарышьҭуам. Аха Иисус апостолцәа ирыдиҵоит: ‘Ахәыҷқәа сара сахь иааилааит, шәырԥырхагамхан. Анцәа иаҳра урҭ реиԥш иҟоу роуп изтәу’. Иисус урҭ гәыдкыланы, дрықәныҳәоит. Игәырӷьараӡами Иисус ахәыҷқәа бзиа ишибо адырра?

Маҭфеи 18:1—4; 19:13—15; Марк 9:33—37; 10:13—16.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра