Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 114
  • Ацәгьара зегьы аҵыхәтәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ацәгьара зегьы аҵыхәтәа
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Адгьыл аҟны — Џьанаҭ ҿыц
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иегова иеибашьра аибашьрақәа зегь рҵыхәтәа ԥнаҵәоит
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2019
  • Абиблиа иаҳәаз ҟалоит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 114

АЖӘАБЖЬ 114

Ацәгьара зегьы аҵыхәтәа

ИУБОИ араҟа? Ииашоуп — аҽы шкәакәақәа ирықәтәоу аруаа. Аха цқьа уахәаԥш — дара ахьынтәаауа. Ажәҩан аҟынтә, аԥҭақәа ирылаланы! Аха ажәҩан аҟны аҽқәа ыҟоума?

Мап, убри азоуп арҭ уаҩы иимбац аҽқәа изреиԥшу. Иаабац аҽқәа аԥҭақәа ирылаланы аҩра рылшома? Аха Абиблиа иаҳәоит ажәҩан аҟны иҟоу аҽқәа ртәы. Избан удыруазар?

Избанзар ажәытәан аибашьрақәа раан аҽқәа рхы иадырхәон. Абиблиаҿы ажәҩанаҿы иҩуа аҽқәа ртәы аҳәоит, Анцәа адгьыл иқәынхо ауаа дышрабашьуа аанарԥшырц. Иудыруама, ари аибашьра мҩаԥысраны иахьыҟоу иахьӡу? Армагеддон. Ари аибашьраҿы инырҵәахоит адгьылаҿы цәгьарас иҟоу зегьы.

Армагеддон амш аҽны аибашьра напхгара азиулоит Иисус. Иугәаларшәа — Иегова иеиҳабыра аҳас далихит Иисус. Убри азоуп Иисус аҳцәа ргәыргьын зихоу. Аҳәа иаанагоит, уи Анцәа иаӷацәа зегьы шықәихуа. Аха ихауҵарыма уара, Анцәа ауаа цәгьақәа зегьы шықәихуа?

Уазхьаԥш 10-тәи ажәабжь. Иубои уаҟа? Ииашоуп — адунеизегьтәи аӡхыҵра ауаа цәгьақәа зегьы ықәнахуеит. Ари аӡхыҵра ҟазҵада? Анцәа Иегова. Уажәшьҭа 15-тәи ажәабжь уахәаԥш. Иубои уаҟа? Иегова илаишьҭыз амца Содоми Гоморреи ықәнахуеит.

Уажәшьҭа 33-тәи ажәабжь уахәаԥш. Ирыхьзеи мсыраа рыҽқәеи реибашьыгатә ҽыуардынқәеи? Урҭ аӡы рылазҵада? Иегова. Убас уи иуаажәлар ихьчоит. Уахәаԥши 76-тәи ажәабжь. Уаҟагьы иубоит, Иегова жәларыс имаз — израилаагьы — рус бааԥсқәа рзы иқәырхыртә ишыҟаиҵаз.

Убри аҟнытә уамашәа иҳамбозароуп ҳара, Иегова жәҩантәи ир аашьҭны, адгьылаҿы цәгьарас иҟоу зегьы рҵыхәтәа шааиго. Аха уазхәыц — ари зегь иаанаго! Иаарҳәы адаҟьа, нас уи закәу еилаҳкаап.

Аартра 16:16; 19:11—16.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра