АШӘА 105
«Анцәа — дыбзиабароуп»
- 1. Ҳаб — дыбзиабароуп. Дҳаԥхьоит, - Имҩа бзиа иаҳбаларц. - Уи ҳаизыӡырҩырц ҳа дҳаҳәоит, - Ҳивагылангьы ҳцаларц. - Бзиа гәыкала иаҳбароуп - Ажәлари Анцәеи ҳара. - Нҵәара зқәым абзиабара - Бжьыс иаҳхазааит иҵарӡа. 
- 2. Анцәа игәаԥхара ҳашьҭоуп, - Даара бзиа Уи дбаны. - Анцәа гәнаҳа зуз дынижьуам, - Дықәиргылап ишьапы. - Бзиабара қьиоуп шьарда, - Иразуп, акрачҳауеит. - Иҽхәаӡом, иагьаҵам шьыцра, - Гәыҭбаарыла еизҳауеит. 
- 3. Иумӡан ахаан угәала, - Анажьра еснагь уазхиаз. - Ҳаб уиацәажәа ухала, - Иоуҳәар улшоит узыниаз. - Иаҳирбеит зеиӷьыҟам амҩа,— - Бзиабара аҿырԥшы. - Даҳҭахуп Анцәа, иаҳзааигәоугь, - Урҭ ирзыбылуеит ҳа ҳгәы. 
(Уахәаԥш иара убас Марк 12:30, 31; 1 Кор. 12:31—13:8; 1 Иоанн 3:23.)