АШӘА 107
Анцәа ибзиабара аҿырԥшы
- 1. Иегова ҳара абзиабара мҩа - Ҳзааиртит. Уи наӡоуп. - Иҳахәоит Анцәа иаҳзиӡбо аусқәа — - Ҳамҩа лашоуп, ҳамҩа лашоуп. - Ҳаб бзиа ҳбаны, ҳарҭ агәнаҳа ҳхихит,— - Дҳахҭниҵеит Иԥа, ҳаԥсҭазаара ҿихит. - Убасҵәҟьа ҳара аӡә бзиа ҳимбацызт! - Бзиабароуп! Уи бзиабароуп! 
- 2. Ҳабзиабара мӷьацашеи есааира, - Уи ӷәӷәахап, иазҳалап. - Ҳацхыраара роуп нас ишлоу, иқәыԥшу, - Ҳҩызцәа ҳахьчап, ҳреиҷаҳалап. - Ҳахыԥом бзанҵы Анцәа изакәан ԥшьа, - Уи бзиа даҳбоит, убас еиԥшгьы — ҳашьцәа. - Рыгха ранаҳажьп, ҳармықәыӡбаӡакәа. - Ишьақәҳарӷәӷәап ҳабзиабара! 
- 3. Есыҽны еиҳа ҳаизааигәахоит шьарда, - Ҩызцәак реиԥш ҳа ҳҟамлои. - Насыԥла ҳанхоит, зегь акзаара ҳамоуп,— - Зылԥхароуп уи, зылԥхароуп уи. - Абзиабара угәаҵа арӷәӷәароуп, - Анцәа идоуҳаи Уи Иажәеи удырҿыцроуп. - Нас ҳашьцәа еиҭа иаҳгәаладмыршәашеи: - «Ҳаб Зегьзымчу дыбзиабароуп!» 
(Уахәаԥш иара убас Рим. 12:10; Еф. 4:3; 2 Пиотр 1:7.)