Аиашьаратә бзиабара анаҩсгьы иаашәырԥшла!
«Еишьаратә бзиабарала шәеизыҟаз» (АУР. 13:1).
1, 2. Избан апостол Павел иқьырсианыз ауриацәа асаламшәҟәы зырзиҩыз?
ИЦОИТ 61 ашықәс ҳ. ҳ. Израиль инхо ақьырсианцәа уажәы еиҳа иҭынчрахаз аамҭа еигәырӷьоит. Апостол Павел макьана Рим дҭакуп, аха уи иаарласны доурышьҭуеит ҳәа дгәыӷуеит. Иара иҩыза Тимофеи ааигәа ихы дақәиҭыртәит, убри аҟынтә урҭ рҩыџьагьы Иудеиа инхо ақьырсианцәа рҭаара ргәы иҭоуп (Аур. 13:23). Аха хәышықәса рышьҭахь, Иисус иԥааимбаражәа инақәыршәаны, Иерусалим ар акәшоит. Усҟан Иудеиа аҟынтә ақьырсианцәа, еиҳарак Иерусалим инхо, ахәыцха аамҭа роуӡом. Иисус ргәырҽаниҵахьан заа зыӡбахә ҳәаз ахҭысқәа ишрылагаз анаарбалак, иаразнак ақалақь аанрыжьыр шакәу (Лука 21:20—24).
2 Иисус ари аԥааимбаражәа иҳәеижьҭеи 28 шықәса ҵит, уи аамҭазы ииашаз иқьырсианыз ауриацәа аԥхарсрақәа ирықәшәахьан, насгьы қәҿиарала егьырҭ аԥышәарақәа рацәаны ирхыргахьан (Аур. 10:32—34). Аха Павел еиликаауеит уажәымзар-уажәы дара рыгәрахаҵара зегь раасҭа иуадаҩу аԥышәарақәа ирықәшәараны ишыҟоу (Матф. 24:20, 21; Аур. 12:4). Иара раԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәа иазыҟаиҵар иҭахуп. Усҟан дара ахачҳара ӷәӷәеи рхы-рыԥсы рҿыхразы агәрахаҵареи аадырԥшыроуп. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 10:36—39.) Иегова иԥшьоу идоуҳа Павел игәазҭанаҵеит урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рԥышәарақәа рыхгараҿы дрыцхраарц азы асаламшәҟәы рзыҩра. Уи асаламшәҟәы иахьа Ауриацәа ирзишьҭыз ашәҟәы ҳәа еицырдыруеит.
3. Избан Павел ауриацәа рахь ииҩыз ҳара ҳзы аинтерес заҵоу?
3 Павел актәи ашәышықәсазы иқьырсианыз ауриацәа ирзиҩыз ҳара ҳзы аинтерес ду аҵоуп. Избан? Избанзар иахьа ҳаргьы уи иеиԥшу аҭагылазаашьа ҳҭагылоуп. Ихьанҭоу арҭ аамҭақәа раан Иегова имаҵзуҩцәа ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит аҿагыларақәеи аԥхарсрақәеи закәу (2 Тим. 3:1, 12). Ҳара ишьақәҳарӷәӷәахьеит Анцәа аҵыхәтәанынӡа игәра шаҳго, насгьы ӷәӷәала ҳашизиашоу. Аха уеизгьы ҳара ҳҟынтәи аӡәырҩы Иегова имаҵ руеит еиҳа ианҭынчу аамҭазы, насгьы иаарту аҿагыларақәа ирықәшәаӡом. Аха Павел иаамҭазы инхоз ақьырсианцәа реиԥш, иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳаԥхьаҟа ҳагәрахаҵара зегь раасҭа иӷәӷәоу аԥышәара шазыԥшу! (Уаԥхьа Лука 21:34—36.)
4. Иарбан жәеинраалоу 2016-тәи ашықәс иазалху, насгьы избан уи заамҭанытәу?
4 Иҳацхраауазеи иаарласны иҟалараны иҟоу ахҭысқәа рҽырзыҟаҵара? Павел ауриацәа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы иаагоу азхәыцрақәа ҳагәрахаҵара дырӷәӷәар рылшоит. Даараӡа ихадоу урҭ азхәыцрақәа руак ҳаԥшаар ҳалшоит уи асаламшәҟәы аҵыхәтәантәи ахы злалаго актәи ажәеинраалаҿы. Уа иануп ааԥхьара: «Еишьаратә бзиабарала шәеизыҟаз» (Аур. 13:1). Ари ажәеинраала 2016-тәи ашықәс иазалху жәеинраалоуп.
2016-тәи ашықәс иазалху ажәеинраала: «Еишьаратә бзиабарала шәеизыҟаз» (Ауриацәа рахь 13:1)
ИЗАКӘЫЗЕИ АИАШЬАРАТӘ БЗИАБАРА?
5. Иаанагозеи аиашьаратә бзиабара?
5 Иаанагозеи ҳара ҳзы аиашьаратә бзиабара аарԥшра? Павел ихы иаирхәон абырзен ажәа филаделфи́а, уи иаанагоит «аиашьа иахь абзиабара». Аиашьаратә бзиабара — ари аҭаацәара, ма аҩызцәа гәакьақәа ирыбжьоу еизааигәоу, аԥхарра зҵоу аизыҟазаашьа ӷәӷәақәа зныԥшуа бзиабара хкуп (Иоанн 11:36). Ҳара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳакәушәа ҳҽыҟаҳҵаӡом, ус ҳагьыҟаҵәҟьоуп (Матф. 23:8). Ҳара ҳцәаныррақәа аанарԥшуеит Римаа рахь 12:10 рҿы иану ааԥхьара: «Бзиа шәеибабала еишьцәаҵас, ҭаацәарак иатәу ауаа реиԥш; аӡәи-аӡәи ҳаҭыр ахьеиқәышәҵаша шәаҳасабыз». Анцәа имаҵзуҩцәа ӷәӷәала еиднакылоит ас еиԥш иҟоу абзиабареи ага́пе захьӡу апринципқәа шьаҭас измоу абзиабареи.
6. Иззыҟазар рыхәҭада ақьырсианцәа еишьцәаҵас?
6 Библиаҭҵааҩык ишиҳәо ала, «ажәақәа „аиашьаратә бзиабара“ иқьырсианым алитератураҿы лассы-лассы иуԥылаӡом». Аиудаизм аҿы «аиашьа» ҳәа зны-зынла изарҳәоз ауацәа мацара шракәмызгьы, уи аиудеиаа роуп изҵазкуаз, егьырҭ ажәларқәа ракәымкәа. Аха ақьырсианцәа еишьцәаҵас еизыҟазар ауп, милаҭс изҵанакуазаалакгьы (Рим. 10:12). Аиашьаратә бзиабара аарԥшышьа Иегова ихаҭа иаҳирҵоит (1 Фес. 4:9). Аха избан уи аҩыза абзиабара анаҩсгьы изаарԥшлатәу?
ИЗБАН ИЗХАДОУ АНАҨСГЬЫ АИАШЬАРАТӘ БЗИАБАРА ААРԤШРА?
7. а) Иарбан мзыз хадоу иҳамоу аиашьаратә бзиабара аарԥшразы? б) Иарбан мзызу еиҭа иҟоу аиашьаратә бзиабара арӷәӷәаразы?
7 Ҳара аиашьаратә бзиабара ааҳарԥшлароуп, избанзар раԥхьа иргыланы Иегова уи ҳара ҳҟынтәи дазыԥшуп. Ҳашьцәа бзиа рбара мап ацәаҳкуазар, Анцәа бзиа даҳбоит ҳәа ҳазҳәом (1 Иоанн 4:7, 20, 21). Уи адагьы, ҳаиашьара ада ԥсыхәа ҳамам, еиҳарак ихьанҭоу аамҭақәа раан. Павел идыруан ари асаламшәҟәы ззышьҭыз иқьырсианыз ауриацәа рахьтә шьоукы иаарласны рыҩнқәеи идырҳаз амали аанрыжьыр шакәхо. Иисус заа иҳәахьан уи аамҭа шыхьанҭахо (Марк 13:14—18; Лука 21:21—23). Убри аҟынтә урҭ ақьырсианцәа ирымаз аиашьаратә бзиабара уаанӡа еиԥшымкәа идырӷәӷәалар акәын (Рим. 12:9).
8. Иҟаҳҵалар акәзеи агәырҩа ду алагаанӡа?
8 Иаарласны адунеи аҿы уаанӡа ахаан иҟамлацыз агәырҩа ду аԥшақәа аужьхоит (Марк 13:19; Аат. 7:1—3). Усҟан ҳара Анцәа идҵа ҳақәныҟәар ауп: «Шәца, сыжәлар, аҩныҵҟатәи ауадақәа шәрыҩналаны ашә ашәыркы. Шәҽышәҵәах аамҭа кьаҿк иалагӡаны, агәыԥжәара ииасаанӡа» (Ис. [Ис.] 26:20). Иҟалап урҭ «аҩныҵҟатәи ауадақәа» ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи Иегова ҳахьимҵахырхәо аизарақәа ирыҵанакуазар. Аха иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа рҭаара мацара азхаӡом. Павел иқьырсианыз ауриацәа иргәалаиршәеит урҭ аиқәшәарақәа рхы ишадырхәалар акәу бзиабарала рҽеимардарц, наҟ-ааҟ, дара-дара рыбжьара, абзиара-ахирра бжьарҵарц азы (Аур. 10:24, 25). Ҳара иҳамоу аиашьаратә бзиабара иахьа иҳарӷәӷәалар ауп, избанзар уи ҳаԥхьаҟа ҳзықәшәо аԥышәарақәеи ауадаҩрақәеи зегьы рыхгара иҳацхраауеит.
9. а) Иарбан лшарақәоу иахьа иҳамоу аиашьаратә бзиабара аарԥшразы? б) Иаажәга Иегова имаҵзуҩцәа аиашьаратә бзиабара шаадырԥшуаз узырбо аҿырԥштәқәа.
9 Аха агәырҩа ду алагаанӡа, ҳара иахьанатә аиашьаратә бзиабара ӷәӷәа ҳамазар ауп. Ақьырсианцәа аӡәырҩы адгьылҵысрақәа, аӡхыҵрақәа, афырҭын, ацунами, ма даҽа ԥсабаратә рыцҳарақәак ирыхҟьаны, ааха ӷәӷәа роуит. Даҽа шьоукы аҿагыларақәеи аԥхарсрақәеи ирықәшәоит (Матф. 24:6—9). Урҭ зегьы рнаҩсангьы аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит, избанзар ицқьам ари асистемаҿы ҳанхоит (Аат. 6:5, 6). Аха ауадаҩрақәа рацәахацыԥхьаӡа, ҳара иҵаулоу ҳабзиабара аарԥшра алшара ҳамоуп. Иисус «шьардаҩы рыбзиабара хьшәашәашт» ҳәа заа иҳәахьан. Аха ҳара анаҩсгьы ишьақәҳарӷәӷәалар ауп иҳамоу аиашьаратә бзиабара шмыхьшәашәаз (Матф. 24:12)1.
ҲАИАШЬАРАТӘ БЗИАБАРА МЫХЬШӘАШӘАРЦ АЗЫ ИҞАҴАТӘУ
10. Еилҳаргозеи ҳара уажәы?
10 Иахьа ҳара ауадаҩрақәа рацәаны ҳрықәшәоит. Ишԥеилаҳкаари ҳашьцәа рахь иҳамоу абзиабара шмыхьшәашәаз? Ишԥаҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь уи аҩыза абзиабара ӷәӷәа шҳамоу аарԥшра? «Еишьаратә бзиабарала шәеизыҟаз» ҳәа аниҳәа ашьҭахь, апостол Павел еиқәиԥхьаӡеит ақьырсиантә еизараҿы абзиабара злааҳарԥшуа азнеишьақәа. Шәааи ҳрыхәаԥшып урҭ рахьтә фба.
11, 12. Иаанагозеи асасдкылара аарԥшра? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
11 «Асасдкыларатә шәхашәмыршҭлан». (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 13:2.) Абырзен бызшәа аҟынтәи «асасдкылара» ҳәа еиҭагоу ажәа иаанагоит «иузымдыруа иахь ақьиара». Уи иаҳгәаланаршәоит Авраами Лоти рҿырԥшы. Дара зынӡа ирзымдыруаз гәаартыла ирыдыркылеит. Урҭ рысасцәа маалықьцәан (Аҟаз. [Быт.] 18:2—5; 19:1—3). Павел арҭ аҿырԥштәқәа ааигеит иқьырсианыз ауриацәа асасдкыларатә рхамышҭуа аиашьаратә бзиабара аарԥшра ргәазҭеиҵарц азы.
12 Иааҳаԥхьома ҳара егьырҭ акреицаҳфарц, ма ҳаицәажәарц, ҳгәы шьҭибахырц азы, уи ала асасдкылара аарԥшуа? Уи азы иаҭахӡам уаҩ иимбац афатә аҟаҵара. Иара убас ииашахомызт ҳара ҳзыҳәан ак ҟазҵар зылшо мацара рааԥхьара (Лука 10:42; 14:12—14). Ҳара иаҳҭаху егьырҭ ргәы шьҭаҳхырц ауп, рыршанхара акәӡам! Ҳазхиоума ҳара араионтә хылаԥшҩы иԥҳәыси иареи рааԥхьара, урҭ макьана ибзианы иаҳзымдыруазаргьы? (3 Иоанн 5—8). Иахьа ҳара даара ҳаилахоуп, ҳаԥсҭазаара гәҭынчымрала иҭәуп, убри аҟынтә «асасдкыларатә шәхашәмыршҭлан» даара изаамҭанытәу лабжьароуп.
13, 14. Ишԥаҳалшо ҳара абахҭа иҭаку ҳхаҳмыршҭлар?
13 «Ишәхашәмыршҭлан абахҭа иҭаку». (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 13:3.) Павел зыӡбахә иҳәоз иҭакыз зегь ракәӡамызт, аха зыгәрахаҵаразы иҭакыз ракәын. Уи аамҭазы Павел дбаандаҩуижьҭеи ԥшьышықәса раҟара ҵуан (Флп. 1:12—14). Иара аишьцәа абас ирҽхәеит: «Абахҭа иҭакыз шәрызхьаауан» (Аур. 10:34). Павел хаҭала ацхыраара изҭоз реиԥш, иқьырсианыз ауриацәа иааигәа иҟазар рылшомызт. Аха ишԥарылшоз урҭ дырхамышҭырц? Гәыкала иара изы Анцәа иҳәалазҭгьы (Аур. 13:18, 19).
14 Иахьа ҳаргьы абахҭа иҭаку ҳашьцәа ҳарцәыхаразар ауеит. Урҭ рааигәара инхо Иегова ишаҳаҭцәа ишрылшо еиԥш, хаҭала ацхыраара рыҭара ҳалшаӡом. Аха ҳара арыцҳашьареи аиашьаратә бзиабареи ааҳарԥшуеит, ҳааҟәымҵӡакәа дара рзы Иегова ҳиҳәозар. Иаҳҳәап, Еритреиа ирацәоуп иҭаку ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи. Зны-зынла ахәыҷқәагьы анҭаркуа ыҟоуп. Аишьцәа Паулос Ииассу, Исаак Могос, Негеде Теклемариам абахҭа иҭакуижьҭеи 20 шықәса еиҳауп! Иаҳгәалашәома урҭ Анцәа ҳаниҳәо?
15. Ишԥаҳалшо хаҵеи-ԥҳәыси реимазаара пату ақәҵара?
15 «Хаҵеи-ԥҳәыси реимазаара ԥшьазароуп». (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 13:4.) Ҳара ҳаиашьаратә бзиабара убарҭоуп гәаԥхашәала ҳацқьаны ҳахьаанхо ала (1 Тим. 5:1, 2). Аизараҿы аӡәы ихаҵара ицеиҩызшо аиашьа, аиаҳәшьа, ма урҭ рҭаацәара иатәу рганахь ала гәаԥхашәадарала ихы мҩаԥигазҭгьы, уи аиашьаратә бзиабара шьаҭас измоу агәреибагара арӡуан. Апостол Павел ргәырҽаниҵон: «Дарбанзаалакь феидак, ԥгалак соуеит ҳәа цәгьарак, бааԥсрак иашьа иҵаимгалааит» (1 Фес. 4:3—8). Уи адагьы, шәазхәыц шаҟа ахьаа цәгьа лзаанаго аԥҳәыс, лхаҵа апорнографиа дшахәаԥшуа анеилылкаалак. Иузҳәома иара уи ала иԥҳәыс лахь абзиабара, насгьы аҭаацәалазаарахь апатуқәҵара ааирԥшит ҳәа? (Матф. 5:28).
16. Ишԥаҳацхраауеи аиашьаратә бзиабара аарԥшра иҳамоу ахьҳазҳархо?
16 «Ишәымоу шәызшәырха, шәалаӡа». (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 13:5.) Иҳамоу анҳазҳархо, Иегова ҳашиқәгәыӷуа ааҳарԥшуеит. Уи ҳацхраауеит амал иҭышәынтәаланы азнеира (1 Тим. 6:6—8). Еилаҳкаауеит Иеговеи ҳареи, насгьы ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшои ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа аԥара аасҭа рыхә шыҳараку. Ауаҩы имоу изирхозар, дашшӡом, агәынамӡара ааирԥшӡом, насгьы агхақәа рыԥшаара дашьҭаӡам. Иара аиашьаратә бзиабара ықәызхуа аԥсыцәгьареи ашьыцреи иҽриҭаӡом. Имоу анизирхо, иара ак иамеигӡо иакәны дҟалоит (1 Тим. 6:17—19).
17. Ишԥаҳацхраауеи аиашьаратә бзиабара аарԥшра акгьы ҳахьацәымшәо?
17 Шәымшәа-шәмырҳа шәыҟаз. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 13:6.) Иегова ҳаниқәгәыӷуа, аԥышәарақәа зегьы рҿы акгьы ҳацәымшәалар ҳалшоит. Уи иабзоураны ҳара агәазыҟашьа бзиа ҳамазаалоит. Агәазыҟашьа бзиеи аиашьаратә бзиабареи анааҳарԥшуа, ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо рырӷәӷәара, насгьы ргәышьҭыхра ҳалшоит (1 Фес. 5:14, 15). Арыцҳара ду аан ицқьам ари адунеи азы аамҭа аныцәгьахалак, ҳара ҳхы шьҭыхны ҳгылар ҳалшоит, избанзар ҳаиқәырхара шааигәоу ҳдыруеит (Лука 21:25—28).
Иаашәырԥшуама аџьшьара аизара аиҳабацәа ирбо аџьабаа азы? (Шәахәаԥш абзац 18.)
18. Ишԥаҳалшо аизара аиҳабацәа рахь иааҳарԥшуа аиашьаратә бзиабара аизырҳара?
18 «Анцәа иажәа шәызназгоз шәырҵаҩцәа шәхашәмыршҭлан». (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 13:7, 17.) Аизара аиҳабацәа хәыда-ԥсада рхы иамеигӡакәа ҳара ҳзы ирбо аџьабаа ҳаназхәыцуа, дара рахь иааҳарԥшуа ҳабзиабареи ҳаџьшьареи еизҳауеит. Ҳхымҩаԥгашьа иахҟьаны урҭ агәырӷьара рцәыӡыр, насгьы иқәыԥсычҳауа рмаҵзура нарыгӡалар ҳҭахӡам. Аха ҳарзыӡырҩуазар, насгьы рҳәатәы ҳацныҟәозар, имҩаԥырго русқәа рзы дара рахь ҳабзиабара ааҳарԥшуеит (1 Фес. 5:13).
ИҴЕГЬЫ ҚӘҾИАРА ШӘЫМАНЫ ШӘХЫ ААШӘЫРԤШЛА
19, 20. Ишԥаҳалшо аиашьаратә бзиабара иҵегьы қәҿиара ҳаманы аарԥшра?
19 Ҳәарада, гәык-ԥсыкала иаарԥшу аиашьаратә бзиабара Иегова ижәлар зларылукаауа ҷыдароуп. Павел иазгәеиҭеит иара иаамҭазы ақьырсианцәа ӷәӷәала бзиа ишеибабоз. Аха анаҩс ргәазҭеиҵеит урҭ иҵегьы қәҿиара рыманы рхы аадырԥшларц (1 Фес. 4:9, 10). Уи иаанагоит еснагь аҽеиӷьтәра шҳахәҭоу.
20 Ашықәс иазалху ажәеинраала шәанахәаԥшло, шәрызхәыцла абарҭ азҵаарақәа: исылшома сара еиҳа асасдкылара аарԥшра? Ишԥасылшо абахҭа иҭаку рхамышҭра? Пату ақәысҵома Анцәа иҳамҭа аҭаацәалазаара? Исыцхраауазеи исымоу сзырхара? Ишԥасылшо Иегова иахь исымоу агәрагара арӷәӷәара? Исылшома сара аизара аиҳабацәа еиҳаны рыцхраара? Ҳара арҭ ф-ганк рҿы ҳхы аус адаҳулалар, сынтәатәи ашықәс иазалху ажәеинраала ҳара ҳзы баша иҩу ажәақәахом. Ҳара иааҳарԥшуеит абарҭ ажәақәа аус аҿы ҳашрықәныҟәо: «Еишьаратә бзиабарала шәеизыҟаз» (Аур. 13:1).
^ 1 Абзац 9. Иегова ишаҳаҭцәа аԥсабаратә рыцҳарақәа раан аиашьаратә бзиабара шаадырԥшуаз атәы шәаԥхьа ииуль 15, 2002 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы, адаҟьақәа 8—9 (аурыс), насгьы ашәҟәы «Иегова ишаҳаҭцәа — Анцәа Иаҳра ажәабжьҳәаҩцәа» 19-тәи ахаҿы (аурыс).