Иегова игәҭакы хымԥада инаӡоит
«Сара ишәыласҳәеит... иагьынасыгӡоит. Уи гәҭакыс исымоуп, иагьыҟасҵоит» (ИС. [ИС.] 46:11).
1, 2. а) Иаҳзааиртызеи Иегова? б) Зыгәра ҳнаргозеи Исаиа (Исаия) 46:10, 11, насгьы 55:11 ирну ажәақәа?
АБИБЛИА иану раԥхьатәи ажәақәа даара имариоуп, аха даара иҵаулоу аҵакы рымоуп: «Раԥхьаӡа Анцәа ишеит ажәҩани адгьыли» (Аҟаз. [Быт.] 1:1). Ииашаҵәҟьаны ҳара Анцәа иишаз зегьы аҵыхәтәанынӡа аилкаара ҳалшом, иаҳҳәап, акосмос, алашара, агравитациа. Жәҩантәыла зегь аҿы ҳара иаҳбарҭоу зынӡа имаҷӡоуп (Еккл. [Эккл.] 3:11). Аха Иегова адгьыли ауаатәыҩсеи ирыдҳәалоу игәҭакы ҳзааиртит. Уи инақәыршәаны иара иеиԥшны иишаз ахацәеи аҳәсеи адгьыл зеиԥшыҟам ҩныс ирзыҟалар акәын (Аҟаз. [Быт.] 1:26). Ауаа Анцәа ихәыҷқәа ракәзар акәын, иара урҭ Раб иакәзар акәын.
2 Аха Аҟазаара (Бытие) 3-тәи ахаҿы ишаҳәо еиԥш, Иегова имаз агәҭакы ашәарҭара иҭагылеит (Аҟаз. [Быт.] 3:1—7). Аха уи ашәарҭара Иегова дыззымиаауаз акәмызт, избанзар аӡәгьы илшом Иегова иԥырхагахара (Ис. [Ис.] 46:10, 11; 55:11). Убри аҟынтә ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова раԥхьатәи игәҭакы ианаамҭаҵәҟьоу ишыҟало.
3. а) Иарбан ҵабыргқәоу абиблиатә жәабжь аилкааразы даара ихадоу? б) Избан урҭ реилыргара зҳахәҭоу? в) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?
3 Ҳәарада, ҳара ибзианы иаҳдыруеит адгьыли ауаатәыҩсеи ирыдҳәалоу Анцәа игәҭакы, насгьы уи агәҭакы анагӡараҿы Иисус Христос ироль хада иазкны Абиблиа иану. Арҭ аҵабыргқәа даара ихадоуп, иҟалап Анцәа Иажәа аҵара ҳаналага зегь раԥхьаӡа урҭ ракәзар еилаҳкааз. Уажәшьҭа ҳаргьы даараӡа ихадоу арҭ аҵабыргқәа гәыкала иҟоу ауаа ирзеиҭаҳҳәар ҳҭахуп. Ҳара ари астатиа ҳахысуеит Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз ахь иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа ааԥхьара рыҭаразы гәацԥыҳәарала аџьабаа анаҳбо (Лука 22:19, 20). Уи аиқәшәарахь иааиуа ауаа Анцәа игәҭакы иазкны еилыркаауа рацәоуп. Ахәылԥаз ҟалаанӡа мышқәак роуп инхаз, убри аҟынтә уажәы иаамҭоуп Абиблиа зҳарҵо, насгьы гәыкала иҟоу егьырҭ ауаа ари ахҭыс ахь аинтерес рызцәыргаразы ҳхы иаҳархәаша азҵаарақәа рызхәыцра. Шәааи х-зҵаарак еилҳаргап: иарбан гәҭаку адгьыли ауаатәыҩсеи рганахь ала Анцәа раԥхьаӡа имаз? Избан уи агәҭакы макьана изынамӡац? Избан еиҳарак Иисус Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара уи агәҭакы анагӡараҿы ихадоу ароль зааннакыло?
ИАРБАН ГӘҬАКУ АНЦӘА РАԤХЬАӠА ИМАЗ?
4. Ишԥаҳараркуеи ашамҭақәа Иегова ихьӡ?
4 Иегова ишамҭақәа апатуқәҵара ду ҳазцәырыргоит. Ишамҭақәа зегьы џьашьахәуп (Аҟаз. [Быт.] 1:31; Иер. [Иер.] 10:12). Иаҳдырҵар алшозеи Иегова ишамҭақәа ирныԥшуа аԥшӡареи аиҿкаареи? Иегова ишамҭақәа ҳанрыхәаԥшуа, дара зегьы — ахәыҷӡақәа инадыркны адуқәа рҟынӡа — рхатә роль анагӡаразы ишшоу анеилаҳкаауа, уи ҳаршанхоит. Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа ауаҩы иорганизм ахацқәа шеиҿартәу шәаназхәыцуа, ииз аԥшқа даныжәбо, насгьы амра шҭашәо шәанахәаԥшуа? Ҳара Иегова ишамҭақәа агәахәара дуӡӡа ҳзааргоит, избанзар Иегова аԥшӡара аилкааразы алшара ҳаҭаны ҳаишеит. (Уаԥхьа Аԥсалом 18:2 [19:1, АдҾ]; 103:24 [104:24, АдҾ].)
5. Изыбзоурахазеи Иегова ишамҭақәа еиҿкааны аус ахьеицыруа?
5 Иара убасгьы еилыкка иаҳбоит Иегова ишамҭақәа зегьы иалкаау аҳәаақәа шриҭаз. Иара зехьынџьара аиҿкаара ыҟазарц азы ацәеижьтә, насгьы агәаԥхашәатә нормақәа шьақәиргылеит (Аԥсал. 18:8—10 [19:7—9, АдҾ]). Убри аҟынтә Адунеи аҿы иҟоу зегьы рхатә ҭыԥқәа рымоуп, насгьы Анцәа гәҭакыс имоу аганахь ала дасу ррольқәа нарыгӡоит. Иегова изакәанқәа ашамҭақәа аус еицыруларц азы анапхгара рнаҭоит. Абасала, агравитациа Адгьыл акәша-мыкәша атмосфера ааннакылоит, уи аӡқәа рышьҭыҵрақәеи рылаҟәрақәеи ианыруеит, насгьы адгьыл аҿы иҟоу ашамҭақәа зегьы еиҿкааны иҟазарц иацхраауеит. Ашамҭақәа зегьы, ауаагьы уахь иналаҵаны, абарҭ азакәанқәа рыла ишьақәгылоуп. Ари аҩыза аиҿкаара иаанарԥшуеит Анцәа адгьыли ауаатәыҩсеи рганахь ала гәҭакыс имоу. Ҳара иҳамоуп алшара иџьоушьаша ари аиҿкаара зыбзоуроу дызусҭоу ауаа рзеиҭаҳәара (Аат. 4:11).
6, 7. Ҳамҭас ириҭазеи Иегова Адами Евеи?
6 Анцәа гәҭакыс иман ауаа наӡаӡа адгьыл аҿы инхаларц (Аҟаз. [Быт.] 1:28; Аԥсал. 36:29 [37:29, АдҾ]). Анцәа Адами Евеи аҳамҭақәа рацәаны ириҭеит аҟынтә, аԥсҭазаара иалагәырӷьалар рылшон. (Уаԥхьа Иаков 1:17.) Иара алхра ахақәиҭреи, ахәыцра алшареи, абзиабареи, насгьы аиҩызара аизырҳара алшареи рылаҵаны ишеит. Ҳазшаз Адам диацәажәон, насгьы азыӡырҩра ааирԥшлар шилшо иирҵон. Иара Адам имч ихы ишаирхәаша, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи дшырхылаԥшлаша иеилиркаауан, насгьы адгьыл ақәаарыхра шаҭаху изеиҭеиҳәон (Аҟаз. [Быт.] 2:15—17, 19, 20). Уи адагьы, Иегова Адами Евеи аҳареи, абареи, агьама аилкаареи, афҩы аҳареи, акьысра анырреи реиԥш иҟоу ацәаныррақәа рылаҵаны ишеит. Абарҭ зегь рыбзоурала џьанаҭ дгьыл аҿы аԥсҭазаара инагӡаны иалагәырӷьаларц рылшон. Адами Евеи наунагӡа рџьабаа агәахәара рзаанагалар, рус иалагәырӷьалар, насгьы еснагь иҿыцу ак еилыркаалар рылшон.
7 Иаҵанакуази еиҭа Анцәа игәҭакы? Иегова Адами Евеи инаӡоу ахшара роуртә ишеит. Анцәа иҭахын урҭ рыхшарагьы ахәыҷқәа рхылҵырц, убас ала ауаатәыҩса адгьыл зегь ықәдырҭәаарц. Анцәа иҭахын Адами Евеи урҭ рыхшареи ирхылҵуа бзиа ирбаларц, иара раԥхьатәи инаӡаз ауаа бзиа ишибаз еиԥш. Аԥсҭазааразы иаҭаху зегь ахьыҟаз адгьыл наӡаӡа анхара ахьрылшоз ҩныс ирзыҟалар акәын (Аԥсал. 113:24 [115:16, АдҾ]).
ИЗБАН АНЦӘА ИГӘҬАКЫ МАКЬАНА ИЗЫНАМӠАЦ?
8. Иарбан хықәку Аҟазаара (Бытие) 2:16, 17 иану адҵа иамаз?
8 Аха Анцәа игәҭакы иаразнак иҟамлеит. Избан? Иегова Адами Евеи имариаз адҵа риҭеит, уи иднарбон ирыҭаз ахақәиҭра аҳәаақәа шамоу. Иара Адам иеиҳәеит: «Уара узхара уфар улшоит абаҳчаҿы иҟоу аҵлақәа зегь рҟынтә. Аха ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла, убри аҟынтә иумфан, избанзар уи аҟынтә иануфа аҽны, хымԥада, уԥсуеит» (Аҟаз. [Быт.] 2:16, 17). Адами Евеи ари адҵа аилкаара рцәыуадаҩмызт, уи ақәныҟәарагьы мариан, избанзар афатә меигӡарахда ирыман.
9, 10. а) Ихареиҵазеи Аҩсҭаа Иегова? б) Иарбан ӡбароу Адами Евеи ирыдыркылаз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
9 Аҩсҭаа Аџьныш амаҭ ихы иархәаны Ева дижьеит, насгьы Лаб Иегова дизымӡырҩырц лгәазҭеиҵеит. (Уаԥхьа Аҟазаара [Бытие] 3:1—5; Аат. 12:9.) Аҩсҭаа Ева длазҵааит: «Ииашаҵәҟьаны иҳәама Анцәа, абаҳчаҿы иҟоу аҵлақәа зегь рҟынтә ишәфар ҟалом ҳәа?» Даҽакала иуҳәозар, иара иҳәеит: «Ишәҭаху аҟаҵара азин шәымаӡами?» Анаҩс иаартны амц иҳәеит: «Мап, шәыԥсӡом». Уи ашьҭахь Аҩсҭаа Ева агәра лиргеит Анцәа дизымӡырҩыр шлылшо. Уи ус леиҳәеит: «Аха идыруеит Анцәа уи аҟынтә [ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла аҟынтә] ашәыр анышәфо аҽны шәыблақәа шыхтуа». Убасала Аҩсҭаа иҭахын Ева агәра лиргарц Иегова уи аҵла аҟынтә ашәыр афара азин зримҭаз ибзиоу ак рцәиҵәахырц ахьиҭахыз акәушәа. Анаҩс джьаны «Анцәа иеиԥш ацәгьеи абзиеи здыруа шәакәны» шәҟалоит ҳәа ажәа лиҭеит.
10 Адами Евеи иҟарҵаша рыӡбар акәын: Иегова изиашаны иаанхару, мамзаргьы амаҭ иазыӡырҩру. Урҭ Анцәа идҵа еиларгарц рыӡбеит. Уи ала Аҩсҭаа иҿагылара иадгылеит. Дара Раб Иегова ицәхьаҵит, насгьы инапхгара азыӡырҩра ирнаҭоз ахьчара мап ацәыркит (Аҟаз. [Быт.] 3:6—13).
11. Избан Иегова Адами Евеи иаадырԥшыз аҿагылара ус баша изаанимыжьыз?
11 Адами Евеи Иегова ианиҿагыла, анаӡара рцәыӡит. Уи инеиҳангьы, Иегова ицәыхарахеит, избанзар иблақәа «ацәгьара ахәаԥшразы мыцхәы ицқьоуп». Иара амцқьара ичҳаӡом (Авв. [Авв.] 1:13). Ус акәмызҭгьы, ишамҭақәа зегьы — адгьыл аҿгьы ажәҩан аҿгьы — ашәарҭара иҭагылон. Аха зегь раԥхьа иргыланы, Иегова Едемтәи абаҳчаҿы иҟалаз ус баша иаанижьызҭгьы, Анцәа игәра агара алшоу иалымшоу азҵаара цәырҵуан. Аха Иегова еснагь изакәанқәеи ипринципқәеи дрызиашаны даанхоит, насгьы ахаан еилеигаӡом (Аԥсал. 118:142 [119:142, АдҾ]). Адами Евеи алхра ахақәиҭра ахьрымаз Анцәа изакәанқәа рызхьамԥшра азин рнаҭомызт. Дара Иегова иахьиҿагылаз иахҟьаны иԥсит, насгьы излыхыз адгьылтә сабахь игьежьит (Аҟаз. [Быт.] 3:19).
12. Ирыхьзеи Адам ихылҵшьҭра?
12 Адами Евеи ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла аҟынтә ашәыр анырфа ашьҭахь, акзаара ахьыҟоу Анцәа иҭаацәара иахәҭакны изаанхомызт. Иегова урҭ Едемтәи абаҳча аҟынтә наунагӡа иҭицеит (Аҟаз. [Быт.] 3:23, 24). Адами Евеи иаадырԥшыз аҿагылара алҵшәа бааԥсқәа рнырыртә алиршеит. (Уаԥхьа Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 32:4, 5.) Ауаа анаӡара анырцәыӡ ашьҭахь, Анцәа иҟазшьақәа инаӡаны раарԥшра рылшомызт. Адам имацара иакәӡам наӡаӡатәи аԥсҭазаара зцәыӡыз, иара ихҟьаны ихылҵшьҭрагьы анамӡареи, агәнаҳаи, аԥсреи рҭынхеит (Рим. 5:12). Ихылҵыз зегьы наӡаӡа анхара алшара рымихит. Уи адагьы, Адами Евеи, насгьы урҭ ирхылҵыз инаӡоу ахшара аиура рылшомызт. Аҩсҭаа Аџьныш илшеит Адами Евеи Анцәа иҟәыгара, уи иахьагьы ауаа рырҩашьара даҿуп (Иоанн 8:44).
АҾЫХРА АНЦӘА ИЗААИГӘАХАРА ИҲАЦХРААУЕИТ
13. Ииҭахузеи Анцәа ауаа рзы?
13 Анцәа ауаатәыҩса уаанӡа еиԥш бзиа ибоит. Адами Евеи Иегова ишиҿагылазгьы, ауааи иареи аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьазарц, насгьы аӡәгьы дҭамхарц иҭахуп (2 Пиотр 3:9). Убри аҟынтә аҿагылара ашьҭахь Анцәа иаразнак иҽазишәеит ауаа инышәарц. Уи аамҭазгьы ииашоу инормақәа еилеимгаӡеит. Аха ишԥалшахеи уи?
14. а) Иҟаиҵазеи Иегова ауаа реиқәырхаразы, Иоанн 3:16 иану инақәыршәаны? б) Иарбан зҵаароу Абиблиахь аинтерес аазырԥшуеи ҳареи еилҳаргар ҳалшо?
14 Уаԥхьа Иоанн 3:16. Ахәылԥаз ахь ааԥхьара заҳҭо ауаа ари ажәеинраала рдыруазар ауеит. Аха ишԥаҳнаҭо Христос иԥсхҭынҵара наӡаӡатәи аԥсҭазаара? Ахәылԥаз апериод азы иҟоу ажәабжьҳәаратә кампаниа аан, Ахәылԥаз аҿы, насгьы уахь инеиз ҳанырҭаауа, ҳара иҳамоуп алшара аҵабырг аилкаара зҭаху гәыкала иҟоу ауаа ихадоу ари азҵаара аҭак аиура ҳрыцхраар. Христос иԥсхҭынҵара Иегова ибзиабареи иҟәыӷареи шаанарԥшуа еиҳа инарҵауланы ианеилыркаалак, уи даара иџьаршьар ауеит. Ирзеиҭаҳҳәар ҳалшозеи аҿыхра иазкны?
15. Дызлаиеиԥшымзи Иисус Адам?
15 Иегова ҳҿихырц азы инаӡаз ауаҩы дҳаиҭеит. Ари ауаҩы Иегова дизиашаны даанхар, насгьы агәыӷра змамыз ауаатәыҩса иԥсҭазаара рыхҭынҵара дазхиазар акәын (Рим. 5:17—19). Иегова ихшаазаҵәу Иԥа иԥсҭазаара ажәҩан аҟынтә адгьыл ахь ииаигеит (Иоанн 1:14). Абас Иисус зны Адам дшыҟаз еиԥш инаӡаз уаҩхеит. Аха Адам иеиԥш акәымкәа, Иисус еснагь дрықәныҟәон Иегова инаӡаз ауаҩы изы ишьақәиргылаз анормақәа. Иара аԥышәара ӷәӷәақәа дышрықәшәозгьы, агәнаҳа ҟаимҵеит, насгьы Анцәа изакәанқәа рҟынтә акгьы еилеимгеит.
16. Избан аҿыхра даара зыхә ҳараку ҳамҭоуп ҳҳәар зҳалшо?
16 Инаӡаз ауаҩ иеиԥш, Иисус иԥсҭазаара ҳахҭынҵаны агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ауаа ахақәиҭра рыҭара илшон. Иисус днаӡан, аҵыхәтәанынӡа Анцәа дизиашан, насгьы дизыӡырҩуан — убас Адамгьы иҟаиҵалар акәын (1 Тим. 2:6). Христос иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит, уи иԥсхҭынҵара ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи зегьы наӡаӡа анхара алшара рнаҭеит (Матф. 20:28). Ааи, аҿыхра Анцәа раԥхьатәи игәҭакы анагӡараҿы ихадоу ароль ааннакылоит (2 Кор. 1:19, 20).
ИЕГОВА АЛШАРА ҲАИҬЕИТ ИАРА ИАХЬ ҲХЫНҲӘЫРЦ
17. Иалшахазеи аҿыхра абзоурала?
17 Иегова ҳара аҿыхра ҳаиҭарц азы ахә ду ишәеит (1 Пиотр 1:19). Анцәа ауаатәыҩса рыхә ҳаракны ишьоит аҟынтә, ихшаазаҵә Иԥа ҳара ҳзы дыԥсыртә аҩижьит (1 Иоанн 4:9, 10). Инықәырԥшны иуҳәозар, Иисус Адам ихаҭыԥан абыс даҳзыҟалеит (1 Кор. 15:45). Уи иабзоураны Иисус аԥсра аҟынтә ахақәиҭра адагьы, Анцәа иҭаацәара еиҭа ҳахәҭакны аҟалара алшара ҳаиҭеит. Иисус иԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны, Иегова ииашоу инормақәа еиламгакәа иҭаацәарахь ҳидикылар илшоит. Шәазхәыц шаҟа иссирхо Анцәа изиашоу ауаа инаӡаны ианыҟало. Ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы инхало зегьы ҭаацәарак еиԥш акзаара рыбжьазаалоит. Усҟан ҳара Анцәа ихәыҷқәа ҳакәны ҳҟалоит (Рим. 8:21).
18. Данбаҟалои Иегова зегьы рзы зегь иакәны?
18 Аҩсҭаа Иегова дшиҿагылазгьы, Анцәа ауаа бзиа рбара даҟәымҵӡеит. Ҳара ҳшынаӡамгьы, Аҩсҭаа илшаӡом Иегова иахь азиашара аарԥшра даҳԥырхагахар. Аҿыхра абзоурала Иегова ҳара аҵыхәтәанынӡа ҳнаӡахарц дҳацхраауеит. Шәхаҿы иаажәг Аԥа дхазҵо зегьы наӡаӡа анхара анрылшо, аԥсҭазаара зеиԥшрахо (Иоанн 6:40). Абзиабара ду аазырԥшуа иҟәыӷоу Ҳаб Иегова раԥхьатәи игәҭакы наигӡоит, насгьы адгьыл аҿы инхало ауаа зегьы наӡахарц дрыцхраауеит. Усҟан Иегова зегьы рзы зегь иакәны дҟалоит (1 Кор. 15:28).
19. а) Ҳгәы зызҭанаҵалар акәзеи аҿыхразы иааҳарԥшуа аџьшьара? (Шәахәаԥш арамка «Иаԥсоу рыԥшаара шәаҿыз».) б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
19 Аҿыхразы иааҳарԥшуа аџьшьара ҳгәазҭанаҵалар ауп хәы змам ари аҳамҭа иаанаго азылԥхарақәа ауаа рзеиҭаҳәаразы иҳалшо зегь аҟаҵара. Ауаа ирдыруазар ауп аҿыхра абзоурала Иегова ауаатәыҩса зегьы наӡаӡа анхаразы агәыӷра шриҭаз. Аха иҟоуп аҿыхра еиҭа иаҳнаҭо. Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Христос иԥсхҭынҵара Аҩсҭаа Едемтәи абаҳчаҿы ишьҭихыз ихадоу азҵаарақәа ишрыдҳәалоу.