Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 ииун ад. 2—7
  • «Шәгәышәҽаныз... шьоук рымц... тәыс шәҟанамҵаразы»!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Шәгәышәҽаныз... шьоук рымц... тәыс шәҟанамҵаразы»!
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЫХА АМҴАХЫРХӘАРА РГӘАЗҬЕИҴЕИТ
  • АҨСҬАА ИЗРАИЛЬАА ИЖЬАРЦ АЗЫ ИХЫ ИАИРХӘАЗ Х-ШЬАЦҲӘАК
  • АҨСҬАА ИАХЬА АУАА ШИЖЬО
  • Шәлахҿыхыз! Аҩсҭаа шәылбааидарц иҭахуп
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Уаӷа ибзианы дудыруаз
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Дызусҭада Аџьныш?
    Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?
  • Шәара Аҩсҭаа шәииааир шәылшоит!
    Ахьчаратә бааш 2015
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 ииун ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 23

«Шәгәышәҽаныз... шьоук рымц... тәыс шәҟанамҵаразы»!

«Шәгәышәҽаныз, сашьцәа... уаҩҵасла, дгьылтәла ишьаҭарку шьоук рымц шәаҿамшәаразы, тәыс шәҟанамҵаразы» (КӘАЛ. 2:8).

АШӘА 96 Анцәа Иажәа хазыноуп

АХҲӘААa

1. Ҳжьара иҽшԥазишәо Аҩсҭаа Кәаласаа рахь 2:4, 8 иану инақәыршәаны?

АҨСҬАА иҭахуп ҳара Иегова даанҳажьырц. Ихықәкы наигӡарц, насгьы иара ишиҭаху еиԥш ҳхәыцларц азы Аҩсҭаа ҳхәыцшьа анырра аҭара иҽазишәоит. Ҳжьаны ииҭаху ҳирҟаҵарц азы иара иҳалоу агәаҳәарақәа ихы иаирхәоит. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 2:4, 8.)

2, 3. а) Избан Кәаласаа рахь 2:8 иану агәҽанҵара ҳхаҳмыршҭлар закәу? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Иалшаҵәҟьома Аҩсҭаа имц ҳаҿашәар? Ааи, иалшоит! Шәазхәыц, Кәаласаа рахь 2:8 аҿы иану агәҽанҵара Павел изиҭаз Анцәа дхазымҵоз ракәымкәа, иԥшьоу адоуҳала иалхыз ақьырсианцәа ракәын (Кәал. 1:2, 5). Урҭ ақьырсианцәа ашәарҭара иҭагылан, аха ҳара ҳҭагылазаашьа еиҳагьы ишәарҭоуп (1 Кор. 10:12). Избан? Аҩсҭаа ажәҩан аҟынтә адгьыл ахь дылбаашьҭын, насгьы уи хықәкыс имоу Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа ржьара ауп (Аат. 12:9, 12, 17). Уи адагьы, ҳара «ауаа цәгьақәеи амцҳәацәеи қәҿиарала рыцәгьарақәа» анынарыгӡо аамҭазы ҳанхоит (2 Тим. 3:1, 13).

3 Ари астатиа иҳаилнаркаауеит Аҩсҭаа амц ихы иархәаны ҳахшыҩ анырра аҭара иҽшазишәо. Ҳара еилҳаргоит иара ихы иаирхәо ацәгьахәыцрақәа (Еф. 6:11). Аха Аҩсҭаа инырра ҳхәыцшьа аԥсаххьазар, анаҩстәи астатиа ҳацхраауеит ҳхәыцшьа ариашара. Аха раԥхьа шәааи еилҳаргап Аҩсҭаа Израильаа шижьаз, урҭ Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ианнеи ашьҭахь, насгьы уи иаҳнарҵар алшо.

АНЫХА АМҴАХЫРХӘАРА РГӘАЗҬЕИҴЕИТ

4—6. Аҽшԥаԥсахи Израильаа аҽаҩра шаадрыхуаз, Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ианнеи, Ҩынтәзакәан 11:10—15 иану инақәыршәаны?

4 Аџьныш ҩысҭаарала Израильаа аныхамҵахырхәара иалеигалеит. Ишԥаилшеи уи иара? Иара еиликаауан Израильаа афатә шырҭахыз, убри аҟынтә уи ихы иаирхәеит. Израильаа Мысра ианыҟаз, ак аадрыхырц азы Нилтәи аӡы рымхқәа ирыҵарҭәон, аха Изқәыргәыӷыз адгьыл аҿы иларҵоз даҽакала иаадрыхлар акәын. Ара аӡиас ду ыҟамызт, убри аҟынтә аҽаҩра злароуаз ақәеи аӡаӡеи рыбзоурала акәын. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 11:10—15; Ис. 18:4, 5.) Убри аҟынтә Израильаа даҽакала аарыхшьа рҵар акәхеит. Дара ирцәыцәгьан уи ашьцылара, избанзар адгьыл ақәаарыхшьа здыруаз реиҳараҩык ацәҳәыраҿы иԥсхьан.

Ишԥаилшеи Аҩсҭаа Израильаа ржьара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4—6.)c

5 Иегова ижәлар идеилиркааит рҭагылазаашьа аҽшаԥсахыз. Аха анаҩс иара иреиҳәаз ақәаарыхра зынӡа иадҳәаламызшәа убар алшон: «Шәгәышәҽаныз, шәыгәқәа акгьы ихнамхааит, сааныжьны егьырҭ анцәахәқәа рымаҵ аура шәаламган, насгьы шәырмеихырхәалан» (Ҩынтә. 11:16, 17). Избан Иегова ақәаарыхра даналацәажәоз, Израильаа амцнцәахәқәа ирымҵамхырхәаларц зреиҳәаз?

6 Иегова еиликаауан Израильаа амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ажәларқәа адгьыл ақәаарыхшьа рҿырҵаар шырҭаххоз. Ҳәарада, урҭ ажәларқәа уи аҿы аԥышәа рыман, насгьы Израильаа иддырҵар алшоз рацәан, аха уи ашәарҭара аҵан. Ханаантәи анхацәа Ваал имҵахырхәон, насгьы амцҵарақәа рылаҽны иҟан. Дара ирыԥхьаӡон ажәҩан зтәу, насгьы ақәа аазышьҭуа Ваал иоуп ҳәа. Иегова иҭахымызт ииашамыз ари агәаанагара ижәлар ирнырырц. Аха Израильаа лассы-лассы Ваал имҵахырхәара еиӷьаршьон (Ахыԥхь. 25:3, 5; Аӡб. 2:13; 1 Аҳ. 18:18). Шәааи уажәшьҭа ҳалацәажәап Аҩсҭаа Израильаа ржьара шилшаз.

АҨСҬАА ИЗРАИЛЬАА ИЖЬАРЦ АЗЫ ИХЫ ИАИРХӘАЗ Х-ШЬАЦҲӘАК

7. Иарбан ԥышәароу Израильаа зықәшәаз, Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ианнеи?

7 Актәи, Аҩсҭаа идыруан Израильаа ақәа ауларц шырҭахыз, убри аҟынтә цәгьара зҵамыз уи агәаҳәара ихы иаирхәеит. Израильаа зқәыргәыӷыз адгьыл аҿы апрель мза анҵәамҭа инаркны сентиабр анҵәамҭанӡа ақәа рацәак иауамызт. Ақәоура октиабр мза инаркны иалагон. Израильаа амла иамгарц, насгьы аҽаҩра бзиа роурц азы уи ада ԥсыхәа рымамызт. Аџьныш ҩысҭаарала Израильаа агәра диргеит аҽаҩра бзиа роурц азы аныхақәа ирымҵахырхәоз ажәларқәа иҟарҵоз ҟарҵалароуп ҳәа. Урҭ ажәларқәа агәра ргон рынцәахәқәа ақәа аарышьҭырц азы урҭ ргәы ҟарҵароуп ҳәа. Зыгәрахаҵара ԥсыҽхаз Израильаагьы агәра рго иалагеит урҭ анцәахәқәа рымаҵ рмулар аарҩара ӷәӷәа ҟалоит ҳәа, убри аҟынтә Ваал имҵахырхәо иалагеит.

8. Ихы иаирхәазеи Аҩсҭаа еиҭа Израильаа ижьарц азы?

8 Аҩбатәи, Аҩсҭаа Израильаа ирымаз иҽеимыз агәаҳәарақәа ихы иаирхәеит. Аламысдара егьырҭ ажәларқәа рныхамҵахырхәара иахәҭакын. Аҳәсагьы ахацәагьы рынцәахәқәа иахьрымҵахырхәоз ауахәамақәа рҿы икаҳԥуан. Ахацәеи ахацәеи, аҳәсеи аҳәсеи реицныҟәара, насгьы егьырҭ аҟьашьрақәа цәгьарак рыҵам ҳәа рыԥхьаӡон (Ҩынтә. 23:17, 18; 1 Аҳ. 14:24). Урҭ ажәларқәа агәра ргон анцәахәқәа уи ргәаԥхоит, убри аҟынтә адгьыл аҽаҩра бзиа аанагартә иҟарҵоит ҳәа. Израильаа аӡәырҩы иламысдараз арҭ аҵасқәа ргәаԥхеит аҟынтә, амцнцәахәқәа рымҵахырхәара иалагеит. Убас ала Аҩсҭаа ишьацҳәа иаҿашәеит.

9. Ишԥеилаирҩашьоз Аҩсҭаа Иегова имҵахырхәареи аныхамҵахырхәареи, Осиа 2:16, 17 иану инақәыршәаны?

9 Ахԥатәи, Аҩсҭаа Иегова имҵахырхәареи аныхамҵахырхәареи еилаирҩашьон. Аԥааимбар Иеремиа ихаан Иегова иҳәеит амцԥааимбарцәа Израильаа Ваал ихҟьаны Иегова ихьӡ шырхадыршҭыз (Иер. 23:27). Израильаа Иегова ихьӡ ахархәара иаҟәыҵны, ахьӡ Ваал ахархәара иалагеит. Ахьӡ Ваал иаанагоит «аԥшәма», ма «ҳазтәу». Убас ала Израильаа Иеговеи Ваали злеиԥшым рзеилымкаауа иҟалеит, насгьы Ваал имҵахырхәареи Иегова имҵахырхәареи еиладырҩашьеит. (Шәаԥхьа Осиа 2:16, 17b.)

АҨСҬАА ИАХЬА АУАА ШИЖЬО

10. Иарбан шьацҳәақәоу Аҩсҭаа иахьа ихы иаирхәо?

10 Аҩсҭаа урҭ ашьацҳәақәа иахьагьы ихы иаирхәоит. Ауаа ихәура иҭашәарц азы иара ихы иаирхәоит дара ирылоу цәгьара зҵам агәаҳәарақәа, иҽеим агәазыҳәарақәа, насгьы Иегова дырхаиршҭырц азы ицқьоу амҵахырхәареи аныхамҵахырхәареи еилаирҩашьоит. Шәааи раԥхьа аҵыхәтәантәи ашьацҳәа ҳалацәажәап.

11. Ишԥеилаирҩашьеи Аҩсҭаа Иегова имҵахырхәареи аныхамҵахырхәареи?

11 Аҩсҭаа Иегова имҵахырхәареи аныхамҵахырхәареи еилаирҩашьоит. Иисус иапостолцәа аныԥсы ашьҭахь ҳқьырсианцәоуп ҳәа зҳәоз шьоукы амцҵарақәа ауаа ирыладырҵәо иалагеит (Аус. 20:29, 30; 2 Фес. 2:3). Аҵабырг иацәхьаҵыз рымц иахҟьаны ауаа ииашаҵәҟьоу Анцәа дызусҭоу аилкаара рцәыцәгьахеит. Иаҳҳәап, дара Абиблиа анхырҩылаауаз Анцәа ихьӡ аҭыԥан «Иҳақәиҭу», насгьы егьырҭ атитулқәа дыргылон. Уи иахҟьаны Абиблиа иаԥхьо ауаа ирцәыцәгьахеит Анцәа ихьӡ аилкаара, насгьы иара егьырҭ анцәақәа дызлареиԥшым абара (1 Кор. 8:5). Иара убас дара Иеговагьы Иисусгьы Иҳақәиҭу ҳәа ахьрыхьӡырҵоз азы ауаа ирцәыцәгьахеит урҭ ҩ-хаҭарак шракәу аилкаара (Иоанн 17:3). Убри иахҟьаны адунеи иалаҵәеит х-хаҿрак змоу Анцәа изку Абиблиа иаҿагыло амцҵара. Убри аҟынтә аӡәырҩы Анцәа иеилкаара залшом ҳәа рыԥхьаӡо иалагеит. Аха уи мцуп! (Аус. 17:27).

Иҽшԥазишәо Аҩсҭаа амцдинхаҵара ихы иархәаны ауаа иҽеим ргәаҳәарақәа нарыгӡалартә еиԥш аҟаҵара? (Шәахәаԥш абзац 12.)d

12. Иҟарҵозеи амцдинхаҵарақәа, насгьы иалҵшәахазеи уи Римаа рахь 1:28—31 иану инақәыршәаны?

12 Аҩсҭаа иҽеим ҳгәаҳәарақәа ихы иаирхәоит. Ажәытәан Израильаа аламысдара иалеигаларц азы иара амцдинхаҵара ихы иаирхәеит. Иахьагьы Аҩсҭаа уи ихы иаирхәоит. Амцдинхаҵарақәа иламысдароу ахымҩаԥгашьа акгьы адырбалаӡом, уи инеиҳангьы, рҽазыршәоит уи цәгьарак аҵамшәа аарԥшра. Убри иахҟьаны Анцәа имаҵ ҳуеит ҳәа зҳәо аӡәырҩы Анцәа инормақәа рықәныҟәара иаҟәыҵит. Апостол Павел Римаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы уи иахылҿиааз далацәажәеит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 1:28—31.) Павел еиқәиԥхьаӡаз «зҟаҵара рыхәҭамыз» аусқәа рахь иаҵанакуан аламысдара аформақәа зегьы, ахацәеи ахацәеи, аҳәсеи аҳәсеи реицныҟәарагьы уахь иналаҵаны (Рим. 1:24—27, 32; Аат. 2:20). Шаҟа ихадоузеи еилыкка иҟоу абиблиатә нормақәа инарықәыршәаны анхара!

13. Иарбан шьацҳәоу Аҩсҭаа еиҭа ихы иаирхәо?

13 Аҩсҭаа ихы иаирхәоит иҳалоу цәгьара зҵам агәаҳәарақәа. Ҳара ҳҭаацәеи ҳхи ныҟәаҳгаларц азы занааҭк ҳамазар ҳҭахуп (1 Тим. 5:8). Ашкол аҿы ҳара иаҳдырҵоит аԥхьашьа, аҩышьа, аԥхьаӡашьа. Ибзианы аҵара ҳҵозар, ҳаԥхьаҟа уи аусура аԥшаара иҳацхраар ауеит. Аха ҳгәаҳҽанызар ауп. Избан? Избанзар атәылақәа жәпакы рҿы аԥхьашьеи аҩышьеи адагьы, ахәыҷқәа лассы-лассы ари адунеи ахәаԥшышьа рхы иҭаргалоит. Уи иахҟьаны ахәыҷқәа Анцәа дшыҟоу ахаҵареи Абиблиа агәра агареи иаҟәыҵуеит. Арҵаҩцәа ахәыҷқәа ирарҳәоит ауаа ҟәышқәа зыгәра рго аеволиуциа ауп ҳәа (Рим. 1:21—23). Абас еиԥш иҟоу ахәыцшьа Анцәа иҟәыӷара иаҿагылоит (1 Кор. 1:19—21; 3:18—20).

14. Ҳгәы зызҭанаҵозеи адунеи аҟәыӷара?

14 Ауаҩытәыҩсатә ҟәыӷарала инхо ауаа Иегова инормақәа ирызхьаԥшӡом, уи инеиҳангьы ирҿагылоит. Уи аҟәыӷара Анцәа идоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа ракәымкәа, ацәеижьтә гәаҳәарақәа еизнарҳауеит (Гал. 5:19—23). Иара убас ауаа аԥагьара аарԥшра ргәазҭанаҵоит. Уи иахҟьаны дара «рхы-рыԥсы иашьҭалоит» (2 Тим. 3:2—4). Арҭ аҟазшьақәа Анцәа имаҵзуҩцәа ирымазарц ииҭаху аҟазшьақәа зынӡа иреиԥшым, иара иҭахуп имаҵзуҩцәа аҟәымшәышәреи ахынраалареи аадырԥшларц (2 Сам. 22:28). Ауниверситет иҭалаз ақьырсианцәа шьоукы адунеи аҟәыӷара еиҳа еиӷьыршьеит Анцәа иҟәыӷара аасҭа. Шәааи уи ҳзырбо ҿырԥштәык еилҳаргап.

Иаҳнырыр шԥалшо ари адунеи аҟәыӷара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14—16.)e

15, 16. Иаҳнарҵозеи иаҳәшьак лҿырԥштәы?

15 Аиаҳәшьа, 15 шықәса инареиҳаны заамҭа зегьы амаҵзура иазызкуа, илҳәоит: «Сара изныкымкәа исаҳахьан аҵара ду ашьҭалара ашәарҭара шаҵоу, аха урҭ агәҽанҵарақәа схы рзысышьҭуамызт. Сгәы иаанагон уи сара исызкым ҳәа». Иарбан уадаҩрақәоу уи дзықәшәаз? Лара илҳәоит: «Аҵара саамҭа зегь сымнахуан, убри аҟынтә уаанӡа еиԥш Иегова иҳәахагьы сымамызт, иара убас даараӡа сааԥсон аҟынтә ажәабжьҳәара аҭыҵразы, насгьы аизарақәа ибзианы рҽырзыҟаҵаразы амч сымамызт. Аха ҽнак зны еилыскааит аҵара ду сахьашьҭаз иахҟьаны, Иеговеи сареи ҳаиҩызара ашәарҭара ишҭасыргылаз. Сара еилыскааит аҵара аансыжьыр шсыхәҭоу. Убас иагьыҟасҵеит».

16 Ишԥаныри иреиҳау аҵара аиаҳәшьа лхәыцшьа? Лара илҳәоит: «Аҳәара сацәыԥхашьоит, аха сара зегьы ак рывазбо салагеит, еиҳараӡак сашьцәеи саҳәшьцәеи, насгьы дара рҟынтә анаӡара сазыԥшын, аамҭа рыцыхгарагьы саҟәыҵит. Схәыцшьа сыԥсахырц азы ирацәаны аамҭа сҭаххеит. Ари ахҭыс иснарбеит шаҟа ишәарҭоу жәҩантәи Ҳаб иорганизациа ала иҳаиҭо алабжьарақәа уанрызхьамԥшуа. Иегова сшидыруа еиԥш, сара схаҭа схы сыздырӡом. Ишԥабзиахоз Иегова сизыӡырҩызҭгьы!»

17. а) Ҳзызхиазар ҳахәҭоузеи ҳара? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

17 Ишәылшо зегь ҟашәҵала «дгьылтәла ишьаҭарку» Аҩсҭаа идунеи амц шәаҿамшәарц азы. Аҩсҭаа ишьацҳәақәа анаҩсгьы шәҽырцәышәыхьчала (1 Кор. 3:18; 2 Кор. 2:11). Ахаангьы Аҩсҭаа илшәмыршан Иегова дызусҭоу шәхаиршҭыртә. Еснагь Анцәа ишиҭаху еиԥш шәимҵахырхәала. Иҳараку иара инормақәа инарықәыршәаны шәынхала. Аҩсҭаа иҭахуп Иегова илабжьарақәа шәрызхьамԥшларц. Шәгәышәҽаныз, ишьацҳәа шәаҿамшәан! Аха иҟашәҵар шәылшозеи адунеи анырра шәхәыцшьа шаԥсахыз гәашәҭазар? Анаҩстәи астатиа иаҳнарбоит Анцәа Иажәа ацхыраарала ҳашьцылара ӷәӷәақәеи ииашам ҳхәыцрақәеи ҳариааир шҳалшо (2 Кор. 10:4, 5).

ИАРБАН ШЬАЦҲӘАҚӘОУ АҨСҬАА ИХЫ ИАИРХӘО...

  • ...Иегова имҵахырхәареи аныхамҵахырхәареи еилаирҩашьарц азы?

  • ...иҽеим ҳгәаҳәарақәа ихы иаирхәарц азы?

  • ...цәгьара злам ҳгәаҳәарақәа ихы иаирхәарц азы?

АШӘА 49 Иегова дыргәырӷьала

a Аҩсҭаа ҟазарыла ауаа ижьоит. Иара итҟәаны имоу ауаа рхы иақәиҭушәа дирбоит. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Аҩсҭаа ауаа ижьарц азы ихы иаирхәо шьацҳәақәак.

b 16-тәи ажәеинраалаҿы «сара сызтәу» ҳәа еиҭагоу ажәа иара убас «сара Сваал» ҳәа еиҭоугар ауеит.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Ханаанаа ирацәажәоз Израильаа акаҭа иакит. Ханаанаа урҭ Ваал имҵахырхәареи аламысдареи рыдыргало иалагеит, дара рзы уи ԥышәарахеит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: ахацәеи ахацәеи, аҳәсеи аҳәсеи реицныҟәара иазыразу уахәамак аҟынтә аӡыргара.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: иқәыԥшу ҳаҳәшьа ауниверситет дҭоуп. Аҵара лыцызҵо лҩызцәеи лареи арҵаҩы илзыӡырҩуеит. Арҵаҩы илҳәоит аҵарауааи анаукеи рыбзоурала адунеи аҿы иҟоу ауадаҩрақәа зегьы ӡбахоит ҳәа. Анаҩс лара аизараҿы аинтерес аалырԥшӡом, насгьы ирҳәо лгәаԥхаӡом.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра