Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 октиабр ад. 6—7
  • Анцәа иқәыӡбарақәа. Еснагь ириҭома иара ауаа агәҽанҵарақәа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа иқәыӡбарақәа. Еснагь ириҭома иара ауаа агәҽанҵарақәа?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • АНЦӘА АЖӘЫТӘАН АГӘҼАНҴАРАҚӘА ШРИҬОЗ
  • ИАХЬА АНЦӘА ИГӘҼАНҴАРАҚӘА ИШРЫЗНЕИТӘУ
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 октиабр ад. 6—7

Ауаа ираҳароуп «афырҭын», мамзаргьы Анцәа иқәыӡбара амш шааигәахо!

Анцәа иқәыӡбарақәа. Еснагь ириҭома иара ауаа агәҽанҵарақәа?

АҲАУАГӘАҬАҨ арадар иану дахәаԥшуеит. Иара ибоит ауаа рацәа ахьынхо аҭыԥ ахь афырҭын ӷәӷәа шеихо. Ауаа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылоуп. Убри аҟынтә иара аамҭа мгакәа урҭ ргәырҽаниҵарц азы илшо зегь ҟаиҵоит.

Убас еиԥшҵәҟьа иахьа Иегова адгьыл иқәынхо зегьы «афырҭын» шааиуа ала ргәырҽаниҵоит. Уи «афырҭын» аҳауагәаҭаҩцәа иаарыцҳар рылшо аасҭа акырӡа ишәарҭоуп. Ргәышԥарҽаниҵо Иегова ауаа? Насгьы избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо уи агәҽанҵара иақәҿырҭырц азы аамҭа шриҭо? Арҭ азҵаарақәа рҭак ҳаурц азы шәааи иаҳгәалаҳаршәап Иегова ажәытәан ауаа ириҭоз гәҽанҵарақәак.

АНЦӘА АЖӘЫТӘАН АГӘҼАНҴАРАҚӘА ШРИҬОЗ

Абиблиатә аамҭақәа раан Иегова изыӡырҩра зҭахымыз дышрықәыӡбоз, даҽакала иаҳҳәозар, «афырҭын» шырзынаишьҭуаз заа иреиҳәон (Ажәам. 10:25; Иер. 30:23). Иара ауаа ахаан иаразнак дрықәыӡбомызт, аха рҽырыԥсахырц азы аамҭа риҭон (2 Аҳ. 17:12—15; Неем. 9:29, 30). Иаҭахыз аԥсахрақәа рыҟаҵара дрыцхраарц азы иара лассы-лассы изиашаз имаҵзуҩцәа ихы иаирхәон. Урҭ ауаа Анцәа иқәыӡбарақәа рыларҳәон, насгьы аамҭа мгакәа аԥсахрақәа шыҟаҵатәу рарҳәон (Ам. 3:7).

Нои урҭ амаҵзуҩцәа дыруаӡәкын. Акыршықәса рыҩныҵҟа иара дызланхоз игәымбылџьбараз ауаа хәымгақәа гәымшәарала ргәырҽаниҵон. Иара иҳәон Аӡхыҵра ҟалараны ишыҟаз (Аҟаз. 6:9—13, 17). Уи адагьы, иара иреиҳәон еиқәхарц азы иҟарҵар рыхәҭаз. Нои уи аус гәацԥыҳәарала инаигӡон аҟынтә, Абиблиаҿы «аиаша-ҵабырг рылазырҵәоз» ҳәа изҳәоуп (2 Пиотр 2:5).

Нои илшоз зегь шыҟаиҵазгьы, ауаа Анцәа иажәабжь иазымӡырҩӡеит. Дара агәрахаҵара шырзымхоз аадырԥшит. Убри аҟынтә Аӡхыҵра ааины урҭ ықәнахит (Матф. 24:39; Аур. 11:7). Аӡәымзар-аӡәгьы илшомызт Анцәа ҳгәаҳҽанимҵеит ҳәа аҳәара.

Зны-зынла Иегова ауаа агәҽанҵара анриҭоз иқәыӡбара аҿаԥхьаҵәҟьа акәын. Аха усҟангьы иара ауаа агәҽанҵара иақәҿырҭырц азы аамҭа риҭон. Иаҳҳәап, ус иҟан Иегова Мысра жәа-рыцҳарак иақәиршәарц аниӡба. Абыжьбатәи арыцҳара иақәиршәаанӡа Иегова Моисеии Аарони афараон иахь ишьҭит адырҩаҽны акырцх ӷәӷәа шыҟало иеиҳәарц азы. Ириҭама Анцәа ауаа аамҭа аҽыҵәахырҭа рыԥшаарц азы? Абиблиа иануп: «Афараон имаҵзуҩцәа рҟынтә Иегова иажәа иацәшәаз рмаҵуҩцәеи рырахәи аҩнқәа рҿы иԥхьаркит, аха Иегова иажәа зхахьы иназымгаз рмаҵуҩцәеи рырахәи адәаҿы иаанрыжьит» (Ақәҵ. 9:18—21). Ишаҳбо ала Иегова ауаа заа ргәырҽаниҵеит, уи абзоурала игәҽанҵара ирласны иақәҿызҭыз арыцҳара рхы ацәырыхьчеит.

Мысра ажәабатәи арыцҳара иақәиршәаанӡагьы, Иегова уи аҿаԥхьаҵәҟьа афараон имаҵзуҩцәеи иареи ргәырҽаниҵеит. Аха дара иажәақәа рхахьы зынӡа инарымгеит (Ақәҵ. 4:22, 23). Уи хшыҩдаран, насгьы алҵшәа бааԥсқәа рзаанагеит: рԥеиҳабацәа зегь ԥсит. Шаҟа илахьеиқәҵагоузеи! (Ақәҵ. 11:4—10; 12:29). Ирымазма дара аамҭа алҵшәа бааԥсқәа рҽырцәырыхьчарц азы? Ҳәарада, ирыман! Моисеи иаразнак Израильаа иреиҳәеит ажәабатәи арыцҳара шыҟало, насгьы рҭаацәеи дареи еиқәхарц азы иҟаҵатәыз (Ақәҵ. 12:21—28). Шаҟаҩы иақәҿырҭзеи уи агәҽанҵара? Ҭҵаарақәак инарықәыршәаны 3 000 000-ҩык Анцәа иқәыӡбара рхы ацәыхьчаны Мысра иалҵит. Израильаа рыдагьы урҭ рыбжьара иҟан еиуеиԥшым ажәларқәа иртәыз ауаа, Мысраагьы уахь иналаҵаны (Ақәҵ. 12:38).

Арҭ аҿырԥштәқәа излаҳдырбо ала Иегова еснагь ауаа аамҭа риҭоит игәҽанҵарақәа ирықәҿырҭырц азы (Ҩынтә. 32:4). Избан? Абар апостол Пиотр ииҳәаз: «[Иегова] ҳара ҳахьтә аӡәгьы дҭамхандаз ҳәа дыԥшуп, дазыԥшуп зегьы аҭамзаара ианаҳәаша аамҭа» (2 Пиотр 3:9). Ааи, Анцәа еснагь ауаа рахь абзиабара ааирԥшуан. Иара иҭахын иқәыӡбара наигӡаанӡа урҭ рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц, насгьы рҽырыԥсахырц (Ис. 48:17, 18; Рим. 2:4).

ИАХЬА АНЦӘА ИГӘҼАНҴАРАҚӘА ИШРЫЗНЕИТӘУ

Иахьа адгьыл иқәынхо зегьы агәҽанҵаратә жәабжь рыларҳәоит. Ауаа зегьы уи иақәҿырҭыр рыхәҭоуп. Иисус адгьыл аҿы даныҟаз иҳәон «арыцҳара ду» аан ари адунеи шықәгахо (Матф. 24:21). Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит уи ақәыӡбаратә мшы ааиаанӡа дара зықәшәараны иҟаз, насгьы рыблала ирбараны иҟаз ахҭысқәа рыӡбахә. Иисус дызлацәажәоз ахҭысқәа иахьа ҳаблала иаҳбоит (Матф. 24:3—12; Лука 21:10—13).

Иисус ииҳәаз аԥааимбаражәа инақәыршәаны, иахьа Иегова ауаа иара иахь иааиԥхьоит. Иара иҭахуп ауаа изыӡырҩларц, насгьы имаҵ руларц. Анцәа иҭахуп иҳәатәы хазҵо ауаа уажәнатә аԥсҭазаара иалагәырӷьаларц, насгьы аиашамра ахьыҟамло адунеи ҿыц аҿы ирзыԥшу азылԥхарақәа роурц (Аат. 21:1). Иқәыргәыӷрақәа рыгәра агара дҳацхраарц азы Иегова ҳаԥсҭазаара зхьыԥшу ажәабжь ҳаиҳәоит — уи Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауп. Иисус ишиҳәаз еиԥш, уи ажәабжь адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхо ажәларқәа зегьы ирылаҳәахоит (Матф. 24:14). Анцәа имаҵзуҩцәа ирыдиҵеит уи ажәабжь зегьы рзеиҭаҳәара. Дара уи ҟарҵоит 240 тәыла рҿы. Иегова иҭахуп иахьынӡалшо еиҳаны ауаа игәҽанҵара иазыӡырҩырц, насгьы еиҳа-еиҳа иааигәахо афырҭын иаҩызоу Анцәа иқәыӡбара амш аан еиқәхарц (Соф. 1:14, 15; 2:2, 3).

Еилыкка иубарҭоуп Иегова ауаа игәҽанҵарақәа ирзыӡырҩырц азы еснагь аамҭа шриҭо. Зҵаара хадас иқәгылоу абри ауп: «Рхы иадырхәома ауаа инхаз аамҭа иахәҭоу аԥсахрақәа ҟарҵарц азы?» Шәааи Анцәа ицҳаражәҳәаҩцәа раҳасабала иахьынӡалшо еиҳаны ауаа ари адунеи аҵыхәтәа иацәынхарц азы анаҩсгьы ҳрыцхраалап.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра