Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 ноиабр ад. 14—19
  • Шәахылаԥшуама аԥырак ду иеиԥшу шәыгәрахаҵара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәахылаԥшуама аԥырак ду иеиԥшу шәыгәрахаҵара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АԤЫРАК ДУ ИЕИԤШУ ШӘЫГӘРАХАҴАРА ИБЗИАНЫ ШӘАЦКЛАԤШЛА
  • МЫЦХӘЫ АГӘҬЫНЧЫМРА ААРԤШРЕИ, АМЦИ, АГӘКАҲАРЕИ РҞЫНТӘ ШӘХЫ ШӘЫХЬЧА
  • АМАЛ АРҲАРА ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА
  • «АԤЫРАК» ӶӘӶӘАНЫ ИШӘКЫЗ
  • Ҳашԥеихьчо ҳара Иегова?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, Аџьныш шәиҿагыл
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • «Ҳхаҵара иазырҳа»
    Ахьчаратә бааш 2015
  • «Ҳхаҵара иазырҳа»
    Гәырӷьарыла Иегова ашәа изышәҳәала
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 ноиабр ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 46

Шәахылаԥшуама аԥырак ду иеиԥшу шәыгәрахаҵара?

«Шәыгәрахаҵара аԥырак ду иеиԥшзааит» (ЕФ. 6:16, АдҾ).

АШӘА 119 Ҳара ахаҵара ҳамазароуп

АХҲӘААa

1, 2. а) Изаҳҭахузеи аԥырак ду иеиԥшу агәрахаҵара, Ефесаа рахь 6:16 (АдҾ) иану инақәыршәаны? б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?

ИШӘЫМОУМА шәара аԥырак ду иеиԥшу агәрахаҵара? (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 6:16, АдҾb.) Ҳәарада, ишәымоуп. Аԥырак аибашьҩы ихы инаркны ишьапаҟынӡа даҵәахуан ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Убас еиԥш ҳагәрахаҵарагьы Анцәа инормақәа ирҿагыло зегь рҟынтә ҳахьчоит, уахь иаҵанакуеит аламысдаратә хымҩаԥгашьа, агәымбылџьбарара.

2 Ҳара аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳанхоит, убри аҟынтә ҳагәрахаҵара зныкымкәа иԥышәахоит (2 Тим. 3:1). Ишԥашәылшо шәыгәрахаҵара ӷәӷәоу-иӷәӷәаму гәашәҭар? Насгьы иҟашәҵар шәылшозеи шәыгәрахаҵара еснагь иӷәӷәазарц азы? Шәааи арҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәап.

АԤЫРАК ДУ ИЕИԤШУ ШӘЫГӘРАХАҴАРА ИБЗИАНЫ ШӘАЦКЛАԤШЛА

Аибашьра ашьҭахь аруаа рԥырак иагу-иабзоу гәарҭоит (Шәахәаԥш абзац 3.)

3. Иазыруази аибашьцәа рԥырак, насгьы избан уи зыҟарҵоз?

3 Абиблиатә аамҭақәа раан аруаа иныҟәыргоз аԥыракқәа лассы-лассы ацәа ала ихырҟьон. Ацәа акгьы амыхьырц, насгьы аиха мжьақцарц азы ашша ахьыршьуан. Аибашьҩы иԥырак ак шахьыз ангәеиҭоз, иаразнак уи ирҽеиуан, анаҩсгьы аибашьра дазхиазарц азы. Ишԥаҿҳарԥшыр ҳалшо ари аҿырԥштәы ҳагәрахаҵара?

4. Избан ҳагәрахаҵара зеиԥшроу гәаҳҭалар зҳахәҭоу, насгьы ишԥаҟаҵалатәу уи?

4 Аибашьра еснагь ҳазхиазарц азы, ҳара, ажәытәан инхоз аибашьцәа реиԥш, иҳамоу аԥырак зеиԥшроу еснагь ҳацклаԥшлароуп, насгьы уи ҳаиҷаҳалароуп. Ақьырсианцәа раҳасабала ҳара адоуҳатә еибашьра ҳалахәуп, ҳзабашьуагьы адоуҳа цәгьақәа роуп (Еф. 6:10—12). Аӡәымзар-аӡәгьы ҳара ҳҭыԥан ҳагәрахаҵара изырӷәӷәом. Еилаҳкаар шԥаҳалшо ҳагәрахаҵара шыӷәӷәоу, насгьы аԥышәарақәа раан ишҳахәо? Актәи, Анцәа ацхырааразы ҳиҳәалароуп. Аҩбатәи, Анцәа ихәаԥшышьала ҳзеиԥшроу еилаҳкаарц азы Иажәа ҳаԥхьалароуп (Аур. 4:12). Абиблиа иануп: «Уиқәгәыӷла Иегова гәыкала, уагьақәымгәыӷын ухатәы еилкаара» (Ажәам. 3:5, 6). Шәазхәыц, ирныԥшуама ааигәа ишәыдышәкылаз аӡбарақәа ари алабжьара шәшықәныҟәаз? Иаҳҳәап, аԥара иадҳәалаз ауадаҩра ӷәӷәа шәымазҭгьы, ишәгәалашәама Ауриацәа рахь 13:5 аҿы иану Иегова иқәыргәыӷра: «Угәыгәҭасыжьуам, уаансыжьуам»? Агәра шәдыргама шәара арҭ ажәақәа Иегова дышшәыцхраауа? Ааи акәзар, шәыгәрахаҵара ӷәӷәоуп.

5. Еилышәкаар алшозеи шәыгәрахаҵара ангәашәҭо?

5 Шәыгәрахаҵара зеиԥшроу ангәашәҭо, уаанӡа ишәымбоз ԥсыҽрак шшәылоу гәашәҭар ауеит. Уи уамашәа ижәбаргьы алшоит. Иаҳҳәап, шәара еилышәкаар ауеит мыцхәы агәҭынчымра аарԥшреи, амци, агәкаҳареи ирыхҟьаны шәыгәрахаҵара шыԥсыҽхаз. Уи аҩыза шәақәшәазар, иҟашәҵар шәылшозеи шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәарц азы?

МЫЦХӘЫ АГӘҬЫНЧЫМРА ААРԤШРЕИ, АМЦИ, АГӘКАҲАРЕИ РҞЫНТӘ ШӘХЫ ШӘЫХЬЧА

6. Иҳахәар анбалшо агәҭынчымрақәа?

6 Зны-зынла агәҭынчымрақәа ахәарҭа ҳзааргар алшоит. Иаҳҳәап, Иеговеи Иисуси ргәы дҳархьыр ҳәа ҳшәозар, уи бзиоуп (1 Кор. 7:32). Мамзаргьы агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҳҵазар, Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ахьыбжьаҳхыз азы ҳгәы ҭынчымзар алшоит, убри аҟынтә урҭ реиҭашьақәыргылара ҳҽазаҳшәоит (Аԥсал. 38:18). Уи адагьы, ҳхатә ҩыза игәы шыҟаҳҵаша, насгьы ҳҭынхацәеи, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳашрыхӡыӡааша ҳгәы иҵхоит (1 Кор. 7:33; 2 Кор. 11:28).

7. Изҳахәҭамзеи ауаа рыцәшәара, Ажәамаанақәа 29:25 иану инақәыршәаны?

7 Аха мыцхәы ҳгәы ак аныҵхо, уи ҳагәрахаҵара арԥсыҽыр алшоит. Иаҳҳәап, ҳара знымзар-зны иаҳфаша, насгьы иаҳшәаҳҵаша ҳмоур ҳәа ҳшәозар ауеит (Матф. 6:31, 32). Уи иахҟьаны ҳхы аԥара арҳара иазаҳашьҭыр ҟалоит. Аԥара бзиа иаҳбо ҳалагаргьы алшоит. Усҟан ҳагәрахаҵара ԥсыҽхоит, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызарагьы ҳцәыӡыр ауеит (Марк 4:19; 1 Тим. 6:10). Иҟоуп агәҭынчра ҳамызхыр алшо даҽакгьы, уи ауаа иаҳзырҳәо мыцхәы ҳгәы ианыҵхо ауп. Иегова игәы иҳархьыр аасҭа ауаа ҳхыччалоит, ма иҳашьҭашәарыцалоит ҳәа ҳшәозар алшоит. Ари ашьацҳәа ҳхы ацәаҳахьчарц азы, Иегова ҳагәрахаҵара ирӷәӷәарц, насгьы ауаа рҿаԥхьа ашәара аиааира дҳацхраарц азы ҳиҳәалароуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 29:25; Лука 17:5.)

(Шәахәаԥш абзац 8.)c

8. Ҳхы мҩаԥаҳгар шԥаҳахәҭоу аӡәы амц анҳаиҳәо?

8 Аҩсҭаа «амц абыс дамоуп», иара инапаҵаҟа иҟоу ауаа ихы иархәаны Иеговеи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ирызкны амц иҳәоит (Иоанн 8:44). Иаҳҳәап, аҵабырг иацәхьаҵыз Иегова иорганизациа иазкны амц рҳәоит ателевизор ала, аинтернет ала, арадио ала, иара убас агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы. Уи амц Аҩсҭаа «ихҿа цаҳә-цаҳәқәа» иреиуоуп (Еф. 6:16). Ҳхы мҩаԥаҳгар шԥаҳахәҭоу аӡәы уи аҩыза амц анҳаиҳәо? Ҳара уи ҳазымӡырҩыроуп! Избан? Избанзар ҳара Иеговеи ҳашьцәеи рыгәра ҳгоит. Ҳара ахаангьы аҵабырг иацәхьаҵыз ҳрацәажәалаӡом. Насгьы ахаангьы урҭ ажәа рымакра ҳалагом, ирҳәарц ирҭаху ус баша еилаҳкаарц ҳҭахызаргьы.

9. Иаҳнырыр шԥалшо агәкаҳара?

9 Агәкаҳара иахҟьангьы ҳагәрахаҵара ԥсыҽхар алшоит. Ҳәарада, ҳара иҳалшом ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зынӡа хьаас рыҟамҵара. Ус ҟаҳҵозҭгьы, уи ҟәыӷарахомызт. Ауадаҩрақәа ирыхҟьаны зны-зынла ҳгәы каҳалар алшоит. Аха ҳааҟәымҵӡакәа ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ҳарзымхәыцлароуп, избанзар уи Иегова иҳаиҭаз зеиԥшыҟам агәыӷра ҳханаршҭыр ауеит (Аат. 21:3, 4). Агәкаҳара иахҟьаны ҳамчқәа ҳалӡаар, насгьы Иегова имаҵ аура ҳаҟәыҵыр ҟалоит (Ажәам. 24:10). Ҳара уи алҳмыршароуп!

10. Иаҳнарҵар алшозеи иаҳәшьак илҩыз асаламшәҟәы?

10 Ҳахәаԥшып Еиду Аштатқәа рҿы инхо ҳаҳәшьа лыгәрахаҵара шлырӷәӷәоз, ачымазара ӷәӷәа змаз лхаҵа данылбоз. Ихадоу аусбарҭахь илҩыз асаламшәҟәаҿы лара ианылҵеит: «Зны-зынла ҳҭагылазаашьа узхымго иҟан, ҳгәы каҳауан, аха ҳгәыӷра ӷәӷәан. Сара Иегова идуӡӡаны иҭабуп ҳәа иасҳәоит ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәаларц, насгьы ҳгәы шьҭихларц азы иҳаиҭоз зегьы рзы. Ҳара урҭ алабжьарақәеи агәышьҭыхреи даара иаҳҭахын. Урҭ рыбзоурала ҳара иҳалшоит анаҩсгьы Иегова имаҵ аура, насгьы Аҩсҭаа ҳзықәиршәаз аԥышәарақәа рыхгара». Ари аиаҳәшьа лажәақәа иаҳдырбоит ҳара ҳгәы казыжьуа аҭагылазаашьақәа ҳариааир шҳалшо! Ишәхашәмыршҭлан, ауадаҩрақәа шәанрықәшәо, шәара ишәылшоит Аҩсҭаа шәшиҿагылоу, насгьы Иегова шәышизиашоу аашәырԥшыр. Агәра ганы шәыҟаз Иегова шәгәы шьҭихыр шилшо. Иара убас ахә шәшьала Иегова ишәиҭо адоуҳатә фатәы.

Ишәырӷәӷәома шәара шәыгәрахаҵара? (Шәахәаԥш абзац 11.)d

11. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу ҳагәрахаҵара зеиԥшроу еилаҳкаарц азы?

11 Игәашәҭама шәара шәыгәрахаҵара еиҳа иӷәӷәазар шахәҭоу? Ишәылшама шәара мыцхәы агәҭынчымра аҽамҭара иҳаҩсыз аҵыхәтәантәи амзақәа рыҩныҵҟа? Ишәылшама аҵабырг иацәхьаҵыз рзыӡырҩразы, ма ажәа рымакразы ишәымаз агәаҳәара аҿагылара? Ишәылшама агәкаҳара аҽамҭара? Ааи акәзар, шәыгәрахаҵара ӷәӷәоуп. Аха ҳара уеизгьы ҳгәаҳҽанызар ауп, избанзар Аҩсҭаа егьырҭ абџьарқәагьы ихы иаирхәоит. Шәааи урҭ руак ҳалацәажәап.

АМАЛ АРҲАРА ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА

12. Иҳахьыр алшозеи амал бзиа иаҳбар?

12 Амал бзиа иаҳбозар, ҳагәрахаҵара ԥсыҽхар, насгьы Иегова изы еиҵаны аҟаҵара ҳалагар алшоит. Апостол Павел иҳәеит: «Дарбан еибашьҩызаалакь арратә маҵура иатәым абзазаратә усқәа рыла иҽҿеиҳәом, урҭ иҽрылаигалом — ар реиҳабы убри гәахәас иҟаиҵаразы» (2 Тим. 2:4). Римтәи аруаҩ даҽа уск инапы алакразы азин имамызт. Ихьыр алшози иара уи адҵа дахыԥазҭгьы?

13. Избан аруаҩ даҽа уск инапы алакра азин зимамыз?

13 Шәхаҿы иаажәг: аруаа ргәыԥ шьыжьнаҵы аибашьра рҽазыҟарҵоит, аха руаӡәк дрылҵны дцоит. Иара афатә аҭира аџьармыкьахь дцеит. Ахәылбыҽха аибашьцәа рыбџьармаҭәахәқәа еиқәдыршәоит, насгьы раҳәақәа рхуеит. Аха афатә аҭира ицаз аруаҩ адырҩаҽны ииҭиша афатә архиара даҿуп. Адырҩаҽны шьыжьнаҵы ргәырҽанӡамкәа аӷа дрыхҭыгәлоит. Изылшода урҭ рҟынтә аӷа иҿагылара, насгьы ар реиҳабы иргәырӷьара? Шәара уи аибашьра шәалахәызҭгьы, ишәҭаххарызма аибашьра ибзианы зҽазыҟазҵаз иакәымкәа, зхатә усқәа ирҿыз дшәывагылазарц?

14. Ҳзышьҭоузеи ҳара зегь раԥхьаӡа иргыланы, Христос ируаа раҳасабала?

14 Аибашьҩы бзиа иеиҳабы игәы аҟаҵара дшашьҭаз еиԥш, ҳаргьы еиҳабацәас иаҳхагылоу Иеговеи Иисуси ргәы ҟаҳҵалар ҳҭахуп. Уи ауп зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳзышьҭазар ҳахәҭоу. Ҳара ҳзы уи Аҩсҭаа идунеи иҳаднагало зегь раасҭа ихадоуп. Убри аҟынтә Иегова имаҵ ауразы иаҭаху аамҭеи амчи акгьы иҳамнамхларц ҳацклаԥшуеит, насгьы аԥырак ду иеиԥшу ҳагәрахаҵареи егьырҭ абџьармаҭәақәеи ҳрыхӡыӡаауеит.

15. Иарбан гәҽанҵароу Павел иҳаиҭаз, насгьы избан?

15 Ҳара еснагь агәҽанызаара ааҳарԥшлароуп! Избан? Апостол Павел иҳәон «абеиара, амазара рҳара иашьҭоу... рхаҵара иаԥырҵхьеит» ҳәа (1 Тим. 6:9, 10). Ажәа «иаԥырҵхьеит» иаҳнарбоит иаҳҭахым маҭәарқәак рырҳара ҳахнагар шалшо. Ус ҳахьыр, агәаҳәара хыдақәеи ишәарҭоу агәазыҳәарақәеи еизҳарҳар ауеит. Аха ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп урҭ агәаҳәарақәа Аҩсҭаа ихы иаирхәо абџьарқәа ишыруаку. Урҭ рыла иара ҳагәрахаҵара ирԥсыҽырц дашьҭоуп.

16. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳалшо, Марк 10:17—22 иану инақәыршәаны?

16 Иаҳҳәап, ҳара иааҳҭаху зегь ааҳхәарц азы аԥара ҳамоуп. Игәнаҳаума ҳгәы ззыҳәо, аха уиаҟара иаҳҭахым ак аахәара? Мап. Аха ҳхы ҳазҵаап: «Маҭәарк аахәара ҳалшозаргьы, иҳамоума уи аиҷаҳаразы иаҭаху аамҭеи амчи? Иҳазцәырымҵӡои еизаҳгаз амал ахь абзиабара? Ҳиеиԥшымхаӡои Иисус иааԥхьара здызымкылаз, насгьы еиҳаны Анцәа имаҵ аура зҭахымхаз иқәыԥшыз ауаҩы?» (Шәаԥхьа Марк 10:17—22.) Шаҟа еиӷьузеи имариоу ԥсҭазаарала анхара, насгьы зыхә ҳараку ҳаамҭеи ҳамчи Иегова имаҵ аура азкра!

«АԤЫРАК» ӶӘӶӘАНЫ ИШӘКЫЗ

17. Иаҳхаҳмыршҭлар акәзеи ҳара ахаангьы?

17 Ҳара ахаан иаҳхаҳмыршҭлароуп аибашьра ҳшалахәу, насгьы уи есыҽны ҳазхиазароуп (Аат. 12:17). Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳара ҳзы ҳагәрахаҵара рзырӷәӷәом. Ҳара ҳагәрахаҵара ҳхаҭа иҳарӷәӷәалароуп.

18. Избан ажәытәан аруаа аԥырак ӷәӷәаны изыркыз?

18 Ажәытәан гәымшәарала еибашьуаз аруаа ҳаҭыр рықәырҵон. Аха аруаҩ аибашьра ашьҭахь аԥырак ада дхынҳәуазҭгьы, уи даара ихьымӡӷын. Римтәи аҭоурыхҭҵааҩ Тацит иҩуан: «Аруаҩ иԥырак џьара инижьуазҭгьы, уи иаҳаҭыр даараӡа иланарҟәуан». Уи аруаа аԥырак ӷәӷәаны изыркыз амзызқәа ируакуп.

Аиаҳәшьа лԥырак ӷәӷәаны илкуп: лара Анцәа Иажәа даԥхьоит, насгьы уи инақәыршәаны дынхаларц азы Анцәа диҳәоит, иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа дырҭаауеит, гәацԥыҳәарала амаҵзура лҽалалырхәуеит (Шәахәаԥш абзац 19.)

19. Ишԥаҳалшо ҳԥырак ӷәӷәаны акра?

19 Ҳагәрахаҵара, ма «ҳԥырак» ӷәӷәаны иаҳкуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит иааиԥмырҟьаӡакәа ақьырсиантә еизарақәа ҳарҭаауазар, насгьы Иегова ихьӡи Иаҳреи рыӡбахә ауаа ирзеиҭаҳҳәозар (Аур. 10:23—25). Уи адагьы, ҳара есыҽны Абиблиа ҳаԥхьалароуп, насгьы уа иану ҳақәныҟәаларц азы Анцәа ҳиҳәалароуп (2 Тим. 3:16, 17). Усҟан Аҩсҭаа даҳҿагыларц азы иҟаиҵо иарбан бџьарзаалакгьы қәҿиара аиуам (Ис. 54:17). Аԥырак ду иеиԥшу ҳагәрахаҵара еснагь ҳахьчалоит. Ҳара гәымшәарыла ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы доуҳала ҳаибашьлоит. Есыҽны ҳазҿу аибашьраҿы аиааира агара адагьы, ҳара даҽа ҳаҭыркгьы ҳаҭәашьахоит — Иисус Аҩсҭааи уи ишьҭанеицәеи данрабашьуа, Христос иган аанызкыло ҳакәзаауеит (Аат. 17:14; 20:10).

ҲХЫ ҲАХЬЧАР ШԤАҲАЛШО...

  • мыцхәы агәҭынчымра аарԥшра аҟынтә?

  • амци агәкаҳареи рҟынтә?

  • амал бзиа абара аҟынтә?

АШӘА 118 «Ҳхаҵара иазырҳа»

a Аԥырак аибашьцәа ахьчон. Ҳагәрахаҵара аԥырак иеиԥшуп. Аибашьцәа аԥырак иахылаԥшлар шрыхәҭаз еиԥш, ҳаргьы ҳагәрахаҵара ӷәӷәоу-иӷәӷәаму ҳацклаԥшлароуп. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит уи шыҟаҵалатәу.

b Ефесаа рахь 6:16 (АдҾ): «Шәыгәрахаҵара аԥырак ду иеиԥшзааит, Ацәгьа ихҿа цаҳә-цаҳәқәа шәырцәаларц азы».

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аҵабырг иацәхьаҵыз ателехәаԥшра ала Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны амц аҳәара иалагеит, аха Иегова ишаҳаҭцәоу аҭаацәа иаразнак ателевизор дырцәеит. Ԥыҭрак ашьҭахь аб Абиблиа ихы иархәаны аҭаацәаратә мҵахырхәара аан иҭаацәа рыгәрахаҵара ирӷәӷәоит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: ԥыҭрак ашьҭахь аб Абиблиа ихы иархәаны аҭаацәаратә мҵахырхәара аан иҭаацәа рыгәрахаҵара ирӷәӷәоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра