АҴАРАЗЫ АСТАТИА 13
Ҳашԥеихьчо ҳара Иегова?
«Иҳақәиҭу иажәа деижьаӡом, иара амч шәиҭоит, Ацәгьагьы шәицәихьчоит» (2 ФЕС. 3:3, АдҾ).
АШӘА 124 Еснагь Анцәа ҳизиашоуп
АХҲӘААa
1. Избан Иисус иҵаҩцәа рзы Иаб дызиҳәоз?
ИИСУС иԥсра уахык анагыз иҵаҩцәа зықәшәараны иҟаз ауадаҩрақәа дрызхәыцуан. Иара иҩызцәа бзиа ибон, убри аҟынтә Иаб урҭ Аҩсҭаа иҟынтә ихьчаларц азы диҳәон (Иоанн 17:14, 15). Иисус идыруан иара ажәҩан ахь даныхынҳәлак ашьҭахгьы Аҩсҭаа Иегова имаҵ аура зҭаху зегьы дышрабашьлоз. Излаҳбо ала, Иегова имаҵзуҩцәа иара иҟынтә ахьчара рҭахын.
2. Избан Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵало агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?
2 Иегова Иисус бзиа дибоит, убри аҟынтә иҳәара аҭак ҟаиҵеит. Иегова дҳаргәырӷьаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, ҳаргьы бзиа ҳаибалоит. Иара ҳихьчарц, насгьы дҳацхраарц азы ҳаниҳәало ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵалоит. Иегова абзиабара злоу Аб иоуп, убри аҟынтә ихәыҷқәа еснагь дреиҷаҳалоит. Ус аҟаҵара даҟәыҵызҭгьы, уи ихьӡ бжьнахуан.
3. Избан Иегова иҟынтә ахьчара заҳҭаху?
3 Ҳара иахьа уаанӡа аасҭагьы Иегова иҟынтә ахьчара ҳҭахуп, избанзар Аҩсҭаа ажәҩан аҟынтә дахьылбаашьҭыз азы иԥсахы еибакны дыҟоуп (Аат. 12:12). Иҳашьҭашәарыцо ауаа агәра ганы иҟоуп уи ала Анцәа имаҵ шыруа, избанзар Аҩсҭаа уи агәра диргеит (Иоанн 16:2). Анцәа дхазымҵо ракәзар, дара ари адунеи ҳахьеиԥшым азы иҳашьҭашәарыцоит. Изҳашьҭашәарыцозаалакгьы, ҳара ҳшәаӡом. Избан? Избанзар Анцәа Иажәаҿы иануп: «Аха Иҳақәиҭу иажәа деижьаӡом, иара амч шәиҭоит, Ацәгьагьы шәицәихьчоит» (2 Фес. 3:3, АдҾ). Аха ҳашԥеихьчо Иегова? Шәааи уажәы уи еилҳаргап.
ИЕГОВА ИҲАИҬО АБЏЬАРМАҬӘАҚӘА
4. Иҳаиҭазеи Иегова Аҩсҭаа иҟынтә ҳхы ҳахьчаларц азы, Ефесаа рахь 6:13—17 иану инақәыршәаны?
4 Иегова Аҩсҭаа иҟынтә ҳзыхьчо абџьармаҭәақәа ҳаиҭеит. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 6:13—17b.) Урҭ адоуҳатә бџьармаҭәақәа урықәгәыӷыртә иҟоуп. Дара ииашаҵәҟьаны ҳрыхьчоит. Аха уи азы ҳара абџьармаҭәақәа зегьы еснагь ҳхы иаҳархәалароуп. Иарбан бџьармаҭәақәоу зыӡбахә ҳҳәо? Шәааи уажәы уи еилҳаргап.
5. Изакәызеи аҵабырг амаҟа, насгьы избан уи еснагь иҳамӷазар закәу?
5 Аҵабырг амаҟа ари Анцәа Иажәа иану аҵабыргқәа роуп. Избан ҳара уи амаҟа ҳамӷазар закәу? Избанзар Аҩсҭаа «амц абыс дамоуп» (Иоанн 8:44). Иара амцҳәара даҿуижьҭеи зқьышықәсақәа ҵуеит, адунеи зегь ижьахьеит (Аат. 12:9). Аха Анцәа Иажәа иану аҵабырг уи имц аҟынтә ҳахьчоит. Иҟаҳҵалар акәзеи уи амаҟа еснагь иҳамӷазарц азы? Еснагь Иегова изку аҵабырг еилаҳкаалароуп, «доуҳала, иаша-ҵабыргла» ҳимҵахырхәалароуп, насгьы еснагь ламысцқьарала ҳхы мҩаԥаҳгалароуп (Иоанн 4:24; Еф. 4:25; Аур. 13:18).
Амаҟа. Анцәа Иажәа иану аҵабырг
6. Изакәызеи аиашара агәышԥыхьчага, насгьы изаҳҭахузеи уи?
6 Аиашара агәышԥыхьчага ари иҳараку Иегова инормақәа роуп. Изаҳҭахузеи ҳара уи агәышԥыхьчага? Агәышԥыхьчага аибашьраҿы аруаҩ игәы шахьчоз еиԥш аиашара агәышԥыхьчага Аҩсҭаа идунеи анырра аҟынтә ҳахьчоит (Ажәам. 4:23). Иегова иҭахуп гәык-ԥсыкала бзиа даҳбаларц, насгьы гәынаӡала имаҵ ҳауларц (Матф. 22:36, 37). Аха Аҩсҭаа ҳгәы еиҩишарц азы адунеи аҿы иҟоу, Иегова ицәымӷу акы, бзиа иаҳирбарц иҽазишәоит (Иак. 4:4; 1 Иоанн 2:15, 16). Ус ианалымҵуа иара ҳиршәарц далагоит.
Агәышԥыхьчага. Иҳараку Иегова инормақәа
7. Иаҳҳәар анбаҳалшо аиашара агәышԥыхьчага ҳшәуп ҳәа?
7 Иаҳҳәар анбаҳалшо аиашара агәышԥыхьчага ҳшәуп ҳәа? Ацәгьеи абзиеи рганахь ала Иегова ишьақәиргылаз анормақәа рыла ҳанынхо (Аԥсал. 97:10). Шьоукы урҭ анормақәа ахақәиҭра умырхуашәа рбоит. Аха Иегова инормақәа рыла анхара ҳаҟәыҵыр, аибашьра аилашымҭазы агәышԥыхьчага хьанҭацәоушәа збаз, насгьы изшәызхыз аруаҩ ҳиеиԥшхоит. Ҳәарада, уи хшыҩдароуп. Иегова бзиа дызбо рзы инормақәа ԥсеиқәырхагоуп, ихьанҭаӡам (1 Иоанн 5:3).
8. Иаанагозеи ажәабжь бзиа аҳәара ҳазхиазарц азы ашьапымаҭәа ашьаҵара?
8 Иара убас Павел иҳәеит: «Аҭынчра иазку ажәабжь бзиа рылаҳәара шәазхиазарц азы шәшьапымаҭәа шәышьашәҵа». Даҽакала иаҳҳәозар, Аҳра иазкәу ажәабжь ауаа рзеиҭаҳәара еснагь ҳазхиазароуп. Егьырҭ ажәабжь бзиа анырзеиҭаҳҳәо ҳхаҭагьы ҳагәрахаҵара ӷәӷәахоит. Шаҟа ҳгәы иахәозеи адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхо Иегова ижәлар еснагь ажәабжь аҳәаразы алшарақәа иахьрышьҭоу! Дара ажәабжь аҳәара рҽазыршәоит аусураҿы ма ашкол аҿы иҟазаргьы, ахәаахәҭра иаҿызаргьы, рыуацәеи егьырҭ ауааи ирацәажәозаргьы, аҩны издәылымҵуазаргьы. Уи адагьы, дара ҩнаҭацыԥхьаӡеи ауаа аус ахьыруа аҭыԥқәеи рҿы ажәабжь рҳәоит. Ҳара ҳшәаны ажәабжь аҳәара ҳаҟәыҵыр аибашьраан зеимаақәа зышьызхуа аруаҩ ҳиеиԥшхоит. Ихьуазеи ус ҟазҵо аруаҩ? Иара ихы ахьчара ицәыцәгьахоит, насгьы иоуа адҵақәа изынагӡаӡом.
Ашьапымаҭәа. Ауаа ажәабжь бзиа рылаҳәара ҳазхиоуп
9. Ишԥаҳацхраауеи аԥырак ду иеиԥшу ҳагәрахаҵара?
9 Ҳагәрахаҵара аԥырак ду иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Ҳара Иегова ииҳәаз зегь шынаигӡо агәра ганы ҳаҟоуп. Уи агәрагара «Ацәгьа ихҿа цаҳә-цаҳәқәа» рырцәара иҳацхраауеит. Ишԥа? Аԥырак ду иеиԥшу ҳагәрахаҵара аҵабырг иацәхьаҵыз рымц аҟынтә ҳахьчоит, насгьы ауаа ахьаҳхыччо хьаас аҟамҵара иҳацхраауеит. Иара убас ауаа Иегова инормақәа ирҿагыло ак ҟаҳҵарц анҳадырцало, урҭ рнырра аҿагыларазы амч ҳнаҭоит. Ҳагәрахаҵара аусураҿы ма ашкол аҿы зыгәра ҳго ахьчара иҳацхраауеит (1 Пиотр 3:15). Уи адагьы, аԥырак ду иеиԥшу ҳагәрахаҵара ҳацхраауеит аԥара бзианы иахьаҳзыршәало, аха Иегова имаҵ аура иаҳԥырхагахо аусура анҳадыргало, уи мап ацәкра (Аур. 13:5, 6). Иара убас ҳагәрахаҵара ҳацхраауеит ашьҭашәарыцрақәа ҳанрықәшәогьы Иегова имаҵ аура (1 Фес. 2:2).
Аԥырак ду. Иегова иқәыргәыӷрақәеи иареи рахь иааҳарԥшуа агәрахаҵара
10. Изакәызеи аиқәырхагатә кәалӡхылԥа, насгьы изаҳҭахузеи уи?
10 Иегова иҳаиҭо агәыӷра аиқәырхагатә кәалӡхылԥа иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Ҳара Иегова игәаԥхара назыгӡо зегь дшырзылԥхо, иԥсыргьы рыԥсы шҭеиҵо агәра ганы ҳаҟоуп (1 Фес. 5:8; 1 Тим. 4:10; Тит 1:1, 2). Акәалӡхылԥа аибашьраҿы аруаҩ ихы шахьчоз еиԥш агәыӷра ҳахшыҩ ахьчоит. Агәыӷра ҳацхраауеит ауадаҩрақәа ҳанырҭагылогьы Иегова иқәыргәыӷрақәа рызхәыцра, насгьы урҭ рыхгара. Иегова дышхәыцуа ахәыцра ҳҽазаҳшәозар, акәалӡхылԥа ҳхоуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Иегова дышхәыцуа еиԥш ҳхәыцуазар, амал акәымкәа, иара ҳиқәгәыӷлоит (Аԥсал. 26:2; 104:34; 1 Тим. 6:17).
Акәалӡхылԥа. Наунагӡатәи аԥсҭазаара иадҳәалоу ҳгәыӷра
11. Изакәызеи адоуҳа аҳәа, насгьы изаҳҭахузеи уи?
11 Анцәа Иажәа, Абиблиа, адоуҳа аҳәа иаҿырԥшуп. Уи амци аҵабырги реиҩдыраара иҳацхраауеит, насгьы амцҵарақәеи иҽеим ашьцыларақәеи рҟынтә ахақәиҭра ҳнаҭоит (2 Кор. 10:4, 5; 2 Тим. 3:16, 17; Аур. 4:12). Ҳхатә ҭҵаара анымҩаԥаҳго, насгьы Иегова иорганизациа ала иҳаиҭо аҵара анҳадаҳкыло уи аҳәа ибзианы ахархәашьа ҳҵоит (2 Тим. 2:15). Аха Иегова ҳазлеихьчо арҭ адоуҳатә бџьармаҭәақәа рыла мацара акәӡам. Нас изла?
Аҳәа. Анцәа Иажәа Абиблиа
ҲАРА ҲАМАЦАРА ҲЕИБАШЬӠОМ
12. Иарбан цхыраароу ҳара иҵегьы иаҳҭаху, насгьы избан?
12 Аԥышәа змоу аруаҩ идыруеит ихала ар ду дшазымиааиуа. Ҳаргьы Аҩсҭаа ҳаиааирц азы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхыраара ҳҭахуп. Убри аҟынтә Иегова ҳацхраара иазхиоу адунеизегьтәи аиашьара ҳаиҭеит (1 Пиотр 2:17).
13. Хәарҭас иаҳзааргозеи аизарақәа, Ауриацәа рахь 10:24, 25 иану инақәыршәаны?
13 Аизарақәа ҳара ҳгәы шьҭырхуеит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 10:24, 25.) Зны-зынла ҳара зегьы ҳгәы каҳауеит, аха аизарақәа рахь ҳаннеиуа ҳгәы шьҭыҵуеит. Ҳара ҳгәы шьҭырхуеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала иҟарҵо аҭакқәа. Абиблиа шьаҭас измоу ажәахәқәеи адемонстрациақәеи Иегова имаҵ ауразы иҳамоу агәаҳәара еиҳагьы идырӷәӷәоит. Иара убасгьы аизара алагаанӡа, насгьы ианынҵәалак ашьҭахь ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳанрацәажәо ҳгәы шьҭыҵуеит (1 Фес. 5:14). Уи адагьы, аизараҿы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыцхраалар ҳалшоит. Уигьы ҳгәы шьҭнахуеит (Аус. 20:35; Рим. 1:11, 12). Иҟоуп аизарақәа злаҳацхраауа даҽакгьы. Уа ҳара амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара аиӷьтәшьа, насгьы амаҵзуразы иҳамоу амыругақәа рхархәашьа ҳҵоит. Убри аҟынтә аизарақәа ибзианы шәҽырзыҟашәҵала, зҿлымҳарала шәӡырҩла, насгьы еилышәкаауа шәхы иашәырхәала. Усҟан аруаҩ бзиа шәиеиԥшхоит (2 Тим. 2:3).
14. Дышԥаҳацхраауеи Иегова иҵегьы?
14 Уи адагьы, Иегова амч ду змоу, ԥхьаӡашьак змам амаалықьцәа рыла дҳацхраауеит. Шәазхәыц маалықь заҵәык шаҟа ҟаиҵар илшо (Ис. 37:36). Уажәшьаҭа шәазхәыц амаалақьцәа рыла ишьақәгылоу ар шаҟа иӷәӷәоу. Ауаагьы, адемонцәагьы ирылшом иӷәӷәоу Иегова ир аҿагылара. Иегова даараӡа дыӷәӷәоуп, убри аҟынтә иаҳҿагыло даараӡа ирацәазаргьы, ҳара урҭ раасҭа ҳаӷәӷәоуп (Аӡб. 6:16). Убри шәазхәыцла аус шәыцызуа, аҵара шәыцызҵо, ма шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызымшо шәҭынхацәа шәдыршәарц ианашьҭо. Ишәхашәмыршҭлан шәхала шәшыҟам! Шәара Иегова шәизыӡырҩуеит, убри аҟынтә иара дшәыдгылоуп!
ИЕГОВА ЕСНАГЬ ҲИХЬЧАЛОИТ
15. Избан Исаиа 54:15, 17 иану инақәыршәаны ажәабжьҳәаратә ус аӡәгьы изизаанымкыло?
15 Аҩсҭаа идунеи ҳара ҳацәымӷуп. Уи џьашьатәӡам. Ҳара аполитика ҳҽалаҳархәӡом, абџьаргьы шьҭаҳхӡом. Ҳара Иегова инормақәа рыла ҳанхоит, насгьы иӡбахә ауаа ирылаҳҳәоит. Иара убас адунеи аҿы аҭынчра шьақәзыргыло Анцәа Иаҳра заҵәык шакәу ҳҳәоит. Уи адагьы, ҳара уажәы адунеи напхгара азызуа арыцҳашьара злам амцҳәаҩи ауаҩшьҩи шиакәу ауаа ирылаҳҳәоит (Иоанн 8:44). Ҳара иаҳҳәоит Аҩсҭаа идунеи иаарласны ишықәгахо. Аҩсҭаагьы, уи идгыло ауаагьы ахаангьы ажәабжьҳәаратә ус рзаанкылом. Ҳара Иегова дҳараҳкларц азы анаҩсгьы иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит. Аҳра иазку ажәабжь бзиа адунеи иахыҵәоит. Аҩсҭаа дшыӷәӷәоугьы уи дзаԥырхагахом, избанзар ҳара Иегова дҳадгылоуп. (Шәаԥхьа Исаиа 54:15, 17.)
16. Ишԥеиқәирхо Иегова ижәлар арыцҳара ду аан?
16 Иаҳзыԥшузеи ҳаԥхьаҟа? Арыцҳара ду аан Иегова џьашьахәыла ижәлар еиқәирхоит. Раԥхьа, иара адгьыл аҳцәа амцдинхаҵара аимпериа, Вавилон ду, ықәыргарц аныргәаирԥхо ҳихьчоит (Аат. 17:16—18; 18:2, 4). Анаҩс, Армагеддон аан Аҩсҭаа идунеи анықәиго ҳаиқәирхоит (Аат. 7:9, 10; 16:14, 16).
17. Хәарҭас иаҳзаанагозеи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәа?
17 Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәазар Аҩсҭаа иузмыриашо аԥхасҭа ҳаиҭом. Иара ихаҭа иакәзар, наӡаӡа дықәгахоит (Рим. 16:20). Убри аҟынтә адоуҳатә бџьармаҭәақәа зегь шьҭышәх, насгьы ахаангьы иааншәмыжьын! Шәхала шәмеибашьлан, шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи шәрыцхраала, насгьы Иегова ишәиҭо анапхгара шәықәныҟәала. Усҟан бзиа шәызбо жәҩантәи Шәаб амч шшәиҭало, насгьы шәшихьчало агәра ганы шәыҟазар шәылшоит! (Ис. 41:10)
АШӘА 149 Аиааирашәа
a Абиблиа иануп Иегова ауадаҩрақәа рыхгаразы амч шҳаиҭало, насгьы ҳдоуҳатә гәабзиара иаԥырхагахар алшо ашәарҭарақәа ҳшырцәихьчало. Уи адагьы, иара риашашьа змам ак ҳақәшәартә алиршом. Ари астатиаҿы ҳара х-зҵаарак ҳарзааҭгылоит: 1) Избан ҳара Иегова иҟынтә ахьчара заҳҭаху? 2) Ҳашԥеихьчо Иегова? 3) Иҟаҳҵалар акәзеи Иегова ҳихьчаларц азы?
b Ефесаа рахь 6:13—17, АдҾ: «Убри аҟынтә ижәга Анцәа иҟынтәи абџьармаҭәақәа зегьы, ицәгьоу амш аҽны аҿагылара шәылшарц, ламысла ишәыду зегь нагӡаны шәеиқәхарц. Абасала, аҵабырг амаҟа шәуаҭәа иакәыршаны, аиашара агәышԥыхьчага шәышәҵаны шәгылаз. Аҭынчра иазку ажәабжь бзиа рылаҳәара шәазхиазарц азы шәшьапымаҭәа шәышьашәҵа. Зегь раԥхьаӡа иргыланы шәыгәрахаҵара аԥырак ду иеиԥшзааит, Ацәгьа ихҿа цаҳә-цаҳәқәа шәырцәаларц азы. Иара убас ишьҭышәх аиқәырхагатә кәалӡхылԥа, насгьы Анцәа иажәа ҳәа иԥхьаӡоу адоуҳа аҳәа».