Аҳра иазку ажәабжь ҳҳәоижьҭеи 100 шықәса ҵуеит!
1. Ргәы зызҭарҵози Иегова ижәлар шәышықәсаҟа раԥхьа?
1 «Абар, Аҳ аҳра иуеит! Шәара иара иажәабжьҳәаҩцәа шәоуп. Убри аҟынтә ирылашәҳәала, ирылашәҳәала, ирылашәҳәала Аҳ иаҳреи иареи рыӡбахә» — игәышьҭыхгоу арҭ ажәақәа иҳәеит аиашьа Рутерфорд шәышықәсаҟа раԥхьа Иегова ижәлар ргәазҭаҵо, Аҳра иазку ажәабжь зехьынџьара ирыларҳәаларц азы. Убри ауп ҳаргьы иҟаҳҵо! Актәи ақьырсианцәа реиԥш, ҳаргьы Аҳра иазку ажәабжь «адунеи зегьы» иалаҳарҵәеит (Кәал. 1:23). Ишԥарылаҳарҵәоз Аҳра иазку ажәабжь аҵыхәтәантәи ашәышықәса аҩныҵҟа? Ишԥаҳалшо ҳара анаҩсгьы Аҳра иазку ажәабжь бзиа рылаҳәара уи 100 шықәса ахыҵра аҿаԥхьа?
2. Ишԥарыланаҳәо ҳара ҳлитература Анцәа Иаҳра аӡбахә?
2 Ииасхьоу аамҭа азхьаԥшра. Ҳара ҳлитература жәашықәсала Анцәа Иаҳра аӡбахә рыланаҳәоит. 1939 шықәса инаркны ихадоу ҳжурнал хьӡыс иамоуп «Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә рыланаҳәоит». Ари ажурнал аҿы лассы-лассы Аҳра аӡбахә, насгьы иара иҟанаҵо атәы аҳәоит. Ажурнал «Шәҿыха!» иаанарԥшуеит ауаатәыҩса рзы гәыӷырҭас иҟоу Анцәа Иаҳра мацара шакәу. Иџьашьатәӡам арҭ аҩ-журналк бызшәа рацәала иахьеиҭагоу, насгьы тиражла егьырҭ ажурналқәа зегьы раасҭа иахьеиҳау! (Аатр. 14:6).
3. Иарбан методқәоу ҳхы иаҳархәоз Аҳра ажәабжь рылаҳәаразы?
3 Иегова имаҵзуҩцәа Аҳра аӡбахә еиуеиԥшым аметодқәа рыла ирыларҳәон. Раԥхьа ҳара ҳхы иаҳархәон арупор зықәгылаз амашьынақәа, апатефонқәа, насгьы арадио ала ажәабжь рылаҳарҵәон. Убас ала хыԥхьаӡарала имаҷыз Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа ирацәаҩны ауаа ажәабжь бзиа рыладырҵәеит (Ԥс. 19:4). Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа ҳара аинформациа ҭаагалоит асаит jw.org аҿы, уи абзоурала миллионҩыла ауаа Аҳра иазку ажәабжь еилыркаауеит, уахь иаҵанакуеит ажәабжьҳәара аус уиаҟара иаартны азин ахьыҟам аҳәынҭқаррақәа рҿы инхо ауаагьы.
4. Иарбан иҷыдоу маҵзуратә хкқәоу ҳара ҳазлахәыз?
4 Аҳра иазку ажәабжь рыларҵәаразы, Иегова ижәлар иналукааша амаҵзуратә хкқәа рыҽрыладырхәуан. Иаҳҳәап, 1990-тәи ашықәсқәа рызбжазы ҩнаҭацыԥхьаӡа мацара адагьы, ҳара апаркқәа, амашьына аргыларҭақәа, насгьы ауаа русурҭа ҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара ҳалагеит. Ааигәа ҳара еиҿаҳкааит еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рықалақь дуқәа рҿы иҟоу ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара аус. Иара убри адагьы, ажәабжьҳәаҩцәа аӡәырҩы реизара атерриториа иаҵанакуа ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы астендқәеи аишәақәеи рхы иархәаны ажәабжь рҳәоит. Ҳәарада, ихадоу амаҵзуратә хкы ҳәа иԥхьаӡоу ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара ауп (Аус. 20:20).
5. Иарбан лшарақәоу амаҵзура шықәс ҿыц ирнаҭо ажәабжьҳәаҩцәа аӡәырҩы?
5 Ҳаԥхьаҟа ҳаззыԥшу. Сентиабр амза амаҵзуратә шықәса алагамҭа инаркны, аӡәырҩы апионертә маҵзура иалагоит. Иулшарызма уи уаргьы? Мап акәзар, иулшома уара аамҭа-аамҭала ицхырааҩу пионерс аҟалара? Ишакәзаалакгьы Аҳра иазку ажәабжь рылаҳәаразы уара иааурԥшуа ахамеигӡара Иегова дазылԥхоит (Мал. 3:10).
6. Избан 2014 шықәсазы октиабр амза иналукаартә изыҟало?
6 2014 шықәса октиабр мзазы 100 шықәса ҵуеит Аҳра шьақәгылеижьҭеи, убри аҟынтә аларҵәаразы иҟало аброшиура Анцәа Иаҳра иазкызаауеит. Иахьынӡазалшо ала ирацәаҩны ирыдыжәгаларц азы, ахықәкы ықәшәыргыл. Ԥхьаҟа ҳаԥшуа, шәааи анаҩсгьы Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь азыӡырҩра иазхиоу зегьы ирылаҳҳәалап (Аус. 8:12).