Уҽазыҟауҵома уара агәаларшәара Ахәылԥаз?
33 шықәса ҳ.ҳ. нисан 13 рзы Иисус идыруан иԥсра уахык шагыз, убри аҟынтә изаанхаз аамҭа иҩызцәа гәакьақәа ирыцихигарц иҭахын. Уи игәы иҭан дара аҵыхәтәантәи Мшаԥы рыцазгәеиҭарц, насгьы иалеигаларц аныҳәа ҿыц — Иҳақәиҭу иуаххьа. Абас еиԥш иҟаз акрызҵазкуаз ахҭыс ибзианы аҽазыҟаҵара аҭахын. Убри аҟынтә Иисус ирыдиҵеит Пиотри Иоанни иаҭаху дырхиарц (Лука 22:7—13). Убри аахыс Ахәылԥаз азгәазҭарц зҭаху ақьырсианцәа есышықәса ари ахҭыс рҽазыҟарҵоит (Лука 22:19). Иарбан ҽазыҟаҵароу иҟаҵатәу апрель 3 рзы иазгәаҭахо Ахәылԥаз амҩаԥгаразы?
Ажәабжьҳәаҩцәа рыҽшазыҟарҵо:
Рҽазыршәоит Ахәылԥаз ахь ааԥхьаразы акампаниа изларылшо ала рҽаладырхәырц.
Еиқәдыршәоит Абиблиа зҵо рыуацәа, класск аҟны аҵара рыцызҵо, аус рыцызуа, насгьы ирдыруа егьырҭ ауаа рсиа, анаҩс урҭ ааԥхьара рырҭоит.
Ахәылԥаз аназгәарҭо апериод иазалху абиблиатә цыԥҵәахақәа ирыԥхьоит, насгьы урҭ ирызхәыцуеит.
Ахәылԥаз ахь ианаамҭоу инеиуеит, асасцәа ирабадырырц азы.