Пиотри Иоанни Амшаԥы азгәаҭаразы хыхьтәи ауада дырхиоит (33 шықәса ҳ. ҟ.)
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Уазхиоума Ахәылԥаз азгәаҭара?
Аҵыхәтәантәи Амшаԥы азгәаҭара Иисус изы иҷыдаз ак акәын. Иара идыруан иԥсра шааигәаз, убри аҟынтә иҭахын иапостолцәа мшаԥазтәи ауаххьа рыцифарц, анаҩс есышықәсатәи аныҳәа — Агәаларшәара ахәылԥаз — алеигалар. Пиотри Иоанни ирыдиҵеит Ахәылԥаз азгәаҭаразы ауада дырхиарц (Лука 22:7—13; уахәаԥш адаҟьа 1 иану асахьа). Ҳаргьы иаҳҭахуп март 27 рзы имҩаԥысуа Агәаларшәара ахәылԥаз азгәаҭара ҳазхиазарц. Аизара аиҳабацәа, ҳәарада, зегь еиҿыркаауеит, ажәахәҟаҵаҩ ааԥхьара иҭаразы, ачеи аҩи рырхиаразы, убас иҵегьы. Ҳҽазыҟаҳҵар шԥаҳалшо Ахәылԥаз хаҭала зегьы?
Угәы азыҟаҵа. Ахәылԥаз апериод иазалху абиблиатә цыԥҵәахақәа урыԥхьала, насгьы уи аамҭа ухаҿы иаагала. Аԥхьара аграфик уԥшаар улшоит аброшиура «Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит» аҟны. Еиҳа инарҭбаау аграфик ануп аброшиура «Слово Бога в картах и схемах» (аҟәша 16-А, 16-Б). (Иара убас уахәаԥш аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи», апрель 2020 шықәсазтәи аҭыжьымҭа). Аҿыхра ахә еиҳагьы ишәшьарц азы аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы шәхы иашәырхәа «Индекс публикаций Сторожевой башни», ма «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы».
Егьырҭ ааԥхьара рыҭ. Ааԥхьара акампаниа активла уҽалархәла. Уазхәыц ааԥхьара зуҭар улшо, иаҳҳәап, зны Абиблиа аӡбахә ззеиҭоуҳәахьаз, ма изурҵоз, иудыруа ауааи уҭынхацәеи. Аизара аиҳабацәа ааԥхьара рырҭар ауп аизарақәа рҭаареи ажәабжьҳәареи иаҟәыҵыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Аӡәы ихараны дынхозар, асаит jw.org уҭаланы еилкаа уи ауаҩы дахьынхо аҭыԥ аҿы Ахәылԥаз анымҩаԥысуа, насгьы иахьымҩаԥысуа. Уи азы асаит ихадоу адаҟьа ахаҿы иалх агәылаҵа «ҲАРА ИҲАЗКНЫ», анаҩс аҟәша «Агәаларшәара ахәылԥаз».
Ишԥаулшо иҵегьы аҽазыҟаҵара?