Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Даҽа бызшәак ала ицәажәо ауаа ажәабжь шырзеиҭаҳәалатәу
Уи зхадоу. Иегова аинтерес имоуп «иарбан милаҭзаалакь» ауаа рдоуҳатә бзабаа зеиԥшроу (Аус. 10:34, 35). Убри аҟынтә Иисус иҳәеит ажәабжь бзиа «аԥсабара зегьы», насгьы «ажәларқәа зегьы» рҿы ирылаҳәахоит ҳәа (Матф. 24:14). Захариа заа иҳәеит «ажәларқәа зегьы рҟынтә еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо» ауаа уи иақәҿырҭуеит ҳәа (Зах. 8:23). Апостол Иоанн иоуз абара инақәыршәаны, арыцҳара ду рхыргоит «ажәлар — урҭ абшьҭрас, хылҵшьҭрас, жәларыс, бызшәас» иҟоу зегьы иреиуоу (Аатр. 7:9, 13, 14). Убри аҟынтә, ажәабжьҳәараҿы даҽа бызшәак ала ицәажәо ауаҩы дҳақәшәазар, уи ашаҳаҭра иҭара ҳҽазаҳшәароуп.
Ухы иархәа амза аҩныҵҟа абри алабжьара:
Аҭаацәаратә мҵахырхәара аан еиҿышәкаа шәара шәбызшәа ззымдыруа ауаҩы шаҳаҭра шишәҭо узырбо аҭагылазаашьа.