АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Зегьы ажәабжь рзеиҭаҳҳәоит
Израильтәи алагерь аҿы аиҿкаара шыҟаз еиԥш, иахьагьы Иегова имаҵзуҩцәа аиҿкаара рымоуп игәаԥхара анагӡаразы. Афилиалқәа, атеократиатә раионқәа, аизарақәа, ажәабжьҳәаратә гәыԥқәа — урҭ зегьы Аҳра иазку ажәабжь бзиа аиҭаҳәаразы еиҿкаауп. Ҳара ажәабжь бзиа зегьы ирзеиҭаҳҳәоит, атәым бызшәала ицәажәогьы уахь иналаҵаны (Аат. 14:6, 7).
Уазхәыцхьоума уара атәым бызшәа аҵара, егьырҭ ауаа аҵабырг рзеиҭоуҳәаларц азы? Абызшәа ҿыц инҭырҳәыцааны аҵаразы аамҭа умамзаргьы, апрограмма JW Language ацхыраарала имариоу жәақәак уҵар улшоит. Урҭ ажәақәа ажәабжьҳәараҿы ухы иархәала. Убасҟан уаргьы актәи ашәышықәсазы инхоз аишьцәа ирымаз агәырӷьара уоур улшоит. Урҭ «Анцәа иус дуқәа» рыӡбахә егьырҭ ажәларқәа злацәажәоз абызшәақәа рыла ирзеиҭарҳәон (Аус. 2:7—11).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИЕГОВА УИҨЫЗАХА. АТӘЫМТӘЫЛАУАА АЖӘАБЖЬ БЗИА РЗЕИҬАҲӘАЛА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иуҭаххар анбалшо апрограмма JW Language?
Еиқәыԥхьаӡа ари апрограмма иамоу лшарақәак.
Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа зегьы ираҳароуп
Иарбан бызшәақәоу шәахьынхо аҭыԥ аҿы излацәажәо?
Иҟаҵатәузеи, Аҳра иазку ажәабжь ахь аинтерес аазырԥшыз ауаҩы даҽа бызшәак ала дцәажәозар? (od-U 100—101, абз. 39—41).