АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Ҳҭыԥ аҿы инхо зегьы шаҳаҭра рыҭара ҳҽазаҳшәоит
УИ ЗХАДОУ Захариа иԥааимбаражәаҿы иҳәоуп «ажәларқәа зегьы рҟынтә еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо» Аҳра иазку ажәабжь иақәҿырҭуеит ҳәа (Зах. 8:23). Аха иабантәираҳауеи дара уи ажәабжь? (Рим. 10:13—15). Ҳара иҳаҭыру, насгьы ихадоу адҵа ҳамоуп уи ажәабжь ҳахьынхо аҭыԥ аҿы зегьы рзеиҭаҳәара (od-U 83—84, абз. 10, 11).
УИ ШЫҞАҴАЛАТӘУ
Уҽазыҟаҵа. Иуқәшәома уара даҽа бызшәак ала ицәажәо ауаа? Уҽазышәа апрограмма JW Language ухы иархәаны урҭ рбызшәала иҟоу имариоу адгалара аҵара. Мамзаргьы ирба ауаҩы амобилтә хархәага ацхыраарала ибызшәа ала еиҳаны аинформациа иԥшаар шилшо асаит jw.org аҿы.
Угәуҽаныз. Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь ануҳәо, амҩан иуԥыло ауаа уаҩумыжьлан. Иара убас игылоу амашьынақәа ирҭатәоугьы ажәабжь раҳәала. Ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжь уҳәозар, иугәалашәоз, хықәкыс иумоу шаҳаҭра аҟаҵара ауп.
Ажәабжьҳәаразы иумоу атерриториа ибзианы аус адулала. Аӡәгьы дахьыҟамыз аҩнахьы аҩынтәраан унеила. Ауаҭахқәа зегь рҿы инхо рацәажәара уҽазышәа; уи азы иҟалап иаҭаххар даҽа аамҭак ма даҽа мшык азы ааира. Ҩнаҭақәак рахь ажәабжь анагара ҳалшоит асаламшәҟәы рзыҩны, аҭел ҳарзасны, ма адәахьы ҳрацәажәаны.
Аинтерес аазырԥшыз аанумыжьлан. Аамҭа мгакәа аинтерес аазырԥшыз ауаа урҭаала. Ауаҩы даҽа бызшәак ала дцәажәозар, уи абызшәала ицәажәо ажәабжьҳәаҩ дыԥшаа. Ҳара уи ҳаиҭаалароуп иара ибызшәала ицәажәо ажәабжьҳәаҩ дшиҭааз ҳаиҳәаанӡа (od-U 94, абз. 39, 40).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ПРОПОВЕДЬ НА „КРАЮ ЗЕМЛИ“», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Рыҽшԥазыҟарҵеи аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ихароу атерриториаҿы ажәабжьҳәара ицарц азы? (1 Кор. 9:22, 23).
Иарбан уадаҩрақәоу изиааиз?
Иарбан зылԥхарақәоу ироуз?
Иҟауҵар улшозеи уахьынхо аҭыԥ аҿы еиҳаны ауаа ажәабжь роуҳәаларц азы?