АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Аҵаҩцәа разыҟаҵаразы ажәабжьҳәареи арҵареи аҭахуп
Иисус ишьҭанеицәа ирыдиҵеит аҵаҩцәа разыҟаҵара (Матф. 28:19). Уи адҵа иамоуп ихадоу ҩ-ганк: ажәабжьҳәареи арҵареи. Аамҭа-аамҭала ҳхы ҳазҵаалар бзиоуп: «Иарбан ԥсахрақәоу иҟасҵар сылшо еиҳа еиӷьны ажәабжь сҳәаларц, насгьы егьырҭ идсырҵаларц азы?»
АЖӘАБЖЬ АҲӘАРА
Ҳара ҳнапқәа еиқәыԥсаны ҳтәаӡам, насгьы ауаа рхала ҳара ҳахь иаауеит ҳәа ҳазыԥшӡам. Ҳара ҳхаҭа иаԥсаны иҟоу ҳаԥшаауеит (Матф. 10:11). Ҳхы иаҳархәома ажәабжьҳәараҿы алшарақәа зегьы, иҳақәшәо ауаа ҳрацәажәарц азы? (Аус. 17:17). Павел игәақәкны ажәабжь ахьиҳәоз абзоурала Лидиа ақьырсианра лыдылкылеит (Аус. 16:13—15).
«Ашьыжь ажәла лаҵала, хәлаанӡагьы унапы ԥсшьаха аумҭалан» (Еккл. 11:6)
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ШӘААҞӘЫМҴӠАКӘА АЖӘАБЖЬҲӘАРА ШӘАҾЫЗ. ИФОРМАЛТӘЫМ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РҾЫ, НАСГЬЫ ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АМАҴ ЖӘУЛА», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Излоубарҭоузеи Самиуел есыҽны аҵабырг ажәла алаҵаразы алшарақәа дышрышьҭаз?
Избан агәкажьра заҭахым ауадаҩрақәа анҳазцәырҵуа, иарбан маҵзуратә хку ҳара ҳазлахәызаалакгьы?
Иззеиҭауҳәар улшода уара Аҳра иазку ажәабжь есыҽнытәи аусқәа уанырҿу?
АРҴАРА
Ауаҩы Иисус иҵаҩы иакәны дзыҟалом апубликациақәа изнагара ада уаҳа акгьы ҟаҳамҵозар. Иара доуҳала деизҳаларц азы зныкымкәа иацәажәара аҭахуп, насгьы Абиблиа ирҵара иалагатәуп (1 Кор. 3:6—9). Аха иҟаҳҵарц ҳахәҭоузеи Аҳра иазку аҵабырг аӡәы ирҵаразы ҳҽазышәарақәа алҵшәа аарымгозар? (Матф. 13:19—22). Усҟан ҳҽазаҳшәалар ауп згәы «анышә бзиа» иаҿурԥшыр алшо ауаа рыԥшаара (Матф. 13:23; Аус. 13:48).
«Сара еиҭасҳауан, Аполлос аӡы аҵеиҭәон, аха изааӡоз, иаззырҳауаз Анцәа иакәын» (1 Кор. 3:6)
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ШӘААҞӘЫМҴӠАКӘА АЖӘАБЖЬҲӘАРА ШӘАҾЫЗ. АУАА РАЦӘА АХЬЕИЗО АҬЫԤҚӘА РҾЫ АМАҴ ЖӘУЛА, НАСГЬЫ АҴАҨЦӘА АЗЫҞАШӘҴАЛА», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Аӡы шԥаҵарҭәоз Соломони Мерии аҵабырг ажәла Езикиели Абигеили рыгәқәа рҿы?
Хықәкыс иҳамазарц ахәҭоузеи еиуеиԥшым амаҵзуратә хкқәа ҳхы анрылаҳархәуа, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿгьы ажәабжьҳәара уахь иналаҵаны?
Ишԥаҳалшо ҳара егьырҭ абиблиатә ҵабырг дырҵаразы еиҳаны аамҭа алхра?