АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АҚӘҴЫМҬА 17, 18
Ахӡырымгара ҳгәазҭанаҵоит ҳадҵақәа егьырҭ рыцеиҩшара, насгьы урҭ рырҵара
Аԥышәа змоу аишьцәа еиҳа иқәыԥшу аишьцәа рԥышәа анрыцеиҩыршо, насгьы рыдҵақәа рҟынтә хәҭак урҭ рнапы иананырҵо, дара ахӡырымгареи абзиабареи аадырԥшуеит, иара убас ԥхьаҟа ихәыцуеит. Ишԥаҟаҵатәу уи?
Иалх аизараҿы иҟоу аҭакԥхықәрақәа зхахьы изгар зылшо аишьцәа.
Идеилыркаа еиуеиԥшым адҵақәа шынагӡалатәу.
Адҵа анагӡаразы иаҭаху зегь рыҭ.
Урҭ аишьцәа урыдҵаалала, насгьы ирыду шырзынагӡо агәра дыргала.
УХЫ УАЗҴАА: «Иарбан дҵақәоу егьырҭ рнапы ианысҵар сылшо?»