АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Уара аекономикатә уадаҩрақәа рыхгара улшоит!
Арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ирацәаны ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит. Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахацыԥхьаӡа ҳауадаҩрақәа еиҳагьы ирацәахоит. Зда ԥсыхәа ыҟам ҳзымхо ҳҟаларгьы алшоит (Авв. 3:16—18). Иҳацхраауазеи аекономикатә ҭагылазаашьа аныцәгьоу арҭ аамҭақәа рзы Анцәа иқәгәыӷра? Ҳара анаҩсгьы Иегова игәра ҳгалароуп. Иара иҳәеит имаҵзуҩцәа ахаан ишаанимыжьуа. Иарбан уадаҩразаалакгьы ҳзықәшәо иара дҳацхраауеит (Аԥсал. 37:18, 19; Аур. 13:5, 6).
Иҟаҵалатәу:
Иегова уӷьаҵәы-ӷьаҵәуа уиҳәала аҟәыӷара уиҭарц, насгьы ухы шымҩаԥугаша уирбарц (Аԥсал. 62:8).
Ахаан аус ахьумуазгьы аусура алагара уазхиаз (g-U 1/10 8—9, арамкақәа).
Угәрахаҵара рӷәӷәала: есыҽны Абиблиа уаԥхьала, аизарақәа бжьоумыжьлан, насгьы гәацԥыҳәарала ажәабжь ҳәала.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АКГЬЫ ЗМЫХЬУА АҨНЫ ШӘЫРГЫЛАЛА. „ИШӘЫМОУ ШӘЫЗШӘЫРХА, ШӘАЛАӠА“», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан уадаҩрақәоу ҭаацәарақәак зықәшәаз?
Ихадоузеи ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа?
Ишԥаҳалшо аекономикатә уадаҩрақәа ирықәшәаз ҳрыцхраар?