Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb23 ииуль ад. 3
  • Ажәабжь бзиа закәанла аҳәаразы ҳзинқәа ҳахьчоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ажәабжь бзиа закәанла аҳәаразы ҳзинқәа ҳахьчоит
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Есыҽны Абиблиа уаԥхьала, аҟәыӷара ԥшаала
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иҟауҵо ақәҿиарақәа анҵала
    Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла
Шәахәаԥш еиҳаны
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
mwb23 ииуль ад. 3
Асахьақәа реизга: 1) Гетии Мерии Барнетт; 2) аиашьа Коккинакиси егьырҭ ауааи Европатәи азинхьчаратә усӡбарҭаҿы; 3) Иегова ишаҳаҭцәа Ростовтәи аобласттә усӡбарҭаҿы (Урыстәыла); 4) аишьцәа Аконституциатә усӡбарҭа аԥхьа, Аладатәи Кореиа.

Kokkinakis v. Greece: Droit réservé

Хыхь армарантә арӷьарахь: «Мраҭашәаратәи Виргиниа жәлартәи аҵарадырратә ҟәша аиҳәшьцәа Барнетт ирҿагылеит»; «Коккинакис Бырзентәыла даҿагылеит»; Ҵаҟа арӷьарантә армарахь: «МРО „Таганрог“, насгьы егьырҭ Урыстәылатәи Афедерациа иаҿагылеит»; «Ча, насгьы егьырҭ Аладатәи Кореиа иаҿагылеит»

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ажәабжь бзиа закәанла аҳәаразы ҳзинқәа ҳахьчоит

Израильаа раӷацәа аныҳәарҭа аиҭашьақәыргылара ирԥырхагахарц ианалага, аргылаҩцәа аргыларазы закәанла ирымаз азин рыхьчарц ирылшоз зегь ҟарҵеит (Езд 5:11—16). Иахьагьы ақьырсианцәа ажәабжь бзиа рыхьчоит, насгьы уи аҳәаразы закәанла ирымоу азин рыхьчоит (Фп 1:7). Уи азы 1936 шықәсазы ихадоу аусбарҭаҿы аиуристтә ҟәша еиҿкаан. Иахьа уи аҟәша адунеи зегь аҿы Аҳра аинтересқәа ахьчоит. Иарбан хәарҭоу уи аҟәша инанагӡо аус иаанаго Аҳра аус азы, насгьы Анцәа ижәлар рзы?

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АДУНЕИЗЕГЬТӘИ ИХАДОУ АУСБАРҬАҾЫ ИҞОУ АИУРИСТТӘ ҞӘША АУС ШАУА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:

  • Иарбан уадаҩрақәоу Иегова ишаҳаҭцәа зықәшәоз рзинқәа рыхьчара иадҳәаланы?

  • Иарбан иааирақәоу аусӡбарҭаҿы иаҳгаз? Иаажәга аҿырԥштәы.

  • Иҟаҳҵалар ҳалшозеи доусу «аиҳабыра [рҿаԥхьа]... ажәабжь бзиа [ҳадгыларц], уи закәанла ауаа рылаҳәара азин ҳарҭарц азгьы аџьабаа [ҳбаларц]» азы?

  • Ҳсаит аҿы иҳаԥшаар абаҳалшо Иегова ишаҳаҭцәа рзинқәа шырыхьчо иазку ажәабжьқәа, насгьы зхаҵаразы абахҭа иҭаку аишьцәеи аиҳәшьцәеи рсиа?

Ухы мҩаԥугар шԥаулшо ажәабжьҳәараҿы уаныҟоу амчра змоу аӡәы азакәан еилоугеит ҳәа уеиҳәар? Ажәа имакра уаламган, сзинқәа сыхьчоит ҳәагьы уаламгакәа иуарҳәо ҟаҵа. Аха иҟауҵар улшозеи ажәабжьҳәара уаҟәыҵырц уазҳәо аполициа аусзуҩы иакәзар? Уи аҩыза алшара умазар, патуқәҵарала уиҳәа дызусҭоу ахьану адокумент уирбарц, насгьы аус ахьиуа аполициатә участок аномер еилкаа. Ус еиԥш иҟоу ахҭысқәа рыӡбахә иаразнак аизара аиҳабацәа ираҳәалатәуп. Нас дара афилиал ахь аишьцәа ирзырыҩуеит, анаҩс иҟарҵаша анапхгара роурц азы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра