Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 март ад. 18—23
  • Ианбаамҭоу ацәажәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ианбаамҭоу ацәажәара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АЦӘАЖӘАРА ИАНААМҬОУ
  • АҾЫМҬРА ИАНААМҬОУ
  • ИЕГОВА ҲАЖӘАҚӘА ДШЫРЗЫҞОУ
  • Лара аҟәышра аалырԥшуан
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Авигеиеи Давиди
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәра жәгалар шәылшоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Шәажәақәа ауаа ахәарҭа рзаанагалааит
    Ахьчаратә бааш 2015
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 март ад. 18—23

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 12

Ианбаамҭоу ацәажәара?

«Зегьы аамҭак-аамҭак рымоуп... аҿымҭра аамҭеи ацәажәара аамҭеи» (ЕККЛ. 3:1, 7).

АШӘА 124 Еснагь Анцәа ҳизиашоуп

АХҲӘААa

1. Иаҳдырҵозеи Екклезиаст 3:1, 7 иану ажәақәа?

ШЬОУКЫ ацәажәара бзиа ирбоит. Егьырҭ ҭынчӡа иҟоуп, мыцхәы ицәажәаӡом. Ари астатиа иазалху ажәеинраала ишаҳәо еиԥш, иҟоуп аҿымҭразгьы аамҭа, ацәажәаразгьы аамҭа. (Шәаԥхьа Екклезиаст 3:1, 7.) Ҳара иаҳҭахызар алшоит шьоукы еиҳа ирацәаны ицәажәаларц, егьырҭ — еиҳа имаҷны.

2. Ишьақәзыргылалар зылшода ҳанцәажәаша, насгьы ҳашцәажәаша иазку аԥҟарақәа?

2 Ацәажәара алшара Иегова иҳаиҭаз ҳамҭоуп (Ақәҵ. 4:10, 11; Аат. 4:11). Иажәа ала иара иаҳирбоит уи аҳамҭа ииашаны ҳхы иаҳархәалар шҳалшо. Ари астатиаҿы еилҳарго абиблиатә ҿырԥштәқәа ҳацхраауеит ацәажәара ианаамҭоу, насгьы ианаамҭам аилкаара. Уи адагьы, еилаҳкаауеит Иегова ауаа ҳашрацәажәо дшазыҟоу. Аха раԥхьа шәааи ҳахәаԥшып ацәажәара ианаамҭоу.

АЦӘАЖӘАРА ИАНААМҬОУ

3. Ианбаҳахәҭоу ацәажәара, Римаа рахь 10:14 иану инақәыршәаны?

3 Ҳара еснагь ҳазхиазароуп Анцәа Иеговеи уи Иаҳреи рыӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара (Матф. 24:14; шәаԥхьа Римаа рахь 10:14). Убас ала Иисус ҳаиҿыԥшлоит. Иисус адгьыл аҿы даныҟаз Иаб изку аҵабырг ауаа ирзааиртуан. Уи иара адгьыл ахь дзааз ихадоу амзызқәа ируакын (Иоанн 18:37). Аха ҳара иаҳхаҳмыршҭуазар ауп уи шаҳҳәо акыр шаҵанакуа. Иегова иӡбахә аӡәы ианизеиҭаҳҳәо, уи «ҳаҭырла, аамсҭашәала» иҟаҳҵалароуп, насгьы ауаҩы зыгәра иго ҳаҭыр ақәаҳҵозароуп, ицәаныррақәагьы ҳрызхәыцуазароуп (1 Пиотр 3:15). Усҟан ауаҩы баша иацәажәара адагьы, ихадоу ак иҳарҵар ҳалшоит, ҳажәақәа игәаҵанӡа инеиргьы ҟалоит.

АЦӘАЖӘАРА ИАНААМҬОУ

  • Аӡәы Иегова иӡбахә изеиҭаҳәаразы алшара анҳауа. Аха уи «ҳаҭырла, аамсҭашәала» иҟаҳҵалароуп, насгьы ауаҩы зыгәра иго ҳаҭыр ақәаҳҵалароуп (абзац 3).

  • Аӡәы ишәарҭоу амҩа дшанылаз ҳбозар.

  • Аӡәы аизара аиҳабацәа рыцхыраара аниҭаху. Дара ауаҩы ианиацәажәо, ацәажәара алшара ҟәыӷарала рхы иадырхәоит, насгьы ачҳара аарԥшны илабжьоит.

(Шәахәаԥш абзац 8.)b

(Шәрыхәаԥш абзацқәа 4, 9.)c

4. Ишԥарыхәар алшо ҳажәақәа ауаа, Ажәамаанақәа 9:9 иану инақәыршәаны?

4 Аизара аиҳабацәа аизараҿы аӡәы алабжьара шиҭаху рбозар, ҿымҭкәа имтәароуп. Ҳәарада, дара ацәажәаразы аамҭа бзиа алырхроуп, ауаҩы дыдмырԥхашьарц азы. Иҟалап дара зегь цаанӡа иԥшыр акәхар, иареи дареи рхала иаанхарц азы. Ҳәарада, аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ианрацәажәо рыпату ладырҟәӡом. Аха убри аамҭазгьы дара ауаҩы ицхраауа абиблиатә принципқәа идырбоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 9:9.) Избан аӡәы дышиашам иаҳҳәарц азы агәымшәара ҳамазар зҳахәҭоу? Ҳрыхәаԥшып зынӡаск еиԥшым ҩ-ҿырԥштәык: ҭагылазаашьак аҿы аб иԥацәа ириашар ауп, даҽа ҭагылазаашьак аҿы аԥҳәыс аҳас иҟалараны иҟаз ауаҩы дышиашам иалҳәар ауп.

5. Избан иаҳҳәар зҳалшо аԥхьаԥшьаҩы Или ианаамҭаз иԥацәа дырмацәажәеит ҳәа, урҭ дышрабжьозгьы?

5 Аԥхьаԥшьаҩы Или иԥацәа даара бзиа ибон, аха урҭ Иегова пату иқәырҵомызт. Дара аҳаҭыр ду раҭәашьан — иԥшьоу ақьалаҿы ԥшьаҩцәас амаҵ аура. Аха иааныркылоз аҭыԥ цәгьашақә рхы иадырхәон, Иегова изнаргоз амҭақәа патударала ирызныҟәон, насгьы иԥхамшьаӡакәа иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ зуаз аҳәса ирыцышьҭалон (1 Сам. 2:12—17, 22). Моисеи изакәан инақәыршәаны урҭ ршьыр акәын, аха Или хаала акәын урҭ дышрабжьоз, насгьы анаҩсгьы ақьалаҿы амаҵ руларц рылиршон (Ҩынтә. 21:18—21). Дышԥазыҟаз уи Иегова? Иара Или иеиҳәеит: «Избан уара уԥацәа сара саасҭа ҳаҭыр зрықәуҵо?» Иегова иӡбеит иҽеимыз урҭ Или иԥацәа ишьырц (1 Сам. 2:29, 34).

6. Иаҳнарҵозеи Или иҿырԥштәы?

6 Или иҿырԥштәы ихадоу ак ҳнарҵоит. Ҳҩыза ма ҳҭынха Иегова изакәан шеилеигаз еилаҳкаазар, уи ҳиацәажәароуп, насгьы Иегова инормақәа игәалаҳаршәароуп. Анаҩс еилаҳкаароуп уи Иегова ихаҭарнакцәас иҟоу аизара аиҳабацәа рҟынтә ацхыраара иоуу-имоуу (Иак. 5:14). Ҳара Или ҳиеиԥшхарц ҳҭахӡам, убри аҟынтә ҳҩыза ма ҳҭынха Иегова иаасҭа дхадахарц алҳаршаӡом. Аӡәы ириашаразы агәымшәара аҭахуп, аха уи алҵшәа бзиақәа аанагар алшоит. Шәааи уажәшьҭа еилҳаргап Авигеиа зыхьӡыз израильтәи аԥҳәыс лҿырԥштәы, насгьы еилаҳкаап уи Или дызлаиеиԥшмыз.

Авигеиа ацәажәара ианаамҭоу аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳлырбеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7, 8.)d

7. Избан Авигеиа Давид диацәажәарц зылыӡбаз?

7 Авигеиа анхаҩ беиа Навал иԥҳәыс лакәын. Зны Давид имаҵуҩцәеи иареи аҳ Саул иҟынтә рҽанырҵәахуаз Навал ихьчацәа ирыцын, насгьы иԥсаса ақәылацәа рҟынтә ирыхьчон. Иҭабуп иҳәама Навал уи азы? Мап. Давид Навал даниҳәа ицызи иареи маҷк ирфашеи иржәшеи риҭарц азы, Навал уи иԥсахы еибанаркит, насгьы иҟоу зегь рықәиҳәацәеит (1 Сам. 25:5—8, 10—12, 14). Убри аҟынтә Давид иӡбеит Навал иҿы инхоз ахацәа зегь ишьырц (1 Сам. 25:13, 22). Нкылашьа амазма ари ахлымӡаах? Авигеиа еилылкааит ацәажәара ишаамҭаз. Убри аҟынтә агәымшәара аарԥшны амла иакуаз, зыԥсахы еибакыз 400-ҩык аруаа дырԥылеит Давид диацәажәарц азы.

8. Иаҳнарҵозеи Авигеиа лҿырԥштәы?

8 Авигеиа Давид гәымшәарала, насгьы патуқәҵарала диацәажәеит, убри аҟынтә Давид лажәа дазыӡырҩырц иҭаххеит. Лара акгьы шылхарамызгьы, Давид иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭалҵеит. Авигеиа Давид иалҳәеит дышуаҩ бзиоу шылдыруа, насгьы аӡбара иаша шидикыло агәра шылго. Лара Иегова ицхыраара дақәгәыӷуан (1 Сам. 25:24, 26, 28, 33, 34). Аӡәы ишәарҭоу амҩа дшанылаз ҳбазар, ҳаргьы, Авигеиа леиԥш, агәымшәара ааҳарԥшыроуп (Аԥсал. 141:5). Ҳара ҳамшәаӡакәа уи ауаҩы ҳиацәажәароуп, аха убри аамҭазгьы ҳажәақәа апатуқәҵара рныԥшуазар ауп. Хаала алабжьара иаҳҭар, иҩыза шҳакәу шьақәҳарӷәӷәоит (Ажәам. 27:17).

9, 10. Ирхадмыршҭлар рыхәҭоузеи аизара аиҳабацәа аӡәы алабжьара анирҭо?

9 Агәымшәара зҭаху еиҳараӡак аизара аиҳабацәа роуп, избанзар дара «агәнаҳа иаҵалаз» аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирацәажәалароуп (Гал. 6:1). Аизара аиҳабацәа ахынраалара рылоуп, убри аҟынтә еилыркаауеит даргьы шынаӡам, насгьы знымзар-зны алабжьара рҭаххар шалшо. Аха уи иахҟьаны дара ариашара зҭаху ауаҩы лабжьарада дынрыжьӡом (2 Тим. 4:2; Тит 1:9). Ауаҩы ианиацәажәо аизара аиҳабацәа ацәажәара алшара ҟәыӷарала рхы иадырхәоит, насгьы ачҳара аарԥшны илабжьоит. Дара аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ирбоит аҟынтә, ирыцхрааларц рҭахуп (Ажәам. 13:24). Аха дара рзы зегь раасҭа ихадоу Иегова инормақәа рыдгылареи аизара ашәарҭара аҟынтә ахьчареи роуп. Убас ала дара Иегова дҳараркуеит (Аус. 20:28, АдҾ).

10 Ҳара еилаҳкааит ацәажәара ианаамҭоу. Аха иҟоуп аҭагылазаашьақәа акгьы ҳамҳәар анеиӷьу. Иарбан уадаҩрақәоу уи инадҳәаланы иҳаур алшо?

АҾЫМҬРА ИАНААМҬОУ

11. Иарбан ҿырԥштәу Иаков иааигаз, насгьы избан уи ҿырԥштә бзиоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

11 Иаҳҳәо ацклаԥшра мариамзар алшоит. Иаков уи шаҟа имариам уеилзыркаауа аҿырԥштә бзиа ааигеит. Абар иара ииҩыз: «Зажәаҿ гәнаҳарада иҟоу — уи акы згым, зхы-зыԥсы, зцәеижь анкылара зылшо иоуп. Абар аҽы аӷәра аҿаҳҵоит, уи ала абри аԥстәы ишаҳҭаху иныҟәаҳцоит, ҳақәиҭуп» (Иак. 3:2, 3). Аҽыуаҩ аҽы аӷәра аҿеиҵоит иахьиҭаху дагаларц, насгьы ианиҭаху иааникылаларц азы. Аха аӷәра ауишьҭыр, аҽы ыҵҟьаны иҩыр, нкылашьак амамкәа иқәхар ҟалоит. Усҟан уи ахы иазеицәоу ҟанаҵоит, иақәтәоу аҽыуаҩгьы иԥырхагахоит. Шәааи еилҳаргап иаҳҳәо ҳацклаԥшлар, насгьы ҿаҳамҭлар ахьахәҭоу ҭагылазаашьақәак.

АЦӘАЖӘАРА ИАНААМҬАМ

  • Ашьҭашәарыцарақәа ахьыҟоу атәылақәа рҿы ажәабжьҳәаратә ус шымҩаԥысуа иадҳәалоу имаӡоу аинформациа аӡәы изеиҭаҳҳәарц анаҳҭаххо.

  • Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирызку имаӡоу аинформациа анаҳдыруа.

(Шәахәаԥш абзац 12.)e

(Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)f

12. Ианбаамҭоу аҿымҭра?

12 Шәхы шԥамҩаԥыжәго шәара аӡәы имаӡоу аинформациа шимоу жәдыруазар? Иаҳҳәап, ашьҭашәарыцарақәа ахьыҟоу атәылаҿы инхо аӡәы шәаниацәажәо, шәашьҭоума уа ҳус шымҩаԥырго инҭырҳәыцааны аилкаара? Ҳәарада, шәара шәгәы ацәгьара ҭаӡам. Ҳара ҳашьцәа бзиа иаҳбоит, насгьы русқәа шцо ҳдыруазар ҳҭахуп. Иара убас дара рзы инҭкааны Анцәа ҳиҳәаларц ҳҭахуп. Аха иаҳхаҳмыршҭлароуп ари аҭагылазаашьаҿы аҿымҭра ишаамҭоу. Аиашьа имаӡоу аинформациа ҳаиҳәарц дыхҭаҳкуазар, иара иахь абзиабара шаҳзымхо ааҳарԥшуеит. Иара убас иааҳарԥшуеит уи атәылаҿы инхо аишьцәа рахьгьы абзиабара шаҳзымхо, избанзар иара уи аинформациа иҳәар, дара ирԥырхагахар ауеит. Ҳәарада, ҳара иаҳҭахӡам ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәо аишьцәа рҭагылазаашьа еицәаҳтәыр. Ҳаргьы уи аҩыза атәылаҿы ҳанхозар, ҳтәылаҿы ажәабжьҳәаратә ус ма даҽа қьырсиантә усқәак шымҩаԥысуа егьырҭ ирзеиҭаҳҳәалар ҳҭахӡам.

13. Иҟарҵалар рыхәҭоузеи аизара аиҳабацәа, Ажәамаанақәа 11:13 иану инақәыршәаны, насгьы избан?

13 Ажәамаанақәа 11:13 (шәаԥхьа) иану апринцип ақәныҟәара зыхәҭоу еиҳарак аизара аиҳабацәа роуп. Дара имаӡоу аинформациа адырра азин змам ирарымҳәалароуп. Еиҳарак уи мариамхар ҟалоит аизара аиҳабы аԥҳәыс димазар. Хаҵеи-ԥҳәыси лассы-лассы гәаартыла еицәажәоит, насгьы рыгәҭыхақәа еибырҳәоит. Уи реиҩызара арӷәӷәоит. Аха аизара аиҳабы еиликаауеит иԥҳәыс илзеиҭеиҳәалар шихәҭам аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирызку имаӡоу аинформациа, мамзар дара игәра агара иаҟәыҵуеит, ихьӡгьы бжьихуеит. Аизараҿы аҭакԥхықәра зду аиашьа ҩ-бзык иҿамзароуп (1 Тим. 3:8). Даҽакала иуҳәозар, иара амц ма уҳәан-сҳәан имҳәалароуп. Аиашьа иԥҳәыс бзиа дибозар, илыхәҭам аинформациа лаҳәаны гәырҩа лиҭаӡом.

14. Ишԥалылшо аиаҳәшьа аизара аиҳабыс амаҵ зуа лхаҵа ихьӡ шьҭылхлар?

14 Аԥҳәыс лхаҵа ихьӡ шьҭылхуеит имаӡоу аинформациа илырҳәарц дашьҭамзар. Лара ус лхы мҩаԥылгозар, лхаҵа идагьы, игәра зго аишьцәагьы аиҳәшьцәагьы ҳаҭыр шрықәылҵо аалырԥшуеит. Уи инеиҳангьы, лара Иегова длыргәырӷьоит, избанзар убас ала аизараҿы аҭынчреи акзаареи лыхьчоит (Рим. 14:19).

ИЕГОВА ҲАЖӘАҚӘА ДШЫРЗЫҞОУ

15. Дышԥарзыҟаз Иегова Иов иахь инеиз хҩык иҩызцәа, насгьы избан?

15 Иов ишәҟәы аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит ацәажәара ианаамҭоу, насгьы ишцәажәалатәу. Иов игәыҿкаагаз ауадаҩрақәа анихига ашьҭахь, ԥшьҩык иҩызцәа игәы шьҭырхырц, насгьы илабжьарц изнеит. Дара акыраамҭа ҿымҭӡакәа итәан. Аха анаҩс урҭ рахьтә хҩык — Елифази, Вилдади, Софари — ирҳәаз иаанарԥшит ҿымҭӡакәа иантәаз изызхәыцуаз Иов ишицхрааша шакәмыз. Дара зызхәыцуаз Иов иҽеим ак шыҟаиҵаз агәра шидыргаша акәын. Урҭ ахьиашазгьы ыҟан, аха ражәақәа хжәан, насгьы Иеговеи Иови ирызкны ирҳәаз абжеиҳарак мцын. Дара арыцҳашьара аамырԥшӡакәа Иов иқәыӡбеит (Иов 32:1—3). Иҟаиҵазеи Иегова? Иара урҭ ахацәа игәы рзыԥжәеит, ихшыҩдақәоуп ҳәа рзиҳәеит, насгьы иреиҳәеит Иов иҳәартә еиԥш иара дара рзы Анцәа диҳәарц (Иов 42:7—9).

16. Иалҳкаар ҳалшозеи Елифази, Вилдади, Софари рҿырԥштәы аҟынтә?

16 Иалҳкаар ҳалшозеи Елифази, Вилдади, Софари рҿырԥштәы аҟынтә? Актәи, ҳара ҳашьцәа ҳармықәыӡбалароуп (Матф. 7:1—5). Уи аҭыԥан, ак раҳҳәаанӡа зҿлымҳарала ҳарзыӡырҩыр ауп. Убасҟан ауп рҭагылазаашьа анеилаҳкаауа (1 Пиотр 3:8). Аҩбатәи, ҳажәақәа ахаара рыҵазар ауп, насгьы иаҳҳәо ҵабыргызароуп (Еф. 4:25). Ахԥатәи, Иегова изы даараӡа ихадоуп ҳашьцәеи ҳареи еибаҳҳәо.

17. Иаҳнарҵозеи Елиуи иҿырԥштәы?

17 Иов ибара инеиз аԥшьбатәи ауаҩы Елиуи иакәын. Елиуии Авраами еиуацәан. Иов хҩык иҩызцәеи иареи анеицәажәоз, Елиуи урҭ зҿлымҳарала дырзыӡырҩуан. Избан уи агәра ганы ҳзыҟоу? Избанзар ԥыҭрак ашьҭахь иара Иов алабжьара бзиа ииҭеит. Елиуи уи хаала иҟаиҵеит, аха убри аамҭазгьы Иов дахьиашамыз иирбеит (Иов 33:1, 6, 17). Елиуи дашьҭаӡамызт ихы арҳаракра, мамзаргьы даҽаӡәы ирҳаракра, иара изы зегь раасҭа ихадаз Иегова ирҳаракра акәын (Иов 32:21, 22; 37:23, 24). Елиуи иҿырԥштәы иаҳнарбоит ишыҟоу аҿымҭреи аӡырҩреи рзы аамҭа (Иак. 1:19). Иара убасгьы еилаҳкаауеит аӡәы алабжьара аниаҳҭо хықәкы хадас иҳамазар ахәҭоу ҳхы акәымкәа, Иегова ирҳаракра шакәу.

18. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ацәажәара алшара ахә шаҳшьо?

18 Ҳара ацәажәара алшара ахә шаҳшьо ааҳарԥшуеит ианцәажәатәу, насгьы ишцәажәатәу иазкны Абиблиа иаҳнаҭо алабжьарақәа ҳрықәныҟәозар. Иԥшьоу адоуҳа иҟәыӷаз аҳ Соломон абарҭ ажәақәа иҩырц игәазҭанаҵеит: «Ианаамҭоу иҳәоу ажәа иҭаԥҟаны иҟоу араӡны маҭәар иҭоу ахьтәы ҵәақәа ирҩызоуп» (Ажәам. 25:11). Егьырҭ анцәажәо зҿлымҳарала ҳарзыӡырҩуазар, насгьы ҳхәыцны ҳцәажәозар, ҳажәақәа ахьы иалху аҵәақәа иреиԥшхоит — иагьыԥшӡахоит, иагьхәарҭахоит. Усҟан ирацәаны ҳцәажәозаргьы, имаҷны ҳцәажәозаргьы, ҳажәақәа ауаа ахәарҭа рзааргалоит, Иеговагьы ддыргәырӷьалоит (Ажәам. 23:15; Еф. 4:29). Убас ала иааҳарԥшуеит ацәажәара алшара ахә ҳаракны ишаҳшьо.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ианбаамҭоу ацәажәара?

  • Ианбаамҭоу аҿымҭра?

  • Ишәдырҵазеи ари астатиаҿы зыӡбахә ҳәоу абиблиатә ҿырԥштәқәа?

АШӘА 82 Шәылашара лашалааит

a Анцәа Иажәаҿы иаагоу апринципқәа ҳацхраауеит ианцәажәатәу, насгьы ианцәажәатәым аилкаара. Абиблиа иану алабжьарақәа ҳдыруазар, насгьы урҭ ҳхы иаҳархәозар, ҳажәақәа Иегова ддыргәырӷьалоит.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аиаҳәшьа егьи аиаҳәшьа иҟәыӷоу алабжьара лылҭоит.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аиашьа даҽа иашьак ацқьара иазку алабжьара ииҭоит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Авигеиа Давид диацәажәарц азы аамҭа бзиа алылхит, уи алҵшәа бзиақәа аанагеит.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: хаҵеи-ԥҳәыси рҽааныркылоит ашьҭашәарыцарақәа ахьыҟоу атәылаҿы инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵ шыруа инҭырҳәыцааны еиҭарымҳәарц азы.

f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аизара аиҳабы ддәылҵуеит аизара иадҳәалоу имаӡоу аинформациа аӡәгьы имаҳарц азы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра