Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 декабр ад. 16—21
  • «Иегова згәы каҳаӡаны иҟоу... еиқәирхоит»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Иегова згәы каҳаӡаны иҟоу... еиқәирхоит»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИОСИФ АГӘЫМБЫЛЏЬБАРАРЕИ АИАШАМРЕИ ДАҚӘШӘЕИТ
  • ЗГӘЫ КАҲАӠАНЫ ИҞАЗ ҨЫЏЬА АҲӘСА
  • ИЕГОВА ИМАҴ АУРА АҞӘЫҴРАЗЫ АԤСЫК ЗЫГХАЗ АЛЕВИТ
  • ПИОТР ИЛАЗ АԤСЫҼРАҚӘА ИГӘЫ КАРЫЖЬУАН
  • «Бара бахьцо саргьы сцоит»
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Руфи Ноемини
    Учимся на примерах из Библии
  • Руфи Ноемини
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Гәыкала бзиа шәеибабала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 декабр ад. 16—21

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 51

«Иегова згәы каҳаӡаны иҟоу... еиқәирхоит»

«Иегова згәы каҳаӡаны иҟоу дырзааигәоуп, иара урҭ еиқәирхоит» (АԤСАЛ. 34:18).

АШӘА 30 Сыхьчаҩ, Саб, Сҩыза

АХҲӘААa

1, 2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

ЗНЫ-ЗЫНЛА ҳаԥсҭазаара шкьаҿу, насгьы уадаҩрала ишҭәу ҳызхәыцуазар алшоит (Иов 14:1). Ҳәарада, уи ҳгәы канажьуеит. Ажәытәан инхоз Иегова имаҵзуҩцәагьы ргәы анкаҳауаз ыҟан. Урҭ рҟынтә шьоукы аԥсрагьы иаҳәон (1 Аҳ. 19:2—4; Иов 3:1—3, 11; 7:15, 16). Аха зыгәра ргоз Анцәа Иегова есааира ргәы шьҭихуан, амчгьы риҭон. Урҭ рыӡбахә Абиблиаҿы изану ҳгәы шьҭнахырц, насгьы ак ҳнарҵарц азы ауп (Рим. 15:4).

2 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иаков иԥа Иосифи, аԥҳәысеиба Ноемини, уи лҭаца Руфи, 73-тәи Аԥсалом зҩыз алевити, апостол Пиотри рҿырԥштәқәа. Дара ргәы казыжьуаз ауадаҩрақәа ирықәшәон. Дышԥарыцхраауаз урҭ Иегова? Иаҳнарҵозеи ҳара урҭ рҿырԥштәы? Арҭ азҵаарақәа рҭак агәра ҳдыргоит Иегова згәы каҳаӡаны иҟоу дшырзааигәоу, насгьы урҭ шеиқәирхо (Аԥсал. 34:18).

ИОСИФ АГӘЫМБЫЛЏЬБАРАРЕИ АИАШАМРЕИ ДАҚӘШӘЕИТ

3, 4. Дзықәшәазеи иқәыԥшыз Иосиф?

3 Иосиф 17 шықәса раҟара анихыҵуаз Анцәа ҩ-ԥхыӡк иирбеит. Урҭ аԥхыӡқәа иаадырԥшуан мышкы зны иара дуаҩ дуны дшыҟалоз, насгьы иҭаацәараҿы зегьы ҳаҭыр шиқәырҵалоз (Аҟаз. 37:5—10). Аха урҭ аԥхыӡқәа аниба ашьҭахь дук мырҵыкәа иԥсҭазаараҿы игәы казыжьшаз ахҭысқәа дрықәшәеит. Иосиф иашьцәа уаҩыс дрыԥхьаӡаӡомызт, убри аҟынтә дырҭиит. Убасала иара Мысра днанагеит, насгьы уа аҭыԥ ду аанызкылоз Потифар иҟны маҵуҩыс дҟалеит (Аҟаз. 37:21—28). Уажәшьҭа иара бзиа дызбоз иаб дицәыхаран, насгьы пату зқәымыз атәы иеиԥш амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ауаҩы имаҵ иулар акәхеит (Аҟаз. 39:1).

4 Аха Иосиф иуадаҩрақәа уи ала инымҵәаӡеит. Потифар иԥҳәыс Иосиф лцәа ԥиҽырц иҭахызшәа изылҳәеит. Потифар уи аус еилмыргаӡакәа Иосиф ашьамҭлаҳәқәа ишьаҵаны абахҭа дҭаижьит (Аҟаз. 39:14—20; Аԥсал. 105:17, 18). Иосиф дқәыԥшын. Шәхаҿы иаажәг иара ихы шибоз уи аҩыза ахара анидырҵа. Иара убас шәазхәыц ауаа уи анраҳауаз Иосиф Инцәа Иегова изкны ирҳәақәоз. Ҳәарада, уи зегьы Иосиф игәы канажьуан.

5. Ицхраазеи Иосиф агәҭынчра ахьчара?

5 Иосиф тәыс даныҟазгьы, аамҭак ашьҭахь абахҭа данҭакызгьы акгьы изыԥсахуамызт. Ицхраазеи нас агәҭынчра ахьчара? Иара илымшоз акәымкәа, иҟаиҵалар илшоз дазхәыцуан, насгьы идыз адҵақәа игәы ақәкны инаигӡон. Аха еиҳарак ицхраауаз Иегова иргәырӷьара дахьашьҭаз акәын. Убри аҟынтә Иегова Иосиф иусқәа зегь рҿы дизылԥхон (Аҟаз. 39:21—23).

6. Игәы шԥашьҭырхуаз Иосиф иибахьаз аԥхыӡқәа?

6 Иара убас иҟалап Иосиф игәы шьҭырхуазҭгьы аԥааимбаражәатә ҵакы змаз иибахьаз аԥхыӡқәа. Урҭ данрызхәыцуаз иара еиликаауазҭгьы ҟаларын иҭаацәа ҩаԥхьа ишибоз, насгьы иҭагылазаашьа шеиӷьхоз. Убас иагьыҟалеит. Иосиф 37 шықәса раҟара анихыҵуаз иԥхыӡқәа дшазыԥшымыз еиԥш анаӡара иалагеит! (Аҟаз. 37:7, 9, 10; 42:6, 9).

7. Иҳацхраауазеи ҳара аԥышәарақәа рыхгара, 1 Пиотр 5:10 иану инақәыршәаны?

7 Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Иосиф ихҭыс иаҳгәаланаршәоит адунеи шгәымбылџьбароу, насгьы ауаа ииашамкәа ишҳазныҟәало. Аишьцәагьы аиҳәшьцәагьы ииашамкәа иҳазныҟәар ауеит. Аха Иегова Ҳацаҟьа, насгьы Ҳхыҵакырҭа шиакәу ҳхаҳмыршҭуазар, ҳгәы каҳажьӡом, имаҵ аурагьы ҳаҟәыҵӡом (Аԥсал. 62:6, 7; шәаԥхьа 1 Пиотр 5:10). Ишәгәалашәома Иегова Иосиф аԥхыӡқәа аниирбаз уи 17 шықәса раҟара шакәыз ихыҵуаз? Уи иҳаилнаркаауеит Иегова иқәыԥшу имаҵзуҩцәа рыгәра шиго. Иахьа Иосиф иеиԥш Иегова имаҵ зуа арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рацәоуп. Урҭ рахьтә шьоукы Иегова иахьизыӡырҩуа азы абахҭақәа ирҭакуп (Аԥсал. 110:3).

ЗГӘЫ КАҲАӠАНЫ ИҞАЗ ҨЫЏЬА АҲӘСА

8. Изықәшәазеи Ноемини Руфи?

8 Амлакра ӷәӷәа иахҟьаны Ноеминь лҭаацәеи лареи Иуда рыҩны ааныжьны, Моав ииасыр акәхеит. Ноеминь лхаҵа Елимелех даныԥсы, лԥацәеи лареи рымацара иаанхеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Махлони Хилеони Руфи Орфеи зыхьӡыз Моав иатәыз аҳәса ааргеит. Жәашықәса раҟара анҵы ашьҭахь Махлонгьы Хилеонгьы ахшара рмоуӡакәа иԥсит (Руфь 1:1—5). Шәхаҿы иаажәг урҭ аҳәса шаҟа игәырҩоз! Ҳәарада, Руфи Орфеи ҿыц хаҵа ицар рылшон. Аха илхылаԥшлодаз усҟан зықәрахь инеихьаз Ноеминь? Лара лгәы каҳаӡаны дыҟан аҟынтә, зны ус лҳәеит: «Ноеминь ҳәа акәымкәа, Мара ҳәа сашәҳәала, избанзар Зегьзымчу аԥсҭазаара цәгьа сиҭеит». Арҭ агәаҟрақәа зегь рышьҭахь Ноеминь Вифлеемҟа дхынҳәырц лыӡбеит, Руфьгьы уи длыццеит (Руфь 1:7, 18—20).

Анцәа Ноемини Руфи идирбеит имаҵзуҩцәа агәкаҳара аиааира дрыцхраар шилшо. Агәра жәгома шәаргьы дышшәыцхраауа? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8—13.)b

9. Лгәы шԥашьҭылхуаз Руфь Ноеминь, Руфь 1:16, 17, 22 иану инақәыршәаны?

9 Илыцхраазеи Ноеминь арҭ агәаҟрақәа рыхгара? Азиашара зныԥшуаз абзиабара. Иаҳҳәап, Руфь Ноеминь даанылмыжьырц анылыӡба, азиашара зныԥшуаз абзиабара аалырԥшит. (Шәаԥхьа Руфь 1:16, 17, 22.) Вифлеем ианнеи Руфь дмаашьаӡакәа Ноемини лареи рзы арыц еизылгон. Уи абзоурала лара ахьӡ бзиа лырҳаит (Руфь 3:11; 4:15).

10. Ишԥааирԥшуаз Иегова абзиабара Ноемини Руфи реиԥш иӷарыз ауаа рахь?

10 Иегова израильаа ириҭаз азакәан Ноемини Руфи реиԥш иӷарыз ауаа рахь агәрыцҳашьара аныԥшуан. Иегова иҳәеит израильаа аҽаҩра анҭаргалоз зегь ҭарымгалаларц, аха иӷарыз рзы маҷк аанрыжьларц (Алев. 19:9, 10). Уи абзоурала Ноемини Руфи арыцҳахә а́ҳәара рықәымшәаӡеит. Дара рхы ҟәнымшьаӡакәа ирфаша еизыргалар рылшон.

11, 12. Ишԥаиргәырӷьеи Вооз Ноемини Руфи?

11 Руфь Вооз иитәыз амхаҿы арыц еизылгон. Иара даара ибеиаз уаҩын. Вооз даараӡа иџьеишьеит Руфь ланхәа абас бзиа дахьылбоз, насгьы убас дахьлызиашаз. Убри аҟынтә ԥыҭрак ашьҭахь иара Руфь ԥҳәысс дигеит, насгьы Ноеминьраа иртәыз адгьылқәа ааихәеит, Руфь илхылҵраны иҟаз ирҭынхарц азы (Руфь 4:9—13). Воози Руфи ахшара дроуит, Овидгьы ихьӡырҵеит. Уи аҳ Давид иабду иакәхеит (Руфь 4:17).

12 Шәхаҿы иаажәг Ноеминь илкыз Овид хәыҷ данихәаԥшуаз шаҟа дгәырӷьоз, насгьы Иегова иҭабуп ҳәа шиалҳәоз! Аха Ноемини Руфи рзылԥхарақәа уи ала инымҵәаӡеит. Рыԥсы анҭалалак дара еилыркаауеит Мессиа Овид ишьҭрала дшааз!

13. Иаҳнарҵозеи Ноемини Руфи рҭоурых?

13 Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо ҳара ҳгәы зынӡа икаҳар ауеит. Урҭ ӡбашьак рымамшәа ҳбозаргьы ҟалоит. Ус еиԥш иҟоу аамҭа цәгьақәа раан ҳара жәҩантәи Ҳаб аҵыхәтәанынӡа ҳиқәгәыӷлароуп, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳарцәыхарамхалароуп. Ҳәарада, Иегова ҳауадаҩрақәа имыӡбаргьы ауеит. Иара Ноеминь лхаҵеи лԥацәеи рыԥсы ҭеимҵаӡеит. Аха ауадаҩрақәа рыхгара дҳацхраауеит, иаҳҳәап, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла (Ажәам. 17:17).

ИЕГОВА ИМАҴ АУРА АҞӘЫҴРАЗЫ АԤСЫК ЗЫГХАЗ АЛЕВИТ

73-тәи Аԥсалом зҩыз алевит Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы измыргылоз хьаада-баада инхошәа ахьибоз иахҟьаны Иегова имаҵ аура даҟәыҵырц аԥсык игхеит. Ҳаргьы ус ҳахьыр ауеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14—16.)

14. Избан алевитцәа иреиуаз аӡәы игәы зкаҳаз?

14 73-тәи Аԥсалом зҩыз алевитцәа дреиуан. Иара Анцәа иахьимҵахырхәоз аҭыԥ аҿы амаҵ аура аҳаҭыр иаҭәашьан. Ус шакәызгьы, зны иара игәы каҳаит. Избан? Избанзар иҽеимыз, иԥагьаз ауаа дрыҵашьыцуа далагеит. Ҳәарада, иара урҭ дызрыҵашьыцуаз аус цәгьақәа ахьыҟарҵоз азы акәӡамызт, аха хьаада-баада иахьынхоз азы акәын (Аԥсал. 73:2—9, 11—14). Иара урҭ аԥсҭазаара бзиа рымоушәа, акгьы иамыргәаҟуашәа ибон. Уи иахҟьаны игәы каҳаит, иагьиҳәеит: «Баша сгәы срыцқьон, акгьы шысхарам аасырԥшырц азгьы снапқәа баша исыӡәӡәон». Излаҳбо ала, Иеговеи иареи реиҩызара ашәарҭара ӷәӷәа иҭагылан.

15. Ицхраазеи 73-тәи Аԥсалом зҩыз алевит агәкаҳара аиааира, Аԥсалом 73:16—19, насгьы 22—25 ирну инақәыршәаны?

15 Шәаԥхьа Аԥсалом 73:16—19, 22—25. Алевит иара иеиԥш Иегова имаҵ зуаз иашьцәа ахьыҟаз Анцәа иҩны даныҩнала, иҽырҭынчны зегь дазхәыцит, игәы иҭазгьы Анцәа изааиртит. Уи абзоурала иара еиликааит ииашамкәа дышхәыцуаз, насгьы Иеговеи иареи реиҩызара ашәарҭара ишҭаиргылаз. Уи адагьы, еиликааит ауаа цгьақәа «иҵәырҵәыруа аҭыԥ аҿы» ишгыло, иаалырҟьангьы ишықәӡаауа. Ашьыцра даҟәыҵырц, насгьы агәкаҳара даиааирц азы уи алевит Иегова ихәыцшьа иҿиҵаар акәын. Уи убас иагьыҟаиҵеит. Уи абзоурала агәҭынчреи анасыԥи иоуит. Абар иара Иегова иеиҳәаз: «Уара уда адгьыл аҿы сзыргәырӷьо ҳәа ак ыҟам».

16. Иаҳнарҵозеи алевитцәа иреиуаз аӡәы иҿырԥштәы?

16 Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ҳара ахаангьы ауаа цәгьақәа ҳрыҵамшьыцлароуп, урҭ хьаада-баада инхошәа ҳбозаргьы. Дара ииашаҵәҟьоу агәырӷьара рымаӡам, ирымоугьы аамҭалатәиуп, избанзар аԥеиԥш ҳәа акгьы рымаӡам (Еккл. 8:12, 13). Урҭ ҳрыҵашьыцуа ҳалагар, ҳгәы каҳауеит, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызарагьы ҳцәыӡуеит. Ауаа цәгьақәа рыԥсҭазаашьа шәшаҵашьыцуа жәбазар, 73-тәи Аԥсалом зҩыз иҟаиҵаз ҟашәҵа. Абзиабара зҵоу Иегова илабжьарақәа шәырзыӡырҩла, насгьы игәаԥхара назыгӡо ауаа шәрацәажәала. Иегова зегь раасҭа бзиа дыжәбозар, анасыԥҵәҟьа шәымазаауеит, ииашаҵәҟьоу аԥсҭазаарахь шәназго амҩагьы шәаныҵӡом (1 Тим. 6:19).

ПИОТР ИЛАЗ АԤСЫҼРАҚӘА ИГӘЫ КАРЫЖЬУАН

Пиотр агәкаҳара дшаиааиз, насгьы Анцәа имаҵ аура ихы шазишьҭыз ҳазхәыцуазар, ҳгәы шьҭыҵыр ауеит, згәы каҳаны иҟоугьы ҳрыцхраар ҳалшоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 17—19.)

17. Игәы казыжьуази Пиотр?

17 Апостол Пиотр еилҟьаз уаҩын. Аха иара дымхәыцӡакәа ак аниҳәоз, ма ак аныҟаиҵоз ыҟан. Уи игәы канажьуан. Иаҳҳәап, Иисус дгәаҟраны, анаҩс дыԥсраны дшыҟаз апостолцәа ианреиҳәа Пиотр уи диҿагылан иҳәеит: «Ухы рыцҳашьа, Иҳақәиҭу! Абарҭқәа Уара иуԥеиԥшхарым!» (Матф. 16:21—23). Иисус Пиотр дириашар акәхеит. Ауаа рацәа Иисус дыргарц азы ианаа, Пиотр рацәак дымхәыцӡакәа аҳәа ҭганы аԥхьаԥшьаҩы имаҵуҩы илымҳа хиҵәеит (Иоанн 18:10, 11). Иисус Пиотр еиҭах дириашар акәхеит. Иара убас зны Пиотр ихы дахыҽхәаны зегьы уаанрыжьыргьы сара уаансыжьӡом ҳәа Иисус иеиҳәеит (Матф. 26:33). Аха Пиотр игәы ишаанагоз еиԥш дыӷәӷәамызт. Ԥыҭрак ашьҭахь, уи аухазы иара ауаа дрыцәшәаны хынтә Иисус мап ицәикит. Уи игәы дараӡа иканажьит, ашҭа дҭыҵынгьы дқьыз-қьызуа аҵәыуара далагеит (Матф. 26:69—75). Иҟалап иара Иисус уи ахаангьы ианаижьӡом ҳәа дхәыцуазҭгьы.

18. Дышԥаицхрааи Иисус Пиотр агәкаҳара аиааира?

18 Пиотр игәы шкаҳазгьы Иегова имаҵ аура даҟәымҵӡеит. Ааи, иара агха ихьит, аха аԥсҭазаара мҩа данымҵӡеит. Абиблиа иануп ԥыҭрак ашьҭахь иара егьырҭ апостолцәа дышрыцыз (Иоанн 21:1—3; Аус. 1:15, 16). Ицхраазеи Пиотр агәкаҳара аиааира? Иара Иисус иажәақәа игәалашәон: «Сара уара узы сныҳәауан иумоу ахаҵара иагымхарц; уаргьы зны уааҳәны уашьцәа шьақәырӷәӷәа». Иегова уи аҳәара аҭак ҟаиҵеит. Ԥыҭрак ашьҭахь зыԥсы ҭалаз Иисус Пиотр игәы шьҭихырц азы имацара даныҟаз дизнеит (Лука 22:32; 24:33, 34; 1 Кор. 15:5). Уи ашьҭахь Иисус аухантәарак аԥсыӡкра иаҿыз, аха акгьы ззымкыз, згәы каҳаны иҟаз апостолцәа дрызнеит. Ари аиқәшәараҿы Пиотр Иисус шаҟа бзиа дибоз иеиҳәарц азы алшара иоуит. Иисус бзиа иибоз иҩыза гәакьа игха ианаижьит, еиҳаны аҭакԥхықәрақәагьы идиҵеит (Иоанн 21:15—17).

19. Ишԥаҳацхраауеи Аԥсалом 103:13, 14 иану агәнаҳа аныҟаҳҵо Иегова дышҳахәаԥшуа аилкаара?

19 Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Иисус Иаб диҿыԥшуан аҟынтә, Пиотр иахь агәшаҭара ааирԥшит. Пиотр иҿырԥштәы иаҳнарбоит агха анҳахьуа Иегова уи ахаангьы иҳанаижьӡом ҳәа ахәыцра шиашам. Ишәхашәмыршҭлан ус ҳхәыцлар зҭаху Аҩсҭаа шиакәу. Уи аҭыԥан ҳара ҳазхәыцлароуп Иегова шаҟа бзиа ҳаибо, ҳшынаӡам шеиликаауа, насгьы ҳагхақәа ҳанаижьларц шиҭаху. Аӡәы ҳгәы анаҳирхьуагьы ҳара Иегова ҳаиҿыԥшлароуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 103:13, 14.)

20. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

20 Иосифи, Ноемини, Руфи, 73-тәи Аԥсалом зҩыз алевити, Пиотри рҿырԥштәқәа агәра ҳдыргоит Иегова згәы каҳаӡаны иҟоу дшырзааигәоу (Аԥсал. 34:18). Иара ҳгәы казыжьуа ауадаҩрақәа ҳарцәихьчаӡом, аха урҭ рыхгаразы амч ҳаиҭоит. Уи ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит (1 Пиотр 1:6, 7). Анаҩстәи астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова анамӡара, ма даҽа уадаҩрақәак ирыхҟьаны згәы каҳаз имаҵзуҩцәа дышрыцхраауа узырбо егьырҭ аҿырԥштәқәа.

ШӘГӘЫ ШԤАШЬҬНАХУЕИ ШӘГӘЫ КАҲАНЫ ШӘАНЫҞОУ ИЕГОВА...

  • Иосифи, Ноемини, Руфи дышрыцхраауаз шәаназхәыцуа?

  • 73-тәи Аԥсалом зҩыз алевит дышицхраауаз шәаназхәыцуа?

  • Пиотр дышицхраауаз шәаназхәыцуа?

АШӘА 7 Иегова — ҳара ҳамч

a Иосифи, Ноемини, Руфи, 73-тәи Аԥсалом зҩыз алевити, апостол Пиотри ргәы казыжьуаз ауадаҩрақәа ирықәшәон. Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова урҭ ргәы шышьҭихуаз, амчгьы шриҭоз. Иара убас еилаҳкаауеит урҭ ҳарҿыԥшлар шҳалшо, насгьы Анцәа урҭ рахь агәрыцҳашьара шааирԥшуаз иаҳнарҵо.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Ноемини, Руфи, Орфеи рхацәа ахьыԥсыз азы игәырҩоит. Ԥыҭрак ашьҭахь Руфи, Ноемини, Воози Овид дахьиз еигәырӷьоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра