Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Избан Иисус даныԥсуаз Аԥсалом 22:1 иану Давид иажәақәа зиҳәаз?
Матфеи 27:46 ишану еиԥш, Иисус даныԥсуаз абарҭ ажәақәа иҳәеит: «Сынцәа, Сынцәа! Сзынужьзеи Уара?» Убас ала Аԥсалом 22:1 иану Давид иажәақәа наӡеит (Марк 15:34). Иисус арҭ ажәақәа зиҳәаз Анцәа игәрагара дахьаҟәыҵыз азы акәӡам. Иара еиликаауан дыԥсыр закәыз, насгьы уи дазхиан (Матф. 16:21; 20:28). Уи адагьы, Иисус идыруан иԥсра маҷк шагыз Анцәа цхыраарада даанижьыр шакәыз (Иов 1:10). Убас Иегова Иисус алшара ииҭеит, иԥсышьа зеиԥшрахозаалакгьы, Иаб дизиашаны аанхара шилшо ашьақәырӷәӷәара (Марк 14:35, 36).
Избан нас Иисус ари аԥсалом аҟынтә ажәақәа зиҳәаз? Ҳара уи шьақәырӷәӷәаны иҳазҳәаӡом, аха шәааи уи азы иҟазар алшоз мзызқәак еилҳаргапa.
Иҟалап Иисус арҭ ажәақәа рыла Иегова Иԥа дыԥсырц шалиршаз ааирԥшызар. Иисус Иегова ицхыраарада аҿыхратә ԥсхҭынҵара ахә ахишәаар акәын. Иара дуаҩын, насгьы зегьы рзы дыԥсыр акәын (Аур. 2:9).
Иҟалап арҭ ажәақәа ҳәаны Иисус аиудеиаа аԥсалом зегь иазхьаирԥшзар. Усҟантәи аамҭазы аиудеиаа аӡәырҩы аԥсаломқәа ҿырҳәала ирдыруан. Жәеинраалак анраҳауаз аԥсалом зегь ргәалашәар ауан. Иҟалап Иисус хықәкыс имаз уи акәызҭгьы. Убри ала Иисус ишьҭанеиуаз аиудеиаа уи аԥсалом аҿы иаагаз иԥсра иазкыз егьырҭ аԥааимбаражәақәагьы ргәалаиршәар ауан (Аԥсал. 22:7, 8, 15, 16, 18, 24). Уи адагьы, уи аԥсалом аҵыхәтәантәи ажәеинраалақәа Иегова дҳараркуеит, насгьы адгьыл зегь анапхгара азызуа Аҳ иеиԥш даадырԥшуеит (Аԥсал. 22:27—31).
Иҟалап арҭ ажәақәа рыла Иисус акгьы шихарамыз ааирԥшыр иҭахызҭгьы. Иисус дыршьаанӡа аусбарҭа аҿаԥхьа дықәгылар акәхеит. Уа Анцәа длаирҟәуеит ҳәа ахара идырҵеит (Матф. 26:65, 66). Иисус иус ирццакны уахынла аилыргара иалагеит, насгьы аусӡбара иадҳәалаз азакәанқәа зегь еиларгеит (Матф. 26:59; Марк 14:56—59). «Сынцәа, Сынцәа! Сзынужьзеи Уара?» ҳәа ииҳәаз ажәақәа рыла Иисус иааирԥшыр ауан дыршьыртә еиԥш ицәгьаз ҳәа акгьы шыҟаимҵаз.
Иҟалап Иисус аиудеиаа ари аԥсалом зҩыз Давид дыргәалаиршәар иҭахызҭгьы — Иегова Давид дгәаҟларц алиршеит, аха уи иаанагаӡомызт Давид Иегова иразра ицәыӡит ҳәа. Аԥсалом алагамҭаҿы Давид ииҳәаз азҵаара агәрахаҵара шизымхоз аанарԥшӡомызт, избанзар уи азҵаара ашьҭахь Давид агәра ганы иҳәеит Иегова ижәлар еиқәирхар шилшо. Уи адагьы, Иегова Давид азылԥхарақәа иҭара даҟәымҵӡеит (Аԥсал. 22:23, 24, 27). Убас еиԥш Иисус, «Давид Иԥа», ашьаҟаҿы дахьгәаҟуаз Анцәа иразра ицәыӡит ҳәа аанагаӡомызт (Матф. 21:9).
Иҟалап арҭ ажәақәа рыла Иегова Иисус даанижьыр ахьакәхаз игәы шинархьыз ааирԥшызар (Иисус Иегова дышизиашоу шьақәирӷәӷәарц азы, Иегова уи аамҭак азы дынижьыр акәхеит). Аханатә Иегова Иисус дгәаҟны дыԥсырц гәҭакыс имамызт. Адами Евеи Иегова ианиҿагыла ашьҭахь ауп уи аҩыза аҭахра аныҟала. Иисус ицәгьаз ҳәа акгьы ҟаимҵаӡеит, аха уеизгьы дгәаҟны дыԥсыр акәын — убри ала иара Аҩсҭаа ишьҭихыз азҵаарақәа рҭак ҟаиҵар ауан, насгьы инаӡаз ауаҩы ицәыӡыз ахә ахишәаар илшон (Марк 8:31; 1 Пиотр 2:21—24). Иара уи изыҟаҵомызт Иегова аамҭак азы цхыраарада даанимыжьызҭгьы. Иисус ахаан уи аҩыза аҭагылазаашьа дақәымшәаӡацызт.
Иҟалап Иисус дгәаҟны дыԥсыр закәыз ишьҭанеицәа иреилиркаар иҭахызҭгьыb. Иисус идыруан ацәгьаҟаҵаҩ иеиԥш ашьаҟа дкыдҵаны дшыршьуаз, насгьы уи аӡәырҩы зыхҟьашо хаҳәны ишыҟалоз (1 Кор. 1:23). Аха Иисус ишьҭанеицәа иԥсра мзызс иамаҵәҟьаз рхы азырышьҭызҭгьы, уи ҵакыс иамаз еилыркаауан (Гал. 3:13, 14). Дара Иисус ацәгьаҟаҵаҩ иеиԥш акәымкәа, еиқәзырхаз иеиԥш ихәаԥшлон.
Ҳара ишьақәырӷәӷәаны иҳазҳәаӡом Иисус Аԥсалом 22:1 иану Давид иажәақәа зиҳәаз, аха ҳара иаҳдыруеит Иисус дзықәшәаз зегьы Анцәа игәаԥхара ишақәшәоз шеиликаауаз. Иисус арҭ ажәақәа рышьҭахь иҳәеит: «Инаӡеит!» (Иоанн 19:30; Лука 22:37). Ааи, Иегова аамҭа кьаҿк азы иԥа дахьаанижьыз абзоурала, Иисус адгьыл ахь дзааз зегь наигӡеит. Уи адагьы, уи абзоурала иара «Моисеи иԥҟарақәа рҿы, аԥааимбарцәа рынҵамҭақәа, аԥсаломқәа рҿы иҳәоу зегьы» наигӡеит (Лука 24:44).
a Шәахәаԥш ари аҭыжьымҭаҿы иаагоу астатиа «Иаҳдырҵозеи Иисус аҵыхәтәантәи иажәақәа?» аҟны 9-тәи 10-тәи абзацқәа.
b Зны-зынла Иисус иажәақәеи иқәиргылоз азҵаарақәеи игәаанагара акәӡамызт иаадырԥшуаз. Убас иара иҵаҩцәа ргәаанагара аҳәара ргәазҭеиҵарц иҭахын. (Марк 7:24—27; Иоанн 6:1—5; шәахәаԥш октиабр 15, 2010 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьақәа 4, 5).