Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 август ад. 2—7
  • Иегова иҭаацәара шәахьахәҭаку ахә ҳаракны ишәшьала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова иҭаацәара шәахьахәҭаку ахә ҳаракны ишәшьала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА АУАА ИРАҬӘЕИШЬАЗ АҲАҬЫР
  • ИЕГОВА ИҬААЦӘАРА ШӘАХӘҬАКЗАРЦ ШЫШӘҬАХУ ИШӘЫРБА
  • ИЕГОВА ИХӘЫҶҚӘА ИНЫМҴӘАӠО АГӘЫРӶЬАРА РЗЫԤШУП
  • Иегова игәҭакы хымԥада инаӡоит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ҳара Ҳаб Иегова гәык-ԥсыкала бзиа даҳбоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ҳара наӡаӡа ҳанхалар ҳалшоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Шәдоуҳатә ҭаацәареи шәареи шәеизыҟазаашьақәа шәырӷәӷәала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 август ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 30

Иегова иҭаацәара шәахьахәҭаку ахә ҳаракны ишәшьала

«Уара уи амаалықьцәа маҷк дреиҵаны ауп дшыҟауҵаз, хьӡи-ԥшеи иуҭеит, дҳароукит» (АԤСАЛ. 8:5).

АШӘА 123 Атеократиатә еиҿкаара ҳазиашаны ҳақәныҟәоит

АХҲӘААa

1. Иарбан цәаныррақәоу иҳазцәырҵуа Иегова иишаз Адунеи шаҟа идуу ҳаназхәыцуа?

АДУНЕИ шаҟа идуу ҳаназхәыцуа Давид имаз ацәаныррақәа рҩызцәа ҳазцәырҵыр алшоит. Иара Иегова даниҳәоз абас иҳәеит: «Унапала иушаз ажәҩан санаҵаԥшуа, иушаз амзеи аеҵәақәеи санрыхәаԥшуа, абас схәыцуеит: дызусҭада ауаҩы, уара духамышҭлартә еиԥш, ауаҩытәыҩса иԥагьы, уара уихӡыӡаалартә еиԥш?» (Аԥсал. 8:3, 4). Ааи, аеҵәақәеи агалактикақәеи ҳрыҿурԥшуазар ҳара асаба ҳаҟароуп, Иегова ҳахьгәеиҭогьы џьашьатәуп. Аха ари астатиа ишаҳнарбо еиԥш, Иегова раԥхьатәи ауаа аԥсҭазаара рыҭара адагьы, урҭ дрыхӡыӡаауан, иҭаацәарахьгьы идикылеит.

2. Иарбан дҵоу Иегова Адами Евеи ириҭаз?

2 Адгьыл аҿы иҟоу Иегова ихәыҷқәа рҟынтә, Адами Евеи раԥхьатәи ихәыҷқәа ракәын. Иегова урҭ бзиа избоз жәҩантәи Раб иакәын. Иегова урҭ адҵа риҭеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала, иқәшәырҭәаала адгьыл, насгьы уи аус адыжәулала» (Аҟаз. 1:28). Ажәакала дара ахшара роулар, насгьы адгьыл рыҩнеиԥш иахылаԥшлар акәын. Адами Евеи Иегова изыӡырҩны игәҭакы инақәыршәаны инхозҭгьы, даргьы ирхылҵызгьы наӡаӡа Иегова иҭаацәараҿы иаанхон.

3. Избан Иегова иҭаацәараҿы Адами Евеи аҭыԥ бзиа рзалихит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

3 Иегова иҭаацәараҿы Адами Евеи аҭыԥ бзиа рзалихит. Абиблиаҿы иануп, Анцәа ауаҩы «амаалықьцәа маҷк дреиҵаны» дҟаиҵеит, хьӡи-ԥшеи ииҭеит, дҳареикит ҳәа (Аԥсал. 8:5). Ҳәарада, ҳара амаалықьцәа ирымоу амчи, ахшыҩи, алшареи ҳамаӡам (Аԥсал. 103:20). Ус шакәугьы, Анцәа ауаҩы амч ду змоу адоуҳатә шамҭақәа «маҷк дреиҵаны» ауп дшишаз. Шәазхәыц изакәытә ԥсҭазаара бзиаз Адами Евеи ирымаз!

4. Иалҵшәахазеи Адами Евеи рҳәатәхамҵара, насгьы еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Адами Евеи Иегова иахьизымӡырҩыз иахҟьаны иҭаацәараҿы уаҳа аанхара рылшомызт. Ишаҳдыруа еиԥш, ирхылҵыз уи алҵшәа бааԥсқәа рзаанагеит. Аха Иегова игәҭакы имԥсахӡеит. Иара уажәгьы иҭахуп изыӡырҩуа ауаа ихәыҷқәа ракәны иҟазарц, наӡаӡагьы инхаларц. Ари астатиаҿы раԥхьа еилаҳкаауеит иарбан ҳаҭыру Иегова ауаа ираҭәеишьаз, анаҩс Иегова иҭаацәара ҳахәҭакны ҳҟаларц шаҳҭаху иҳарбар шҳалшо ҳазхәыцуеит. Иара убас еилаҳкаауеит адгьыл аҿы инхо Анцәа ихәыҷқәа ирзыԥшу аԥсҭазаара.

ИЕГОВА АУАА ИРАҬӘЕИШЬАЗ АҲАҬЫР

Иарбан ҳаҭыру Иегова иҳаҭәеишьаз? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5—11.)b

5. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Иегова иахь аџьшьара иара ҳиеиԥшны ҳахьишаз азы?

5 Иегова ауаҩы «иара диеиԥшны» дишеит (Аҟаз. 1:26, 27). Убри аҟынтә иара илоу аҟазшьа бзиақәа ааҳарԥшлар ҳалшоит. Иаҳҳәап, абзиабареи агәрыцҳашьареи аазырԥшуа, узықәгәыӷыртә иҟоу уаа иашақәаны ҳаҟазар ауеит (Аԥсал. 86:15; 145:17). Иегова иҿыԥшра ҳҽаназаҳшәо иара дҳараҳкуеит, насгьы иара иахь аџьшьара ааҳарԥшуеит (1 Пиотр 1:14—16). Жәҩантәи Ҳаб ҳхымҩаԥгашьала данҳаргәырӷьо ҳхаҭагьы анасыԥ ҳауеит. Иегова илоу аҟазшьақәа раарԥшра ахьҳалшо абзоурала иҭаацәара ҳахәҭакхар ауеит.

6. Ишԥааирԥши Иегова ауаа рахь апатуқәҵара Адгьыл анишоз?

6 Иегова иссиру аҩны ҳаиҭеит. Иара ауаа ишаанӡа акыраамҭа шыбжьаз Адгьыл рызирхиеит (Иов 38:4—6; Иер. 10:12). Аԥсҭазаара агәахәара ҳзаанагаларц азы Анцәа агәыҳалалра аарԥшны иишаз рацәоуп (Аԥсал. 104:14, 15, 24). Иегова ҳадгьыл анишоз аамҭа-аамҭала дааҭгыланы иџьабаа ахәшьара аиҭон, насгьы иишаз шишаз даара игәаԥхон (Аҟаз. 1:10, 12, 31). Иара убас, иара ауаа рыгәра ганы аҵиаақәеи аԥстәқәеи ирхылаԥшларц рыдиҵеит (Аԥсал. 8:6). Анцәа игәҭакы инақәыршәаны инаӡоу ауаа наӡаӡа инхалароуп, насгьы ишамҭа ссирқәа игәырӷьаҵәа иреиҷаҳалароуп. Шьцыларас ишәымоума шәара Иегова аԥеиԥш ссир шәахьақәиргәыӷуа азы ҭабуп ҳәа иаҳәара?

7. Ишԥашьақәдырӷәӷәо Иисус Навин 24:15 иану ажәақәа ауаа алхра ахақәиҭра шрымоу?

7 Иегова алхра ахақәиҭра ҳаиҭеит. Убри аҟынтә ҳшынхалаша ҳхаҭа иҳаӡбар ауеит. (Шәаԥхьа Иисус Навин 24:15.) Ҳара бзиа ҳазбо Ҳанцәа дҳаргәырӷьоит имаҵ аура анаҳаӡбо (Аԥсал. 84:11; Ажәам. 27:11). Егьырҭ аӡбарақәа анҳадаҳкылогьы иҳамоу алхра ахақәиҭра ҳхы иаҳархәалар ауеит. Христос уи аҿы аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит.

8. Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Иисус иҳамоу алхра ахақәиҭра ҳхы ианаҳархәо?

8 Иисус иеиԥш ҳаргьы ҳхы аасҭа егьырҭ еиҳа ҳрызхәыцлоит ҳәа ҳаӡбар ауеит. Зны Иисус иапостолцәеи иареи ааԥсаны иҟан аҟынтә, аӡәгьы дахьыҟамыз ҭыԥк ахь ицаны рыԥсы ршьарц рыӡбеит. Аха ауаа Иисус изыӡырҩырц рҭахын аҟынтә дрыԥшааит. Иисус урҭ игәы рызԥымжәаӡеит. Дара рыцҳашьаны «акыр дырҵара» далагеит (Марк 6:30—34). Иисус иеиԥш ҳаргьы ҳаамҭеи ҳамчқәеи ҳармеигӡозар, жәҩантәи Ҳаб дҳараҳкуеит (Матф. 5:14—16). Иара убас уи ала Иегова иҳарбоит иҭаацәара ҳахәҭакзарц шаҳҭаху.

9. Ирхадмыршҭлар рыхәҭоузеи аҭаацәа?

9 Иегова ауаа ахшара роуларц алшара риҭеит. Иара убас аҭаацәа ирыдиҵеит рхәыҷқәа иара иахь абзиабара рыларааӡаларц, насгьы имаҵ аура ргәадырԥхаларц. Аҭаацәа, ахә шәшьома ари зеиԥшыҟам аҳамҭа? Иегова амаалықьцәа алшарақәа рацәаны ирылеиҵеит, аха дара ахшара роуӡом. Шәара ахәыҷқәа шәымазар, Иегова шәыгәра ганы урҭ рааӡара дҵас иахьшәыдиҵаз ҭабуп ҳәа иашәҳәала. Аҭаацәа уалԥшьаны ирыдуп Иегова ишиҭаху еиԥш ахәыҷқәа рааӡареи рылабжьареи (Еф. 6:4; Ҩынтә. 6:5—7; Аԥсал. 127:3). Анцәа иорганизациа анацәеи абацәеи ирыцхраарц азы Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәеи, авидеонҵамҭақәеи, ашәақәеи, асаит аҿы иаагоу астатиақәеи рацәаны иҭнажьуеит. Ааи, Иеговеи Иисуси ахәыҷқәа даараӡа бзиа ирбоит (Лука 18:15—17). Иегова дгәырӷьоит аҭаацәа иара ианиқәгәыӷуа, насгьы ахәыҷқәа бзиабарала ианреиҷаҳауа. Аҭаацәа Анцәа изыӡырҩуазар, рхәыҷқәа Иегова иҭаацәараҿы наӡаӡа аҟазаара алшара рырҭоит.

10, 11. Иарбан лшароу иҳауз Иегова ҳахьҿихыз абзоурала?

10 Иегова иҭаацәара ҳахәҭакхарц азы зегь раасҭа бзиа иибо Иԥа иԥсы ҳахҭниҵеит. Аԥшьбатәи абзац аҿы ишҳәаз еиԥш, Адами Евеи Иегова иҭаацәараҿы аҟазаара алшара рхаҭагьы ирцәыӡит, рхәыҷқәагьы уи алшара рымырхит (Рим. 5:12). Адами Евеи идырны Иегова изымӡырҩӡеит аҟынтә иҭаацәара иалцан. Аха ирыԥсыхәоузеи ирхылҵуаз? Иегова изыӡырҩлоз ауаа иҭаацәарахь ахынҳәра азин роурц алшара риҭеит. Уи азы Иегова иԥазаҵә, Иисус Христос, иԥсҭазаара дамеигӡеит (Иоанн 3:16; Рим. 5:19). Уи абзоурала Иегова изиашоу 144 000-ҩык ахацәеи аҳәсеи ихәыҷқәа ракәны иԥхьаӡеит (Рим. 8:15—17; Аат. 14:1).

11 Уи адагьы миллионҩыла Анцәа изыӡырҩуа егьырҭ ауаагьы иара иҭаацәара иахәҭакхар рылшоит. Уи алшара роуеит Христос Зқьышықәсатәи инапхгара анҵәамҭаз иҟало аҵыхәтәантәи аԥышәара анырхыргалак ашьҭахь (Аԥсал. 25:14; Рим. 8:20, 21). Уи агәыӷра ахьрымоу абзоурала дара уажәнатә Ҳазшаз Иегова Абыс дрыԥхьаӡоит (Матф. 6:9). Иегова зыԥсы ҭало ауаагьы еиҳа еиӷьны иабадырра, насгьы инормақәа реилкаара алшара риҭоит. Урҭ рҟынтә иара изыӡырҩлогьы иҭаацәара иахәҭакхоит.

12. Иарбан зҵаароу уажәы еилҳарго?

12 Ишаҳбаз еиԥш, Иегова ауаа аҳаҭыр ду раҭәеишьеит. Иара уажәнатә доуҳала иалху ақьырсианцәа ихәыҷқәа ракәны иԥхьаӡеит. Ҵҩа змам ажәлар рахь иаҵанакуагьы адунеи ҿыц аҟны ихәыҷқәа ракәны аҟалара агәыӷра риҭеит (Аат. 7:9). Иҳарбар шԥаҳалшо Иегова иҭаацәара ҳахәҭакхарц шаҳҭаху?

ИЕГОВА ИҬААЦӘАРА ШӘАХӘҬАКЗАРЦ ШЫШӘҬАХУ ИШӘЫРБА

13. Иҟаҳҵалар акәзеи Иегова иҭаацәара ҳахәҭакхарц азы? (Марк 12:30).

13 Иегова бзиа дыжәбала, насгьы гәык-ԥсыкала имаҵ жәула. (Шәаԥхьа Марк 12:30.) Иегова иҳаиҭаз зеиԥшыҟам аҳамҭақәа рҟынтә зегь раасҭа зыхә ҳараку рахь иаҵанакуеит имҵахырхәаразы иҳамоу алшара. Иегова иԥҟарақәа наҳагӡозар бзиа дшаҳбо ааҳарԥшуеит (1 Иоанн 5:3). Иегова Иисус ила иҳадиҵеит аҵаҩцәа азыҟаҳҵаларц, насгьы иӡааҳхларц (Матф. 28:19). Иара убас Иисус иҳәеит бзиа ҳаибабалар шҳахәҭоу (Иоанн 13:35). Арҭ аԥҟарақәа ирзыӡырҩуа ауаа Иегова милаҭрацәала ишьақәгылоу иҭаацәарахь идикылоит (Аԥсал. 15:1, 2).

14. Идҳарбар шԥаҳалшо ауаа бзиа ишаҳбо? (Матф. 9:36—38; Рим. 12:10).

14 Ауаа бзиа ижәбала. Абзиабара — Иегова ихадоу иҟазшьа ауп (1 Иоанн 4:8). Иара деилаҳкаанӡагьы бзиа ҳаибахьан (1 Иоанн 4:9, 10). Иааҳакәыршаны иҟоу рахь абзиабара ааҳарԥшуазар ҳара Иегова ҳаиҿыԥшуеит (Еф. 5:1). Аамҭа ҳаманаҵы ауаа Иегова иеилкаара ҳрыцхраалароуп. Уи абзиабара аарԥшразы зегь иреиӷьу лшароуп. (Шәаԥхьа Матфеи 9:36—38.) Убас ала ауаа Анцәа иҭаацәара иахәҭакны аҟалара алшара раҳҭоит. Аха ауаҩы аӡы иҽанӡааихлак ашьҭахьгьы бзиа дбалатәуп, патугьы иқәҵалатәуп (1 Иоанн 4:20, 21). Иаҳҳәап, аӡәы ихымҩаԥгашьа ҳзеилымкаауазаргьы иҽеимкәа ҳизхәыцлаӡом. Уи аҭыԥан пату иқәаҳҵалоит, иҳаиҳау еиԥшгьы ҳихәаԥшлоит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 12:10; Флп. 2:3.)

15. Зышҟа иааҳарԥшлар ҳахәҭада агәрыцҳашьареи ақьиареи?

15 Ауаа зегь рахь ақьиареи агәрыцҳашьареи аашәырԥшла. Иегова иҭаацәара ҳахәҭакхарц азы ҳаԥсҭазаараҿы еснагь абиблиатә принципқәа ҳхы иаҳархәалароуп. Иаҳҳәап, Иисус иҳәеит зегь рахь, ҳаӷацәа рахьҵәҟьагьы, агәрыцҳашьареи ақьиареи ааҳарԥшлар шҳахәҭоу (Лука 6:32—36). Уи мариамхар ҟалоит. Убри аҟынтә Христос ихәыцшьа иҿаҳҵаалароуп, насгьы иара иеиԥш ахымҩаԥгара ҳҽазаҳшәалароуп. Иегова ҳаизыӡырҩуазар, насгьы Иисус ҳаиҿыԥшуазар жәҩантәи Ҳаб иҳарбоит наӡаӡа иҭаацәараҿы ҳаҟазарц шаҳҭаху.

16. Ишԥаҳалшо Иегова иҭаацәара ахьӡ ахьчара?

16 Иегова иҭаацәара ахьӡ шәыхьчала. Аҭаацәарақәа рҿы аиҵбацәа лассы-лассы аиҳабацәа ирҿыԥшуеит. Иаҳҳәап, аԥеиҳаб абиблиатә принципқәа рыла дынхозар, аиҵбы аҿырԥш бзиа ииҭоит. Аха иҽеим аԥсҭазаашьа мҩаԥигозар, аиҵбгьы уи дишьҭалар ҟалоит. Иегова иҭаацәараҿгьы ус ҟалар алшоит. Иегова изиашаз имаҵзуҩы аҵабырг данацәхьаҵуа, ма иҽеим аԥсҭазаашьа амҩаԥгара даналаго ыҟоуп. Егьырҭгьы уи ихәаԥшны иҟаиҵо аҟаҵара иалагар ауеит. Убас ала Иегова иҭаацәара ахьӡ бжьырхуеит (1 Фес. 4:3—8). Ҳара ахаангьы урҭ ҳарҿымԥшлароуп, насгьы бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаби ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьырхыртә рылҳмыршароуп.

17. Иарбан хәыцшьоу ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу, насгьы избан?

17 Аԥареи амали ракәымкәа Иегова шәиқәгәыӷла. Анцәа Иаҳреи ишьақәиргылаз аԥҟарақәеи ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадазар, Иегова ҳақәиргәыӷуеит афатәи, ашәҵатәи, анхарҭа ҭыԥи шҳагимыжьуа (Аԥсал. 55:22; Матф. 6:33). Убри аҟынтә аԥареи амали ҳрыхьчошәа, насгьы анасыԥ ҳарҭошәа ҳамхәыцлароуп. Ус ихәыцуа Иегова дыззымдыруа ауаа роуп. Агәҭынчраҵәҟьа ҳазҭо Иегова игәаԥхара анагӡара ауп (Флп. 4:6, 7). Ҳара иаҳҭаху зегь аахәара ҳалшозаргьы ҳхы ҳазҵаароуп: «Исоуама иаасхәо рхархәареи рхылаԥшреи рзы аамҭеи амчи? Саламгаӡои урҭ мыцхәы бзиа рбара?» Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп Анцәа иҭаацәара иахәҭаку реиԥш иара иҳадиҵаз адҵа бзианы инаҳагӡалар шҳахәҭоу. Уи аҿы ак ҳԥырхагахартә алҳмыршароуп. Иисус ихаан инхоз ибеиаз арԥыс ҳиеиԥшхар ҳҭахӡам. Уи имал бзиа иахьибоз иахҟьаны Иегова имаҵ ауреи ԥас изыҟалареи мап рцәикит (Марк 10:17—22).

ИЕГОВА ИХӘЫҶҚӘА ИНЫМҴӘАӠО АГӘЫРӶЬАРА РЗЫԤШУП

18. Иарбан ҳаҭыру ираҭәашьахо, насгьы иарбан ҳамҭоу ироуа Анцәа изыӡырҩуа ауаа?

18 Анцәа изыӡырҩуа ауаа зегь иреиҳау аҳаҭыр раҭәашьахоит. Дара Иегова наӡаӡа имҵахырхәалоит, насгьы иҩызцәа гәакьақәа ракәхоит. Адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу ауаа Иегова ҩныс ириҭаз адгьыл ԥшӡа еиҷаҳалоит. Иаарласны Анцәа Иаҳра аҵаҟа адгьыли аԥсҭазаареи шьаҭанкыла рҽырыԥсахуеит. Иисус Адами Евеи Анцәа иҭаацәара аанрыжьырц ирыдыркылаз аӡбара иаанагаз алҵшәа бааԥсқәа аԥихуеит. Иегова миллионҩыла ауаа рыԥсы ҭеиҵоит, насгьы џьанаҭны иҟало адгьыл аҿы инаӡоу агәабзиара рыманы наӡаӡа инирхоит (Лука 23:42, 43). Адгьыл аҿы инхо Иегова ихәыҷқәа анынаӡахалак, Давид иашәаҿы зыӡбахә иҳәоз «хьӡи-ԥшеи» нагӡаны иаадырԥшлоит (Аԥсал. 8:5).

19. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ахаан?

19 Уара ҵҩа змам ажәлар урхыԥхьаӡалазар зеиԥшыҟам агәыӷра умоуп. Иегова уара бзиа уибоит, насгьы иҭаацәара уахәҭакхарц удигалоит. Убри аҟынтә есыҽны уԥсҭазаарала дыргәырӷьала, иара убас узықәиргәыӷуа ахаан иухоумыршҭлан. Жәҩантәи Ҳаб имҵахырхәаразы, насгьы наӡаӡа ирҳаракразы иуаҭәашьоу аҳаҭыр ахә шьала!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иарбан ҳаҭыру Иегова ауаа ираҭәеишьаз?

  • Иҳарбар шԥаҳалшо Иегова иҭаацәара ҳахәҭакзарц шаҳҭаху?

  • Ирзыԥшузеи иаарласны Иегова ихәыҷқәа?

АШӘА 107 Анцәа ибзиабара аҿырԥшы

a Аҭаацәараҿы зегьы анасыԥ рымазарц азы доусы изалху ароль еиликаауазароуп, насгьы зегь еицхыраалароуп. Аб — абзиабара аазырԥшуа аҭаацәара ахада иоуп, ан уи дицхраауеит, ахәыҷқәа урҭ ирзыӡырҩуеит. Анцәа иҭаацәараҿгьы аиҿкаара ыҟоуп. Ҳара Анцәа игәаԥхара инақәыршәаны ҳанхозар, имаҵзуҩцәа рыла ишьақәгылоу иҭаацәара наӡаӡа ҳахәҭакхар ҳалшоит.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Хаҵеи-ԥҳәыси Иегова иҳалеиҵаз аҟазшьақәа — абзиабареи агәрыцҳашьареи аадырԥшуеит. Урҭ Иегова бзиа дырбоит, бзиа еибабоит, рхәыҷқәагьы бзиа ирбоит. Дара рыҷкәынцәа ирыцхраауеит Иегова иахь рыбзиабара аизырҳара, насгьы имаҵ аура ргәазҭарҵоит. Авидеонҵамҭа ацхыраарала ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәоит Иегова Иԥа иԥсҭазаара зҳахҭниҵаз. Иара убас иреилдыркаауеит џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа Адгьыли аԥстәқәеи ҳшырхылаԥшло.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра