АШӘА 107
Анцәа ибзиабара аҿырԥшы
1. Иегова ҳара абзиабара мҩа
Ҳзааиртит. Уи наӡоуп.
Иҳахәоит Анцәа иаҳзиӡбо аусқәа —
Ҳамҩа лашоуп, ҳамҩа лашоуп.
Ҳаб бзиа ҳбаны, ҳарҭ агәнаҳа ҳхихит,—
Дҳахҭниҵеит Иԥа, ҳаԥсҭазаара ҿихит.
Убасҵәҟьа ҳара аӡә бзиа ҳимбацызт!
Бзиабароуп! Уи бзиабароуп!
2. Ҳабзиабара мӷьацашеи есааира,
Уи ӷәӷәахап, иазҳалап.
Ҳацхыраара роуп нас ишлоу, иқәыԥшу,
Ҳҩызцәа ҳахьчап, ҳреиҷаҳалап.
Ҳахыԥом бзанҵы Анцәа изакәан ԥшьа,
Уи бзиа даҳбоит, убас еиԥшгьы — ҳашьцәа.
Рыгха ранаҳажьп, ҳармықәыӡбаӡакәа.
Ишьақәҳарӷәӷәап ҳабзиабара!
3. Есыҽны еиҳа ҳаизааигәахоит шьарда,
Ҩызцәак реиԥш ҳа ҳҟамлои.
Насыԥла ҳанхоит, зегь акзаара ҳамоуп,—
Зылԥхароуп уи, зылԥхароуп уи.
Абзиабара угәаҵа арӷәӷәароуп,
Анцәа идоуҳаи Уи Иажәеи удырҿыцроуп.
Нас ҳашьцәа еиҭа иаҳгәаладмыршәашеи:
«Ҳаб Зегьзымчу дыбзиабароуп!»
(Уахәаԥш иара убас Рим. 12:10; Еф. 4:3; 2 Пиотр 1:7.)