АҴАРАЗЫ АСТАТИА 3
Избан Иисус дызҵәыуоз?
«Иисус илаӷырӡ ааит» (ИОАНН 11:35).
АШӘА 17 «Исҭахуп»
АХҲӘААa
1—3. Избан Иегова имаҵзуҩцәа зҵәыуо?
АКЫРҴУАМА шәымҵәыуеижьҭеи? Ҳәарада, зны-зынла ҳгәырӷьангьы ҳанҵәыуо ыҟоуп, аха еиҳараӡак акы ҳгәы анҳнархьуа ауп ҳанҵәыуо. Бзиа иаҳбо аӡә даныԥсуа уи ҳамырҵәыуар ауӡом. Еиду Аштатқәа рҿы инхо аиаҳәшьа Лораb илҩит: «Сыӡӷаб даныԥсы убриаҟара сгәы гәырҩала иҭәын, сыԥсҭазаара ҿахҵәазшәа збон. Исзеилкаауамызт сгәы злаанымкылоз».
2 Аха ҳзырҵәыуо даҽа мзызқәакгьы ыҟоуп. Иапониа пионерс амаҵ зуа аиаҳәшьа Хироми илҳәоит: «Ажәабжьҳәараҿы ауаа ансзымӡырҩуа сгәы каҳауеит. Убасҟан слаӷырӡышо Иегова иҳәара салагоит аҵабырг заҳарц зҭаху аӡәы идамзаргьы дысзиԥшаарц».
3 Арҭ аиҳәшьцәа еилызкаауа ҳрацәаҩуп (1 Пиотр 5:9). Ҳәарада, ҳара зегьы ҳгәырӷьаҵәа Иегова имаҵ ҳауларц ҳҭахуп (Аԥсал. 100:2). Аха зны-зынла гәырҩак ҳанақәшәо, ҳгәы акы ианканажьуа, мамзаргьы Анцәа гәыкала имаҵ шаҳуа ԥызшәо аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны ҳанҵәыуо ыҟоуп (Аԥсал. 6:6). Ҳхы шԥамҩаԥаҳгалар акәу уи аҩыза ҳанақәшәо?
4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
4 Ҳара Иисус иҿырԥшы ҳацхраауеит. Иара игәы изырхьуаз данарҵәыуозгьы ыҟан (Лука 19:41; 22:44; Иоанн 11:35; Аур. 5:7). Шәааи х-хҭыск ҳгәалаҳаршәап. Урҭ ҳацхраауеит Иеговеи Иисуси еиҳагьы бзиа рбара, иара убас уи иҳаилнаркаауеит ҳзырҵәыуо аҭагылазаашьақәа ҳанрықәшәо ҳхы шымҩаԥаҳгалаша.
ИИСУС ИҨЫЗЦӘА РЗЫ ИГӘЫ ҬЫНЧМЫЗТ АЗЫ ДҴӘЫУОН
Иисус иеиԥш ргәы шьҭышәхла згәы гәырҩала иҭәу ауаа. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5—9.)e
5. Иҳаилдыркаауазеи Иисус изкны Иоанн 11:32—36 иану ахҭысқәа?
5 Аӡын, 32 шықәса ҳ. ҳ. азы Иисус иҩыза гәакьа Лазарь дычмазаҩхан, дыԥсит (Иоанн 11:3, 14). Уи ҩыџьа аиҳәшьцәа иман — Марфеи Мариеи. Иисус урҭ рҭаацәара бзиа ибон. Лазарь данԥсы иаҳәшьцәа цәгьала игәырҩон. Хара имгакәа Иисус Марфеи Мариеи рахь Вифаниаҟа дааит. Марфа уи анлаҳа дыҩны диԥылеит. Шәхаҿы иаажәг лара лхы шылбоз Иисус абарҭ ажәақәа аниалҳәоз: «Иҳақәиҭу! Уара абраҟа уҟазҭгьы, сашьа дыԥсуамызт» (Иоанн 11:21). Лазарь иаҳәшьцәеи урҭ ирыдышшыларц иааз ауааи шҵәыуоз аниба, Иисус ихаҭагьы дамхаҵәыуеит. (Шәаԥхьа Иоанн 11:32—36.)
6. Избан Иисус Лазарь иԥсра дзарҵәыуаз?
6 Избан Иисус илаӷырӡқәа зааз? «Понимание Писания» аҿы иануп: «Лазарь дахьыԥсыз, насгьы иаҳәшьцәа ахьгәырҩоз Иисус убриаҟара игәы иалсит, дқьыз-қьызуа аҵәыуара далагеит»c. Иҟалап Иисус ихаҿы иааигазар бзиа иибоз иҩыза аҵыхәтәантәи амшқәа рзы дышгәаҟуаз. Иара убас Иисус Лазарь дрыцҳаишьазар алшон уи аԥсра дышзахымԥоз ахьеиликаауаз азы. Ҳәарада, Лазарь иаҳәшьцәа ахьгәырҩозгьы Иисус игәы инархьуан. Зҭынха дыԥсхьоу уи бзианы еилыркаауеит. Ари ахҭыс ҳара х-ҵабыргк ҳаилнаркаауеит.
7. Иҳаилнаркаауазеи Иисус дахьҵәыуаз Иегова изкны?
7 Иегова шәгәы шшәыхьуа еиликаауеит. Иисус Иаб диеиԥшуп (Аур. 1:3). Иисус илаӷырӡқәа аазар, Иеговагьы уи игәы шинархьыз аанарԥшуан (Иоанн 14:9). Бзиа ижәбоз аӡә дыԥсызар, Иегова шәгәы шшәыхьуа абара адагьы, ихаҭагьы игәы шихьуа агәра ганы шәыҟаз. Иара идыруеит шәгәы ахьаа шҭоу, уи ахьаа иртәаргьы иҭахуп (Аԥсал. 34:18; 147:3).
8. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Иисус бзиа иаҳбо рыԥсы шҭеиҵо?
8 Иисус бзиа иаҳбо рыԥсы ҭеиҵар иҭахуп. Ишәгәалашәома Иисус дамхаҵәыуаанӡа иҟалаз. Иара Марфа лгәы ирҭынчырц азы абас леиҳәеит: «Башьа дгылоит» (Иоанн 11:23—27). Марфа уи агәра лгон. Лара гәыкала Иегова имаҵ луан, насгьы ашәышықәсақәа раԥхьа аԥааимбарцәа Ильиеи Елисеии иԥсхьаз рыԥсы шҭарҵоз лдыруан (1 Аҳ. 17:17—24; 2 Аҳ. 4:32—37). Уи адагьы, Иисус аԥҳәысеиба лԥеи асинагога аиҳабы иԥҳаи рыԥсы шҭеиҵахьаз лаҳахьан (Лука 7:11—15; 8:41, 42, 49—56). Ҳаргьы агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит бзиа иаҳбоз иԥсхьоу ҿыц ишаҳбо. Шәазхәыц, Иисус иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо иҩызцәа ианреиҳәоз дҵәыуазар, уи иаанарԥшуеит ихаҭагьы уи аамҭа даараӡа дшазыԥшу!
9. Ишԥаҳалшо Иисус иеиԥш зҭынха дыԥсыз ргәы шьҭаҳхлар? Иаажәга аҿырԥштәы.
9 Шәара зҭынха дыԥсыз ргәы шьҭышәхлар шәылшоит. Иисус Марфеи Мариеи рыцҵәыуара адагьы, дырзыӡырҩуан, рыгәгьы шьҭихуан. Шәааи Иисус ҳаиҿыԥшлап. Австралиа инхо аизара аиҳабы Ден еиҭеиҳәоит: «Схатә ҩыза даныԥсы даара ацхыраара сҭахын. Аизара аҟынтә ҭаацәарақәак уи ацхыраара сырҭеит. Урҭ уахи-ҽни сзыӡырҩра иазхиан. Дара ансыдтәалаз аҵәыуареи сгәы иҵхоз аҳәареи сацәыԥхашьаӡомызт. Зны-зынла смашьына аӡәӡәареи, адәқьан ахь ацареи, афатә аҟаҵареи ансылымшозгьы ыҟан. Усҟан сҩызцәа сыцхраарц азы иаразнак иаауан, насгьы лассы-лассы Анцәа исыциҳәон. Урҭ ауадаҩрақәа раан узықәгәыӷыртә иҟоу ҩызцәаны исзыҟалеит» (Ажәам. 17:17).
ИИСУС АЖӘАБЖЬ ЗЗЕИҬЕИҲӘОЗ РЗЫ ИГӘЫ ҬЫНЧМЫЗТ АЗЫ ДҴӘЫУОН
10. Еиҭашәҳәа Лука 19:36—40 аҿы зыӡбахә ҳәоу, насгьы уи ашьҭахь иҟалаз.
10 Даҽа хҭыск ҟалеит нисан 9, 33 шықәса ҳ. ҳ. азы. Иисус Иерусалим азааигәахара даҿуп. Иара ирацәаҩны ауаа иԥылоит, насгьы аҳас дшырыԥхьаӡо аадырԥшырц азы иаԥхьа рымаҭәақәа кадыршәуеит. Зегьы гәырӷьаҵәа иҟоуп. (Шәаԥхьа Лука 19:36—40.) Аха нас иҟалаз Иисус иҵаҩцәа иџьаршьоит. Иисус ақалақь даадгыланы данахәаԥш, илаӷырӡқәа аахажжылеит (Лука 19:41—44). Дҵәыуо Иисус Иерусалим инхо ирзыԥшу атәы иҳәоит.
11. Избан Иисус Иерусалим инхоз ауаа дрызхәыцны дзамхаҵәыуаз?
11 Иисус игәы инархьит Иерусалим инхо ауаа гәыкала ишиԥылазгьы, реиҳараҩык Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь азыӡырҩра ахьырҭахымхаз. Убри аҟынтә Иерусалим хырбгалахоит, аӡәырҩы ршьуеит, иаанхо тҟәаны иргоит (Лука 21:20—24). Иисус ишиҳәахьаз еиԥш, ауаа реиҳараҩык дрыдрымкылаӡеит. Ишԥазыҟоу шәахьынхо аҭыԥ аҿы инхо ауаа Аҳра иазку ажәабжь? Ишәзыӡырҩуа рацәаҩымзар, Лука 19-тәи ахы иану ахҭыс иаҳнарҵо ҳахәаԥшып. Уи даҽа х-ҵабыргк ҳаилнаркаауеит.
12. Иаҳнарҵозеи Иисус дахьҵәыуаз Иегова изкны?
12 Иегова ауаа хьаас имоуп. Иисус илаӷырӡқәа иаадырԥшуеит Иегова ауаа зегьы хьаас ишимоу. 2 Пиотр 3:9 аҿы Иегова изкны абас ануп: «Ҳара ҳахьтә аӡәгьы дҭамхандаз ҳәа дыԥшуп, дазыԥшуп зегьы аҭамзаара ианаҳәаша аамҭа». Ҳара Иегова ҳшиҿыԥшуа ааҳарԥшуеит узыргәырӷьо ажәабжь иаҳзааигәоу ауаа ргәаҟынӡа анагаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар (Матф. 22:39)d.
Иисус иеиԥш ауаа шәыҽрықәшәыршәала. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)f
13, 14. Ишԥааирԥшуаз Иисус ауаа шрыцҳаишьоз, насгьы ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо ҳара?
13 Иисус ажәабжьҳәараҿы ихы деигӡомызт. Иара алшара шааиоулак еиԥш ажәабжь иҳәон (Лука 19:47, 48). Иисус изыӡырҩырц азы зны-зынла убриаҟара ажәлар еизон, иҵаҩцәеи иареи «ача афахаҵәҟьа роуамызт» (Марк 3:20). Уахынла иацәажәара зҭахызгьы иҽрықәиршәон (Иоанн 3:1, 2). Избан? Иисус ауаа бзиа ибон, насгьы урҭ рыцҳаишьон. Иара ажәабжь ззеиҭеиҳәоз ауаа реиҳараҩык қьырсианцәамхаӡеит. Аха игәра ргартә еиԥш ирызхашаз адыррақәа роуит. Ҳаргьы иаҳҭахуп узыргәырӷьо ажәабжь ауаа зегь ираҳарц (Аус. 10:42). Уи азы ажәабжьҳәараҿы ҳхы иаҳархәо аметодқәа рыԥсахра ҳазхиазароуп.
14 Ауаа шәыҽрықәшәыршәала. Ажәабжь бзиа заҳарц зҭаху ауаа макьана ирацәоуп. Аха ҳзышьцылахьоу аамҭазы мацара акәзар есымша ажәабжь анаҳҳәо, урҭ ахаан ҳрықәымшәар ауеит. Пионерс амаҵ зуа Матильда илҳәоит: «Схаҵеи сареи ажәабжьҳәаразы еиуеиԥшым аамҭа алаҳхуеит. Шьыжьымҭанла ауаа русураҿы рықәшәара ҳҽазаҳшәоит. Ҽынла, ауаа адәахьы ианыҟоу, астенд ҳадгыланы ажәабжь ҳҳәоит. Хәылбыҽхала, еиҳараҩык ауаа аҩны ианыҟоу, ҩнаҭацыԥхьаӡа ҳныҟәоит». Ҳәарада, ҳара зегьы ажәабжь аҳәара еиҳа ианаҳзыманшәалоу ыҟоуп. Аха ҳара ҳакәымкәа, ауаа еиҳа ианырзыманшәалоу ҳазхәыцлар, насгьы урҭ ҳаҽрықәҳаршәалар, ҳџьабаа алҵшәа аанагоит, Иеговагьы дҳаргәырӷьалоит.
ИИСУС ИЕГОВА ИХЬӠ АЗЫ ИГӘЫ ҬЫНЧМЫЗТ АЗЫ ДҴӘЫУОН
Шәгәы ак аныҵхо Иисус иеиԥш шәӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова шәиҳәала. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15—17.)g
15. Иҟалазеи Иисус адгьыл аҿы даныҟаз аҵыхәтәантәи аҵх азы, Лука 22:39—44 иану инақәыршәаны?
15 Уахынла, нисан 14, 33 шықәса ҳ. ҳ. азы Иисус Гефсиманиатәи абаҳчахь дааит. Уа иара дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова иҳәара далагеит. (Шәаԥхьа Лука 22:39—44.) Ауриацәа 5:7 аҿы иануп Иисус «дқьыз-қьызуа, длаӷырӡышауа» Анцәа диҳәон ҳәа. Дзызиҳәози Иисус Иаб аҵыхәтәантәи аҵх азы? Гәыкала дшизыҟоу аҵыхәтәанынӡа иааирԥшырц, насгьы игәаԥхара анагӡаразы амч ииҭарц. Иегова ибон Иисус шаҟа ицәыуадаҩыз, убри аҟынтә игәы шьҭихырц азы амаалықь дизынаишьҭит.
16. Избан Иисус Гефсиманиатәи абаҳчаҿы Анцәа даниҳәоз дызҵәыуоз?
16 Избан Иисус Гефсиманиатәи абаҳчаҿы Анцәа даниҳәоз дызҵәыуоз? Иара Анцәа дзырџьо иеиԥш ахьӡ ихҵаны дахьыршьуаз даараӡа игәы инархьуан. Иисус аҭакԥхықәра ду идын — Иаб ихьӡ ирыцқьар акәын. Ҳаргьы иахьа аԥышәарақәа ҳрықәшәоит, убри аҟынтә Анцәа гәыкала ҳшизыҟоу шьақәҳарӷәӷәароуп. Иаҳнарҵар алшозеи Иисус иҿырԥшы? Шәааи даҽа х-ҵабыргк ҳрыхцәажәап.
17. Иҳаилнаркаауазеи Иегова Иисус иҳәара аҭак ахьыҟаиҵаз?
17 Иегова ҳӷьаҵәы-ӷьаҵәуа ҳаниҳәо даҳзыӡырҩуеит. Иегова Иисус иҳәара иаҳаит. Избан? Избанзар Иисус изы Иаб гәыкала дшизыҟоу ашьақәырӷәӷәареи ихьӡ арыцқьареи зегь раасҭа ихадан. Иахьа ҳара ҳазгьы уи зегь раасҭа ихадазар, Иегова ацхырааразы ҳаниҳәало, аҭак ҳаиҭалоит (Аԥсал. 145:18, 19).
18. Избан Иисус ҳаилызкаауа ҩызаны даҳзыҟалар зилшо?
18 Иисус ҳгәы иҭоу ахьаа идыруеит. Ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара еиҳа имариоуп ҳаилызкаауа аҩыза данҳамоу, еиҳараӡак иара ихаҭагьы урҭ ауадаҩрақәа ихигахьазар. Иисус убас еиԥш иҟоу ҩызоуп. Иара идыруеит уаҳа наулымшо уаныҟоу, насгьы ацхыраара уанаргәаҟуа иаанаго. Иисус ҳрыцҳаишьоит, убри аҟынтә ацхыраара шаҳҭаху анибо, уи ианаамҭоу иҳаурц азы иаҭаху зегь ҟаиҵоит (Аур. 4:15, 16). Иисус Гефсиманиатәи абаҳчаҿы амаалықь ииҭаз ацхыраара ахә ҳаракны ишьеит. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Иегова ҳаҳәара аҭак ҟаиҵарц азы апубликациақәеи, авидеонҵамҭақәеи, ажәахәқәеи, аизара аиҳабацәеи, ҳҩызцәа бзиақәеи ихы иаирхәар илшоит. Шәааи, Иисус иеиԥш, Иегова иҳаиҭо ацхыраара мап ацәаҳамклап.
19. Ҳашԥаирӷәӷәо Иегова гәыкала ҳшизыҟоу ԥызшәо ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо? Иаажәга аҿырԥштәы.
19 Иегова агәҭынчра шәиҭоит. Ҳашԥаирӷәӷәо Иегова? Ҳаҳәарақәа рҭак аныҟаиҵо иара «ауаа реилкаара аасҭа еиҳау» аҭынчра ҳаиҭоит (Флп. 4:6, 7, АдҾ). Анцәа иҳаиҭо аҭынчра ҳгәы ахьаа артәоит, насгьы ҳгәы казыжьуа ахәыцрақәа ҳханаршҭуеит. Уи ус шакәу агәра лгеит Лиусиа зыхьӡу аиаҳәшьа. Лара илҳәоит: «Зны-зынла цәгьала схы заҵәны избоит. Иегова бзиа симбошәагьы сгәы иаанаго салагоит. Усҟан иаразнак Анцәа сиҳәоит. Анцәаиҳәара схәыцшьа ариашара исыцхраауеит». Лиусиа лҿырԥшы ишаҳнарбо еиԥш, анцәаиҳәара агәҭынчра ҳнаҭоит.
20. Ишәдырҵазеи Иисус данҵәыуоз х-хҭыск?
20 Ҳара Иисус данҵәыуоз х-хҭыск ҳрылацәажәеит. Ҳгәы шьҭызхуа, насгьы иҳацхраауа азхәыцрақәа рацәаны иҳаҳаит. Ари астатиа иаҳнарбеит зҭынха дыԥсыз ҳрывагылазар шаҟа ихадоу, насгьы ҳаргьы уи аҩыза ҳақәшәар, Иеговеи Иисуси ҳшаанырмыжьуа. Уи адагьы, ари астатиа ҳгәазҭанаҵеит ажәабжь ззеиҭаҳҳәо ауаа рыцҳаҳшьаларц, Иеговеи Иисуси урҭ шрыцҳаршьо еиԥш. Иара убас ари астатиа дырҩегь иаҳгәаланаршәеит Иеговеи Иисуси ҳгәы иҵхо шырдыруа, ҳшеилыркаауа, насгьы ауадаҩрақәа анҳамоу ҳацхраара ишазхиоу. Арҭ азхәыцрақәа ҳацхраауеит «лаӷырӡ цырак иадамзаргьы ирҿыжжы [иаансыжьуам]» ҳәа Иегова ииҳәаз ажәақәа анынаигӡо амш ааиаанӡа (Аат. 21:4).
АШӘА 120 Христос ихынраалара шәаҿыԥшла
a Абиблиаҿы иануп зны-зынла Иисус дышҵәыуоз. Ари астатиаҿы ҳара ус еиԥш иҟаз х-хҭыск еилҳаргоит, насгьы урҭ иаҳдырҵо еилаҳкаауеит.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.
c Шәахәаԥш «Понимание Писания» аҿы астатиа «Иисус Христос», ахы «Дела и качества», ахеиҵа «Глубокие чувства и теплота».
d Матфеи 22:39 аҿы «иузааигәоу» ҳәа зыӡбахә ҳәоу ҳҭынхацәеи, ҳгәылацәеи, иаҳдыруа ауааи рымацара ракәӡам. Уахь иаҵанакуеит иааҳакәыршаны иҟоу ауаа зегь.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иисус Марфеи Мариеи ргәы ирҭынчит. Ҳаргьы зҭынха дыԥсыз ргәы шьҭаҳхлар ҳалшоит.
f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иисус Никодим уахынла ажәабжь изеиҭеиҳәон. Ҳаргьы ауаа ианырзыманшәалоу Абиблиа рыцҭаҳҵаалар бзиоуп.
g АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иисус Анцәа гәыкала дшизыҟоу аҵыхәтәанынӡа иааирԥшырц азы Иегова амч ииҭарц диҳәон. Ҳаргьы аԥышәарақәа раан убас ҟаҳҵалароуп.