Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Иабаҟаз Иисус ажәабжьҳәара иишьҭхьаз 70-ҩык иҵаҩцәа раԥхьатәи Иҳақәиҭу иуаххьа аан? Иисус даанрыжьма?
70-ҩык Иисус иҵаҩцәа раԥхьатәи Иҳақәиҭу иуаххьа аҟны ишыҟамызгьы, уи иаанагаӡом дара Иисус иразра рцәыӡит, мамзаргьы даанрыжьит ҳәа. Иисус уи ахәылԥаз ииҭахыз иапостолцәа ицзарц акәын.
Иисус 12-ҩыкгьы, 70-ҩыкгьы иҵаҩцәа ракәны иԥхьаӡон. Зхыԥхьаӡара рацәаз иҵаҩцәа рҟынтә иара раԥхьа 12-ҩык ахацәа алихит, насгьы апостолцәа ҳәа рыхьӡиҵеит (Лука 6:12—16). Иисус Галилеиа даныҟаз, «12-ҩык апостолцәа дрыԥхьан», «урҭ Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь ауаа ирзеиҭарҳәаларц, насгьы ичмазаҩу рхәышәтәларц азы ишьҭит» (Лука 9:1—6). Ԥыҭрак ашьҭахь Иудеиа даныҟаз, «Иисус даҽа 70-ҩык аҵаҩцәа алихын... ҩыџьа-ҩыџьала иаԥхьа ишьҭит» (Лука 9:51; 10:1). Абас ала Иисус еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы иӡбахә ауаа ирылазҳәоз аҵаҩцәа иоуан.
Иисус иҵаҩцәаны иҟалоз ауриацәа уаанӡа еиԥш есышықәса Мшаԥныҳәа азгәарҭон, иҟалап уи ҭаацәаныла акәызҭгьы ишыҟарҵоз (Ақәҵ. 12:6—11, 17—20). Иисус иԥсра анааигәахоз, иапостолцәа иманы Иерусалимҟа дцеит. Аха иара имҳәаӡеит Иудеиеи, Галилеиеи, Переиеи инхоз иҵаҩцәа зегьы уа еизаны аныҳәа ицазгәарҭарц. Иисус уи ахәылԥаз иапостолцәа мацара ицзарц иҭахызҭгьы ҟаларын. Иара урҭ иреиҳәеит: «Сара Мшаԥныҳәа анбааиуеи ҳәа сыԥшын, избанзар даараӡа исҭахын исзыԥшу агәаҟрақәа срықәшәаанӡа ари ауаххьа еицаҳфарц» (Лука 22:15).
Иисус уи азы ихадаз амзыз иман. Иаарласны иара «адунеи агәнаҳа ахыхны изго Анцәа Исыс» иаҳасабала дыԥсыр акәын (Иоанн 1:29). Уи Анцәа имаҵзуҩцәа ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа акәырбанқәа ахьнаргоз Иерусалим иҟалар акәын. Израильаа Мшаԥы аназгәарҭоз, асыс иргәаланаршәон Иегова тәцәас иахьыҟаз Египет ишалигаз. Аха Иисус иԥсхҭынҵара иаҵанакуаз акырӡа еиҳан — уи ауаатәыҩса агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра рнаҭон (1 Кор. 5:7, 8). Иисус иԥсхҭынҵара апостолцәа ақьырсиантә еизара шьаҭас иазыҟалартә алшара рнаҭон (Еф. 2:20—22). Иазгәаҭатәуп иԥшьоу ақалақь Иерусалим аҭӡамц ашьаҭаҿы «12 хаҳә [шышьҭаз]. Урҭ 12 хьӡы рнын — Асыс апостолцәа рыхьӡқәа» (Аат. 21:10—14). Ишаҳбо еиԥш, Иисус изиашаз иапостолцәа Анцәа игәҭакы анагӡараҿы иҷыдоу ароль рзалхын. Иџьашьатәӡам Иисус аҵыхәтәантәи Мшаԥазы, насгьы Иҳақәиҭу иуаххьа азы иапостолцәа ицзарц ахьиҭахыз.
Ааи, Иисус 70-ҩык иҵаҩцәагьы егьырҭ ишьҭанеицәагьы раԥхьатәи Иҳақәиҭу иуаххьа аҿы иҟаӡамызт. Аха уи дара рзгьы акраҵанакуан. Дара Анцәа изиашаны иаанхазар, анаҩс иԥшьоу адоуҳала иалхын, насгьы Иисус уи ахәылԥаз азы иапостолцәеи иареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра иалахәхеит (Лука 22:29, 30).