АҴАРАЗЫ АСТАТИА 27
АШӘА 79 Урҭ ахачҳара аарԥшышьа дшәырҵала
Абиблиа зшәырҵо ауаҩы Иегова иган аанкылара шәицхраа
«Шәхаҵара шәырӷәӷәала... шәыҽшәырӷәӷәа» (1 КОР. 16:13).
ЕИЛАҲКААУА
Абиблиа зҳарҵо рхаҵара арӷәӷәареи Иегова имаҵ аура алагареи ҳрыцхраар шҳалшо.
1, 2. а) Иԥырхагахар алшозеи Абиблиа зҵо ауаҩы Иегова ишаҳаҭ иакәны аҟалара? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
ИШӘГӘАЛАШӘЫРШӘА Абиблиа анышәҵоз аамҭа. Иегова ишаҳаҭ шәакәны шәшыҟало иаразнак ишәыӡбама, мамзаргьы акы шәааннакылозу? Иҟалап шәҭынхацәа, шәҩызцәа ма аус шәыцызуа шәацәажәара иаҟәыҵыр ҳәа шәшәозҭгьы. Мамзаргьы абиблиатә нормақәа инарықәыршәаны анхара цәгьоуп, насгьы уи шәара ишәылшаӡом ҳәа шәгәы иаанагозҭгьы. Ус акәзар, Абиблиа зҵо, аха макьана Иегова имаҵ аура иаламгац ибзианы еилышәкаауеит.
2 Иисус идыруан уи аҩыза ашәара ауаҩы доуҳала аизҳара иԥырхагахар шалшо (Матф. 13:20—22). Аха ауаа еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ишьҭанеира анырзымгәаӷьуазгьы, иара урҭ акгьы рылҵуам ҳәа иԥхьаӡаӡомызт. Иисус урҭ дрыцхраауан: 1) доуҳала аизҳара ирԥырхагоу аилкаара, 2) еиҳа иӷәӷәаны Иегова бзиа ибара, 3) рыԥсҭазаараҿы Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара, насгьы 4) аҿагыларақәа рыхгара. Иисус дырҵаҩ бзиан, ҳаргьы уи ҳаиҿыԥшлар ҳҭахуп. Шәааи ҳалацәажәап ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» ацхыраарала Абиблиа зшәырҵо Иегова иган аанкылара шәицхраар шшәылшо.
АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ДОУҲАЛА АИЗҲАРА ИԤЫРХАГОУ АИЛКААРА ШӘИЦХРАА
3. Иԥырхагазар алшози Никодим Иисус ишьҭанеира?
3 Никодим Иудеиатәи иреиҳаӡоу аусӡбарҭа далахәын. Иисус адгьыл аҿы имаҵзура далагеижьҭеи иҵуаз шықәсыбжа заҵәык шакәызгьы, Никодим идырит уи Мессиа шиакәыз (Иоанн 3:1, 2). Аха «аиудеиаа [д]рыцәшәаны» Иисус иахь аӡәгьы данимбоз днеит (Иоанн 7:13; 12:42). Никодим Христос ишьҭанеира иԥырхагаз ак ыҟан. Иҟалап ак ицәыӡыр ҳәа дшәозҭгьы, иаҳҳәап, имаз амчреи аԥареиa.
4. Дышԥаицхрааи Иисус Никодим Анцәа иара иҟынтә дыззыԥшу аилкаара?
4 Никодим Моисеи изакәан идыруан, аха Иегова иара иҟынтә дыззыԥшыз изеилкааӡомызт. Дышԥаицхрааи уи Иисус? Никодим Иисус диацәажәарц азы даннеи ишыхәлахьазгьы, Иисус иаамҭа дамеигӡаӡеит. Иара Никодим иеилиркааит иҵаҩ иакәны дҟаларц азы иҟаиҵар ихәҭаз: игәнаҳақәа дрыхьхәны иҽӡааихыр, насгьы Анцәа Иԥа игәра шиго иусқәа рыла иааирԥшлар ихәҭан (Иоанн 3:5, 14—21).
5. Ҳицхраар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо ауаҩы доуҳала аизҳара иԥырхагоу аилкаара?
5 Абиблиа зшәырҵо ауаҩы Абиблиа ибзианы идыруазаргьы, доуҳала аизҳара иԥырхагоу изеилымкаауазар алшоит. Иҟалап иусура ирацәаны аамҭа ицәагозар, мамзаргьы Иегова ишаҳаҭ иакәны дҟаларц зҭахым иҭынхацәа иԥырхагазар. Абиблиа зшәырҵо аамҭа изышәкла. Иаҳҳәап, шәара ишәылшоит акаҳуа еицышәжәырц даашәыԥхьар, мамзаргьы ҳауак еицышәфарц џьара шәеиццар. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы ауаҩы имоу ауадаҩра игәы аартны шәзеиҭаҳәара еиҳа изымариахоит. Ауаҩы иҽиԥсахыр ахьихәҭоу аилкаара шәицхраа, насгьы уи зыҟаиҵо шәаҳаҭыр азы акәымкәа, Иегова диргәырӷьаларц азы шакәу игәалашәыршәа.
6. Ишԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо ауаҩы еиликаауа ахархәара ҳицхраар? (1 Коринфаа 16:13).
6 Абиблиа зҵо ауаҩы Иегова дышицхраауа агәра игалар, еиликаауа иԥсҭазаараҿы ахархәара изымариахоит. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 16:13.) Ишԥаҳалшо уи аҿы ауаҩы ҳицхраар? Ҳара ашкол аҿы аус зуа арҵаҩы ҳазлаиеиԥшу ыҟоуп. Арҵаҩ бзиа аурок аиҭаҳәара мацара адагьы, иҵаҩцәа аҵара рҵалар шрылшо агәра шиго дирбоит. Убасҵәҟьа ҳаргьы ауаа Анцәа Иажәа дзырҵо рҵаҩцәа бзианы ҳаҟазар ҳҭахуп. Ҳара ауаа Абиблиа иану дырҵара адагьы, Иегова ицхыраарала Анцәа инормақәа рыла анхара шрылшо дҳарбоит. Иҳацхраауазеи рҵаҩ бзианы аҟалара?
АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ИЕГОВА ИАХЬ ИБЗИАБАРА АРӶӘӶӘАРА ШӘИЦХРАА
7. Дышԥарыцхраауаз Иисус изыӡырҩуаз ауаа Иегова иахь рыбзиабара арӷәӷәара?
7 Иисус идыруан иҵаҩцәа Анцәа бзиа дырбалар, Абиблиа аҟынтә еилыркаауа рыԥсҭазаараҿы рхы иадырхәалар шырҭаххо. Лассы-лассы иара иҵаҩцәа жәҩантәи Ҳаб еиҳа иӷәӷәаны бзиа ибара ирыцхраауаз аҿырԥштәқәа рзеиҭеиҳәон. Иаҳҳәап, иара Иегова зхәыҷқәа аҳамҭа бзиақәа рзыҟазҵо аб диҿирԥшит (Матф. 7:9—11). Иҟалап Иисус изыӡырҩуаз рҟынтә шьоукы рабацәа абзиабара рыламызҭгьы. Убри аҟынтә иара арыцҳашьара злаз аб изкыз ажәамаана рзеиҭеиҳәеит. Уи аб ишьақәҟьаз иԥа аҩныҟа даныхынҳә, гәаартыла дидикылеит. Убасала Иисус Иегова ауаа бзиа ишибо, дрыцхраарцгьы шиҭаху деилиркааит (Лука 15:20—24).
8. Ҳицхраар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо ауаҩы Иегова иахь ибзиабара арӷәӷәара?
8 Ишԥашәылшо шәаргьы Абиблиа зшәырҵо ауаҩы Иегова иахь имоу абзиабара арӷәӷәара шәицхраалар? Анцәа илоу аҟазшьақәа рыӡбахә изеиҭашәҳәала. Абиблиа аҵара мҩаԥыжәгацыԥхьаӡа шәызлацәажәо атема Иегова шаҟа абзиабара илоу шунарбо ишәырбала. Иаҳҳәап, аҿыхра атема шәаналацәажәо, Иегова хаҭала иара агәнаҳа аҟынтә дышҿихыз иеилшәыркаа (Рим. 5:8; 1 Иоанн 4:10). Иегова шаҟа иӷәӷәаны бзиа дибо анеиликаалак, ихаҭагьы Иегова игәыбылра икуеит (Гал. 2:20).
9. Игәазҭазҵазеи Маикл иԥсҭазаашьа ԥсахны аҽӡаахра?
9 Ҳахәаԥшып Индонезиа инхо Маикл ихҭыс. Иара Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы изҳаит, аха аӡы иҽӡааимхӡеит. 18 шықәса анихыҵуаз, Маикл аԥара арҳара ҳәа даҽа тәылак ахь дцеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара итәылахь дхынҳәын, ԥҳәыс дигеит. Нас иҭаацәара ааныжьны иҵегьы аԥара арҳара дцеит. Маикл иԥшәмеи иԥҳаи Абиблиа аҵара иалагеит. Иан данԥсы, иаб дихылаԥшларц азы аҩныҟа дхынҳәырц иӡбеит. Нас иаргьы Абиблиа аҵара далагеит. Ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» 27-тәи аурок анеилдыргоз, ахеиҵа «Еиҳаны еилышәкаа» аҿы иаагаз азхәыцрақәа игәаҵанӡа инеит. Иегова Иԥа дышгәаҟуаз анибоз игәы шаҟа ихьуаз ихаҿы иааганы даназхәыц, Маикл аҵәыуара далагеит. Иеговеи Иисуси шаҟа иӷәӷәаны бзиа дырбо анеиликаа, иԥсҭазаашьа ԥсахны аӡы иҽӡааихырц иҭаххеит.
АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ИԤСҬАЗААРАҾЫ ИЕГОВА ИМАҴ АУРА РАԤХЬАТӘИ АҬЫԤ АҾЫ АРГЫЛАРА ШӘИЦХРАА
10. Дышԥарыцхрааи Иисус иҵаҩцәа рыԥсҭазаараҿы Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара? (Лука 5:5—11). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
10 Актәи ашәышықәсазы Иисус иҵаҩцәа шьоукы иаразнак еилыркааит уи иззыԥшыз Мессиа шиакәыз. Аха гәацԥыҳәарала ажәабжь бзиа шҳәалатәу иаразнак ирзеилымкааӡеит. Иаҳҳәап, Иисус Пиотри Андреии еснагь ицзарц анреиҳәа, урҭ иҵаҩцәаны иҟеижьҭеи аамҭак ҵуан (Матф. 4:18, 19). Пиотри, Андреии, Иакови, Иоанни аԥсыӡ еицыркуан, уи аԥара бзиа рзаанагон (Марк 1:16—20). Пиотри Андреии аԥсыӡкра ианаҟәыҵ ашьҭахь, рҭаацәарақәа ныҟәыргаларц азы даҽа лшарак рыԥшааит. Ргәазҭазҵазеи урҭ ахацәа аԥара арҳара акәымкәа, Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара? Лука иҟынтә Аевангелие аҿы иануп урҭ Анцәа еиҳа игәра ргаларц азы Иисус аџьашьахәы шыҟаиҵаз. Дара еилыркааит рыԥсҭазаараҿы Иегова зегь раасҭа дхадахар, иара еснагь дшырхылаԥшло. (Шәаԥхьа Лука 5:5—11.)
Дышԥарыцхрааи Иисус иҵаҩцәа рыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иргылатәу аӡбара? Иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Шәахәаԥш абзац 10.)b
11. Изеиҭаҳҳәар ҳалшозеи Абиблиа зҳарҵо ауаҩы ихаҵара ҳарӷәӷәарц азы?
11 Ҳара Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа ҳзыҟаҵаӡом. Аха ҳара Абиблиа зҳарҵо ирзеиҭаҳҳәалар ҳалшоит Иегова зыԥсҭазаараҿы иара имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы изыргыло дышрыцхраауа. Иаҳҳәап, ишәгәалашәыршәа раԥхьа аизарақәа рҭаара шәаналагаз Иегова дышшәыцхраауаз. Иҟалап аизарақәа анымҩаԥысуа амшқәа рзы аусура ашьҭахь шәаангыланы уаҳа аус шышәзымуло шәусура аиҳабы иеилшәыркаар акәхазар. Абиблиа зшәырҵо изеиҭашәҳәа Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иахьшәыргылаз азы, Иегова дшышәзылԥхаз, насгьы уи шәхаҵара шарӷәӷәаз.
12. а) Избан Абиблиа аҵарахьы еиуеиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи ааҳаԥхьалар зыбзиоу? б) Ҳицхраалар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо авидеонҵамҭақәа ахәарҭа рылгара? Иаажәга аҿырԥштәы.
12 Иара убас Абиблиа зшәырҵо егьырҭ ақьырсианцәа рыхҭысқәагьы иаҳалар бзиоуп. Убри аҟынтә Абиблиа аҵарахьы еиуеиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи аашәыԥхьала. Дара Абиблиа аҵара ишалагаз, насгьы Иегова имаҵ аура рыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара ирыцхрааз еиҭарҳәарц шәрыҳәа. Уи адагьы, ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» ала Абиблиа аҵара анымҩаԥыжәго, Абиблиа зшәырҵои шәареи ахеиҵа «Еиҳаны еилышәкаа», насгьы, иахәҭоуп ҳәа анышәыԥхьаӡо, арамка «Иҵегь шәахәаԥш» аҿы иаагоу авидеонҵамҭақәа шәеицрыхәаԥшла. Иаҳҳәап, 37-тәи аурок шәанахысуа, авидеонҵамҭа «Иегова иаҭаху зегь ҳаиҭоит» шәахәаԥш. Абиблиа зшәырҵо Иегова имаҵ аура иԥсҭазаараҿы зегь раԥхьаӡа иргылар, Иегова ахаан дшаанимыжьуа иеилшәыркаа.
АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО АҾАГЫЛАРАҚӘА РЫХГАРА ШӘИЦХРАА
13. Ишԥазыҟаиҵеи Иисус иҵаҩцәа изықәшәараны иҟаз аҿагыларақәа?
13 Иисус зныкымкәа иҵаҩцәа иреиҳәахьан аҿагыларақәа ишрықәшәо. Иара иҳәеит рҭынхацәаҵәҟьагьы шырҿагыло (Матф. 5:11; 10:22, 36). Иисус дыԥсаанӡа маҷк шагыз иҵаҩцәа ргәырҽаниҵеит дара рҟынтә шьоукы шыршьуа (Матф. 24:9; Иоанн 15:20; 16:2). Иисус ргәазҭеиҵеит ажәабжь анырҳәо аҟәышра аадырԥшларц. Иаҳҳәап, иҵаҩцәа ирабжьигеит ажәабжьҳәараҿы ирҿагыло аӡәы ажәа имарымкларц. Уи адагьы, ирҳәо-ируа иацклаԥшларц реиҳәеит. Уи анаҩсгьы ажәабжь аҳәара алшара рнаҭон.
14. Ҳицхраар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо ауаҩы дзықәшәар алшо аҿагыларақәа рҽырзыҟаҵара? (2 Тимофеи 3:12).
14 Ҳицхраар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо ауаҩы дзықәшәар алшо аҿагыларақәа рҽырзыҟаҵара? Изеиҭашәҳәа аус ицызуа иҩызцәа ма иуацәа Абиблиа шиҵо анраҳалак, уи иахырҳәаар алшо. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи 3:12.) Аус ицызуа рҟынтә шьоукы ихыччара иалагар ауеит. Даҽа шьоукы, иҭынхацәаҵәҟьагьы, ихаҵара акритика азырулар алшоит. Уи атема шьҭыхны заа ҳиацәажәар, аҿагыларақәа дрықәшәар, ииҳәашеи ихы шымҩаԥигашеи идыруазаауеит.
15. Ицхраауазеи Абиблиа зҵо ауаҩы иуацәа аниҿагыло ииашаны ахымҩаԥгара?
15 Абиблиа зшәырҵо ауаҩы иуацәа Абиблиа ахьиҵо ргәамԥхозар, уи мзызс иамоу азхәыцра шәицхраа. Иҟалап дыржьозар ҳәа ишәозар, мамзаргьы Иегова ишаҳаҭцәа иҽеим уаауп ҳәа рыԥхьаӡозар. Иисус иуацәагьы иҟаиҵоз ргәаԥхаӡомызт (Марк 3:21; Иоанн 7:5). Убри аҟынтә Абиблиа зшәырҵо ауаҩы иуацәа рахьгьы, егьырҭ ауаа рахьгьы ачҳареи аҳаҭырқәҵареи ааирԥшларц игәазҭашәҵала.
16. Ицхраауазеи Абиблиа зҵо ауаҩы зыгәра иго ҳаҭырқәҵарала ауаа рзеиҭаҳәара?
16 Абиблиа зшәырҵо иҭынхацәа Абиблиа иазку азҵаарақәа ирҭалар ауеит. Аха иара иааидыруа зегьы зныкала ирзеиҭеимҳәалароуп, избанзар усҟан ирааԥсар ауеит, даргьы даҽазны уаҳа акгьы имазҵаар алшоит. Убри аҟынтә Абиблиа зшәырҵо ауаҩы иуацәа акы анырзеиҭеиҳәо, даҽазны ирзеиҭеиҳәашагьы аанижьларц иабжьыжәга (Кол. 4:6). Иаҳҳәап, иара иҭынхацәа асаит jw.org дирбар ауеит. Убасҟан дара Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны изыԥхьаша, шаҟа материал иаԥхьаша, насгьы уи ианаԥхьаша рхаҭа ирыӡбар рылшоит.
17. Иҳарҵар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны ирҭар алшо азҵаарақәа рҭак аҟаҵашьа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
17 Асаит jw.org аҿы «Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны лассы-лассы иқәдыргыло азҵаарақәа» ҳәа захьӡу астатиақәа ыҟоуп. Урҭ шәыцырхырааны Абиблиа зшәырҵо ауаҩы иҭынхацәа ма аус ицызуа ирҭо азҵаарақәа рҭак ирмарианы аҟаҵашьа ишәырҵар шәылшоит (2 Тим. 2:24, 25). Иара убас ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» злашьақәгылоу аурокқәа зегьы рҵыхәтәаны иаагоу арамкақәа «Шьоукы ирҳәоит», насгьы «Аӡәы дшәазҵаар илшоит» реилыргара шәхашәмыршҭлан. Абиблиа зшәырҵо зыгәра иго шәзеиҭеиҳәааит. Уи азы шәаамҭа шәамеигӡалан. Игәазҭашәҵала ииҳәо иажәақәа рыла иҳәаларц. Зыгәра иго даҽакала еиҭеиҳәар еиҳа еиӷьзар, уи иҵашәҳәа. Убасҟан иара акы агәра зиго, мамзаргьы агәра зиимго ауаа рзеиҭаҳәашьа иҵоит.
Шәрыцхраалар шԥашәылшо Абиблиа зшәырҵо ажәабжь аҳәара алагара? Абиблиа аҵарақәа раан рҽазыҟарҵалааит. (Шәахәаԥш абзац 17.)c
18. Игәазҭашәҵар шԥашәылшо Абиблиа зҵо ажәабжь аҳәара? (Матфеи 10:27).
18 Иисус иҵаҩцәа ажәабжь бзиа ауаа зегьы ирзеиҭарҳәаларц дҵас ириҭеит. (Шәаԥхьа Матфеи 10:27.) Абиблиа зҵо ажәабжьҳәара заа далагар, Иегова игәра агашьагьы ирласны иҵоит. Ишԥашәылшо уи хықәкыс иқәиргыларц шәицхраар? Шәеизараҿы ажәабжьҳәара иазку акампаниа шыҟало алаҳәара аныҟарҵалак, Абиблиа зшәырҵо иӡаахым жәабжьҳәаҩыс дҟаларц игәазҭашәҵа. Изеиҭашәҳәа абас еиԥш иҟоу акампаниақәа раан ажәабжьҳәара еиҳа изымариоу. Абиблиа зҵо даҽа хықәк бзиак ықәиргылар илшоит — аизара ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи аҿы адҵақәа иманы ақәгылара. Уи зыгәра иго ауаа рзеиҭаҳәашьа инарҵоит.
АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ИЕГОВА ДИРГӘЫРӶЬАЛАР ШИҬАХУ АГӘРА ШЫЖӘГО ИШӘЫРБАЛА
19. Излоубарҭоузеи Иисус иҵаҩцәа рыгәра шигоз? Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Иисус?
19 Иисус дыԥсаанӡа, насгьы ажәҩанахь дцаанӡа маҷк шагыз иҵаҩцәа иреиҳәеит иареи дареи ҿыц ишеицыҟало. Дара ирзеилымкааӡеит Иисус ажәҩан ахь игарц шиҭахыз. Аха Иисус ихы ззишьҭуаз иҵаҩцәа ҵабыргқәак ахьырзеилымкаауаз акәымкәа, ишьҭаланы ицаларц ахьырҭахыз акәын (Иоанн 14:1—5, 8). Иара идыруан иҵаҩцәа ҵабыргқәак еилыркаарц азы аамҭа шаҭахыз, иаҳҳәап, апостолцәа ажәҩан аҿы ишынхало еилыркаарц азы аамҭа аҭахын (Иоанн 16:12). Ҳаргьы Абиблиа зҳарҵо Иегова диргәырӷьалар шиҭаху агәра шаҳго иҳарбалар ҳалшоит.
Абиблиа зҵо ажәабжьҳәара заа далагар, Иегова игәра агашьагьы ирласны иҵоит
20. Излоубарҭоузеи Малави инхо ҳаҳәшьа Абиблиа злырҵоз Анцәа длыргәырӷьаларц шылҭаху агәра шылгоз?
20 Ҳара Абиблиа зҳарҵо ауаа Иегова ддыргәырӷьаларц шырҭаху агәра ҳгоит. Малави инхо Чифу́ндо зыхьӡу ҳаҳәшьа Алина́фе зыхьӡу икатоликыз ӡӷабк ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» ала Абиблиа лырҵара далагеит. 14-тәи аурок ианалга, Чифундо Алинафе асахьақәа рымҵахырхәара бышԥазыҟоу ҳәа длазҵааит. Алинафе уи азҵаара лгәамԥхан, ус лҳәеит: «Уи сара соуп изусу!» Чифундо Алинафе Абиблиа аҵара даҟәыҵуеит ҳәа лгәы иаанагеит. Аха уеизгьы ачҳара аарԥшны Абиблиа лырҵара даҿын, асахьақәа рымҵахырхәара шиашам наҟ-наҟ еилылкаап ҳәагьы дгәыӷуан. Мызқәак рышьҭахь, 34-тәи аурок ианахысуаз, Чифундо 6-тәи апункт аҟынтә азҵаара лылҭеит: «Иарбан хәарҭоу ишәзаанагахьоу Абиблиеи Ҳазшаз Анцәа Иеговеи ирызкны еилышәкааз?» Чифундо илҳәоит: «Алинафе еиқәылыԥхьаӡаз даараӡа ирацәан! Иегова ишаҳаҭцәа Анцәа ииашам ҳәа ииԥхьаӡо акгьы ахьыҟарымҵо шылгәаԥхогьы лҳәеит». Уи ашьҭахь дук мырҵыкәа Алинафе асахьақәа рымҵахырхәара даҟәыҵит, аӡгьы лыҽӡаалхит.
21. Ишԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо Иегова инормақәа рыла анхара игәазҭаҳҵар?
21 Абиблиа зҳарҵо доуҳала аизҳара ицхраауа раԥхьаӡа иргыланы Иегова шиакәугьы, ҳаргьы иҟаҳҵар ҳалшо рацәоуп (1 Кор. 3:7). Ҳара ауаҩы Иегова ииҭаху изеиҭаҳәара адагьы, Иегова иахь ибзиабара арӷәӷәара ҳицхраауеит. Иара убас иԥсҭазаараҿы Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара игәазҭаҳҵоит. Уи адагьы, Абиблиа зҳарҵо Иегова иқәгәыӷшьа иҳарҵоит, насгьы аҿагыларақәа дрықәшәар, Анцәа цхыраарада дшаанимыжьуа аилкаара ҳицхраауеит. Абиблиа зҳарҵо Анцәа диргәырӷьаларц шиҭаху агәра шаҳго анибо, ихаҭагьы Иегова инормақәа рыла анхара шилшо еиликаауеит.
АШӘА 55 Урҭ шәырцәымшәан!
a Иисуси Никодими реицәажәара ашьҭахь ҩышықәсеи бжаки анҵы, Никодим иудеиатәи иреиҳаӡоу аусбарҭаҿы дшыҟац дыҟан (Иоанн 7:45—52). Еилыркаагак аҿы иануп ҭоурыхҭҵааҩцәақәак изларҳәо ала, Никодим Иисус данԥсы ашьҭахь ауп иҵаҩ иакәны даныҟала ҳәа (Иоанн 19:38—40).
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Пиотри егьырҭ аԥсыӡкыҩцәеи Иисус ишьҭаланы ицаларц азы аԥара рзаазгоз русура аанрыжьуеит.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиаҳәшьа Абиблиа злырҵо джәабжьҳәаҩны дыҟоушәа ажәабжь аҳәара аҽазыҟаҵара длыцхраауеит.