Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 октиабр ад. 30—31
  • Анапхгаратә хеилак иахәҭакхаз ҩыџьа аишьцәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анапхгаратә хеилак иахәҭакхаз ҩыџьа аишьцәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иеиԥшу аматериал
  • Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа иҿыцу ҩыџьа аишьцәа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Анапхгаратә хеилак иахәҭакхаз аиашьа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 октиабр ад. 30—31

Анапхгаратә хеилак иахәҭакхаз ҩыџьа аишьцәа

ОКТИАБР 5, 2024 шықәсазы имҩаԥысыз Ахьчаратә бааш аилазаара есышықәсатәи аизараҿы иҷыдоу алаҳәара ҟарҵеит: аишьцәа Џьо́ди Џье́длии Џье́икоби Рамфи Иегова ишаҳаҭцәа Рнапхгаратә хеилак аҿы амаҵ аура иалагеит. Акыршықәса ҵуеит аишьцәа рҩыџьагьы гәыкала Иегова имаҵ руеижьҭеи.

Џьоди Џьедли иԥҳәыс Дамариси иареи

Аиашьа Џьедли диит Еиду Аштатқәа рҿы, аштат Миссури. Иара дхәыҷаахыс абиблиатә ҵабырг идыруеит. Иҭаацәа ахьынхоз аҭыԥ аҿы Иегова ишаҳаҭцәа маҷҩын, убри аҟынтә егьырҭ аҭыԥқәа рҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи уахь ажәабжь рҳәаларц азы инеиуан. Ихәыҷыз Џьоди ибон урҭ абзиабареи аӡәкреи шрыбжьаз — уи даара игәаԥхон. Октиабр 15, 1983 шықәсазы иара дшыхбыџыз аӡы иҽӡааихит. Џьоди ажәабжьҳәара бзиа ибон, убри аҟынтә ашкол даналга ашьҭахь, сентиабр, 1989 шықәсазы пионерс амаҵ аура далагеит.

Џьоди иҭаацәа иаҳәшьеиҵби иареи лассы-лассы Вефильҟа аекскурсиахь иргон. Убри аҟынтә Џьоди иаҳәшьеи иареи аныхәыҷыз, Вефиль аҿы амаҵ руларц хықәкыс иқәдыргылеит. Ианрызҳа рхықәкы нарыгӡеит. Сентиабр, 1990 шықәсазы аиашьа Џьедли Уо́лкилл Вефиль аҿы амаҵ аура далагеит. Раԥхьа иара ацқьара аҟәшаҿы амаҵ иуан, нас — Вефиль аҿы амаҵ зуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәабзиара ахылаԥшразы иҟоу аҟәшаҿы.

Усҟан Вефиль азааигәара иҟаз аиспан бызшәала имҩаԥысуаз аизарақәа еизҳауан, убри аҟынтә уа аишьцәа аҭахын. Џьоди урҭ аизарақәа руак ахь диасын, аиспан бызшәа аҵара далагеит. Хара имгакәа уи араион аҿы пионерс амаҵ зуаз Да́марис длабадырит. Џьодии Дамариси анеибага ашьҭахь, рҩыџьагьы Вефиль аҿы амаҵ аура иалагеит.

2005 шықәсазы Џьодии Дамариси рҭаацәа ирхылаԥшларц азы вефильтәи амаҵзура ааныжьны пионерс амаҵ аура иалагеит. Аиашьа Џьедли Апионерцәа рышкол мҩаԥигон, насгьы ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу ацхырааратә комитет аҿи арегионалтә ргыларатә комитет аҿи амаҵ иуан.

2013 шықәсазы Џьодии Дамариси Уо́рвик Вефиль аргылара рҽаладырхәырц ааԥхьара роуит. Нас Па́ттерсони Уолкилли амаҵ руан. Џьоди апректқәеи аргыларақәеи ирҿу аҭыԥантәи аҟәшаҿы иара убас ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа зыӡбо амаҵзураҿы аус иуан. Март, 2023 шықәсазы иара Анапхгаратә хеилак Амаҵзуратә комитет ацхырааҩыс амаҵ аура далагеит. Аиашьа Џьедли Иегова имаҵ аура иазикыз ашықәсқәа игәаларшәаны иҳәоит: «Иҿыцу адҵақәа ануоуа, ушәар алшоит. Аха иухоумыршҭлароуп Иегова ишиқәгәыӷлатәу, избанзар иара иоуп иҳаду адҵақәа рынагӡара ҳалзыршо».

Џьеикоб Рамф иԥҳәыс Ингеи иареи

Аиашьа Рамф диит Еиду Аштатқәа рҿы, аштат Калифорниа. Џьеикоб иан Иегова ишаҳаҭ лакәын, аха иара даныхәыҷыз, лара аизарақәа рахь дныҟәаӡомызт, ажәабжьгьы лҳәаӡомызт. Аха излалылшоз ала, лыҷкәын Абиблиа иану илырҵон. Есышықәса Џьеикоб гәыкала Иегова имаҵ зуаз ианду лахь дцон. Лара лыбзоурала иара Абиблиа ахь аинтерес изцәырҵит. 13 шықәса анихыҵуаз, Абиблиа идырҵаларц даҳәеит. Сентиабр 27, 1992 шықәсазы Џьеикоб дшыхбыџыз аӡы иҽӡааихит. Иан ҿыц аизарақәа рахь аныҟәареи ажәабжьҳәареи далагеит. Иаби, иашьеиҵби, иаҳәшьеиҵби Абиблиа аҵара рҭаххеит. Ԥыҭрак ашьҭахь даргьы аӡы рыҽӡаархит.

Џьеикоб данқәыԥшыз апионерцәа гәырӷьаҵәа Иегова имаҵ шыруаз ибон. Убри аҟынтә ашкол даналга ашьҭахьҵәҟьа, сентиабр, 1995 шықәсазы, иаргьы пионерс амаҵ аура далагеит. 2000 шықәсазы иара Еквадорҟа диасит. Уа ажәабжьҳәаҩцәа азхаӡомызт. Уа Џьеикоб Канада иатәыз пионерс амаҵ зуаз Инга длабадырит. Ԥыҭрак ашьҭахь дара еибагеит. Нас Еквадор қалақь хәыҷык аҿы агәыԥ хәыҷ аҿы амаҵ руан. Иахьа уа аизара ду ыҟоуп.

Ԥыҭрак ашьҭахь Џьеикоби Ингеи иҷыдоу пионерс амаҵ аура иалагеит. Уи ашьҭахь дара араионтә маҵзура рҽаладырхәуан. 2011 шықәсазы Галаад ашкол 132-тәи акласс ахь иаарыԥхьеит. Галаад ашьҭахь дара ирацәаны аинтерес зҵаз адҵақәа рыман: Вефиль аҿы амаҵ руан, миссионерцәас амаҵ руан, араионтә маҵзура рҽаладырхәуан — арҭ амаҵзура хкқәа еиуеиԥшым хә-тәылак рҿы инарыгӡон. Уи адагьы, аиашьа Рамф Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҵара дирҵон.

Апандемиа COVID-19 иахҟьаны Џьеикоби Ингеи Еиду Аштатқәа рахь ихынҳәит. Дара Уолкиллҟа ааԥхьара роуит. Уа аиашьа Рамф амаҵзуратә ҟәшаҿы аҵара дахысит. Уи ашьҭахь аиашьа Рамф еквадоретәи афилиал акомитет аҿы амаҵ аура далагеит. 2023 шықәсазы Џьеикоби Ингеи Уорвикҟа ииаргеит. Ианвар, 2024 шықәсазы аиашьа Рамф Анапхгаратә хеилак Амаҵзуратә комитет ацхырааҩыс амаҵ аура далагеит. Аиашьа Рамф Иегова иорганизациаҿы инаигӡоз адҵақәа игәаларшәо, абас иҳәоит: «Ихадоу амаҵ ахьууа акәӡам, амаҵ зцууа ауаа роуп».

Ҳара арҭ аишьцәа гәыкала аџьабаа ахьырбо азы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, рыхәгьы ҳаракны иаҳшьоит (Флп. 2:29).

Уажәы Анапхгаратә хеилак аҿы 11-ҩык доуҳала иалху аишьцәа амаҵ руеит: Џьоди Џьедли, Џьеффри Џьексон, Кеннет Кук, Стивен Летт, Геррит Лиош, Џьеикоб Рамф, Марк Сандерсон, Деивид Сплеин, Џьеффри Уиндер, Геиџь Флигл, иара убас Семиуел Хиорд.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра