Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 ииун ад. 6—10
  • Еилышәкаауама Иегова Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду шиакәу?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Еилышәкаауама Иегова Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду шиакәу?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ИИԤСАХЛО АЛИХУЕИТ
  • ИЗБАН ИЕГОВА ҲЗИԤСАХУА?
  • ИЕГОВА ҲШИԤСАХУА
  • Иегова ухәыцшьеи ухымҩаԥгашьеи анырра риҭалартә алшара иҭала
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
  • Илшәыршома Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду шәыԥсахра?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 ииун ад. 6—10
Аҳаԥшьаҟаҵаҩ анышәаԥшь амаҭәар алихуеит

Иегова ҳзыԥсахуа Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду иоуп

«Иегова... уара ҳзыԥсахуа Аҳаԥшьаҟаҵаҩ уоуп, ҳара зегьы унаплыхқәа ҳауп» (ИС. [ИС.] 64:8).

АШӘАҚӘА: 89, 26

ИАРБАН ХӘАРҬОУ ИАҲЗААНАГО...

  • ...Иегова ииԥсахло шалихуа аилкаара?

  • ...Иегова имаҵзуҩцәа зиԥсахуа аилкаара?

  • ...Иегова итатоу анышәаԥшь иеиԥшу шиԥсахуа аилкаара?

1. Избан Иегова Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду иоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

НОИАБР, 2010 шықәсазы Лондон иҟаз аукцион аҿы XVIII ашәышықәсазы иҟаҵаз китаитәи афарфор иалху аваза 70-ҟа миллион доллар ақәырҵеит. Ишаҳбо еиԥш, аҟаза бзиаҵәҟьа иаабац, зыхә мариоу анышәаԥшь хәы змам ашедевр алихыр илшоит. Аха Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду Иегова аӡәымзар-аӡәгьы дузидкылом. Афбатәи арҿиаратә мшазы Анцәа инаӡоу ауаҩы Адам «адгьылтә саба [анышәаԥшь] далихит», насгьы Ашаҩы иааирԥшуа аҟазшьақәа раарԥшра алшара ииҭеит (Аҟаз. [Быт.] 2:7). Адгьыл иалхыз инаӡаз ари ауаҩы Анцәа иԥа ҳәа ииашаны ихьӡҵан (Лука 3:38).

2, 3. Ишԥаҳалшо иахьхәыз израильаа ргәазыҟашьа аҿыԥшра?

2 Аха Адам дызшаз диҿагылеит, убри аҟынтә Анцәа иԥа ҳәа уаҳа дыԥхьаӡаӡамызт. Ус ишыҟазгьы, имаҷымкәа Адам ихылҵшьҭрақәа «арымӡааҩык ашаҳаҭцәа» ҳәа рыӡбахә ҳәоуп. Урҭ ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа иреиҳаӡоу Анцәа имчра иадгылон (Аур. 12:1). Хынрааларыла Анцәа иахь азыӡырҩра аарԥшуа, дара иаадырԥшит Абыс, насгьы изыԥсахуа Ҳаԥшьаҟаҵаҩыс ирҭаху Аҩсҭаа иакәымкәа, иара шиакәу (Иоанн 8:44). Урҭ Анцәа имаҵзуҩцәа иаадырԥшуаз азиашара атәы ҳанаԥхьо, Исаиа 64:8 иану иахьхәыз израильаа ражәақәа ҳгәалашәоит: «Иегова, уара Ҳаб уоуп. Ҳара ҳнышәаԥшьуп, уара ҳзыԥсахуа Аҳаԥшьаҟаҵаҩ уоуп, ҳара зегьы унаплыхқәа ҳауп».

3 Иахьагьы Иегова доуҳалеи иаша-ҵабырглеи имҵахырхәо имаҵзуҩцәа израильаа ргәазыҟашьа иаҿыԥшуеит, ахынраалареи азыӡырҩреи аарԥшуа. Дара рзы ҳаҭыр дууп Иегова Аб ҳәа иаҳәара, насгьы Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду изыӡырҩра. Шәазхиоума шәара Анцәа инапаҿы итатоу нышәаԥшьны аҟазаара, иссиру маҭәарк шәылихырц азы? Ижәбома шәара шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи зегьы аус рыдулара дшаҿу? Иегова ҳзыԥсахуа Аҳаԥшьаҟаҵаҩ иеиԥш ҳизхәыцуа, шәааи х-зҵаарак еилҳаргап: ииԥсахло шалихуа, урҭ зиԥсахуа, насгьы ишиԥсахуа.

ИЕГОВА ИИԤСАХЛО АЛИХУЕИТ

4. Ишԥалихуеи Иегова иара иахь ааԥхьара зиҭо? Иаажәга аҿырԥштәы.

4 Иегова аҭеиҭыԥш акәӡам дызхәаԥшуа, иара ауаҩы игәы иҭоу, ҩныҵҟала дзеиԥшроу, ибоит. (Уаԥхьа 1 Самуил [1 Самуила] 16:7б.) Уи ус шакәу убарҭахеит Анцәа ақьырсиантә еизара анеиҿикаа. Иегова Иԥеи иареи рахь ааԥхьара зиҭаз аӡәырҩы уи иаԥсамызшәа убар алшон (Иоанн 6:44). Урҭ дреиуан Савл зыхьӡыз афарисеи, уи агәрахаҵара змаз ирџьон, иԥхарсуа иман (1 Тим. 1:13). Аха агәқәа ҭызҵаауа Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду Савл акгьы злымҵуа нышәаԥшьны димԥхьаӡеит (Ажәам. [Прит.] 17:3). Анцәа ибон уи зыхә ҳараку амаҭәар илхра шалшо. Савл «ажәларқәа, аԥсҳацәа, Аизраилаа рҵеицәа хьыӡла-ԥшала» ажәабжь рыларҵәара заҭәашьахоз, «ахархәаразы иалхыз маҭәарк» даҩызахар акәын (Аус. 9:15). Иара убас «ҳаҭырла ахархәара зҭатәу» амаҭәарқәа ирыҵанакуан уаанӡа арыжәтә зҽазыршьуаз, иӷьычуаз, насгьы гәаԥхашәадарала зхы мҩаԥызгоз ауаа (Рим. 9:21; 1 Кор. 6:9—11). Анцәа Иажәа аҟынтәи ииашоу адыррақәеи агәрахаҵареи еизырҳауа, дара Иегова иԥсахыртә алшара ирҭеит.

5, 6. Ишԥаныԥшуеи ҳара ҳагәрагара Иегова ҳзыԥсахуа Аҳаԥшьаҟаҵаҩ шиакәу: а) ажәабжь заҳҳәо ҳшырзыҟоу? б) ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳшырзыҟоу?

5 Иаҳнарҵозеи ари ҳара? Иегова ауаа ргәы иҭоу шибо, насгьы ааԥхьара зиҭо иара ииҭаху шракәу агәра ҳгозар, усҟан егьырҭ — ажәабжь заҳҳәо роума, ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо роума — ҳрықәыӡбалаӡом. Ҳахәаԥшып Маикл зыхьӡу ахаҵа иҿырԥштәы. «Иегова ишаҳаҭцәа шааиз анызбоз, ашә асыркуан. Сара гәымбылџьбарала схы мҩаԥызгон. Анаҩс ҭаацәарак срабадырит. Урҭ рхымҩаԥгашьа бзиа уамашәа избеит. Дара Иегова ишаҳаҭцәа шракәыз анеилыскаа, даара иџьасшьеит! Рхымҩаԥгашьа сгәазҭанаҵеит Иегова ишаҳаҭцәа иатәамбакәа сызрызныҟәоз сазхәыцырц. Иаарласны еилыскааит урҭ ирызкны издыруаз зынӡа ишмаҷыз, насгьы сгәаанагара шьаҭас иамаз уҳәан-сҳәан мацара шакәыз, афактқәа ракәымкәа». Аиаша аилкааразы, Маикл Абиблиа аҵара дақәшаҳаҭхеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара аӡы иҽӡааихит, нас иаамҭа зегьы Анцәа имаҵ аура иазикит.

6 Иегова ҳзыԥсахуа Аҳаԥшьаҟаҵаҩ шиакәу агәра ҳгозар, уи ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳшырзыҟоу ианыԥшуеит. Ҳрыхәаԥшуама ҳара урҭ Иегова иеиԥш? Иара урҭ «инагӡаны иҟаҵоу амаҭәарқәа» реиԥш дрыхәаԥшӡом. Урҭ рыԥсахра аҵыхәтәахьы имнеиӡац. Иара ауаҩы ҩныҵҟала дзеиԥшроу ибоит, насгьы идыруеит иара ицхыраарала дзакәытә уаҩны дҟалар илшо. Иегова ауаа рҿы ибзиоу ауп игәеиҭо, насгьы рынамӡара ихы азишьҭӡом, избанзар аамҭа анцалак уи ҟалаӡом (Аԥсал. 129:3 [130:3, АдҾ]. Ҳара Анцәа ҳаиҿыԥшлоит, ауаа рҿы ибзиоу ҳбалар. Ҳара Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду аус ицаҳуеит, егьырҭ ақьырсианцәа доуҳала аизҳара ҳрыцхраауазар (1 Фес. 5:14, 15). Уи аҿы аизара аиҳабацәа, «ауаа ҳамҭақәа», аҿырԥшы ҳдырбалар ауп (Еф. 4:8, 11—13).

ИЗБАН ИЕГОВА ҲЗИԤСАХУА?

7. Избан ҳара Иегова имҩақәҵарақәа рыхә заҳшьо?

7 Зны-зынла аӡәы иҳәо ҳаҳар ауеит: «Схаҭа ахшара соуаанӡа, сҭаацәа исырҭоз амҩақәҵарақәа аҵыхәтәанынӡа рыхә сшьаӡомызт». Аԥсҭазаараҿы аԥышәа ҳауцыԥхьаӡа, амҩақәҵареи ахьырхәреи ҳшырзыҟоу аҽаԥсахуеит, Иегова ихәаԥшышьа ҳауеит, насгьы урҭ абзиабара шырныԥшуа ҳбоит. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 12:5, 6, 11.) Иегова аб ибзиабареи ачҳареи аарԥшуа ҳиԥсахуеит. Иара иҭахуп аҟәыӷареи анасыԥи ҳамазарц, насгьы иаргьы бзиа даҳбаларц (Ажәам. [Прит.] 23:15). Иара ауаа ргәаҟра агәахәара изаанагаӡом, насгьы иахьымхәуа агәнаҳаҟаҵаҩцәа реиԥш ҳаԥсырц иҭахӡам (Еф. 2:2, 3).

8, 9. Ишԥаҳирҵо иахьа Иегова аҵара, насгьы иарбан ҵара дуу ҳаԥхьаҟа иҳауа?

8 Иегова деилаҳкаанӡа ҳара иҽеимыз аҟазшьақәа ааҳарԥшуан, зны-зынла агыгшәыгқәа ҳреиԥшзаргьы ауан. Аха Иегова аҽыԥсахра дҳацхрааит, уи абзоурала асарақәа ҳреиԥшхеит ҳҳәар ҳалшоит (Ис. [Ис.] 11:6—8; Кәал. 3:9, 10). Иахьа ҳара Иегова еиҿикааз адоуҳатә џьанаҭ аҿы ҳанхоит. Иҷыдоу ари атмосфераҿы Иегова ҳиԥсахуеит. Ицқьам ари адунеи аҿы ҳшынхогьы, адоуҳатә џьанаҭ аҿы акгьы ҳацәшәаӡом. Еиқәымшәаз аҭаацәарақәа рҿы изызҳаз, насгьы абзиабара згыз ауаа ари адоуҳатә џьанаҭ аҿы ииашаҵәҟьаны бзиа ишырбо рнырит (Иоанн 13:35). Иара убас ҳара егьырҭ рахь абзиабара аарԥшышьа ҳҵеит. Аха зегь раасҭа ихадоу, Иегова деилаҳкааит, насгьы есҽны абык иеиԥш иааирԥшуа ибзиабара ҳныруеит (Иак. 4:8).

9 Адунеи ҿыц аҿы ҳара адоуҳатә џьанаҭ иаанаго азылԥхарақәа зегь ҳныруеит. Усҟан адоуҳатә џьанаҭ аҟны мацара акәымкәа, Анцәа Иаҳра аҵаҟа џьанаҭҵәҟьаҿы ҳанхалоит. Ари ашьақәыргылара аамҭазы Иегова адгьыл иқәынхало зегьы рыԥсахра анаҩсгьы даҿызаалоит. Ҳхаҿгьы иаҳзаагом урҭ ироуа зеиԥшыҟам аҵара зеиԥшрахо (Ис. [Ис.] 11:9). Уи адагьы, Анцәа ауаа рцәеижьи рыхшыҩи наӡаны иҟаиҵоит. Ҳара иара иаҳирҵало зегьы ашьҭкаара ҳалшоит, насгьы зегь рыла игәаԥхара наҳагӡалоит. Убри аҟынтә ҳазхиазааит Иегова анаҩсгьы изыӡырҩра. Убасала ҳара иааҳарԥшуеит ишеилаҳкаауа Анцәа ҳзиԥсахуа. Избанзар уи бзиа ҳаибоит (Ажәам. [Прит.] 3:11, 12).

ИЕГОВА ҲШИԤСАХУА

10. Дышԥаиҿыԥшуаз Иисус Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду ачҳареи аҟазареи раарԥшраҿы?

10 Аҳаԥшьаҟаҵаҩ бзиа иеиԥш, Иегова иарбан «нышәаԥшьу» аус здиуло ибоит, уи инақәыршәангьы аформа аиҭоит. (Уаԥхьа Аԥсалом 102:10—14 [103:10—14, АдҾ].) Ааи, иара досу дышрызнеиша иԥшаауеит. Уи ҳаԥсыҽрақәеи, ҳҳәаақәеи, ҳдоуҳатә ҭагылазаашьеи дрызхәыцуеит. Анцәа инаӡам ауаа дшырзыҟоу Иԥа ихымҩаԥгашьа иаҳнарбоит. Иаҳгәалаҳаршәап Иисус иапостолцәа рыгхақәа дшырзыҟаз, еиҳарак рыбжьара иреиҳау, аԥхьа игылоу дарбану ҳәа аимак анрызцәырҵ. Уи аимак аныҟаз шәара шәрылагылазҭгьы, урҭ ахацәа ататареи аҟәымшәышәреи рылан ҳәа шәызҳәарызма? Аха Иисус урҭ акгьы иаԥсам реиԥш дрыхәаԥшӡомызт. Иара еиликаауан иааирԥшуаз ахынраалара, насгьы ачҳареи ақьиареи зныԥшуаз алабжьарақәа ирыбзоураны рҽырыԥсахыр шрылшоз (Марк 9:33—37; 10:37, 41—45; Лука 22:24—27). Иисус иԥсы анҭала, насгьы иҵаҩцәа иԥшьоу адоуҳа анроу ашьҭахь, апостолцәа аҭыԥ дуқәа раанкылара акәӡамызт изызхәыцуаз. Дара ирыдыз аус шынарыгӡаша ауп рхы ззырышьҭыз (Аус. 5:42).

11. Ишԥааирԥши Давид итатоу анышәаԥшь дшеиԥшыз, насгьы ишԥаҳалшо иара иҿыԥшра?

11 Иахьа Иегова имаҵзуҩцәа зегь раԥхьа иргыланы Абиблиеи, иԥшьоу адоуҳаи, аизарақәеи рыла ауп ишиԥсахуа. Анцәа Иажәа анырра ҳнаҭоит ҳахшыҩ азышьҭны ҳанаԥхьо, ҳаназхәыцуа, насгьы ҳзыԥхьаз ақәныҟәаразы Иегова дҳацхраарц ҳаниҳәо. Аҳ Давид иҩуан: «Уара усгәалашәоит уахынла сиарҭа санылоу, саныҷаԥшьо Уара сузхәыцуеит» (Аԥсал. 62:7 [63:6, АдҾ]). Иара убас уи иҳәеит: «Дысныҳәоит Нцәа Ҳазшаз, исеилзыркааз зегьы; уахынлагьы ҩныҵҟала аҵаҳәара сызҭо» (Аԥсал. 15:7 [16:7, АдҾ]). Ааи, Давид Иегова илабжьарақәа дрызхәыцуан, насгьы урҭ иҵаулоу ихәыцрақәеи ицәаныррақәеи рыԥсахларц алиршон. Иара ус ҟаиҵон алабжьара адкылара анымариамызгьы (2 Сам. [2 Сам.] 12:1—13). Давид ахынраалареи азыӡырҩреи рганахь ала аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Шәазхәыцуама шәара Анцәа Иажәа, шәхәыцрақәеи шәцәаныррақәеи аԥсахлартә алыршо? Ишәылшома уи аганахь ала шәҽеиӷьышәтәыр? (Аԥсал. 1:2, 3 [1:2, 3, АдҾ]).

12, 13. Ҳашԥаиԥсахуеи Иегова иԥшьоу адоуҳаи аизарақәеи ихы иархәаны?

12 Иԥшьоу адоуҳа еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла ҳаԥсахуеит. Иаҳҳәап, иара ҳацхраауеит Иисус иҿыԥшра, Анцәа идоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа реизырҳарагьы уахь иналаҵаны (Гал. 5:22, 23). Урҭ ируакуп абзиабара. Ҳара Анцәа бзиа даҳбоит, насгьы иаҳҭахуп ҳаизыӡырҩлар, ҳиԥсахлар, избанзар иԥҟарақәа рықәныҟәара уадаҩӡам. Иԥшьоу Анцәа идоуҳа ицқьам ари адунеи анырреи уи агәазыҟашьеи рҿагыларазы амч ҳнаҭар алшоит (Еф. 2:2). Павел данқәыԥшыз аԥагьара злаз адиннапхгаҩцәа анырра ӷәӷәа ирҭон. Аха иԥшьоу адоуҳа аҽыԥсахра ицхрааит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара иҩуан: «Сзырӷәӷәо ибзоурала сара зегь сылшоит» (Флп. 4:13, АдҾ). Шәааи Павел ҳаиҿыԥшлап, насгьы Анцәа иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц ҳиҳәалап. Иегова ауаа ҟәымшәышәқәа гәык-ԥсык ала иҟарҵо рыҳәарақәа хымԥада иаҳауеит (Аԥсал. 9:38 [10:17, АдҾ]).

Ақьырсиантә еиҳабацәа ҩыџьа аиашьа иацәажәара рҽазыҟарҵоит, анаҩс Абиблиа аҟынтә азхәыцрақәа изеиҭарҳәоит, ԥыҭрак ашьҭахь аиашьа ихатәы ҭҵаара мҩаԥигоит

Иегова аизара аиҳабацәа ихы иархәаны ҳиԥсахуеит, аха ҳаргьы ҳхы аус адаҳулалароуп (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)

13 Иара убас Иегова аизарақәеи аизара аиҳабацәеи ихы иархәаны, ҳара зегьы хаҭала ҳиԥсахуеит. Аизара аиҳабацәа адоуҳатә уадаҩрақәа шҳамоу анырбо, иҳацхраарц рҽазыршәоит, аха рхатә ҟәыӷара иақәгәыӷӡом (Гал. 6:1). Урҭ Анцәа иҳәоит аҟәыӷареи аилкаареи риҭарц азы. Анаҩс рыҳәарақәа инарықәыршәаны ҳҭагылазаашьақәа ирызхәыцуеит, насгьы Анцәа Иажәеи ҳпубликациақәеи ҭырҵаауеит. Уи абзоурала иахәҭоу ацхыраара ҳаҭара рылшоит. Аизара аиҳабацәа ақьиара аарԥшны алабжьара шәырҭар, иаҳҳәап, аҽеилаҳәашьа аганахь ала, ишәыдышәкылома уи Анцәа ибзиабара еиԥш? Усҟан шәара Иегова инапаҿы итатоу анышәаԥшь шәшаҩызоу, насгьы аҽыԥсахра шышәҭаху аашәырԥшуеит.

14. Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду Иегова «анышәаԥшь» аҿаԥхьа инагӡоу амчра шимоугьы, пату шԥақәиҵо иара иҳамоу алхра ахақәиҭра?

14 Анцәа ҳшиԥсахуа анеилаҳкаауа, ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҿы аизыҟазаашьа бзиақәа рыхьчара ҳзымариахоит, насгьы ажабжь бзиа ззеиҭаҳҳәои Абиблиа зҳарҵои ииашаны ҳарзыҟазарц иҳацхраауеит. Абиблиатә аамҭақәа раан аҳаԥшьаҟаҵаҩ анышәаԥшь иаразнак ак алхра далагомызт. Иара уи ахаҳәқәеи егьырҭ амаҭәашьарқәеи рҟынтә ирыцқьар акәын. Анцәа аҽыԥсахра иазхиоу рыԥсахра далагаанӡа, раԥхьа уи иазыҟаиҵоит. Иара аӡәгьы уи мчыла идицалом. Аха Анцәа ауаа ииашоу инормақәа рзааиртуеит, дара хатәгәаԥхарала рыԥсҭазаараҿы иахәҭоу аԥсахрақәа ҟарҵарц, насгьы иҿаԥхьа ицқьахарц азы.

15, 16. Ишԥарылшо Абиблиа зҵо Иегова иԥсахларц шырҭарху аадырԥшыр? Иаажәга аҿырԥштәы.

15 Еилҳаргап Австралиа инхо Тесси лҿырԥштәы. Абиблиа лзырҵоз аиаҳәшьа илҳәоит: «Тесси абиблиатә ҵабыргқәа реилкаара лцәыцәгьаӡамызт. Аха лара доуҳала деизҳаӡомызт уҳәар алшоит, аизарақәагьы дырҭаауамызт. Убри аҟынтә ари аҭагылазаашьа ибзианы сазхәыцны, зныкымкәа Анцәа саниҳәа ашьҭахь, Абиблиа лырҵара саҟәыҵырц сыӡбеит. Усҟан иааџьоушьаша ак ҟалеит. Иҵыхәтәантәихоит ҳәа сгәы иаанагоз Абиблиа аҵараҿы Тесси гәаартыла дсацәажәеит. Лара дгәыҩбазшәа лхы лбон, избанзар алашыҩкратә хәмаррақәа лыҽрылалырхәуан. Уажәшьҭа лара уи ашьцылара аанлыжьырц лыӡбеит».

16 Лҩызцәа шылхыччозгьы, иаарласны Тесси аизарақәа рҭаареи ақьырсиантә ҟазшьақәа раарԥшреи далагеит. Уи аиаҳәшьа илҳәоит: «Ԥыҭрак ашьҭахь Тесси аӡы лыҽӡаалхит, анаҩс пионерс амаҵ аура далагеит, хҩык лыԥҳацәеи лыҷкәыни шыхәыҷқәазгьы». Ааи, Абиблиа зҵо Анцәа ддыргәырӷьаларц азы рыԥсҭазаара аԥсахра ианалаго, иара изааигәахоит, насгьы Анцәа урҭ «амаҭәар» ссирқәа рылхра далагоит.

17. а) Избан Иегова шәахьиԥсахуа ахә зышәшьо? б) Еилыргахозеи анаҩстәи астатиаҿы?

17 Иахьагьы аҳаԥшьаҟаҵаҩцәа русумҭақәак аныҟарҵо, анышәаԥшь напыла иахәҭоу аформа арҭоит. Убас еиԥш Аҳаԥшьаҟаҵаҩ ду ачҳара аарԥшны ҳара зегьы хаҭала ҳиԥсахуеит. Иара алабжьара ҳаиҭоит, насгьы уи шҳадаҳкыло дахәаԥшуеит. (Уаԥхьа Аԥсалом 31:8 [32:8, АдҾ].) Ижәбома Иегова хаҭала шәара шәахь аинтерес шааирԥшуа? Игәашәҭома аиҷаҳара аарԥшны Анцәа инапала шәшиԥсахуа? Ааи акәзар, ишәыцхраауазеи анаҩсгьы Иегова инапаҿы итатоу нышәаԥшьны аҟазаара? Иарбан ҟазшьақәоу иааныжьтәу, икьакьоу, иҩоу нышәаԥшьны шәҟамларц азы? Ишԥарылшо аҭаацәа Иегова аус ицуа рхәыҷқәа рааӡара, насгьы рыԥсахра? Арҭ азҵаарақәа анаҩстәи астатиаҿы еилыргахоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра