Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/7 ад. 11—15
  • Адоуҳатә џьанаҭ аԥшӡара шәеиҷаҳала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Адоуҳатә џьанаҭ аԥшӡара шәеиҷаҳала
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗУАДА АНЦӘА ИМАҴ ИДОУҲАТӘ УАХӘАМАҾЫ?
  • ИЕГОВА ИОРГАНИЗАЦИА ЕИҲА АԤШӠАХАРА ИАҾУП
  • ШӘАРА АДОУҲАТӘ ЏЬАНАҬ АИЗЫРҲАРА ШӘШАЛАХӘУ
  • Ахаан адоуҳатә џьанаҭ аанышәмыжьлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • «Џьанаҭ дгьыл аҿы ҳаиқәшәараҟынӡа!»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Иегова дҳацхраауеит агәырӷьара мырӡкәа аԥышәарақәа рыхгара
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/7 ад. 11—15

Адоуҳатә џьанаҭ аԥшӡара шәеиҷаҳала

«Сара сшьапқәа ахьсыргыло аҭыԥ ҳараскуеит» (ИС. 60:13).

АШӘАҚӘА: 102, 75

ИШӘЫЛШОМА ИҲАИЛШӘЫРКААР?

  • Ирҭахузеи гәык-ԥсык ала Анцәа имаҵзуҩцәа?

  • Иарбан џьанаҭу иибаз апостол Павел иоуз абараҿы?

  • Ишԥаҳалшо адоуҳатә џьанаҭ аԥшӡара аиҷаҳара?

1, 2. Ишԥаарԥшу ажәа «ашьапсыргәыҵа» Ауриатә Ҩырақәа рҿы?

АНЦӘА ИЕГОВА азин иман аҳәара: «Ажәҩан — саҳра ҭыԥ ауп, адгьыл — сшьапсыргәыҵоуп» (Ис. 66:1). Иара убасгьы уи иҳәеит: «Сара сшьапқәа ахьсыргыло аҭыԥ ҳараскуеит» (Ис. 60:13). Ишԥаҟаиҵо уи иара? Насгьы иарбан ҵаку ирымоу иахьа арҭ ажәақәа адгьыл аҿы — «ишьапсыргәыҵа» аҵаҟа — инхо рзы?

2 Ауриатә Ҩырақәа рҿы ажәа «ашьапсыргәыҵа» адгьыл ахь мацара акәӡам иахьаҵанакуа. Уи ажәытә Израиль иҟаз ауахәама шыҟаз аанарԥшуеит (1 Ашықәс. 28:2; Ԥс. 132:7). Ауахәама адгьыл аҿы иҵабыргу Анцәа имаҵ ахьыруаз ҭыԥын, убри аҟынтә уи Иегова изы даара иԥшӡан. Убас ала, ауахәама аҟазаара ахаҭа Иегова ишьапқәа ахьиргылоз аҭыԥ ҳаранакуан.

3. Изакәызеи Иегова идоуҳатә уахәама ду, насгьы ианбацәырҵи иара?

3 Аха иахьа иҵабыргу Анцәа имҵахырхәарҭа ҭыԥс иҟоу илабҿабоу акәӡам, аха адоуҳатә уахәама ауп, уи Иегова ихьӡ еиҳа иҭнагоит ахыбрақәа раасҭа. Ари асимволтә уахәама иабзоураны, Иисус Христос ишьакаҭәареи иԥшьоу имаҵзуреи шьаҭас иҟаҵаны ауаа Анцәа инышәара рылшоит. Иегова идоуҳатә уахәама ду цәырҵит 29 шықәса ҳ. ҳ. Иисус аӡы иҽанӡааих, насгьы Ԥхьаԥшьаҩыс даналхыз (Аур. 9:11, 12).

4, 5. а) Ишԥаанарԥшуеи 99-тәи Ԥсалом ииашоу Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы ирымоу гәык-ԥсыкалатәи ргәаҳәара? б) Иарбан зҵаароу ҳхы иаҳҭар акәу?

4 Иегова идоуҳатә уахәама ду азы иааҳарԥшуа аџьшьара ҳгәазҭанаҵоит ихьӡи гәшаҭарала иаҳзыҟаиҵаз аҿыхреи ирызкны ауаа рзеиҭаҳәара. Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи аа-миллионҩык инареиҳаны иахьа Христос ииашоу ишьҭанеицәа гәацԥыҳәарала Иегова ихьӡ ахьдырҳаракуа! Шьоукы ииашамкәа ргәы иаанагоит ажәҩан ахь ианцалак, Анцәа ихьӡ арҳаракра иалагоит ҳәа, аха Иегова ишаҳаҭцәа зегьы еилыркаауеит Анцәа ирҳаракра шахәҭоу уажәнатә, адгьыл аҿы.

5 Убри азоуп ҳара Ԥсалом 99:1—3, 5—7 (шәаԥхьа) аҿы зыӡбахә ҳәоу ииашоу Иегова имаҵзуҩцәа рҿырԥшы ҳзықәныҟәо. Ари аԥсалом ишаҳнарбо ала, Моисеи, Аарон, Самуил дара ианраамҭаз рымч иамеигӡаӡакәа ииашаз амҵахырхәара иадгылон. Иаарласны адгьыл аҿы инхо Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан аҿы Иисус ԥшьаҩцәаны ивагылоит. Аха макьана ари аамҭа ааиаанӡа, дара адоуҳатә уахәама адгьылаҿтәи ашҭаҿы азиашара аарԥшуа амаҵ руеит. Урҭ ӷәӷәала ирыдгылоуп миллионҩыла иҟоу «егьырҭ ауасақәагьы» (Иоан. 10:16). Арҭ аҩгәыԥк ргәыӷрақәа шеиԥшымгьы, дара аӡәк иеиԥш Иегова ишьапсыргәыҵа аҵаҟа амаҵ еицыруеит. Аха ҳара зегьы досу ҳхы ҳазҵаар ауп: «Иубаратәы иҟоума сара гәык-ԥсык ала ицқьоу амҵахырхәара сшадгылоу?»

ИЗУАДА АНЦӘА ИМАҴ ИДОУҲАТӘ УАХӘАМАҾЫ?

6, 7. Изықәшәазеи раԥхьатәи ақьырсианцәа, насгьы иаҭаххазеи ашәышықәсақәа рышьҭахь?

6 Ақьырсиантә еизара шьақәгылеижьҭеи шәышықәсагьы мҵӡацызт, заа иҳәаз ахьаҵра аҽарҭбаауа ианалага (Аус. 20:28—30; 2 Фес. 2:3, 4). Убри аахижьҭеи еиҳа-еиҳа ицәгьахо иалагеит Анцәа идоуҳатә уахәамаҿы имаҵ зуа зусҭцәаҵәҟьоу реилкаара. Ашәышықәсақәа рнаҩс ауп Иегова Аҳра аҭыԥ аанызкылаз Иисус Христос ила ари азҵаара аартра даналага.

7 1919-тәи ашықәс анааигәахоз иубаратәы иҟан Иегова дыззыразу, насгьы идоуҳатә уахәамаҿы имаҵ зуа зусҭцәоу. Арҭ ақьырсианцәа адоуҳа аганахь ала ирыцқьан, рымҵахырхәашьа Анцәа игәаԥхаларц (Ис. 4:2, 3; Мал. 3:1—4). Убасҟан анаӡара иалагеит апостол Павел ашәышықәсақәа раԥхьа иоуз абара.

8, 9. Иҳаилшәыркаа џьанаҭ иазкны Павел иоуз абара иаанарԥшуа х-ганк.

8 Апостол Павел иоуз абара ануп 2 Коринфаа рахь 12:1—4 аҟынӡа (шәаԥхьа). Иԥсабарахыхьтәу ала Павел ирбаз — аатра ҳәа ахьӡуп. Уи зыдҳәалаз апостол иаамҭа акәӡам, аха аԥхьаҟатәи аамҭа ауп. Иарбан џьанаҭу Павел иибаз, «ахԥатәи ажәҩан ахь» данхагалаз? Ари абара иамоуп лабҿабатәи, адоуҳатә, насгьы жәҩантәи анагӡара. Павел иоуз абара адгьыл аҿы иҟало џьанаҭгьы аҵанакуеит (Лука 23:43). Иара убас адунеи ҿыц аҿы инагӡаны иҳауа адоуҳатә џьанаҭ иаҵанакуазар ауеит. Убри адагьы, Павел иоуз абара ажәҩан аҿы «Анцәа иџьанаҭ» аҟны иҟало аҭагылазаашьа бзиақәа аанарԥшуеит (Аатр. 2:7). Аԥхьаҟа лабҿабатәи, адоуҳатә, насгьы жәҩантәи џьанаҭ аамҭак иалагӡаны иҟалоит.

9 Избан Павел изиҳәаз «лацәа́жәашьа, еиҭаҳәашьа змамыз ажәақәа» иаҳауан ҳәа? Усҟан иаамҭамызт иибаз аџьашьахәқәа акгьы аанмыжькәан реилыркаара. Аха иахьа ҳара иҳамоуп азин Анцәа иуаажәлар ирымоу азылԥхарақәа ртәы ауаа рзеиҭаҳәара!

10. Ак аума адоуҳатә џьанаҭи адоуҳатә уахәамеи?

10 Ажәақәа «адоуҳатә џьанаҭ» ҳтеократиатә лексикон ӷәӷәала иаларсуп. Урҭ зеиԥшыҟам адоуҳатә атмосфера аадырԥшуеит, уи ақьырсианцәа алшара рнаҭоит Анцәеи, насгьы дареи-дареи рыбжьара иҭынчу аизыҟазаашьақәа рымазарц. Ҳәарада, адоуҳатә џьанаҭи адоуҳатә уахәамеи ак ауп ҳәа аԥхьаӡара ахәҭам. Адоуҳатә уахәама — ари Иегова ииашоу амҵахырхәаразы ишьақәиргылаз еиҿкаароуп. Адоуҳатә џьанаҭ ыҟоуп адоуҳатә уахәамаҿы иахьа имаҵ зуа рыбжьара. Уи Анцәа дшырзыразу шьақәнарӷәӷәоит (Мал. 3:18).

11. Иарбан ҳаҭыру ҳара иҳанашьоу?

11 1919 шықәса инаркны Иегова инаӡам ауаа аус ицуразы зеиԥшыҟам алшара риҭоит. Дара адгьыл аҿы адоуҳатә џьанаҭ еиздырҳауеит, насгьы уи аҳәаақәа дырҭбаауеит. Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи уи ҳара! Ижәбома шәара иааџьоушьаша ари аус шәшалахәу? Шәгәазҭанаҵома шәара ари анаҩсгьы Иегова аус ицура, «ишьапқәа ахьиргыло аҭыԥ» ырҳаракуа?

ИЕГОВА ИОРГАНИЗАЦИА ЕИҲА АԤШӠАХАРА ИАҾУП

12. Зыгәра ҳнаргозеи ҳара Исаиа 60:17 иану аԥааимбаражәа шынаӡо анаҳбо? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

12 Исаиа 60:17 (шәаԥхьа) аҿы заа иҳәан Иегова иорганизациа адгьылаҿтәи ахәҭаҿы иҟало аԥсахрақәа ртәы. Иқәыԥшу, мамзаргьы ааигәа аҵабырг здызкылаз урҭ аԥсахрақәа ртәы ирыԥхьахьеит, ма егьырҭ рҟынтәи ираҳахьеит мацара ауп. Аха шаҟа ҳаҭыр дуузеи иранашьахаз урҭ аԥсахрақәа зыблала избаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи! Дара агәра ганы иҟоуп Иегова иалихыз Аҳ ила иорганизациа анапхгара шазиуа. Урҭ рыгәрагара ашьаҭа ӷәӷәа амоуп. Урҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи еиҭарҳәо аинтерес зҵоу ахҭысқәа хымԥада Иегова иахь иҳамоу агәрахаҵареи агәрагареи дырӷәӷәоит.

13. Иарбан ҭакԥхықәроу иҳаду Ԥсалом 48:12—14 иану инақәыршәаны?

13 Аҵабырг еилаҳкааижьҭеи шаҟа ҵуазаалакгьы, ҳара егьырҭ Иегова иорганизациа аӡбахә рзеиҭаҳҳәалар ҳахәҭоуп. Абзиабара злам, ицқьам, ибжьыху ари адунеи аҿы адоуҳатә џьанаҭ ахьыҟоу — ари џьашьахәыҵәҟьоуп! Ҳара «ԥхьаҟатәи абиԥара» ирзеиҭаҳҳәалар ҳахәҭоуп иџьоушьартә иҟоу Анцәа иорганизациеи, мамзаргьы Сион, адоуҳатә џьанаҭи рыӡбахә. (Шәаԥхьа Ԥсалом 48:12—14.)

14, 15. Иарбан еиҿкааратә ԥсахрақәоу иҟаҵаз 1970-тәи ашықәсқәа раан, насгьы избан уи ахәарҭа заанагаз?

14 Шықәсы рацәала Иегова имаҵ зуа лабҿаба ирбеит Анцәа иорганизациаҿы иҟалақәоз аԥсахрақәа, насгьы уи иара еиҳагьы ишарԥшӡоз. Дара иргәалашәоит аамҭақәа аизарақәа рҿы амаҵ зуаз аӡәы заҵәык аниакәыз, аха аизара аиҳабацәа рхеилак акәымкәа; атәылаҿы аус иахылаԥшуаз афилиал амаҵ зуаз аӡәы заҵәык аниакәыз, аха афилиал акомитет акәымкәа; Анцәа иуаажәлар рус иахылаԥшуаз Ахьчаратә Бааш апрезидент аниакәыз, аха Иегова ишаҳаҭцәа Рнапхгаратә хеилак акәымкәа. Азиашара аарԥшны амаҵ зуаз арҭ аишьцәа зегьы ацхырааҩцәа шрымазгьы, аҵыхәтәантәи аӡбара адкыларазы аизарақәа, афилиалқәа, мамзаргьы адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭаҿы аҭакԥхықәра здылоз аӡәы заҵәык иакәын. 1970-тәи ашықәсқәа раан аԥсахрақәа ҟаҵан, убри нахыс аӡбарақәа здызкылоз хаз аишьцәа ракәӡамызт, аха аизара аиҳабацәа ргәыԥ акәын.

15 Иааргама ахәарҭа арҭ аԥсахрақәа? Ҳәарада, ааи. Уи џьашьатәым, избанзар арҭ аԥсахрақәа ҟарҵаанӡа ақьырсиантә еизара иазкны Иԥшьоу Аҩыра иаҳәо инарҵауланы иҭҵаан. Уажәшьҭа аизараҿы напхгара зуа аӡәы заҵәык иакәӡам. Иегова иахьа иҳаиҭаз «ауаа аҳамҭақәа» зегьы рҟазшьақәеи рбаҩхатәрақәеи рыла иорганизациа ахәарҭа арҭоит (Ефес. 4:8; Ажәам. 24:6).

Ауаа адунеи ахьынӡа-наӡааӡо Иегова иҟынтә зда ԥсыхәа ыҟам ацхыраареи анапхгареи роурц рылшоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)

16, 17. Иарбан ааигәа иҟаҵаз ԥсахрақәоу шәара еиҳараӡак шәхаҿы иаанхаз, насгьы избан?

16 Шәрызхәыц иара убас уажәааигәа иҟаҵаз аԥсахрақәа, ҳпубликациақәа реиҿкаашьеи рҵаки, насгьы урҭ рыларҵәаразы иҟоу аметодқәеи. Ҳара даараӡа иаҳгәаԥхоит ахәарҭа узаазго алабжьарақәа ахьану, иԥшӡаны еиҿкаау алитература ахьрыдаагало. Иахьатәи атехнологиақәа, ҳсаит еиԥш иҟоу, ҳхы ианаҳархәо, абиблиатә ҵабырг ауаа дырҵаразы, ҳара аиҷаҳара аазырԥшуа Ҳанцәа Иегова ҳаиҿыԥшуеит. Иара иҭахуп ауаа зегьы ирҭаху ацхыраареи анапхгареи роурц.

17 Иҳамҳәар залшом аҭаацәаратә мҵахырхәареи ахатә ҭҵаареи рзы иҟаҵаз акрызҵазкуа аизара иаҵанакуа аҿыцлагалақәа ртәы. Ҳара убасгьы ахә ҳшьоит араионтә, насгьы арегионалтә конгрессқәа ирызкны иҟаҵаз аԥсахрақәа. Лассы-лассы иҳаҳауеит аконгрессқәа есышықәса ишеиӷьхо! Иара убас ҳара даара ҳаигәырӷьоит аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аҵара дырҵаразы атеократиатә школқәа ахьырацәахаз. Арҭ аԥсахрақәа зегьы рҿы Иегова инапы еилыкка иубаратәы иҟоуп. Анцәа иорганизациа, иара убасгьы иахьа иҟоу адоуҳатә џьанаҭ еиҳа-еиҳа иԥшӡахоит!

ШӘАРА АДОУҲАТӘ ЏЬАНАҬ АИЗЫРҲАРА ШӘШАЛАХӘУ

18, 19. Ишԥаҳалшо адоуҳатә џьанаҭ еиҳа иҳарԥшӡар?

18 Иегова акрызҵазкуа аус ҳнапы ианиҵеит — адоуҳатә џьанаҭ аԥшӡара ҳаиҷаҳаларц. Уи аҽалархәра ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп. Ҳара уи аԥшӡара ҳаиҷаҳауеит гәацԥыҳәарала Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа ирылаҳәо, насгьы аҵаҩцәа азыҟаҵо. Ҳара ҳацхыраара иабзоураны аӡәы иԥсҭазаара Иегова ианизикуа, адоуҳатә џьанаҭ аҳәаақәа реизырҳара ҳацхраауеит (Ис. 26:15; 54:2).

19 Иара убасгьы ҳқьырсиантә хаҭара ҳааҟәымҵӡакәа аус анадаауло, ҳара ҳдоуҳатә џьанаҭ еиҳа иҳарԥшӡар, насгьы егьырҭ рзы уадзыԥхьало ак акәны иҟаҳҵар ҳалшоит. Лассы-лассы раԥхьаӡа ауаа игәарҭо иҳамоу адыррақәа ракәӡам, аха ҳхымҩаԥгашьа цқьеи иааҳарԥшуа аҭынчреи роуп. Абри ауп ауаа раԥхьа Анцәа иорганизациахь, анаҩс Иеговеи Христоси рахь ирыдзыԥхьало.

Шәара адоуҳатә џьанаҭ аҳәаақәа рырҭбаара шәҽалашәырхәлар шәылшоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 18, 19.)

20. Ҳгәы зызҭарҵозеи Ажәамаанақәа 14:35 иану ажәақәа?

20 Шаҟа игәырӷьалар рылшозеи Иеговеи Иисуси, иԥшӡоу адоуҳатә џьанаҭ ианахәаԥшуа! Уи аиҷаҳара уажәнатә агәырӷьара ду ҳзаанагоит. Абас ҳара иҳалшоит адгьыл џьанаҭҵәҟьаны ианыҟаҳҵо аамҭазы иҳауа анасыԥ ҳхаҿы иааганы азхәыцра. Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап Ажәамаанақәа 14:35 иану ажәақәа: «Зхымҩаԥгашьа аилкаара аныԥшуа амаҵуҩы Иаҳ игәы ҟаиҵоит». Шәааи еснагь аилкаара аарԥшуа ҳхы мҩаԥаҳгалап, ҳхы ҳамеигӡакәа ҳдоуҳатә џьанаҭ еиҳа иԥшӡахарц азы!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра