АШӘА 134
Ахшара — Иегова иҟынтә аҭынха
(Аԥсалом 127:3—5)
- 1. Иразҟуп абыс уаныҟоу, - Ангьы убас еиԥш, ахәыҷы данлыхшо, - Иџьашьахәуп, аха ирдыруаз, - Уи ҳамҭа шьахәуп рнапаҿы. - Ҳазшаз ираҭәеишьеит ҭынхарак, - Аԥсҭазаареи абзиабареи зшаз. - Урҭ рыҵла иашаӡа иазҳарцаз, - Иҟәышу ажәақәа раҳауеит. - АХАПА - Ҳазшаз ишәаҭәеишьеит ҭынхарак,— - Ҽаӡәы иԥсҭазаара шәыхьчарц. - Ишәуалуп шьҭа шәхәыҷы иҟәышу - Нцәа имҩа алихыртә дшәааӡарц. 
- 2. Анцәа иажәақәа ишәиҭаз - Шәгәаҵаҿ урҭ еснагь шәара ишәҵәахла. - Рыхшыҩ иҭажәгал урҭ шәыхшара, - Абзиабашьагь дшәырҵала. - Аԥҟара ссирқәа дшәырҵалароуп, - Аҩны шәантәоугьы, шәымҩагь шәанану. - Шәара шәџьабаа мыӡааит баша, - Анцәа дырзылԥхааит еснагь даргьы. - АХАПА - Ҳазшаз ишәаҭәеишьеит ҭынхарак,— - Ҽаӡәы иԥсҭазаара шәыхьчарц. - Ишәуалуп шьҭа шәхәыҷы иҟәышу - Нцәа имҩа алихыртә дшәааӡарц. 
(Уахәаԥш иара убас Ҩынтә. 6:6, 7; Еф. 6:4; 1 Тим. 4:16.)