АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Иегова ахәыҷқәа рааӡашьа ҳирҵеит»
Ишԥарыцхраауеи аҭаацәа жәҩантәи Ҳаб Иегова иҿырԥшы ахәыҷқәа рааӡараҿы? Уахәаԥш авидеонҵамҭа «Иегова ахәыҷқәа рааӡашьа ҳирҵеит» аҭаацәара Абилиуи Улеи Аморим ирызкны, анаҩс абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҵа:
- Ишԥаныри Абилиуи Улеи рхәыҷра дара рхатә хәыҷқәа рааӡара? 
- Иргәалашәози ахәыҷқәа рхәыҷра аҟынтә? 
- Рыҽшԥазыршәоз Абилиуи Улеи Ҩынтәзакәан 6:6, 7 иану ажәақәа рықәныҟәара? 
- Избан дара рхәыҷқәа рзы ус баша аԥҟарақәа рышьақәыргылараҿы изаанымгылоз? 
- Ишԥарылшеи дара рхәыҷқәа рыԥсҭазаараҿы рхатәы мҩа алхра рыцхраара? 
- Иарбан шьаҿақәоу дара иҟарҵаз рхәыҷқәа раамҭа зегь амаҵзура иазыркырц азы? (bt-U 178, абз. 19).