АУРОК 6
Абиблиатә жәеинраалақәа ииашаны идеилыркаала
Иоанн 10:33—36
ИҞАҴАТӘУ Ажәеинраала баша уаԥхьаны, анаҩс иаразнак даҽа зхәыцрак ахь умиаслан. Аӡырҩцәа идеилыркаа узыԥхьаз ажәеинраалеи иуҳәаз азхәыцреи шеидҳәалоу.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
- Ихадоу ажәақәа алкаала. Абиблиа аҟынтә ажәеинраала уанаԥхьалак ашьҭахь иалкаа узлацәажәо атема иадҳәалоу ажәақәа. Уи азы уара иулшоит урҭ ажәақәа даҽазнык иуҳәар, мамзаргьы аӡырҩцәа урҭ рыԥшаара ирыцхраауа азҵаара руҭар. 
- Ирыҵшь аӡырҩцәа игәныркыларц иуҭаху азхәыцрақәа. Ажәеинраала уаԥхьаанӡа уи узаԥхьо уҳәазар, аӡырҩцәа идеилыркаа узлацәажәо атемеи ажәеинраалаҿы иаагоу ихадоу ажәақәеи шеидҳәалоу. 
- Аӡырҩцәа иуҳәо аилкаара рзымариазар ауп. Урыламцәажәалан ихадоу азхәыцра иадҳәалам аганқәа. Уазхәыц узлацәажәо атема иазкны аӡырҩцәа ирдыруа, анаҩс иӡба ихадоу азхәыцра еилыркаарц азы ирзеиҭоуҳәар улшо.