Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 октиабр ад. 26—31
  • Анцәа имаҵ рулома шәхәыҷқәа ианрызҳалак?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа имаҵ рулома шәхәыҷқәа ианрызҳалак?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ШӘИҾЫԤШЛА
  • ИОСИФИ МАРИЕИ ШӘЫРҾЫԤШЛА
  • ИИСУС ШӘИҾЫԤШЛА
  • ИАЛШӘХУАЗЕИ ШӘАРА?
  • Иисус еснагь азыӡырҩра ааирԥшуан
    Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Иегова бзиа ибара шәрыцхраала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Иегова иахь абзиабара рылашәааӡала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Иара иҿырԥшыгоу аб иакәын
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 октиабр ад. 26—31

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 44

Анцәа имаҵ рулома шәхәыҷқәа ианрызҳалак?

«Иисус ҟәыӷарала, қәрала изҳауан, Анцәагьы ауаагьы бзиа деицырбон» (ЛУКА 2:52).

АШӘА 134 Ахшара — Иегова иҟынтә аҭынха

АХҲӘААa

1. Иарбан зегь иреиӷьу ӡбароу ауаҩы идикылар илшо?

ЛАССЫ-ЛАССЫ аҭаацәа ирыдыркыло аӡбарақәа ахәыҷқәа рыԥсҭазаара ианыруеит. Аҭаацәа ииашам аӡбарақәа рыдыркылозар, уи рхәыҷқәа ауадаҩрақәа рзаанагар ауеит. Аха иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдыркылозар, рхәыҷқәа анасыԥ аиура ирыцхраауеит. Ҳәарада, ахәыҷқәа рхаҭагьы ииашоу аӡбарақәа рыдыркылалароуп. Ауаҩы зегь иреиӷьу аӡбара идикылоит, бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб Иегова имаҵ аура иӡбозар (Аԥсал. 73:28).

2. Иарбан ӡбарақәоу Иисус иҭаацәеи иареи ирыдыркылоз?

2 Иисус иҭаацәа даараӡа ирҭахын рхәыҷқәа Иегова имаҵ аура ирыцхраарц. Урҭ ирыдыркылоз аӡбарақәа ишьақәдырӷәӷәон уи дара рзы зегь раасҭа ишхадаз (Лука 2:40, 41, 52). Иисус ихаҭагьы Иегова игәаԥхара анагӡара ицхраауаз ииашоу аӡбарақәа идикылон (Матф. 4:1—10). Иисус ианизҳа ақьиареи, азиашареи, агәымшәареи злаз ауаҩ иакәхеит. Иегова бзиа дызбо аҭаацәа зегьы уи иҩыза аԥа иеигәырӷьалон, насгьы изгәдухон.

3. Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?

3 Ари астатиаҿы ҳара абарҭ азҵаарақәа еилҳаргоит: иарбан ииашоу ӡбарақәоу Иегова Иисус иганахь ала идикылаз? Иднарҵар алшозеи ақьырсиантә ҭаацәа Иосифи Мариеи рҿырԥштәы? Иднарҵозеи арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи Иисус иҿырԥштәы?

ИЕГОВА ШӘИҾЫԤШЛА

4. Иарбан ихадоу ӡбароу Иегова Иԥа иганахь ала идикылаз?

4 Иегова Иисус изы зегь иреиӷьыз аҭаацәа алихит (Матф. 1:18—23; Лука 1:26—38). Абиблиа иану Мариа лажәақәа иаҳдырбоит Иегова даараӡа бзиа дшылбоз, Иажәагьы ахә шылшьоз (Лука 1:46—55). Иосиф Анцәа инапхгара ишақәҿиҭыз иаҳнарбоит иаргьы Иегова бзиа дшибоз, диргәырӷьаларцгьы шиҭахыз (Матф. 1:24).

5, 6. Дызцәимыхьчазеи Иегова Иԥа?

5 Иазгәаҭатәуп Иегова Иисус изы амал ду змаз аҭаацәа шалимхыз. Иисус дани ашьҭахь Иосифи Мариеи Анцәа изнаргаз акәырбан иаҳнарбоит дара шӷарыз (Лука 2:24). Иосиф Назарет ақалақь аҿы ауасҭа иеиԥш деицырдыруан. Иҟалап иара дахьуасҭоз хыбра хәыҷык иҩны иадҟаҵаланы имазҭгьы. Дара ирымаз зда ԥсыхәа ыҟам мацара акәызҭгьы ҟалап, еиҳарак быжьҩык иреиҵамкәа ахәыҷқәа анроу (Матф. 13:55, 56).

6 Иегова Иисус шәарҭарақәак дшырцәихьчозгьы, ауадаҩрақәа зегь рҟынтә дихьчомызт (Матф. 2:13—15). Иаҳҳәап, Иисус иуацәа игәрахаҵара ицеиҩыршаӡомызт. Шәхаҿы иаажәг Иисус шаҟа игәы инархьуаз иҭаацәара иатәызҵәҟьа иара Мессиа шиакәу раԥхьа агәра ахьырымгаз (Марк 3:21; Иоанн 7:5). Иара убас иҟалап Иисус дышқәыԥшыз иабԥса Иосиф дыԥсызар. Ҳәара аҭахума, уи игәы даараӡа инархьуан. Уи ашьҭахь Иисус аԥеиҳаб иеиԥш иаб инаигӡоз аус наигӡалар акәын (Марк 6:3). Убас ала, Иисус еиликааит аҭаацәа рныҟәгара иаҵанакуа. Урҭ ныҟәигаларц азы иара имаҷымкәа аџьабаа ибозҭгьы ҟаларын. Иара идыруан аусура ауаҩы шаҟа дарааԥсо.

Аҭаацәа, шәхәыҷқәа зықәшәар алшо ауадаҩрақәа ирзыҟашәҵарц азы Анцәа Иажәаҿы анапхгара аԥшаашьа дшәырҵала. (Шәахәаԥш абзац 7.)c

7. а) Иарбан зҵаарақәоу аҭаацәа ахәыҷқәа рааӡара ирыцхраауа? б) Иддырҵалар рыхәҭоузеи аҭаацәа рхәыҷқәа, Ажәамаанақәа 2:1—6 иану инақәыршәаны?

7 Шәара аҭаацәара шәалазар, насгьы ахәыҷқәа шәоурц шәҭахызар, шәхы шәазҵаа: «Иҳалоума Иосифи Мариеи реиԥш ахынраалара? Бзиа даҳбома Иегова, насгьы ахә ҳшьома иара Иажәа? Ҳалихрызма ҳара Иегова ахәыҷы иааӡаразы?» (Аԥсал. 127:3, 4). Ахәыҷқәа шәоухьазар, шәхы шәазҵаа: «Дасыршьцылома ахәыҷы аџьабаа абара?» (Еккл. 3:12, 13). «Иҟасҵома исылшо зегьы схәыҷы Аҩсҭаа идунеи аҿы дзықәшәар алшо ашәарҭарақәа дырцәысыхьчарц азы?» (Ажәам. 22:3). Ҳәарада, шәара шәхәыҷқәа зықәшәар алшо ауадаҩрақәа зегь рҟынтә ишәзыхьчом. Аха урҭ ауадаҩрақәа ирзыҟашәҵар шәылшоит, абзиабара аарԥшны есымша Анцәа Иажәаҿы анапхгара шыԥшаалатәу дшәырҵозар. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 2:1—6.) Иаҳҳәап, шәыуацәа рҟынтә аӡәы Иегова имаҵ аура даҟәыҵзар, Анцәа Иажәа шәхы иархәаны ахәыҷы иеилшәыркаа Иегова изиашаны аанхара зхадоу (Аԥсал. 31:23). Ма шәыуацәа руаӡәк дыԥсызар, ишәырба ахәыҷы ахьаа ахгареи агәҭынчра аиуреи ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа (2 Кор. 1:3, 4; 2 Тим. 3:16).

ИОСИФИ МАРИЕИ ШӘЫРҾЫԤШЛА

8. Иҟарҵози Иосифи Мариеи, Ҩынтәзакәан 6:6, 7 иану инақәыршәаны?

8 Иосифи Мариеи Иегова аҭаацәа ириҭо алабжьарақәа ирықәныҟәон аҟынтә, Иисус Иегова игәы иақәшәо уаҩны драаӡеит. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 6:6, 7.) Дара Иегова даараӡа бзиа дырбон, убри аҟынтә рхәыҷқәагьы уи аҩыза абзиабара рыларааӡар рҭахын.

9. Иарбан ихадоу ӡбароу Иосифи Мариеи ирыдыркылаз?

9 Иосифи Мариеи рхәыҷқәа рываргыланы Иегова имаҵ руларц рыӡбеит. Ҳәарада, дара назареттәи асинагогаҿы имҩаԥысуаз есымчыбжьатәи аизарақәа бжьарыжьуамызт. Уи адагьы, есышықәса Мшаԥы азгәаҭаразы Иерусалимҟа ицон (Лука 2:41; 4:16). Амҩа ианықәыз дара Иисуси егьырҭ рхәыҷқәеи ирзеиҭарҳәозҭгьы ҟаларын Анцәа ижәлар рҭоурых, насгьы Аҩырақәа рҿы зыӡбахә ҳәаз аҭыԥқәа ирҭаауазҭгьы ауан. Ахәыҷы рацәа ахьыҟаз аҭаацәараҿы Иосифи Мариеи ирзымариамызҭгьы алшон анаҩсгьы иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа имҵахырхәара. Аха шәазхәыц изакәытә зылԥхароу рџьабаа ирзаанагаз! Иегова имҵахырхәара зегь раԥхьа иахьдыргылоз абзоурала, иареи дареи реиҩызара ӷәӷәан.

10. Иднарҵар алшозеи ақьырсиантә ҭаацәа Иосифи Мариеи рҿырԥштәы?

10 Ақьырсиантә ҭаацәа, ирҿышәҵаар шәылшозеи Иосифи Мариеи? Зегь раԥхьаӡа иргыланы, шәажәақәеи шәусқәеи рыла шәхәыҷқәа идшәырбала Иегова даараӡа бзиа дшыжәбо. Иегова иҩызахара шәрыцхраар, зегь раасҭа еиӷьу аҳамҭа рышәҭоит. Иашәыршьцыл шәхәыҷқәа иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа Иажәа аҭҵаара, иҳәара, аизарақәа рҭаара, ажәабжь аҳәара. Уи зегь раасҭа ихадоуп (1 Тим. 6:6). Ҳәарада, шәара шәхәыҷқәа ныҟәыжәгалароуп (1 Тим. 5:8). Аха ишәхашәмыршҭлан шәхәыҷқәа Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәа ахгареи адунеи ҿыц аҿы анхареи ирыцхраауа амал акәымкәа, Иеговеи дареи реиҩызара ӷәӷәа шакәхо (Иез. 7:19; 1 Тим. 4:8).

Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи ақьырсиантә ҭаацәа рхәыҷқәа Иегова изааигәахәара ирыцхраауа аӡбарақәа ахьрыдыркыло! (Шәахәаԥш абзац 11.)d

11. а) Ишԥарыцхраауеи аҭаацәа 1 Тимофеи иахь 6:17—19 иану алабжьара ииашоу аӡбарақәа рыдкылара? б) Иарбан хықәкқәоу иқәшәыргылар шәылшо, насгьы иарбан зылԥхарақәоу уи ишәзаанаго? (Шәахәаԥш арамка «Иарбан хықәкқәоу иқәшәыргылар шәылшо?».)

11 Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи ақьырсиантә ҭаацәа аӡәырҩы рхәыҷқәа Иегова изааигәахәара ирыцхраауа аӡбарақәа ахьрыдыркыло! Дара рхәыҷқәа рываргыланы Иегова имҵахырхәоит: иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәеи аконгрессқәеи ирҭаауеит, ажәабжь рҳәоит. Иҟоуп ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥқәа рҿы ажәабжь зҳәо аҭаацәарақәагьы. Егьырҭ Вефиль иаҭаауеит, ма аорганизациа зҿу аргыларақәа рхы аладырхәуеит. Ҳәарада, урҭ аҭаацәарақәа уи азы ахарџь ҟарҵоит, насгьы еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Аха Иегова урҭ меигӡарахда дырзылԥхоит. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 6:17—19.) Абас еиԥш иҟоу аҭаацәарақәа рҿы изызҳаз ахәыҷқәа иддырҵаз аҟаҵара иаҟәыҵӡом, насгьы рҭаацәа убас иахьырааӡаз даараӡа иеигәырӷьоитb (Ажәам. 10:22).

Иарбан хықәкқәоу иқәшәыргылар шәылшо?

  1. 1. Шәеизара араионтә хылаԥшҩы данаҭаауа, шәшынҭаацәоу ицхырааҩу пионерс амаҵ аура

  2. 2. Ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ аҿы мчыбжьык амаҵ аура

  3. 3. Аҳратә зал ма Аконгресстә зал аргылараҿы ацхыраара аҟаҵара

  4. 4. Шәахьынхо атәылаҿы Афилиал аҭаара

ИИСУС ШӘИҾЫԤШЛА

12. Иҟаиҵалар акәзи Иисус ианизҳа?

12 Иисус жәҩантәи Иаби адгьыл аҿы дани иоуз аҭаацәеи еснагь иара иганахь ала иҟәыӷаз аӡбарақәа рыдыркылон. Аха Иисус ианизҳа ихатә ӡбарақәа идикылалар акәын (Гал. 6:5). Ауаа зегь реиԥш, иаргьы алхра ахақәиҭра иман. Ус анакәха, иара илшон Анцәа ииҭахыз акәымкәа, иара ииҭахыз ҟаиҵалар. Аха Иисус Иегова диргәырӷьаларц иӡбеит (Иоанн 8:29). Ирыцхраар шԥалшо арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи Иисус иҿырԥштәы?

Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, шәҭаацәа ишәдырҵо ахаан мап ацәышәымкын. (Шәахәаԥш абзац 13.)e

13. Иарбан ихадоу ӡбароу Иисус данқәыԥшыз идикылаз?

13 Иисус даныхәыҷыз иҭаацәа дырзыӡырҩларц иӡбеит. Иара дара раасҭа идыруеит ҳәа дхәыцуамызт, насгьы рҳәатәы дахыԥомызт, аха Абиблиа ишану еиԥш, «рҳәатәаҿы дыҟан» (Лука 2:51). Ҳәара аҭахума, иара аԥеиҳаб иаҳасабала идыз адҵақәа ҭакԥхықәрала инаигӡон. Иара ихы дамеигӡакәа иабԥса ауасҭашьа иҿиҵаарц азы аџьабаа ибон, избанзар аҭаацәа рныҟәгара дицхраалар иҭахын.

14. Иабантәиҳдыруеи Иисус Анцәа Иажәа ибзианы ишҭиҵаауаз?

14 Иисус иҭаацәа изеиҭарҳәозҭгьы ҟаларын, иара џьашьахәыла дышиз, насгьы Анцәа ицҳаражәҳәаҩцәа иара изкны ирҳәаз (Лука 2:8—19, 25—38). Аха иара ихаҭагьы Иԥшьоу Аҩыра ибзианы иҭиҵаауан. Иабантәиҳдыруеи уи? Иисус даныхәыҷыз Иерусалим иҟаз арҵаҩцәа «иҟәыӷареи иҟаиҵоз аҭакқәеи» џьаршьон (Лука 2:46, 47). Иисус 12 шықәса анихыҵуаз Иегова Иаб шиакәыз еиликаахьан, избанзар Анцәа Иажәа ибзианы иҭиҵаауан (Лука 2:42, 43, 49).

15. Ишԥааирԥши Иисус Анцәа игәаԥхара наигӡаларц шиӡбаз?

15 Иисус иара иганахь ала Иегова игәы иҭеикыз анеиликаа, уи анагӡара дақәшаҳаҭхеит (Иоанн 6:38). Иара идыруан аӡәырҩы дшырцәымӷхоз, аха уеизгьы Иегова иҳәатәы наигӡарц иӡбеит. Иисус 29 шықәса ҳ. ҳ. азы иҽанӡааих, ихы зегь Анцәа игәаԥхара анагӡара иазишьҭит (Аур. 10:5—7). Агәаҟратә шьаҟаҿы аԥсра данаҿызгьы, Иаб игәаԥхара шынаигӡаша дазхәыцуан (Иоанн 19:30).

16. Иднарҵар алшозеи ахәыҷқәа Иисус иҿырԥштәы?

16 Шәҭаацәа шәырзыӡырҩла. Иосифи Мариеи реиԥш, шәҭаацәагьы наӡаӡам. Аха Иегова дара шәрыхьчаларц, насгьы шәрааӡаларц рыдиҵеит. Шәара урҭ рылабжьарақәа шәырзыӡырҩлар, ҳаҭыргьы рықәышәҵалар, ақәҿиара шәымазаауеит (Еф. 6:1—4).

17. Ирыӡбар акәзеи иқәыԥшу ақьырсианцәа, Иисус Навин 24:15 иану инақәыршәаны?

17 Зымаҵ жәулода шәара? Шәара ибзианы еилышәкаароуп Иегова дызусҭоу, гәҭакыс имоу, насгьы уи шәыԥсҭазаара ишаныруа (Рим. 12:2). Усҟан зегь раасҭа ихадоу аӡбара адкылара шәазхиазаауеит — уи Иегова имаҵ аура ауп. (Шәаԥхьа Иисус Навин 24:15; Еккл. 12:1.) Иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа шәаԥхьалар, насгьы шәазхәыцлар, Иегова иахь шәыбзиабара еизҳалоит, шәыгәрахаҵарагьы ӷәӷәахалоит.

18. Иарбан ӡбароу иқәыԥшу ақьырсианцәа иҵегьы ирыдыркылар рыхәҭоу, насгьы иалҵшәахозеи уи?

18 Иегова имаҵ аура алшәх. Аҩсҭаа идунеи агәра шәнаргар аҭахуп ишәыло аҟазара шәхазы шәхы иашәырхәалар насыԥ шәоуеит ҳәа. Аха ҳара иаҳдыруеит амал арҳара иашьҭало «гәаҟрас иҟоу зегьы» ишрықәшәо (1 Тим. 6:9, 10). Иегова шәизыӡырҩларц, насгьы игәаԥхара раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ишәыргылаларц шәыӡбар, ҟәыӷарала шәхы мҩаԥыжәгалоит, насыԥгьы шәоуеит (Иис. Н. 1:8).

ИАЛШӘХУАЗЕИ ШӘАРА?

19. Ирхадмыршҭлар акәзеи аҭаацәа?

19 Аҭаацәа, ишәылшо зегь ҟашәҵала шәхәыҷқәа Иегова имаҵ аура шәрыцхраарц азы. Иара шәиқәгәыӷла, усҟан иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара дшәыцхраауеит (Ажәам. 3:5, 6). Ишәхашәмыршҭлан шәхәыҷқәа еиҳарак ирныруа ишәҳәо акәымкәа, иҟашәҵо шакәу. Убри аҟынтә шәхәыҷқәа Иегова иразра аиура ирыцхраауа аӡбарақәа шәыдышәкылала.

20. Иарбан зылԥхарақәоу Иегова имаҵ аура зыӡбо аҿар ироуа?

20 Аҿар, шәҭаацәа иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара ишәыцхраар рылшоит. Аха урҭ аӡбарақәа шәара шәоуп издызкылаша, усҟан Анцәа дшәыргәырӷьалоит. Иисус шәиҿыԥшны бзиа шәызбо жәҩантәи Шәаб имаҵ аура алшәх. Усҟан, шәыԥсҭазаара уажәнатә аҵакы аиуеит, агәырӷьарагьы шәзаанагалоит (1 Тим. 4:16). Шәаԥхьаҟагьы зеиԥшыҟам аԥсҭазаара шәоуеит!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иднарҵозеи аҭаацәа Иеговеи, Иосифи, Мариеи Иисус иганахь ала ирыдыркылоз аӡбарақәа?

  • Иднарҵозеи ақьырсиантә ҿар Иисус идикылоз аӡбарақәа?

  • Иарбан зылԥхарақәоу Иегова ишәиҭахьоу иара раԥхьатәи аҭыԥ аҿы дахьшәыргыло азы?

АШӘА 133 Иегова имаҵ ула уанқәыԥшу инаркны

a Ақьырсиантә ҭаацәа ирҭахуп рхәыҷқәа насыԥ рымазарц, насгьы ианрызҳалак Иегова имаҵ руларц. Ирыцхраар шԥарылшо дара рхәыҷқәа уи аӡбара адкылара? Иарбан ӡбарақәоу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи ақәҿиара аиура ирыцхраауа? Ари астатиаҿы арҭ азҵаарақәа еилҳаргоит.

b Шәахәаԥш октиабр 2011 шықәсазы иҭыҵыз «Пробудитесь!» аҿы арамка «Лучших родителей представить невозможно», ад. 20, насгьы март 8, 1999 шықәсазы иҭыҵыз «Пробудитесь!» аҿы астатиа «Особенное письмо родителям», ад. 25.

c АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: Мариа Иисус хәыҷ Иегова иахь абзиабара ӷәӷәа илалааӡон. Иахьагьы анацәа рхәыҷқәа Иегова иахь абзиабара рыларааӡоит.

d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: Иосиф иҭаацәа иманы асинагогахь аныҟәара бзиа ибозҭгьы ҟаларын. Иахьагьы абацәа рҭаацәа рыманы аизарақәа рахь иныҟәалар ахьрылшо ахә ршьоит.

e АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: Иисус иаб ауасҭашьа иҿиҵаауан. Иахьагьы аҿар рабацәа напҟазарак рҿырҵаалар рылшоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра