Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 февраль ад. 8—12
  • Анцәа уи иҩызоу аӡә иакәны диԥхьаӡеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа уи иҩызоу аӡә иакәны диԥхьаӡеит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АВРААМ ИЕГОВА ДШИҨЫЗАХАЗ
  • АВРААМ АНЦӘЕИ ИАРЕИ РЕИҨЫЗАРА ШИРӶӘӶӘОЗ
  • АЗЫЛԤХАРАҚӘА УЗААЗГО АИҨЫЗАРА
  • Анцәа Авраам ихаҵара ԥишәоит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Аԥышәара
    Учимся на примерах из Библии
  • Авраами Сарреи Анцәа изыӡырҩуан
    Учимся на примерах из Библии
  • Шәазыԥшума шәара «идыргылараны» иҟоу ақалақь?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 февраль ад. 8—12
Авраами Исааки ашьшьыҳәа ашьха ихалоит

Анцәа уи иҩызоу аӡә иакәны диԥхьаӡеит

«Авраам... Анцәа изааигәоу, иҩызоу аӡә иакәны дыԥхьаӡахеит» (ИАК. 2:23).

АШӘАҚӘА: 91, 22

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаицхрааи Авраам игәрахаҵара арӷәӷәара иоуз адырреи аԥышәеи?

  • Ишԥаирӷәӷәоз Авраам Иеговеи иареи реиҩызара?

  • Ишԥаҳалшо ҳара Авраам ҳаиҿыԥшны Иегова иҩызахара?

1, 2. а) Иабантәиҳдыруеи ауаа Анцәа иҩызцәахарц шрылшо? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

АУАҨЫ даниуа инаркны иԥсы ахьынӡаҭоу бзиа дырбаларц иҭахуп. Ауаа абзиабара иазгәаҟуеит, уахь иаҵанакуа аромантикатә цәаныррақәа рымацара ракәӡам. Ҳара даара иаҳҭахуп аиҩызареи аицәажәареи. Аха иҟоуп еиҳарак ауаа зызгәаҟуа абзиабара — уи Иегова ибзиабара ауп. Аӡәырҩы ауаа рхаҿы ирзаагом иумбо адоуҳатә хаҭара — Зегьзымчу Анцәа — иҿы иӷәӷәоу аиҩызара еиздырҳар шрылшо. Ҳаргьы ус ҳгәы иаанагома? Мап.

2 Абиблиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит инаӡам ауаа Анцәа ишиҩызахоз. Урҭ рҿырԥшы азхәыцра ахәарҭа ҳзаанагоит, избанзар Анцәа иҩызахара — аԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадоу хықәкуп. Уи аҿы Авраам аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. (Уаԥхьа Иаков 2:23.) Излеизирҳазеи Авраам Иегова иҿы ас еиԥш иӷәӷәоу аизыҟазаашьақәа? Ари аиҩызараҿы ихадоу ароль ааннакылон агәрахаҵара. Интересуп Абиблиаҿы Авраам «аҵабыргуаа драбхеит» ҳәа иану (Рим. 4:11). Шәааи игәаҳҭап Авраам игәрахаҵара шицхрааз Анцәа иҿы иӷәӷәоу аиҩызара аизырҳара. Ибзиан доусу ҳхы ҳазҵаар: «Ишԥасылшо уи игәрахаҵара аҿыԥшра, насгьы Иеговеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара?»

АВРААМ ИЕГОВА ДШИҨЫЗАХАЗ

3, 4. а) Иарбан ԥышәара ӷәӷәаз иазыԥшыз Авраам игәрахаҵара? б) Избан Авраам Исаак кәырбанс инагара дзазхиаз, насгьы ишԥааирԥши уи аҿы игәрахаҵара?

3 Шәхаҿы даажәг аарла ашьха ахалара иаҿу абырг. Иҟалап иара иԥсҭазаараҿы ари амҩа зегь раасҭа иуадаҩзар, аха уи зыхҟьо иқәра акәӡам. Иара 125 шықәса раҟара ихыҵуеит, аха макьана дыӷәӷәоуп, амчгьы имоуп. Ари ауаҩы Авраам ихьӡуп1. Иара аҳәызба дуи амцеиқәҵагеи иманы дцоит. Уи дишьҭагыланы днеиуеит 25 шықәса раҟара зхыҵуа иԥа Исаак, иара амҿы даҵоуп. Иегова Авраам диҳәеит иԥа кәырбанс днеигарц (Аҟаз. [Быт.] 22:1—8).

4 Авраам игәрахаҵара даараӡа иӷәӷәаз аԥышәара азыԥшын. Шьоукы ирыԥхьаӡоит Анцәа агәымбылџьбарара ааирԥшит ҳәа Авраам ари аҩыза акәырбан анагаразы даниҳәа. Егьырҭ ирҳәоит Авраам дымхәыцӡакәа азыӡырҩра ааирԥшуан ҳәа. Дара ус ргәы иаанагоит, избанзар рхаҭа агәрахаҵара рымаӡам, уи иаҵанакуагьы рыздырӡом (1 Кор. 2:14—16). Авраам дымхәыцӡакәа акәӡам азыӡырҩра шааирԥшуаз. Уи ииашаҵәҟьоу агәрахаҵара иман. Иара идыруан Иегова имаҵзуҩцәа ахаангьы дшырмыҳәо риашашьа змам ааха рызҭо ак аҟаҵара. Авраам идыруан азыӡырҩра ааирԥшыр, даараӡа бзиа иибоз иԥеи иареи Иегова дшырзылԥхо. Шьаҭас иамази ари агәрахаҵара? Адырреи ахатә ԥышәеи ракәын.

5. Ишԥаилшоз Авраам Иегова иӡбахә аилкаара, насгьы ишԥеиныри уи?

5 Адырра. Авраам изҳаит амцмҵахырхәара ахьрылаҵәаз халдеитәи ақалақь Ур аҿы. Иаб Фаррагьы егьырҭ анцәахәқәа дрымҵахырхәон (Иис. Н. [Иис. Н.] 24:2). Аха иара Иегова дидыруан. Излалыршахазеи уи? Абиблиаҿы уи иазкны акгьы анӡам, аха уа иҳәоуп Авраам ажәбатәи абшьҭраҿы Сим дшихылҵшьҭраз. Сим Нои иԥа иакәын, уи агәрахаҵара ӷәӷәа иман. Иара дыԥсит Авраам 150 шықәса раҟара анихыҵуаз. Ҳара ишьақәырӷәӷәаны иҳазҳәом Авраам Иегова деиликааит Сим иҟынтәи ҳәа, аха еилкаауп Сим иҭынхацәа Иегова иӡбахә шырзеиҭеиҳәоз. Ишыҟазаалакгьы, Авраам еиликааз игәаҵанӡа инеит, насгьы Иегова бзиа дибеит. Убас, Анцәа изкыз адырра Авраам игәрахаҵара шьаҭас иаиуит.

6, 7. Ишԥаицхрааи Авраам иоуз аԥышәа игәрахаҵара арӷәӷәара?

6 Аԥышәа. Ишԥадырӷәӷәеи Авраам иԥсҭазаараҿы иҟаз ахҭысқәа Иегова иахь имаз агәрахаҵара? Ирҳәоит ахәыцрақәа ацәаныррақәа цәырыргоит, ацәаныррақәа аусқәа ирныруеит ҳәа. Авраам Иегова изкны еиликаауаз «Зегьирхаку, дгьыли жәҩани Зшаз Анцәа» ицәшәареи иара иахь иҵаулоу апатуқәҵареи раарԥшра игәазҭанаҵон (Аҟаз. [Быт.] 14:22). Абиблиаҿы ари ацәанырра Анцәа ицәшәара ахьӡуп, насгьы уи аарԥшра хадоуп Анцәа иҿы еизааигәоу аиҩызара аизырҳаразы (Аур. 5:7, АдҾ; Аԥсал. 25:14, АдҾ). Анцәа ицәшәара Авраам игәазҭанаҵон Иегова изыӡырҩра.

7 Авраами Сарреи рықәрахь инеихьан, Анцәа ақалақь Ур ааныжьны атәым дгьыл ахь ицарц адҵа анриҭа. Урҭ рыԥсы ҭанаҵы ақьалақәа рҿы анхара рықәшәон. Авраам азыӡырҩра ааирԥшит аҟынтә, Анцәа дизылԥхон, насгьы дихьчон. Иаҳҳәап, Авраам дшәон даараӡа иԥшӡаз иԥҳәыс Сарра димырхыр, ихаҭа дыршьыр ҳәа. Аха иара Иегова изыӡырҩра дазхиан. Иегова Авраами Сарреи џьашьахәыла ихьчеит (Аҟаз. [Быт.] 12:10—20; 20:2—7, 10—12, 17, 18). Арҭ аҭагылазаашьақәа рҿы Авраам иоуз аԥышәа игәрахаҵара арӷәӷәон.

8. Ишԥаҳалшо Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара зырӷәӷәо адырреи аԥышәеи риура?

8 Иҳалшома ҳара Иегова иҩызахара? Ҳәарада! Авраам иеиԥш, ҳаргьы Иегова деилаҳкаалар ауп. Уи азы ҳара иҳамоу алшарақәа еиҳа еиҳауп Авраам имаз раасҭа. Иахьа ҳара Абиблиаҿы адырреи иаҭаху аԥышәеи ҳаԥшаар ҳалшоит (Аур. 1:1, 2; Рим. 11:33). Анцәа Иажәа ҳацхраауеит «дгьыли жәҩани Зшаз» еиӷьны иеилкаара, иара иахь иҵаулоу апатуқәҵареи абзиабареи реизырҳара. Арҭ ацәаныррақәа Иегова изыӡырҩра ҳгәазҭарҵоит. Азыӡырҩра иаанаго ахәарҭа анаҳбо, ҳхатә ԥышәала агәра ҳгоит Иегова илабжьарақәа рықәныҟәара шҳахәо. Ҳара иаҳбоит Иегова дшаҳзылԥхо, насгьы дышҳацхраауа. Гәык-ԥсык ала Анцәа имаҵ анаҳуа, агәахәареи, агәырӷьареи, аҭынчреи ҳауеит (Аԥсал. 33:9 [34:8, АдҾ]; 1 Тим. 6:6). Убас, адырреи аԥышәеи ирыбзоураны, Иегова иахь иҳамоу ҳагәрахаҵара еизҳауеит, ҳаиҩызара ӷәӷәахоит.

АВРААМ АНЦӘЕИ ИАРЕИ РЕИҨЫЗАРА ШИРӶӘӶӘОЗ

9, 10. а) Иаҭахузеи аиҩызара ӷәӷәазарц? б) Излоубарҭоузеи Авраам Иеговеи иареи реиҩызара ахә ҳаракны ишишьоз?

9 Аиҩызара зыхә ҳараку ахазына иаҿурԥшыр алшоит. (Уаԥхьа Ажәамаанақәа [Притчи] 17:17.) Уи ԥарала иузаахәом, насгьы шықәсыла асаба аақәҳауа иқәу маҭәарым. Аиҩызара еизҳаларц, иара убас иӷәӷәахарц азы, аҵиаа еиԥш аӡы аҵаҭәалатәуп, насгьы иеиҷаҳалатәуп. Авраам Иеговеи иареи реиҩызара даара ахә ҳаракны ишьон, ирӷәӷәон. Ишԥаҟаиҵоз уи?

10 Авраам ахаангьы игәы иаанагаӡомызт Анцәа дышицәшәо зныкымкәа иааирԥшхьазар, уи уаҳа аҟаҵара аҭахым ҳәа. Иҭаацәеи имаҵуҩцәеи иманы Ханаанҟа данцоз, идикылоз аӡбарақәа зегьы рҿы Иегова инапхгара дашьҭан. Исаак иира шықәсык шагыз, Авраам 99 шықәса анихыҵуаз, Иегова адҵа ҟаиҵеит Авраам иҩнаҭаҿы инхоз аҷкәынцәеи ахацәеи зегьы раԥхьатә хсазарц. Даҿагылама Авраам ари адҵа анагӡара? Дашьҭазма иара амзыз, уи наимыгӡарц азы? Мап, иара Анцәа диқәгәыӷит, насгьы уи адҵа «аҽныҵәҟьа» инаигӡеит (Аҟаз. [Быт.] 17:10—14, 23).

11. Избан Авраам дызшәаз Содоми Гоморреи ирзыԥшу анеиликаа, насгьы дышԥаицхрааи Иегова?

11 Авраам Иегова еснагь дизыӡырҩуан аҟынтә, урҭ реиҩызара есыҽны иӷәӷәахон. Иара идыруан Иегова зегь изеиҭеиҳәалар шилшо, насгьы имариам аҭагылазаашьаҿы ацхыраара даҳәон. Иаҳҳәап, Анцәа ақалақьқәа Содоми Гоморреи ықәигарц шиӡбаз Авраам ианеиликаа, ауаа иашақәа амцқьақәа ирылаӡыр ҳәа дшәеит. Иҟалап Авраам усҟан Содом инхоз иашьа иԥа Лот иҭаацәеи иареи гәҭыхас имазҭгьы. Агәрагареи ахынраалареи аарԥшны, Авраам «адгьыл зегьы Ақәыӡбаҩ» Иегова азҵаарақәа ииҭон. Иегова Авраам иахь ачҳара ду ааирԥшит, насгьы шаҟа дыгәшаҭоу иирбеит. Анцәа Авраам иеилиркааит аиашаӡбара анидикылогьы, ауаа ргәы иҭоу шҭиҵаауа, насгьы аиашақәа шиԥшаауа, урҭ еиқәирхарц азы (Аҟаз. [Быт.] 18:22—33).

12, 13. а) Ишԥаицхрааи ԥыҭрак ашьҭахь Авраам имаз адырреи аԥышәеи? б) Избан иаҳҳәар зҳалшо Авраам Иегова игәра игон ҳәа?

12 Еилкаауп Авраам имаз адырреи аԥышәеи Иеговеи иареи реиҩызара шдырӷәӷәоз. Ԥыҭрак ашьҭахь Авраам аԥышәара ӷәӷәа дақәшәеит — Иегова адҵа ииҭеит иԥа Исаак кәырбанс днеигарц. Уи аамҭазы Авраам жәҩантәи Иҩыза ихаҭара дазхәыцыр илшон. Шәааи даҽазнык ҳхаҿы иааҳгап Мориа адгьыл аҿы абырг амарда даҿаланы аарла дышхало. Дазхәыцуазма иара Иегова иаалырҟьаны иҽиԥсахит, дгәымбылџьбарахеит ҳәа? Ҳәарада, мап! Иабантәиаадыруеи уи ҳара?

13 Ицыз имаҵуҩцәа аанижьаанӡа, Авраам иҳәеит: «Аҽада шәыманы ара шәыҟаз, аҷкәыни сареи уахь ҳцоит, Анцәа ҳимҵахырхәаны шәара шәахь ҳгьежьуеит» (Аҟаз. [Быт.] 22:5). Ииҳәарц ииҭахызи Авраам? Иара идыруан Исаак кәырбанс дышнеигар акәыз. Ижьама Авраам имаҵуҩцәа, Исаак дхынҳәуеит ҳәа аниҳәа? Мап. Абиблиа аҟынтәи ҳара еилаҳкаауеит Авраам уи аамҭазы дзызхәыцуазар алшоз. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 11:19.) Авраам ихеиҵон Анцәа «уи [Исаак] аԥсцәа рахьтә иргылара» шилшоз. Ааи, Авраам аԥсҭалара агәра игон! Иара игәалашәон Иегова Сарреи иареи ахшароура алшара шрызирхынҳәыз (Аур. 11:11, 12, 18). Уи еиликаауан Иегова илымшо акгьы шыҟам. Убри аҟынтә иара агәра ганы дыҟан ихьанҭаз уи аҽны иҟалалакгьы Иегова Авраам дшизирхынҳәуа даараӡа бзиа иибоз иԥа, насгьы иқәыргәыӷрақәа зегьы шынаигӡо. Убри азоуп Авраам «аҵабыргуаа драбхеит» ҳәа зизҳәоу.

14. Иарбан ԥышәарақәоу шәара Иегова имаҵ аураҿы шәзықәшәо, насгьы ишԥалшо Авраам иҿырԥшы шәыцхраар?

14 Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара ҳзы? Ҳәарада, Иегова иахьа Авраам идиҵаз аҩыза ҳадиҵом. Аха иара иҭахуп иԥҟарақәа ҳрықәныҟәаларц, урҭ рахьтә иаҳзеилымкаауа, ма иаҳцәыцәгьоу ыҟазаргьы. Иҟоума Анцәа идҵақәа рҟынтәи зынагӡара шәцәыцәгьоу акы? Шьоукы рзы уи ажәабжьҳәара адҵа ауп. Урҭ ақьырсианцәа иахьыԥхашьо иахҟьаны, ирзымдыруа ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара рцәыцәгьазар ауеит. Егьырҭ аусураҿы ма ашкол аҿы зегьы иахьреиԥшым иацәшәозар рылшоит (1 Пиотр 4:4; 1 Фес. 2:2). Шәара Авраам ицәаныррақәа рҩызцәа шәызцәырҵуазар, насгьы ишәзыԥшу аԥышәара шәымч ақәымхошәа жәбозар, агәрахаҵара ӷәӷәеи агәымшәареи аазырԥшуаз Авраам иҿырԥшы шәазхәыцла. Иара убас ирацәоуп ииашоу егьырҭ Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа, урҭ ҳарҿыԥшлар, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәар ҳалшоит (Аур. 12:1, 2).

Авраами Сарреи Анцәа акәырбан изнаргоит; Авраам аҳәызба икуп, дазхиоуп Исаак кәырбанс инагара; Авраам иҭаацәа Анцәа иӡбахә рзеиҭеиҳәоит

АВРААМИ ИЕГОВЕИ РЕИҨЫЗАРА

УР ИАНЫНХОЗ

  • Авраами Сарреи Иегова иӡбахә раҳауеит, насгьы имаҵ аура иалагоит

  • Анцәа иахь азыӡырҩра аарԥшны, Авраам Ур аанижьуеит

ХАНААНҞА АМҨА ИАНЫҚӘЫЗ

  • Иегова Авраами Сарреи амҩа иахьықәу ихьчоит

ХАНААН ИАНЫНХОЗ

  • Авраам Иегова ииҳәаз дазыӡырҩны, иҩнаҭаҿы иҟаз аҷкәынцәеи ахацәеи зегьы раԥхьатә хисоит

  • Авраам Содом инхоз ауаа гәҭыхас ианимаз, Иегова ачҳара аарԥшны дизыӡырҩуеит

  • Иегова зықәрахь инеихьаз Авраами Сарреи аԥа дроуртә алшара риҭеит

  • Агәрахаҵара ӷәӷәа аарԥшны, Авраам Исаак кәырбанс инагара дазхиоуп

  • Авраам дыԥсуеит «акыр шықәса шихыҵуаз, дажәны, иԥсҭазаара зегь гәахәарыла иҭәны»

АЗЫЛԤХАРАҚӘА УЗААЗГО АИҨЫЗАРА

15. Дахьхәыма Авраам иԥсы ҭанаҵы Иегова дахьизыӡырҩуаз? Иҳаилшәыркаа.

15 Дахьхәыма Авраам иԥсы ҭанаҵы Иегова дахьизыӡырҩуаз? Абар Абиблиа иаҳәо: «Авраам дыԥсит акыр шықәса шихыҵуаз, дажәны, иԥсҭазаара зегь гәахәарыла иҭәны» (Аҟаз. [Быт.] 25:8). Авраам 175 шықәса анихыҵуаз, имч илӡаахьан. Аха иԥсҭазаара даназхәыцуаз, еиликаауан баша дышнымхоз. Иара изы еснагь зегь раасҭа ихадаз Иеговеи иареи реиҩызара акәын. Абиблиа Авраам «дажәны, иԥсҭазаара зегь гәахәарыла иҭәны» дыҟан ҳәа шаҳәогьы, уи иаанагаӡом уаҳа анхара агәаҳәара имамызт ҳәа.

16. Дзыргәырӷьозеи Авраам џьанаҭ дгьыл аҿы?

16 Ауриацәа рахь 11:10 аҿы иҳәоуп Авраам «дазыԥшын зшьапы ркраны, идыргылараны иҟаз ақалақь, Анцәа иакәын уи ргылаҩыс, шаҩыс иамаз» ҳәа. Авраам агәра игон ҽнак зны иара иблала ишибо уи ақалақь, Анцәа Иаҳра, адгьыл зегь напхгара шазнауло. Уи хымԥада иагьыҟалоит! Шәхаҿы иаажәг шаҟа агәырӷьара иоуа Авраам џьанаҭ дгьыл аҿы данынхало, насгьы Иеговеи иареи реиҩызара анаҩсгьы арӷәӷәара анилшо! Иҟалап даараӡа игәы иахәар иааирԥшуаз агәрахаҵара аҿырԥшы азқьышықәсақәа рыҩныҵҟа Иегова имаҵзуҩцәа шарӷәӷәоз анеиликаалак. Џьанаҭ аҿы Авраам иара убас еиликаауеит Исааки иареи зықәшәаз еиҳа еиҳау акы «ҿырԥштәыс, дыргас» ишаиуз (Аур. 11:19). Авраам аҵыхәтәанынӡа еиликаауеит Исаак кәырбанс инагара иҽаназыҟаиҵоз, абык иеиԥш игәы изырхьуаз ацәаныррақәа лҵшәада ишыҟамыз. Уи миллионҩыла Анцәа изиашоу ауаа ирыцхрааит Иегова аҿыхратә ԥсхҭынҵара аҳасабала Иԥа Иисус Христос ауаа рзы даанааишьҭуаз имаз ацәаныррақәа реилкаара (Иоанн 3:16). Авраам иҿырԥшы ҳацхраауеит Иегова ауаа рахь ибзиабара ду злааирԥшыз Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара еиҳа ахә ашьара.

17. а) Шәзызхиоузеи шәара аҟаҵара? б) Еилыргахозеи анаҩстәи астатиаҿы?

17 Шәааи Авраам игәрахаҵара ҳаҿыԥшлап. Иегова изку ҳдыррақәа еизҳарҳалар, ҳара иҳалшоит ҳизиашаны аанхара, насгьы хәы змам аԥышәа ҳауеит. Ус ҟаҳҵалар, хымԥада иаҳбоит ҳаԥхьаҟа Анцәа изиашаны имаҵ зуа дшырзылԥхо. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 6:10—12.) Наунагӡа Иегова ҩызас дҳамазааит! Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова иҩызаз, изиашаз имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа хԥа.

^ 1 Абзац 3. Раԥхьа ари ахаҵа Аврам ихьӡын, иԥҳәыс — Сара. Аха ари астатиаҿы ҳара ҳхы иаҳархәалоит ԥыҭрак ашьҭахь Иегова ириҭаз ахьӡқәа — Авраами Сарреи.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра